Ԥсаатәҵас ажәҩан иалаз, аҳаракыра иазааигәаз Мери Аҩӡԥҳа лгәалашәаразы

© Foto / из архива семьи АвидзбаЛетчица Мери Авидзба
Летчица Мери Авидзба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афырԥҳәыс, раԥхьатәи аԥсуа ԥырҩы Мери Аҩӡԥҳа дыргәаладыршәоит лара хаҭала дыздыруаз, Аԥсны еиҿкаау Аџьынџьтәылатә еибашьра дуи аџьеи рветеранцәа рхеилак ахантәаҩы Алеқсандр Шьониеи, акыр шықәса Ҭырқәтәыла Аԥсны ахаҭарнакс иҟаз Владимир Аҩӡбеи.

Сырма Ашәпҳа, Sputnik

Аамҭақәа ирыциуеит ҿыцәаара зқәым ахаҿсахьақәа. Убас еиԥш, 1917 шықәса рзы Ҳафиз Аҩӡба иҭаацәараҿы диит аҭыԥҳа, лаԥхьаҟа зыжәлари зыԥсадгьыли рзы ихьӡырҳәагаханы иҟалаз. Уи раԥхьатәи аԥсуа ԥырҩы, афырԥҳәыс Мери Аҩӡԥҳа лакәхеит. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду Афырԥҳәыс, Белорусиатәи афронт аҩбатәи аҳауатә архәҭа 46-тәи агвардиатә авиациатә полк аштурман Мери Аҩӡԥҳа, Аҟәатәи аероклуби, Батаисктәи аԥырратә школи дрылгеит. Аҟәатәи аероклуб аҟны лара рҵаҩыс длыман Виктор Аргәын, иара усҟан аԥырратә хәҭа еиҳабыс дыҟан. Мери Аҩӡԥҳа, 1939 шықәса рзы Ленинградтәи арратә-медицинатә академиа дакурсантхеит.

Старейший американский ветеран - Sputnik Аҧсны
Зегь раасҭа зықәра дууз Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра аветеран иԥсҭазаара далҵит

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ианалага, Ар Ҟаԥшь ахь арзаҳал лҩит хатәгәаԥхаралатәи ахәҭа дахырыԥхьаӡаларц. Ԥхынҷкәынымза, 1942 шықәса инаркны Германиа Аиааира агараҟынӡа луалԥшьа налыгӡон. Перм ақалақь аҿы ақәхратә ҳаиртә мчқәа рышкол аҟны аҵара дахысит. Нхыҵ-Кавказ, Украина, Белоруссиа афронтқәа рҟны деибашьуан. Кавказ ахьчара, Ҟрым, Белорусиа, Польша рхақәиҭтәра далахәын, Германиа аӷа иҭархара дацәхьамҵит.

Ажәыларақәа цонаҵы, Мери Аҩӡԥҳа илыллыршеит 477-нтәы аԥырра, аӷацәа артҟәацгақәа рылажьра.

Аԥсны еиҿкаау Аџьынџьтәылатә еибашьра дуи аџьеи рветеранцәа рхеилак ахантәаҩы Алеқсандр Шьониа иазгәеиҭеит, афырԥҳәыс Мери Аҩӡԥҳа лыгәаӷьра атәы.

"Ҳаԥсуа ԥҳәызба Мери Аҩӡԥҳа даара пату, ҳаҭыр змоу аӡә лакәны аҭоурых дазынхоит. Усҟантәи аамҭазы агәаҟра ҳанҭагылаз, 1941-1945-тәи ашықәсқәа рзы, Егры инаркны Ԥсоунӡа, дхаҵоума, дыԥхәысума аӡәгьы ихы дамеигӡеит. Досу зегьы планла ирыдыз нарыгӡеит, аӡәы дтанкистын, егьи дԥырҩын, даҽаӡәы дартеллиристын, зегьы ирылшоз ҟарҵеит. Убас еиԥш афырхаҵара, афырԥҳәысра аазырԥшыз лоуп Мери Аҩӡԥҳа", - дҳацәажәон 97 шықәса зхыҵуа Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеран Алеқсандр Шьониа.

Алеқсандр Шьониа игәалашәоит, аибашьра ду ашьҭахь, Мери Аҩӡԥҳа лҩызцәеи лареи еицны Тҟәарчал ашахтахь дшааз. Усҟан, Шьониа ашахтаҿы аус иуан.

"Даара гәаартыла ҳаицәажәеит, аибашьратә хҭысқәа маҷымкәа иаҳгәалаҳаршәеит. Адгьыл аҵаҟа аус зуаз ашахтиорцәа дҳақәныҳәеит. Аԥсҭазаараҿы илымаз лхықәкы налыгӡон, уи лара илҟазшьа ҷыдан. Ус шакәыз лара лҿырԥшала иаҳбарҭоуп. Аԥсныи аԥсуааи ҳахьӡ ҭылгеит, лфырхаҵара ҳзынлыжьит, лыхьӡ еицакра ақәымлааит, лгәалашәара ҳамазааит", - ҳәа азгәеиҭеит Шьониа.

Аԥсуаа еснагь ирылиаауеит ауаа хатәрақәа, ауаа нагақәа. Урҭ рыхьӡ ес-ииуа ирыциуеит. Акыр шықәса Ҭырқәтәыла Аԥсны ахаҭарнакс аус зухьоу Владимир Џьамал-иԥа Аҩӡба, Мери Ҳафиз-иԥҳа дигәаларшәо иазгәеиҭоит, аԥсуаа зегьы реиԥш, Аҩӡаа аижәлантәқәа, аешьара рыхьӡ шҭылгаз, раҳәшьа акыр ишлызгәыдуу.

Закан Нанба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Нанба: иахьа уажәраанӡа Аибашьра Ду иалаӡыз аԥсуаа рыԥшаара ҳаҿуп

"Мери леиԥш, лҭаацәагьы даара иааигәаны издыруан. Азиз Аҩӡба ҳәа дыҟан, иара иоуп Мери аԥырра агәыбылра лзыркыз аханатә. Аибашьра ианалага, хатәгәаԥхарала еибашьра дцеит. Уахынлатәи аԥырыҩцәа-абомбакажьыҩцәа ҳәа архәҭак ыҟан, убри далан. Усҟан, Кукурузник ҳәа афанера иалхыз аҳаирпланқәа ракәын иҟаз, убас акы дақәтәан. Дԥырны абомбақәа кажьны дшаауаз, ирымчны итәеит дзықәтәаз аҳаирплан, убасҟан лыбӷа ԥҵәеит, ахәышәтәырҭа дҭашәеит", - ихәеит Владимир Аҩӡба.

Аџьынџьтәылатә еибашьра ду ашьҭахь, Мери Аҩӡԥҳа илоухьаз ааха иахҟьаны быжьшықәса лхы дзахәаӡомызт. Анаҩс, имҩаԥгаз аоперациа иабзоураны лгәабзиара шьақәгылеит, лшьапы дыхгылеит.

Мери Аҩӡԥҳа тәанчара дшыҟазгьы ауаажәларратә ус лнапы алакын. Аԥсны иреиҳаӡоу Асовет депутатс дыҟан. Нестор Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышкол аҿы аҭаацәаратә комитет хантәаҩыс даман. Акыр аџьа лбон аҿар апотриатизмра рылааӡараҿы, иара убас асоветтә авиациа афырхаҵаратә традициақәа рыларҵәараҿы.

"1975 шықәса рзы Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа иааз раԥхьатәи аԥсуаа ргәыԥ, лара лхы иадылҵеит имҩаԥылгарц. Аԥсуара бзиа илбон, Аԥсны анапхгара уи лара лхала лыхәда иқәырмыжьит, иазкыз ауаа ыҟан. Аха, дара абра иҟанаҵы дрыцын. Сара, Ҭырқәтәыла саннеигьы даара бзиа дбаны лыӡбахә рҳәон. Ҭырқәтәыла аԥсуаа аԥырыҩцәа рацәаҩуп, аха аҭыԥҳацәа ыҟаӡам. Абри дҭыԥҳаны, ахаҵа изанааҭ ахьылҵаз, насгьы дымшәаӡакәа уахынла мацара аӷа абомбақәа ахьиқәлыжьуаз уамашәа ибаны, ҿырԥшыгас иҟаҵаны есқьынгьы иалацәажәон", - ҳәа азгәеиҭеит Владимир Џьамал-иԥа.

Куркунава Беслан - Sputnik Аҧсны
Арадио
Кәыркәынаа апроект "Ахьӡ архынҳәра" азы: акурсантцәа ргәы ақәкны аус ду иаҿуп

Владимир Аҩӡба излеиҳәо ала, Мери аҭаацәара бзиа далҵит. Лаб Ҳафиз, Аҟәа дынхон, бзиа дыҟан, усҟантәи аамҭазы ҩбаны еихагылаз ахатәы ҩны иман.

"Аԥсшәа, аурысшәа, аҭырқәа бызшәақәа идыруан. Ақыҭаҟынтә иааиуаз иара иҿы икыдымгылакәа ицаӡомызт. Иԥшәмаԥҳәыс даҭырқәа ҭыԥҳан. Лаб иашьа, Ҭырқәтәылатәи аԥсуааи Асовет ҳәынҭқарра ахаҭарнакцәеи анеицәажәоз, Асовет ҳәынҭқарра ахаҭарнакцәа дрылан. Раԥхьаӡа аинтеллегент маҭәа зшәызҵоз хаҵан, Аҩӡы Ҳақы иакәын. Абас, ашьҭра бзиа иатәыз лакәын Мери Аҩӡԥҳа"-дҳацәажәон Владимир Џьамал-иԥа Аҩӡба.

Мери Ҳафиз-иԥҳа Аҩӡба иланашьоуп Аџьынџьтәылатә еибашьра ду актәи аҩаӡара змоу аорденқәа ҩба, Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аорден аҩбатәи аҩаӡара, амедалқәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы "Кавказ ахьчаразы" амедал, еизҳауа абиԥарақәа реиҵааӡараҿы ллагалазы иланашьоуп Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Аҳаҭыртә шәҟәы¸ иара убас аҵарадырра аминистрра аҟынтә хыԥхьаӡара рацәала Аџьшьаратә шәҟәқәа.

Лыԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рҟынӡа дынхон аҳҭны қалақь Аҟәа, лыԥсҭазаара далҵит 1986 шықәса рзы, анышә дамадоуп Ешыра ақыҭаҿы. Арратә авиациа зыԥсҭазаараз, ԥсаатәҵас ажәҩан иалаз, аҳаракыра иазааигәаз, уи амаӡақәа ртәы здыруаз афырԥҳәыс, аԥырҩы Мери Аҩӡԥҳа лгәалашәара лаша еицакра ақәымкәа иаанхоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0