Сара исылшоит - уаргьы иулшоит: Очамчыратәи аҿар реихьӡарақәа

© Фото : Аинар ЧытанааМаҭе Ҵкәитариа
Маҭе Ҵкәитариа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Очамчыратәи аҿар реилазаара "Сара исылшоит" ("IQan") шықәсык ахыҵит. Ашықәс иалагӡаны изнысыз амҩеи иацыз ауадаҩрақәеи дырзааҭгылеит ахеилак аԥхьагылаҩ Маҭе Ҵкәитариа. Аиҿцәажәара мҩаԥигеит Аинар Ҷыҭанаа.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

- Маҭе, изеиԥшрааз "Сара исылшоит" актәи ашьаҿақәа? Насгьы ахьӡ хада "IQan" аҵакы уаҳзалацәажәа.

- Ҳара ҳаилазаара аҳәынҭқарратә ҩаӡараҿы ишьақәырӷәӷәоижьҭеи шықәсык ҵуеит, аха ҳара уи аԥхьагьы ҳхатә гәаԥхарала аусура ҳалагахьан. Хаҭала сара аҵара санҭаз аахыс ахшыҩрҵагатә хәмаррақәа кыр срызҿлымҳан, иахьа ҳаилазаара злашьақәгылоу аҿаргьы аханатә ҳаидызкылаз "Иарбан? Иаба? Ианба?" захьӡу хшыҩла аицлабра ауп. Раԥхьаӡа сара сызлаз афакультет агәыԥ иалаз ахәмарҩцәа еимпуа ианалага, хәыҷы-хәыҷла ахәмаррақәа рыҽрылархәрагьы ҳаҟәыҵит. Убасҟан сара исыӡбеит Очамчыра ахшыҩрҵагатә хәмаррақәа рзы агәыԥ аизгара.

Своя игра раԥхьаӡакәны Очамчыра имҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Раԥхьа акнопка иақәыӷәӷәо: "Своя игра" раԥхьаӡакәны Очамчыра имҩаԥысит

Иаарласны сыгәҭакы анынасыгӡа, ахәмарра згәаҳәоз аҿар аныҟала ҳара ҳҽалаҳархәит Аҟәа имҩаԥысуаз ахшыҩрҵагатә еицлабра "Иарбан? Иаба? Ианба?", уимоу аԥхьахәтә ҭыԥ агарагьы ҳалҳаршеит. Анаҩс, ҳаргьы ҳхы иадаҳулоз аус алҵшәақәа аанагартә алшара шҳамаз агәра анаҳга, уи адагьы ахы агәрагара анҳазцәырҵ, официалла аҿарацәа еидызкыло еиҿкаарак аҳасабала ҳҽышьақәҳарӷәӷәарц иақәаҳкит. Аилазаара иаҳтаз ахьӡгьы баша ҳнадыххыланы иазаҳаԥшааз ажәаӡам. "iQAn" Актәи анбан "i" иаанагоит аидеиа, аҩбатәи анбан "Q" аҩнуҵҟа асааҭ ахыцқәа ҭаҳкит, аамҭа ииашаны ахархәара ааҳарԥшырц азы. Арҭ анбанқәа рыҩбагьы "IQ" аҵакы гәылдыршәоит. Анаҩстәи анбан "А" ахкәакь аформа амоуп. Ишаҳдыруа еиԥш ахкәакь аԥхьагылара иасимволуп. Аҵыхәтәантәи анбан "n" ауаа реидкылара ҳара ҳхықәкы хадақәа ишреиуоу алаҳҳәарц азы амҳалдыз асахьа аҳҭеит.

- Шәазлалагаз апроектқәа арбақәан?

- Ҳалагеит ҳара алитературатә хәылԥазқәа реиҿкаареи акиносахьақәа рырбареи рыла. Усҟан ҳара лабҿаба иаҳбарҭахеит арҿиаратә гәацԥыҳәара змоу аҿар реидкылара иазкыз ҳидеиа хада иақәҿызҭуа ауаа рхыԥхьаӡара хараӡа ишмаҷым. Ҳусмҩаԥгатәқәа ашколхәыҷқәа рыдагьы лассы-лассы аҭаацәагьы ахьаҭаауаз кыр игәахәара дуун. Қәҿиарала ишьақәырӷәӷәаз раԥхьаӡатәи ҳапроект "Ақьиара аныҩбжьы" аҳәаақәа ирҭагӡаны ацхыраара раҳтеит амамзаара иаргәаҟуаз, зықәрахь инеихьо, изаҵәу аҭаҳмадцәа жәаҩык. Урҭ зегьы аӡәаӡәала ҳрыҿцәажәаны, рыԥсҭазаашьа шыҟаҵәҟьоу еилкааны асоциалтә ҳақәа рхархәарала аинформациа аналаҳарҵәа, иҟанаҵаз алҵшәа зынӡаск ҳазқәымгәыӷуаз акәхеит. Аԥсны ахи-аҵыхәеи рыдагьы Урыстәылантәигьы еиуеиԥшым ацхыраара кыр аамҭа еиԥҟьарада иаауан. Ари апроект ала ҳара иаҳҳәар ҳҭахын ҳтәылаҿы изаҵәу ауаҩы дшыҟам, еснагь аӡәи-аӡәи аидгылара ҳшазыхио, ауаҩы ирыцҳашьара ацәанырра еиқәырханы амцаԥха еиԥш зегьы ишеимаҳдо.

Тенгиз Тарба - Sputnik Аҧсны
"Аҵарадырра змоу абиԥара" алеқциа мҩаԥысит Очамчыра

Анаҩстәи ҳапроект "Аҭҵаарадырратә ҩны" хадаратәла изызҳәаз арҿиара-хшыҩҵаратә еицәажәара аиҿкаара қәҿиарала анаӷӡара алшеит, кыр аамҭагьы ари аидеиа аизшәарақәа ҳҽырҭагӡаны аусура ҳалшап ҳәа иҵаҵӷәыдам агәыӷрақәа сымоуп. Агәыԥ аиҿкаара акәама-ҵамарақәа ирызкыз ҳлеқциақәа ирылахәхаз хадаратәла Очамчыра араион ашколхәыҷқәа шракәызгьы, иҟан егьырҭ акы-ҩба раион рҟынтәигьы аҿар. Иара убас ааигәа раԥхьаӡакәны Очамчыра қәҿиара дула имҩаԥаҳгеит "Своя игра" захьӡу азҵаара-ҭактә еицлабра. Ари ахәмарра ашколхәыҷқәа ракәын иалахәыз аҟнытә ирацәаӡаны агәазыҳәарақәа ҳзааит аиҳабыратә абиԥара рзгьы хазы аицлабра еиҿаҳкаарц. Аԥхьан ишысҳәаз еиԥш, аиҵбацәа ирываргыланы аиҳабацәагьы ҳнапы злаку аус аинтерес ахьрызцәырнаго, иазхьаԥшырц ахьырҭаххо ҳара кырӡа ҳгәы иамыхәарц залшом.

"Иарбан?Иаба?Ианба?", насгьы "бреинринг" захьӡу аинтеллектуалтә хәмаррақәа ааигәа имҩаԥаҳгап ҳәа агәҭакқәа ҳамоуп. Зыӡбахә сҳәаз актәи ахәмарра шықәсык аԥхьагьы еиҿаҳкаахьан Аԥсны ахи-аҵыхәеи рҟынтәи агәаҳәара змаз 90 ҩык инарзынаԥшуа аҿар алархәны, аха усҟан ҳара ҳаилазаара аҵыхәтәанынӡа имшьақәгылацызт, актәи ашьаҿақәа рыҟаҵара ҳаҿын. Ацхыраара ҳарҭеит Очамчыра араион аҿари аспорти рзы аҟәша, Аҟәатәи аинтеллектуалтә клуб "Диуна".

- Иарбан уаажәларратә гәыԥзаалак, ақәҿиара ҳәаақәызҵо аколлективтә усеицура ауп. Шәара заҟа лассы ишәылшазеи уи азнеира, насгьы идеиак иацгыло аҿар реидкылара абанӡауадаҩхеи?

Газета Апсны - Sputnik Аҧсны
Акьыԥхь ахьаақәа: Очамчыра ашәҟәы ишаԥхьо

- Ҳаилазаара иалоу аҿар аҟыбаҩ бзиа рылоуп, аҭакԥхықәра рхахьы агара иацәшәаӡом, лассы-лассы рбаҩхатәрагьы аадырԥшуеит. Арҭ аҟазшьа аҷыдарақәа ауаажәларратә ус знапы алаку ауаа рзы ихымԥадатәиуп ҳәа сгәы иаанагоит. Аус ҳацызуа аҿар ирызкны ирацәоуп иуҳәаша, аха ҳара ҳзы ихадоу ажәа акәӡам - аус ауп. Ииашоуп, арҿиаратә еилазаараҿы иҟалалоит аҳәоуеиқәымшәара, агәаанагарақәа рырацәара, аха ҳара еснагь патуеиқәҵарыла ҳаизыҟоуп, аӡәи-аӡәи ҳаицхыраауеит, еилаҳҵоит ҳахшыҩ. Ауадаҩрақәа еснагь зегьынџьара иуԥылоит. Уи еилкаауп, избан акәзар еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа ҟалалоит, зегьы ҳара ҳнапы иакӡам. Аха иахьа уажәраанӡа имҩаԥаҳгахьо ахәмаррақәа, алеқциақәа, аиҿцәажәарақәа зегьы рзы, исҳәар сылшоит ҳшақәгәыӷуаз аасҭагьы ҩынтәны қәҿиарала имҩаԥысит ҳәа. Убри ала иҟаҵатәуп алкаа ауадаҩра заҟаразаалакгьы ауаҩы даиааир илшоит, ииашаны имчи-илшеи реихшашьа иҽақәиршәар. Ҳара ҳҿырԥштәала исҳәар сылшоит агәаҳәара ада акгьы шзыҟамлоз, аӡәгьы мчыла акгьы ҳарҟаҵара шилымшоз. Ҳара ҳхаҭа ҿыцрак алаҳгаларц анаҳҭахха, ҳанҽеидаҳкыла, иҟалеит иҳацхраауаз ауаагьы. Ҭемыр Анатоли-иԥа Ԥачлиа ихаҿала ҷыдала иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп Очамчыра араион аҿари аспорти рзы аҟәша еснагь хшыҩзышьҭра ахьҳарҭо, аҩызаратә напы ахьаҳдыркуа. Избан акәзар ҳара ҳзы ихадароуп аԥаратә цхыраара аасҭагьы ажәа ҟәыш, хра злоу абжьгарақәа.

- Лассы-лассы аҿар уахьрымадоу аҟнытә зеиԥшла "абиԥара ҿыц" ҟазшьарбас иузрыҭои?

Даур Цвижба - Sputnik Аҧсны
Даур Ҵәыџьба: аус бзиа уанаҿу адгылаҩцәагьы ҟалоит

- Иахьатәи аҿар "ҳаамҭазтәи ахархәагақәа рабиԥара" ҳәа ҳзуҳәар ҟалоит. Ашкол саналгаз аахысгьы шьцылараны иҵысгеит лассы-лассы ашколқәа рҭаара, ашколхәыҷқәа рацәажәара. Арыцҳаразы, сара игәасҭо салагеит есышықәса аҵарадырратә ҩаӡара алаҟәра ишаҿу, ашәҟәыԥхьара аинтересгьы кырӡа ишагхо. Ҳәарада, уи иаанагаӡом зхы аус адызуло, ԥсыцқьала аҵара зҵар зҭаху зынӡаск иҟаӡам ҳәа. Урҭ ыҟоуп, аха арыцҳара аҟынтәи, рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа иагхошәа збоит. Уи ҳара ҳаилазаара аусурагьы ианымԥшырц залшаӡом. Избан акәзар аҿыцрақәа ирышьҭам, аҩны асоциалтә ҳақәа рҭатәара иашьцылахьоу ашколхәыҷ ихшыҩрҵагоу аиԥыларақәа рахь иаагара уадаҩхоит.

Ииашоуп, зегьы рҭагылазаашьақәа еиԥшӡам. Дыҟоуп аӡәы, аҩнытә усқәа дахьеиладырхо аҟнытә зҵатәқәа ирхьымӡо. Уи деилкаауп. Аха дыҟоуп даҽаӡәгьы- аҵарагьы зымҵо, ашкол анҭыҵгьы амшгара иашьцылоу. Абри аҩбатәи акатегориа иаҵанакуа ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара агырхара ауп ҳара иахьа иаҳхықәку. Ауаҩытәыҩса икәша-мыкәша иҟоу аилазаара џьаракала дахәо даҳзыҟаҵар- усҟан ҳара қәҿиарала ҳхықәкы наҳагӡеит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0