Адәыӷба №6: Искандер изы даҽа вагонк

© Фото : А. Чхамалиа ихатә архив аҟынтәФазиль Искандер 70-шықәса ихыҵра аиубилеи, Москва
Фазиль Искандер 70-шықәса ихыҵра аиубилеи, Москва - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
20 шықәса раԥхьа Москва, Вахтангов ихьӡ зху атеатр аҟны имҩаԥган Фазиль Искандер 70 шықәса ихыҵра иазкыз ахәылԥаз. Уи иалахәыз, иахьа агазеҭ "Аԥсуа университет" редактор хадас иамоу апоет Алхас Чхамалиа еиҭеиҳәеит усҟан Москваҟа рцара шыҟалаз.

Аиҿцәажәара мҩаԥигеит Аинар Ҷыҭанаа.

- Сынтәа Фазиль Искандер 90 шықәса ихыҵра иара ида иазгәаҳҭоит. Иара иҩымҭақәа акымкәа-ҩбамкәа алитература абзиабаҩцәа рабиԥарақәа еиҵанааӡахьеит. Хаҭала уара узы ишԥаҟалеи ашәҟәыҩҩы ирҿиара абадырра?

-Ажәа ахы умҳәакәа аҵыхәа узҳәом. Аибашьра иалагаанӡа Арасаӡыхьтәи абжьаратә школ сҭан. Уи аамҭазы ахԥатәи акласс аҿы аҵара сҵон. Ҽнак иара уи ашкол аҟны аус зуаз саб иаҳәшьа шәҟәқәак лыманы даан, аҩны астол инықәылҵеит. Быжьба-ааба шықәса зхыҵуаз ахәыҷы уеизгьы-уеизгьы ашәҟәқәа сызрыԥхьартә сабаҟахыз, аха инасырха-ҩасырхо сахьахәаԥшуаз ахьӡ аԥхьара сылшеит: Фазиль Искандер - "Стоянка Человека" ҳәа анын. Ҵабыргуп, ари ахьӡ ашкол аҟны исмаҳацкәа сыҟамызт, аха убри аахыс ибзиаӡаны схаҿы инхеит, игәныскылеит.

 Фазиль Абдулович Искандер - Sputnik Аҧсны
Фазиль Искандер 90 шықәса ихыҵра азгәаҭахоит иара ида

Дук мырҵыкәа аџьынџьтәылатә еибашьра иалагеит. Аибашьра ашьҭахь Аҟәатәи 20-тәи ашкол аҟны сҵара иацысҵон. Уи адагьы сурокқәа сҽырхаршәаланы еиуеиԥшым акружокқәа схы рыласырхәуан, Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы Лев Смыр напхгара зиҭоз арԥарцәа рхор ахьгьы срыдыркылеит. Абас хәыҷы-хәыҷла аиҳабыратә классқәа сырзааигәахо саналага аҵараҿы еиҳа аџьабаагьы иацлеит, лассы-лассы абиблиотекақәа рахь ицалатәхеит-иаалатәхеит. Убра саннеиуазгьы шықәсқәак раԥхьа саб иаҳәшьа лыбзоурала сзабадырыз ашәҟәыҩҩы иҩымҭақәа збондаз ҳәа сыҟан. Уажәшьҭа сара издыруан ари дшышәҟәыҩҩы дуу, Аԥсны дшалҵыз, Москва дшынхо уҳәа. Убри алагьы Искандер ирҿиарахь агәыбылра сызцәырҵит.

- Алхас, уара ашәаҳәаратә гәыԥ уахәҭакны ҩажәа шықәса раԥхьа Москва имҩаԥгаз Искандер ииубилеи азгәаҭара уалахәын. Усҟан иара 70 шықәса ихыҵит. Ишԥаҟалеи Москва шәцара, насгьы иреиӷьушьоз ашәҟәыҩҩы хаҭала ибара шԥаудукылеи?

- Ҽнак абжьааԥнеиԥш аҽазыҟаҵарақәа рҿы ҳшыҟаз, ҳнапхгаҩы дааҩналан иҳалаиҳәеит ааигәа Москва ҳаигараны дшыҟоу. Уахь ҳцара зызку анҳаиҳәа сара иаразнак схы-сҿы аасхалашеит. Искандер дзусҭоу аӡәыр ижәдыруама ҳәа данҳазҵаагьы, сгәырӷьаҵәа зегь раԥхьа аҭак ҟасҵеит дшышәҟәыҩҩы дуу, ҳџьынџьуаҩ шиакәу, Москва дшынхо уҳәа. Схәыҷын, аха зегь акоуп, Фазиль Искандер иеиԥш иҟаз ауаҩ ду имшира азгәаҭара сахьалахәхоз сара сзы гәадура дуӡӡан.

© Foto / Алхас Чхамалиа ихатә архив аҟынтәАлхас Чхамалиа
Адәыӷба №6: Искандер изы даҽа вагонк - Sputnik Аҧсны
Алхас Чхамалиа

Хымз аҽазыҟаҵарақәа ҳарҿын. Ажәлар рашәа "Наныкьара" ажәақәа ԥсахны, Фазиль Абдул-иԥа идныҳәалара аформа аҭаны иаҳдырҵан, амҩа ҳақәлеит. Ҳнапхгаҩы идагьы Амиран Гамгьиа, Ибрагим Ҷкадуа, Владимир Занҭариа уҳәа ԥыҭҩык аиҳабацәа ҳацны Адлер адәыӷбатә вокзал аҟны ҳнеит. Билеҭаахәара ҳәа акасса ҳахьнадгылаз, иабаҟоу, абилеҭқәа зегьы еимырҵәахьан. Насгьы март мза, амимоза аҭира аамҭазы, авагонқәа зегьы иарала иҭәын, ҳара адәы ҳавахеит. Уажәеиԥш аката-катаҳәа адәыӷбақәа еишьҭаланы ицо иҟамызт усҟантәи аамҭазы. Аҽны иарак заҵәык акәын ицоз, адырҩаҽны иқәҵуаз ҳазыԥшыр аконцерт ҳагнархар алшон. Хәылбыҽханӡа ахьҭа ыфо авокзал ҳақәын. Аҵыхәтәан ҳнапхгаҩцәа ирулакгьы, ҳҭагылазаашьа зеиԥшраз авокзал аиҳабыра иреилыркааны, ирыҳәо-ирчо ицашаз асостав даҽа вагонк ҳзацрарҳәартә иҟарҵеит.

Искандер изку астолгежь - Sputnik Аҧсны
Урысшәала иҩуаз аԥсуа шәҟәыҩҩы: Искандер изкыз астол гьежь мҩаԥган

Вахтангов ихьӡ зху атеатр аҿы акәын аиубилеитә хәылԥазы ахьымҩаԥысуаз. Азал зегьы уаала иҭәын. Асцена аганахьшәа Фазиль Абдул-иԥа ҷыдала изырхиаз аҭыԥ аҟны дтәан, аԥсуа шьхақәа ӷьаз-ӷьазуа рсахьақәа ҭыхны, асцена архиашьа уамак ала иссирын. Ҳаргьы уажәымзар-уажәы ҳцәырҵраны ҳаҟоуп, асцена ҳҽавакны ҳаԥшуп. Иахьеиԥш исгәалашәоит усҟан исызцәырҵыз ацәаныррақәа. Сыла иабоз агәра сызгомызт: шьаҿақәак ракәын иҳабжьаз адунеи зегьы зыхьӡ ахыҵәахьаз ашәҟәыҩҩи сареи.

Ус, ахәылԥаз мҩаԥызгоз аҟазараҭҵааҩы Свиатослав Белза ҿааиҭит: "Шәҿаԥхьа иқәгылоит Чагьамынтәи иааз аиубилиар имоҭацәа" ҳәа. Ҳаргьы ҳаԥсуа маҭәақәа ҳарҭаҽырбо асцена ҳаақәлан, иара иахь ҳхы рханы ашәа ҳҳәеит, ибзиангьы аҳәара ҳалшеит. Урҭ аминуҭқәа ахаан исхашҭуам.

- Сара изныкымкәа избахьеит артистк иаҳасабала Фазиль Искандер ицәажәашьақәа шыҟауҵогьы…

- Хыхь ишысҳәаз еиԥш, Фазиль Абдул-иԥа ирҿиара схәыҷаахыс азҿлымҳара соухьан. Нас Москва ҳанца-ҳанаа, хаҭала данызба ашьҭахь, иара ихаҭарахьы иҵегь еиҳаны аинтерес сызцәырҵит. Иҩымҭақәа срыԥхьо, телехәаԥшралагьы иқәгыларақәа срыцклаԥшуа сшааиуаз, исызгәамҭаӡакәа апородиа аҟаҵара салагеит. Ауниверситет акттә зал аҟны акәыз, адраматә театр аҟны акәыз, сҩызцәеи сареи изныкымкәа ҳақәгылахьан, апородиақәа ҟаҳҵон.

© Фото : Агазеҭ аредакциа архив аҟынтәАгазеҭ "Аԥсуа университет" аномерқәа
Адәыӷба №6: Искандер изы даҽа вагонк - Sputnik Аҧсны
Агазеҭ "Аԥсуа университет" аномерқәа

- Сынтәа Фазиль Искандер 90 шықәса ихыҵра иадҳәаланы ауниверситеттә газеҭ аҟны акьыԥхьымҭақәа ҟалома?

- Ҳара ҳгазеҭ ауаажәларратә политика иадҳәалаӡам, араҟа иаҳкьыԥхьуа аҵаратә процесс иадҳәалоу аҩымҭақәа роуп. Иара убас ари агазеҭ аҟны ркалам ԥыршәоит ҿыц аҩра иалаго астудентцәа, ажурналистика афакультет иаҵанакуа рыдагьы, агәаҳәара змоу дарбанзаалак. Уи адагьы еснагь аҭоурыхтә рыцхәқәа ҳрыцклаԥшуеит. Ҷыдала Фазиль Искандер изку анҵамҭақәа ртәы ҳҳәозар, есышықәса март мзазы иааиԥмырҟьаӡакәа иаҳкьыԥхьуеит. Сынтәа урҭ акьыԥхьымҭақәа рхыԥхьаӡара, ҳәарада, еиҳагьы еиҳахоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0