Нанду лажәабжьқәа: аԥсҭазаара уадаҩ захьӡыҵәҟьоу

© Фото : Аинар ҶыҭанааБабуца Багаҭелиа
Бабуца Багаҭелиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Анкьатәи аамҭақәа ирыцыз ауадаҩрақәа ртәы ианду Бабуца Багаҭелиаԥҳа лҟынтә ианиҵеит Sputnik акорреспондент Аинар Ҷыҭанаа.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Инагӡаны исзеилымкаац изыхҟьо, аха ҳарҭ аҿар лассы-лассы ҳаԥсҭазаашьа ҳахашшаауеит, еснагь акы ҳгәаԥхом. Иаҳҳәап аӡәы "лмегабаитқәа" ахьынҵәаз азы лымш зегьы бжьысит ҳәа азылыԥхьаӡоит, даҽаӡәы ихшыҩ дахнагоит "вконтакте" аҟны идаҟьа ахьизаамыртуа. Ауадаҩраҵәҟьа ианымиац ауаҩы ихала иԥсҭазаара ируадаҩырц дахьалаго ауп уи зыхҟьо, сгәанала. Аха сара афантазиа сакьымскәа, аамҭа хьанҭа иалиааз санду ауадаҩраҵәҟьа иаҵанакуа слазҵаарц азысыӡбеит.

Девушка с телефоном - Sputnik Аҧсны
"Like абиԥара": изеиԥшроузеи иахьатәи "ҳҭоурых"

Сахьа блахкыгала игәылҭәаау ашәҟә дуӡӡа аасыртызшәа сааҟалоит санду ажәытә ажәабжь ссирқәа анаацәырылгалак. Ажәашықәсақәа раԥхьа еилашуаз ахҭысқәа схаҭа блала сыргәылаԥшызшәа ауп урҭ асахьақәа еицрыхәхәа саԥхьа ишиасуа. Санду лгәалашәара акомпиутер аҩнуҵҟатәи аҵәахырҭеиԥшҵәҟьа, ажәабжьқәа зегьы шықәсыла еихша-еихшаны "иҭаҩуп", урҭ аазыртуа "апарольгьы" лараӡәк лоуп измоу. Абар уажәгьы, анкьатәи хҭысқәак слымҳа инҭылшьырц санлыҳәа, раԥхьаӡатәи "апапкақәа" руакы "аалыртын", лажәабжь нхацлыркит:

- Даараӡа имариамыз аамҭақәа ҳхаагеит, нан. Уажәтәи аԥсҭазаашьа аҩыза ҳазҭадаз, агәаҟра ӷәӷәаӡа ыҟаҵәҟьан. Иаҳҳәап аӡын аамҭазы уажәы фымцала ҳашӷыҵысуеиԥш иҟамызт анкьа. Амца умырцәар акәын. Ахәа ҽҳәыгангьы икарыжьӡомызт, акәиц шьыжьынӡа инхарц азы хыхь иақәрыжьуан. Егьарааны зымца зцәыцәоз агәылацәа "кәасҭхак ҳашәҭ" ҳәа ҳара ҳҟны иаахьан. Инеиаанӡа еиҭа ианыгьежьуаз ыҟан, амҩан акәиц ҿыцәаар. Абас акәасҭхақәа еимырдон, џьара иҟамлар џьара иҟалон.

Есӡынра асду каҳауан аҟнытә, ҳаиҭанеиааиларц аҩнқәа рыбжьара аграпарақәа бжьыганы иҳаман. Уи аамҭазы, шамахамзар ахацәа зегьы еибашьра иҟан, ҳара ҳаҩнаҭаҿгьы ахаҵа дыҟамызт. Дыҟан сабду, аха уи 140 шықәса дырҭысхьан, имч маҷын. Асы ӷәӷәаны ианкаҳауаз ахыб ԥнаҽыр ҟалон аҟнытә, ааигәа-сигәа инханы иҟаз, афронтахь ирымгаз гәыла хаҵак ҳиҳәаны дааҳгон, ахыб ҳазхишәон. Нас ԥыҭраамҭак ҳгәы ҳарҭынчуан, дырҩеигь иагәарԥханы сык ауаанӡа.

Тенгиз Тарба - Sputnik Аҧсны
"Аҵарадырра змоу абиԥара" алеқциа мҩаԥысит Очамчыра

Амхқәа ракәзар, иахьабалакь алаҵара ҟаломызт. Ажәқәагьы иқәҿаҳәаны иаҳбон, аколхоз амхқәа ирԥырхагамхарц. Уи аус ахәыҷқәа ҳакәын знапы ианыз. Ашьыжь ажәқәа ашахақәа рхаршәны иҳаҭаны ҳдәықәырҵон, хәлаанӡа уа иаҳбон. Ахәылбыҽха аҩныҟа игәараҳцон. Аԥхын акәын арахә ас еиԥш ахьчара анырҭахыз, аӡынра амхқәа усгьы иҟамызт. Аха зегьакоуп, аӡынгьы досу рырахә уахынла амаҵурҭаҟны икыдҿаҳәаланы ирыман, аӷьычрақәа рацәан. Исгәалашәоит, сыгамла ргеит ҳәа егьарааны шьыжьла сан дыҳәҳәо амаҵурҭа дыҩналахьан.

Аԥхын акәзар, аҳәса зегьы десҭынк-десҭынк амхы рыдын, аҭаҭын - х-даанҭхалки бжаки. Аҭаҭын аҟынтәи аԥшрашәара ицо, абас рџьабаа хьанҭан. Нас аҳәсеибацәа, зхацәа аибашьраҿы иҭахаз кыԥ дук ашьақар рырҭон, еиҟәыршарц азы. Ацхагьы ԥыҭ-чыҭк рзыршон. Аха аусураҿы акәзар, лхаҵа дыӡит ҳәа аӡәгьы илзыԥшӡомызт, шаанӡа ицон, шьыбжьон какалк накны еиҭа идәықәлон, хәлаанӡа аус руан.

Саныхәыҷыз акакан бзианы иҟан. Аҭаҳмадацәа ирҟәыбон, аҳәса иахьырыҟәшәоз саргьы есымша срышьҭан. Акакан анырыҟәшәалакь ауардын ианыԥсаланы аусҳәарҭахь иргон. Аха акакан убри аҟара ирацәан, аҟәшәара нҵәашьак амамызт. Ашьҭахь, ирыҟәшәаз акакан Очамчыра иаларҵар акәын азы, дук мырҵыкәа дырҩеигь уардынла амҩа иқәыргалон. Ауардынгьы иабалакь дацырҵаӡомызт. Амҩақәа бааԥсын, уажәы-уажәы абарбалқәа аҳәынҵәа илашьшьуан аҟынтәи еиҳа махәҿала иӷәӷәаз ҩыџьа-хҩык дәықәырҵон.

Хыџьгәа Мачагәа-иԥҳа Гәылариаԥҳа - Sputnik Аҧсны
"Кавказ ахьчаразы" амедал зауз Аҷандаратәи аԥҳәыс лҭоурых

Иубаз еицәа убеит ҳәа, амҩа ианықәлалакь, дук мырҵыкәа реимаақәа ԥжәо иалагон. Усҟан ашьаҵатәы абаҟаз, акалош рышьан, ма ашахта еимаа ҳәа изышьҭаз. Аха уи ашахта еимаагьы лассы аԥжәара адыруан аҟнытә, акакангаҩцәа Очамчыра инаӡаанӡа аимаа аӡахразы кыр џьара имҩахыҵуан. Ишцоз амҩан ирықәыхәлар, ҩныкаҿ имҩахыҵны акәасҭха шьҭырхуан. Нас, уантәи-уа амца еиқәҵо ицалар акәын, абгақәа рааигәа имааирц азы. Абасала акакан зегьы хәыҷы-хәыҷла иганы ианалгалак аҭаҭын дәықәыргалон. Ианаауазгьы дырҩеигь аимаа аӡахразы еиҭамҩахыҵуан. Иахьеиԥш исгәалашәоит, ԥыҭк иагарц азы реимаақәа ӡарҵәила иҿаҳәаны, игәаҟха… Даараӡа аамҭақәа цәгьан, аиашазы.

Ашьҭахь ачакакал ҳзааргеит. Алагаразы даҽа қыҭакахь уцар акәын, аха уи усызма. Аҳәса гәырӷьаҵәа ачакакал лаганы абысҭа аларуан, аԥарԥал иаганы. Иԥсаҟьатәуп ҳәа иҟадаз, усҟан урҭқәа рымҵаӡацызт. Амгьалгьы аӡра насшәа иалагеит. Адырган дыршуан, нас амажәа анҵаны, ашә уахь инагәыларӷәӷәаны иҽҳәадыргылон. Абас акәын рыҟаҵашьа, даҽакы рыздырӡомызт. Аԥхынра акәзаргьы, афатә азы даара аилахара ыҟан. Исгәалашәоит, абиа ҳазгылан ҳаҩны иацәыхарамкәа. Иара есышықәса иҿассы иҿалон. Асаарақәа рыманы иаауан зынчарак абиа иашьҭаланы. Нас, абиа жәны, ахарҵәы иаҵарҟәаҟәаны ирфон, убас рыԥсы еивыргон.

Усҟан ауаа рџьабаа ӷәӷәан, аха русушьагьы даҽакын. Уск еицаҿын, аӡәи-аӡәи еицхыраауан, рыгәқәа ҭибагон. Аӡәы баша агәарабжьара дыбжьысны дцозаргьы дшәаҳәо днеиуан, ашәаҳәара аус иацын. Аӷьеҩҳәа рҽагақәа аанкыланы амхырҭа ианалалалак, ашәа шырҳәоз мацара амхы рашәаны иалгон. Џьоукы-џьоукы рашәаҳәашьа ухы аахнаҵәон, убри еиԥш бжьык ҭырҟьаны ахкы аҳәара иалагон.

Емма Кәыҵниа-Ашәба - Sputnik Аҧсны
Ԥсуаҵасла аҭацара аныҟәгара: Емма Кәыҵниа-Ашәба лҭоурых

Ҩнаҭакаҿы аҭаца дааргазар, заҟа хәымџьар лыцааз иахәаԥшуан, уи акәын ахьӡ змаз. Ачарагьы уаа-шәҩык ртәы рур – уи чара дууп ҳәа иԥхьаӡан. Аишәа иқәырҵоз абысҭа, акәац, акәтыжь хәыҷык, аџьыка ракәын. Аҭаца лсахьа абаразы досу имаз, мааҭк ма ҩ-мааҭк ршәон, мамзар лхаҿсахьа узырбодаз. Арыжәтәгьы, уажәеиԥш ршьапы иазымго, рҽаршьны аӡәгьы дубаӡомызт. Инеидтәалон, иҟаз ахәыҷы хаала ирфон, иржәуан.

Ауаа амаҭәаҵәҟьа рымаӡамызт. Саб аибашьраҿы хабарда дыбжьаӡит. Иара усҟантәи аамҭазы хар змамыз амаҭәа иман. Хәҩы-фҩык саб ицәамаҭәала аҳәса ааргеит. Уимоу, аншьан икҿарҵоз анырмоулакгьы иааны саб имаҭәақәа ргон. Абас агәаҟра ӷәӷәақәа ыҟан, нан. Аха уи ԥхашьараӡамызт, избанзар зегьы еиԥшын, аӡәы игәаҟра егьи еиликаауан. Уажәы аамҭақәа даҽакхеит, ауаагьы рҽырыԥсахит… – абас лажәабжь хлыркәшеит санду.

Исаҳауаз ажәабжь схаҿы аагара сцәыцәгьан, ҳәарада. Избанзар сара уи аамҭа салымиааӡеит, усҟантәи аилкаарақәа сылааӡаӡам. Уи ус иаԥуп: досу иара иаамҭа ауп дызҵанакуа. Сара ари ажәабжь исызцәырнагеит азҵаарақәа рацәаны. Иабалак амашьынаҵәҟьа иҭамтәо, ашьаҵатәы адәқьанқәа мышкы хәлаанӡа изрыҩнымҵуа аҿар шьоукы, ашахта еимаа ҳашьаҵаны ауардын ҳақәыртәазҭгьы, иахаҳҳәаарыз? Иаҳзыфарызма "бургер-мургерқәа" рҭыԥан абиа аиҵарҟәаҟәа? Иуадаҩуп аҭак аҟаҵара. Избан акәзар ҵарада ахшыҩ змаз аԥсуаа кырӡа уажәаԥхьагьы ирҳәахьан: абзиа умбакәа – ацәгьа уздыруам!

 

Ажәабжьқәа зегьы
0