Ашықәс ҿыц аҧылара иадҳәалоу агәрагарақәеи азгәаҭарақәеи

CC0 / / Аԥсаҵла
Аԥсаҵла - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ҭаацәараҿы Ашықәс ҿыц аԥылара рыҽшазыҟарҵо, уи аныҳәа иазкны ирымоу азгәаҭарақәеи анылҵеит афольклорист Есма Ҭодуаԥҳа Тҟәарчал ақалақь инхо Нуну Дарсалиа-Лакашьиа лҟны.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Хәыҷи-дуи рзы Ашықәс ҿыц иреиӷьу ныҳәоуп. Уи иацуп алахҿыхра, агәырӷьара, ахәыҷратә гәалаҟазаара. Дарбанызаалак ари аныҳәа лымкаала иҽазыҟаиҵоит. Ихадароу аус, ҳәарада, знапы иану аҧҳәыс лоуп – аныҳәатә стол архиара. Аҧҳәыс ахәышҭаара еидызкыло, изыхьчо лакәны дшыҟоу ала, лара лоуп аиҳарак аҩнаҭа зыхьчаша азгәаҭарақәагь ҟазҵо.

Тҟәарчал ақалақь инхо Нуну Дарсалиа-Лакашьиа лара иазгәаҭан илымоу агәрагарақәа ртәы ҳзеиҭалҳәеит.

Елка - Sputnik Аҧсны
Тҟәарчалаа Ашықәс ҿыц рҽаздырхиоит

"Аҧҳәыс аҩны еиллыргозар, шьыбжьаанӡа иҟалҵаз оуп акәымзар, Ашықәс ҿыц аҽны ахәылбыҽха аҩны адәылҧссаара бзиам, агәамсам дәылган акажьрагьы бзиаӡам уҩны абзиара иацу уҽахыубаауеит. Иара усгьы абжьааҧныгьы ахәылбыҽха акы адәылгара бзиаӡам, уҩны абарақьаҭра дәылугоит рҳәоит. Иара Ашықәс ҿыц ушҭалалакгьы, адырҩаҽныгьы акы ндәылганы џьаракы рыҭара бзиаӡам", — лҳәоит лара.

Ирҳәоит Ашықәс ҿыц ушҭало еиҧш, убас ашықәс зегьы унҭысуеит ҳәа. Убри аҟнытә иахьынӡауала уҽрыцқьаны, ухы-угәы цқьаны уҭалароуп.

"Сара есышықәса Ашықәс ҿыц азы аҳәымсаг ҿыц ааганы аҩны иҩнасҵоит, астолқәыршә ҿыц ықәсыршәуеит. Зегьы иреиӷьу ашкәакәа оуп. Ашкәакәа – ацқьара, абзиара иатәуп. Убри есышықәса иҟасҵоит", — ҳәа лымаӡақәа ҳзаалыртуеит Нуну Дарсалиа-Лакашьиа.

Ашықәс ҿыц ауха аҭаацәа зегьы еицгәырӷьо аџьџьаҳәа еидтәалоит. Шаҟа угәырӷьаны, убжьы ҭыганы уаҧыло аҟара, убриаҟара агәырӷьара ашықәс зегьы иацзаауеит рҳәоит. Адунеи ажәларқәа зегьы рҟны Ашықәс ҿыц ауха иацуп агәырӷьара ахысыбжь (ажәҩан ҵзырлашаауа афеерверкқәа, асалиутқәа). Аҧсуаа ари атрадициа ишахырҳәаауа ала, шаҟа абжьы рдуны ухысуа аҟара, аҩысҭаа дуршәоит ҳәаноуп. Аӡәырҩы иргәалашәоит аҧсуа-ақырҭуа еибашьра анеилгаз ашықәсазтәи аныҳәа, уи ашьҭахьгьы даҽа шықәсқәак заҟа хысыбжь дула аҧсуаа "раҩысҭаа" иқәцара азгәарҭоз.

© Фото : Есма ҬодуаԥҳаНуну Лакашьиа-Дарсалиа
Нуну Лакашьиа-Дарсалиа - Sputnik Аҧсны
Нуну Лакашьиа-Дарсалиа

"Санду есымша ҳахьышьҭаз днеины "шәаҩсҭаахә дышәзыбзиахааит" ҳәа ҳалахь дагәӡуан. Досу иаҩсҭаахә димоуп рҳәоит. Абри Ашықәс ҿыцазгьы шаҟа ухысуа аҟара уаҩсҭаахә дуршәоит рҳәоит. Шаҟа угәырӷьаны, ухы-угәы ҭәны, аџьџьаҳәа ухәмаруа, уччо уаҧыло, убри уара иузыбзиахоит. Нас қылҧадк иадамзаргьы иҿыцу акы уцәа иадуҵар бзиоуп. Ҿыцла уаҧылар иузыбзиахоит. Аҧҳәыс лакәзар, лыхәда акасы ҧшӡак ықәыршәызар бзиоуп Ашықәс ҿыц данҭало, ма ашьалк лықәыршәны. Лшьал лҟәаҟәа иқәыршәыми, асааҭ жәаҩа аныҟалалак, абри лшьал аалықәхны "ацәгьамыцәгьа зегьы наҟ исхызгеит" ҳәаны, наҟ иаалхыршәҭны икалыршәуеит".

Ашықәс ҿыц ибзианы уҭысырц азы ирҳәоит ууалқәа зегьы уқәыухыроуп ҳәа. Ауал – аҧара мацара акәым, иара уигьы ак уқәымкәа уҭалар шыбзиоугьы, иаҳҳәап, ашықәс азы аӡәы игәы нурхахьазҭгьы уинышәар бзиоуп. Уал уықәзар, ашықәс зегь уманшәалахаӡом рҳәоит. Иҟоуп абарҭ рҩызцәа азгәаҭарақәагьы: Ашықәс ҿыц ижәны уҭалар, ашықәс зегь ажәра ахьыҟоу уақәшәалоит ҳәа, ушыцәо уҭалар, уцәалаханы уаанхоит. Амышьҭа дадыркылоит аныҳәа аухаз иааиуа раҧхьатәи асасгьы. Асас даныҩнало "Ҽааныбзиала шәнеиааит! Ашықәс ҿыц шәзаазгеит, агәабзиара, амал шәзаазгеит!" ҳәа дныҳәа-ныҧхьо ашәхымс ишьапы ахигозароуп. Ибзиоуп хаатәык аҩны иҩнеигалар. Ахәыҷы дахьыҩноу камфеҭк иадамхаргьы иџьыба иааҭыган инаииркуеит. Аҧшәмацәагьы убас ныҳәарала аҭак ҟаҵо рысас игәы ҟарҵоит иахьынӡауала, пату иқәырҵоит. Раҧхьатәи асас Аҵаа Бабаду ихаҭа дузаа иаҩызоуп!

Ҳара ҳзыҿцәажәоз Нуну Дарсалиа-Лакашьиа иаҳзаалыртыз аасҭагьы иҵәахны илымоу азгәаҭарақәа акыр еиҳазар ҟалап. Аха аҵыхәтәан иҳалҳәеит даҽа лхатә маӡакгьы аҭаацәа ҳәоу еиқәшәала ишеидкылатәу иазкны:

"Астол аҧшь-шьапык арахәыц ҟаҧшь акәыршан иҟасҵоит аныҳәа анааигәахо, астолқәыршә иаҵаҵәахны, аӡәгьы имбаратәы, аӡәгьы илаҧш ақәымшәаратәы. Ианыҟасҵогьы аӡәгьы имырбаӡакәа иҟасҵоит есышықәса Ашықәс ҿыцаз. Шьҭа ианыҟасҵо, уажәы сҭацеи сареи егьырҭ идмырбаӡакәа еицыҟаҳҵоит. Нас ианамаҳхуа абрахь џьара инцәыҵаҳҵоит, икаужьыр ҟалаӡом. Асааҭ жәаҩа аҟалара сааҭк шагу аҭаацәа рҟынтәи аӡәы адәахьы идәылҵыр сҭахӡам абри Ашықәс ҿыц ҳанҭало, ашықәс зегьы адәы иагоит рҳәоит. Нас ҳанҭалак ашьҭахь, уи аиҭанаиааира бзиоуп, иаҳа иуҭаху иахь уцоит, узҭаху даауеит, еиҭанаиааиуеит".

Ашықәс ҿыц адырҩаҽныгьы ус хьанҭак ҟарҵаӡом, ауабара, аҭынхабара ицоит, еиҭанаиааиуеит, аҳамҭақәа еимырдоит. Ҳаҧхьаҩцәа зегьы ирабжьаҳгоит згәаҭарак иадамзаргьы Ашықәс ҿыц аухаз имҩаҧыргарц. Хымҧада, шәаргьы шәхатәы маӡақәак шәымамкәа иҟаларым. Ашықәс ҳазҭало аманшәалара шәзаанагааит. Аҧсуаа ишырҳәо еиҧш "Хаҵа имцац хаҵа шәцо, ҧҳәыс даазымгац, ҧҳәыс дааиго, аҩнаҭақәа рҟны аҿиара, аизҳара ҟало!"

Хаҵа имцац рзы маӡала синформант исалҳәаз шәасҳәоит: "Аӡӷабцәа Ашықәс ҿыц ауха ҵаҟатәи ацәамаҭәа ҿыц ршәырҵон…"

Ажәабжьқәа зегьы
0