Зарифа Анқәабԥҳа: ауаҩытәыҩса иҩнуҵҟатәи аԥсабара ақыцә "арҳәара" уадаҩуп

© Фото : предоставлено Зарифой АнквабАсахьаҭыхратә ҟазара аспециалитет 5-тәи акурс астудент Зарифа Анқәабԥҳа
Асахьаҭыхратә ҟазара аспециалитет 5-тәи акурс астудент Зарифа Анқәабԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асахьаҭыхратә ҟазара аспециалитет 5-тәи акурс астудент Зарифа Анқәабԥҳа еиҭалҳәеит аҟазарахь лааира шыҟалаз, асахьаҭыхра лыԥсҭазаараҿы ҭыԥс иннакыло, насгьы дызҿыԥшуа аҟазацәа зусҭцәоу. Аиҿцәажәара мҩаԥигеит Аинар Ҷыҭанаа.

- Зарифа, асахьаҭыхҩы изанааҭ аҽазкра анбабыӡбеи, насгьы иарбан мзызқәоу уи аҿы ибыцхрааз?

— Ахԥатәи акласс аҿы сантәаз инаркны схазы иӡбаны исыман иалсхраны иҟоу азанааҭ асахьаҭыхра шакәыз. Ашкол аҿгьы аҵаҩцәа ҳзы еиҿкаан еиуеиԥшым ахәыҷтәы гәыԥқәа, акәашара, ашәаҳәара уҳәа ҳахьазыҟарҵоз. Сара, ҳәарада, асахьаҭыхратә кружокахь иааиԥмырҟьаӡакәа сныҟәон, ашкол саналгагьы ҷыдала уи сҽазыскит.

- Иахьатәи аамҭазы иарбан ҭыԥу бара быԥсҭазаараҿы аҟазара иннакыло, насгьы хаҭала бара бхазы аҟазаратә гәалаҟара шьақәзыргыло аҭагылазаашьақәа алыбкаар былшома?

— Аҟазара сара сыԥсҭазаараҿы ихадаратәу аҭыԥ ааннакылоит. Аҟазаратә гәалаҟара акәзар, имҩақәызҵо амчқәа иреиуоуп еиуеиԥшым аԥсҭазааратә ҭагылазаашьақәа. Сзынио-сзынԥо ахҭысқәа, есыҽнытәи ҳаԥсҭазаашьа уҳәа сандырааԥсалакь асимволикатә ҵакы змоу афилософиатә ҿыханҵа сҽазыскуеит, уи еиҳа сгәалаҟара ханарҭәаарашәа сгәы иабоит. Аха ари ахырхарҭа ауаҩы имчқәа кыр иҵнашәаауеит, кыр аамҭа уи аҿы сзынхаӡом аҟнытә, ԥсыршьагак аҳасабала аԥсабара асахьа, анатиурморт зыҩуеит.

© Фото : предоставлено Зарифой АнквабАсахьаҭыхратә ҟазара аспециалитет 5-тәи акурс астудент Зарифа Анқәабԥҳа
Асахьаҭыхратә ҟазара аспециалитет 5-тәи акурс астудент Зарифа Анқәабԥҳа - Sputnik Аҧсны
Асахьаҭыхратә ҟазара аспециалитет 5-тәи акурс астудент Зарифа Анқәабԥҳа

Иуадаҩны исыцааиуа ҳалацәажәозар, ауаҩы исахьа аҭыхра еиҳа амч ақәсырӡуеит, еиҳа садхалоит. Ауаҩы иҩныҵҟатәи иԥсабара, ихәыцра-игәырҩа уҳәа ихаҿра ианыԥшуеит аҟнытә урҭ зегьы ақыцә "арҳәара" даараӡа иуадаҩуп. Иара аԥсабара асахьа аҭыхра акәзаргьы, даҽа хырхарҭак акәзаргьы ацәанырра аҵазароуп, бзиа ибаны иҭыхтәуп. Исызцәырҵлалоит убри аҩыза агәалаҟарагьы, еиуеиԥшым амаҭәарқәа сҿаԥхьа иқәыргыланы изыҩлар анысҭаххо. Насгьы сыкәша-мыкәша иҟоу аԥсабара аҽамадара бзиа избоит. Ус баша џьара мҩакы санықәугьы ақьаадбӷьыци акалами сыцуп, избанзар уи аимадара аидеиа ҿыцқәа анарииуагьы маҷым.

Асахьаҭыхҩы Нугзар Логәуа. - Sputnik Аҧсны
Асахьаҭыхҩы Нугзар Логәуа ирҿиаратә хәылԥази ицәыргақәҵеи мҩаԥысит

Зны-зынла исызцәырҵуеит убри аиԥш агәалаҟара, ашәҟәы исанаҳәаз аҵакала аиллиустрациақәа рыҟаҵара анысҭаххо. Иаҳҳәап, ААУ афилологиатә факультет аҟны еиҿкаау апоет Владимир Платон-иԥа Анқәаб ихьӡ зху алитературатә хеилак иҭнажьуа ажурнал "Аԥсынгьерии", апоет қәыԥш Инал Гыцба иеизгеи рцәақәа ҭысхит. Сара исзааигәоуп агәырҩа ахьаарԥшу апоезиа. Убри аҟнытә ааигәа исыхьчоз сдипломтә усумҭагьы Саида Делԥҳа лпоезиа иазкын. Иахьатәи арҿиаҩцәа рҟынтәи цәаныррала кырӡа исзааигәоуп Абзагә Аҟалӷьба ипоезиа. Иара иажәеинраалақәа срыԥхьаны схатәы знеишьала ианаасырԥшуа даҽа еидара хьанҭак шьҭасҵазшәа сааҟалоит.

- Рҿиаҩык иаҳасабала ибымоума иалыбкаауа асахьаҭыхыҩцәа, аԥсуа ҟазацәа реиԥш аҳәаанырцәтәиқәагьы налаҵаны?

— Аҳәаанырцәтәи асахьаҭыхҩцәа рҟынтәи Пикассо ирҿиара алыскаауеит, аԥсуаа рҟынтәи- Ныгәзар Ҷыҷыкәа-иԥа Логәуа. Аҵара санҭалоз иара рҵаҩыс дсоууеит ҳәа сгәыӷуан, аха ус изыҟамлаӡеит. Актәи акурс инаркны еснагь иара иԥышәа ашьҭкаара, иҟазара аҽагәылахалара сгәаҳәон. Насгьы сара схатәы рҿиара иахиҳәаарызеишь, сышԥамҩақәиҵари ҳәа сгәы сҭахәыцуан. Аҵыхәтәан адиплом анызгозгьы напхгаҩыс иара иоуп иалысхыз. Ныгәзар Ҷыҷыкәа-иԥа ԥштәы рацәала еиларсоу иусумҭақәа сара исзааигәоуп, схәыцра, сгьама иақәшәоит. Иара иааирԥшырц ииҭахыз сагәылаланы ишеилыскааз аҳәара сцәуадаҩуп, аха сара сзы аԥштәы ауп ихадароу, аԥштәоуп аҟазаразы агәазыҳәарагьы сызҭо…

© Фото : предоставлено Зарифой АнквабАсахьаҭыхратә ҟазара аспециалитет 5-тәи акурс астудент Зарифа Анқәабԥҳа
Асахьаҭыхратә ҟазара аспециалитет 5-тәи акурс астудент Зарифа Анқәабԥҳа - Sputnik Аҧсны
Асахьаҭыхратә ҟазара аспециалитет 5-тәи акурс астудент Зарифа Анқәабԥҳа

- Ус анакәха ҭагалан бара зегь раасҭа бҟазара иацааиуа аамҭоуп…

— Ааи. Ашықәс аамҭақәа рыззегьы бзиа избоит, аха ҭагалан аԥштәқәа даҽакы исызрылаҵом. Аҿыханҵаҿы ашәыга уауразы аԥштәқәа еилауҵозароуп. Сара лассы-лассы уи аԥҟарра сацәхьаҵны аԥшәтәы ахьҭоу аҟынтәи иганы иахьысшьуеит. Изныкымкәагьы сырҵаҩцәа уи сҽацәысыхьчарц исабжьахьеит. Аԥшшәқәа ралхраҿы ахатәы знеишьа сҽеилаҳәарагьы ианыԥшуеит. Ирацәаҩуп уи уамашәа избо…

© Фото : предоставлено Зарифой АнквабАсахьаҭыхратә ҟазара аспециалитет 5-тәи акурс астудент Зарифа Анқәабԥҳа
Асахьаҭыхратә ҟазара аспециалитет 5-тәи акурс астудент Зарифа Анқәабԥҳа - Sputnik Аҧсны
Асахьаҭыхратә ҟазара аспециалитет 5-тәи акурс астудент Зарифа Анқәабԥҳа

- Излеилыскааз ала, бара аекспериментқәа рыҟаҵара базгагоуп.

— Ҳәарада. Саналагоз аҿыханҵаҿы аус зуазҭгьы, уажәы еиҳа-еиҳа аппликациа ашҟа сианагоит. Зны-зынла ианызбылуа ҟалалоит, ма иаанхо ҽыҭк адысҵар ҟалоит. Ажәакала сцәаныррақәа, сыгәҭахәыцрақәа уҳәа зегьы снапкымҭахь ииазгар сҭахуп.

© Фото : предоставлено Зарифой АнквабАсахьаҭыхратә ҟазара аспециалитет 5-тәи акурс астудент Зарифа Анқәабԥҳа
Асахьаҭыхратә ҟазара аспециалитет 5-тәи акурс астудент Зарифа Анқәабԥҳа - Sputnik Аҧсны
Асахьаҭыхратә ҟазара аспециалитет 5-тәи акурс астудент Зарифа Анқәабԥҳа

- Бҭаацәа рҟынтәи дарбану бҟазараҿы еиҳа адгылара бызҭо, еиҳа беилызкаауа?

— Сҭаацәа еиԥшны бзиа избоит, аха сырҿиараҿы еиҳа адгылара сызҭо, еиҳа сеилызкаауа саб иоуп. Иаргьы данқәыԥшыз аахыс ажәеинраалақәа иҩуан, еснагь апоезиа, арҿиара аус дазааигәан аҟнытә исылоу абаҩхатәрагьы иара иҟынтәи исоуит ҳәа исыԥхьаӡоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0