Екатерина Бебиа Сергеи Багаԥшь изкны: иҟаиҵашаз еиҳа ианыӷәӷәаз аамҭазы дҳаԥхеит

© Sputnik / Владимир Попов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛикование в Сухуме
Ликование в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Екатерина Бебиа лхәыҷра шықәсқәа раахыс ибзианы дылдыруан Аԥсны аҩбатәи ахадас иҟаз Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь. Журналистк лаҳасабала изныкымкәа диҿцәажәахьан, иаарласны иҭыҵраны иҟоуп лара авторс дызмоу иара изку ашәҟәы "Путь мудрости и мужества" захьӡу.

Аиҿцәажәара мҩаԥылгеит Сырма Ашәԥҳа.

– Екатерина Гьаргь-иԥҳа. Шәара хаҭала дыжәдыруан, изныкымкәагьы шәиҿцәажәахьан Аԥсны аҩбатәи Ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь. Шәгәалашәараҿы дышԥанхеи уаҩык, ҳәынҭқарратә усзуҩык иаҳасаб ала?

- Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь иӡбахә алацәажәара ганкахьала исзымариоуп, ганкахьала игәыхьуп. Исзымариоуп, избанзар данқәыԥшӡаз инаркны издыруа уаҩуп. Исцәыуадаҩуп, избанзар иахьа уажәраанӡагьы исахьа кыдны иахьаҳбо, иԥсҭазаара далҵижьҭеи шықәсқәак шцахьоугьы, сылабжыш млеикәа сзаҩсӡом, исахьақәа ахькыду Џьгьардеи Кәтоли рыбжьаларҭаҟны, Аҟәа Арӡынба имҩала ҳанцо уҳәа. Ибаҟаҿы ҳнеицыԥхьаӡа сара сеиԥш зылабжыш аауа рацәаҩуп, избанзар иҟаиҵаша еиҳа ианыӷәӷәаз аамҭазы дҳаԥхеит, насгьы дышҳаԥхаз атәы игәыхьны, ихыххьны ҳажәлар ргәаҿы акыраамҭа иаанхоит ҳәа агәаанагара сымоуп, идунеи аԥсахшьа знымзар-зны еилкааны аҭоурых аҿы иааԥшып ҳәа агәаанагарагьы сымоуп.

Сергеи Багаԥшь - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь ииубилеи азгәарҭоит

– Ҳара иаҳдыруеит шәара шәҭаацәарақәа ааигәаны ишеибабоз, убарҭқәа ртәы шәҳазрылацәажәар ҟалоума?

– Сеигәырӷьаны исҳәоит, Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь иани иаби инадыркны ҳара ҳаҩнаҭа акырӡа иазааигәаз шракәыз. Сара санду - саб иан д-Ҭарԥҳан, иара иан Ҭарԥҳан. Сусанна захьӡыз иара иани сара сандуи аб иашьа иԥҳацәа ракәын, еиҳәшьцәа гәакьамызт, аха аиҳәшьцәа гәакьақәа реиԥш еибаԥхьаӡоз ракәын. Санду лҟынтәи иаауаз абзиабара ду сани саби рҟны аҳра ауан, ҳара ахәыҷқәа ҳҟынгьы аҳра ауан. Изныкымкәа, иҩынтәымкәа сани лареи еицны, Сергеи Уасил-иԥа иан ҳаҩнаҭаҟны дызбахьан. Аԥҳәыс ҟәымшәышә, аԥҳәыс ҟәанда, цәгьалаҵәҟьа иҵаулаз, иԥшӡаз лакәын. Лара лдунеи анылыԥсахгьы сан "баҳәшьа" ҳәа дылҵәыуон. Сергеи Уасил-иԥа уи уамашәа пату ақәиҵон. "Аиаҳәшьа гәакьа леиԥш дбырҽеит", - ҳәа сара слымҳа иаҳауа акырынтә иҳәахьан.

Аҵарақәа рахь ҳцеит, акыраамҭа дсымбакәа сыҟан Сергеи Уасил-иԥа иан. Ҳанстудентцәаз агазеҭ "Аԥсны" ҳадҳәалан, агонорар хәыҷыкгьы ҳарҭон. Убри соуразы аҳасабеилыргарҭаҿы раԥхьа сахьыныҩналаз абри аԥҳәыс ԥшӡа саалгәыдлыҳәҳәалан, сгәыдылкылеит. Азныказы дысзымдырит, саныхәыҷыз дызбахьан, аха шықәсқәак бжьысхьан уижьҭеи. "Сара Уасил иԥшәма соуми, Ҭарԥҳа", - лҳәеит. Лыхьӡ аасгәалашәан ҿаасҭит, нас саалгәыдлыҳәҳәалан ус лҳәеит: "Ари раԥхьатәи бгонорарқәа иреиуазар акәхап, сымышьҭа бзиоуп, бара бызхылҵыз бҭаацәа убас еиԥш иҟоу ҭаацәоуп, ибжьаратәу журналистны аҟалара азин бымаӡам, бжурналист ӷәӷәаны бҟалароуп, адиплом акәӡам ҳара ҳазхәаԥшуа, ауаҩра ауп", - лҳәеит. Ус еиԥш исгәалашәо, схы-сгәаҟынтәи иаауа ахҭысқәа рацәоуп, урҭқәа зегьы сышәҟәаҿы иасырбеит.

Президент Абхазии Сергей Багапш в Кремле. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Инаԥшьба: Сергеи Багаԥшь Кремль дышрыдыркылаз абара акыр иаԥсан

– Ишԥаԥшьыжәгеи шәара Сергеи уасил-ипа Багаԥшь изкны ашәҟәы аҩра? Излаҳдыруа ала аҭыжьра иазырхианы ишьҭоуп, ус аума?

– Сергеи Уасил-иԥа хаҭала дыздыруан, Очамчыра араиком актәи амаӡаныҟәгаҩыс даныҟаз инаркны. Усҟан уа аус аниуаз, сара Аԥсуа радио корреспондентк лаҳасабала иара ишҟа санцоз ыҟан. Иара ицәымӷын аинтервиу аҭарақәа, сара есымшагьы сеилаҳауан абас еиԥш иҟоу ихатәроу ауаҩы акы изыскындаз ҳәа. Аха иара интервиу хәыҷык наҳаиҭар ада уаҳа акагьы далацәажәаӡомызт. Аибашьра ашьҭахь афилармониаҟны усмҩаԥгатәык ыҟан, ҳанындәылҵ, иара еснагь схы дагәӡны сгәыдикылон, "Катенька" ҳәа саиҳәон. Саагәыдикылан: "Бара, Катенька, аибашьра аани, аибашьра ашьҭахьи исҳәашақәа ыҟоуп, зны ҳааидтәаланы ҳаицәажәап, ианҵаны ибымазар сҭахуп", - иҳәеит. Иҵуазеи, уи 1995 шықәса рзы акәын. Иагьџьасшьеит сара, абри аҩыза ахатәра гәыхьс имоузеи, иарбан сара изыҩран иҟоузеи ҳәа. Уи анаҩс шықәсык, ҩышықәса раҟара цеит, ҳаибабацыԥхьаӡа ус иҳәон: "Ибасҳәаз схамшҭӡац, хымԥада, ҳаицәажәароуп", - ҳәа. Зынгьы ҳааидтәалеит, аха инҭырҳәцааны ианаҳҵартә еиԥш аҭагылазаашьа ҳмоуит, иара дыццакуан, алагамҭа иааркьаҿ-ыркьаҿны ианаҳҵеит. 2001 шықәса рзы, усҟан атәыла ахадасгьы дыҟамызт, Џьгьарда ҳаиқәшәап ҳәа еибаҳҳәеит. 1995 шықәса рзы еибаҳҳәаз, 2001 шықәсанӡа инхеит. Адиктофон анышьҭысх, авидеокамерагьы шьҭысхып сгәахәеит. Аусураҿы аԥынгылақәа срықәшәеит, ирацәоуп уи иацыз ахынҭаҩынҭарақәа… Иара иаҳаит иҟалаз аҭыӡшәа, дсыԥхьеит, сызмышьҭуазгьы дрыԥхьеит, аиҿыхаратә еицәажәарақәа ыҟан, уи зегьы салалом уажәы…

Зегь акоуп, 2001 шықәсазы мышкы хәлаанӡа Џьгьарда сыҟан, иабгьы данысҵеит, иаргьы данысҵеит. "Время и люди" ҳәа иҟоу ашәҟәаҟны ианысҵеит иара ихьаақәа зныз аочерк. Краснодар иҭсыжьит, исзаамго егьиуа ауадаҩрақәа ацын, аха зегьы акоуп иааҳгеит, изгәаԥхаз рацәаҩуп, изгәамԥхазгьы ыҟоуп. Ажәакала, иара ихаҭа иҳәахьан, схьаабаақәа бҩырц сҭахуп ҳәа. Аԥсны Ахадас даныҟаз акы изыскит, аҽакы изыскит, аха иара иԥсҭазаара даналҵ, иҭаацәа, иашьа Игор, иҷкәын Зураб, иԥшәмаԥҳәыс Марина, ус сарҳәеит: "Абри еснагь игәы бадкыланы биман, убри аҟынтә ӡәыр акыр иҩуазар, бара ибҩыр ҳҭахуп", - ҳәа. Ашәҟәыҩра сҽазысымкыцызт, аха афильмқәа ҭысххьан, Иара атәыла ахадас даналырхуаз "Трудная осень в Абхазии"  ҳәа урысшәала иаԥысҵеит, уигьы идгылаҩцәеи иареи иҟарҵаз аҳәарала акәын. Ус еиԥш ахынҭаҩынҭарақәа раан "Сара иҟасҵоит", - ҳәа аҳәарагьы уадаҩуп. Убарҭқәа зегьы ирыбзоураны акәхап, иара иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь, ашәҟәы зҩырц рҭаххеит иҭаацәа. Акы-ҩба очерк, афильмқәа уҳәа изыскхьақәаз ыҟан.

Ажурналист, ашәҟәыҩҩы Екатерина Бебиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Бебиаԥҳа: Сергеи Багаԥшь изку ашәҟәы аҩра аҭакԥхықәра ду ацуп

- Ашәҟәы еиднакыло агәалашәарақәа рахьтә Аԥсны анҭыҵынтә иаажәгаз ыҟоума?

– Ас еиԥш аҳәара аныҟала сара сцеит Ҭырқәтәыла, сцеит Нхыҵ-Кавказтәи Ареспубликақәа рахь, иара идҳәалоу агәалашәарақәа ранҵаразы. Иара убас, Аԥсны аҩныҵҟа иара дыззааигәаз, шамахамзар иара икәша-мыкәша иҟаз зегьы срыҿцәажәаны ргәалашәарақәеи, сара схаҭа еиҭасҳәо ахҭысқәеи налаҵаны изҩит.

Иара ахынҭаҩынҭарақәа бзи избоз уаҩымызт, урҭ драҩсны «қьаад шкәакәала» ҳалагоит, абааԥсы»- ихәалон. Иара иҟазшьа зеиԥшраз ала, ахынҭаҩынҭарақәа срыламгакәа, иара ихаҭара, иара иуаҩышьа, иҟазшьа ихатәраз ауаа рцәажәарақәа шьа ас иҟаҵаны, гәык-ԥсык ала сазнеит аус.

2017 шықәса рзы аҭыжьразы еиқәыршәаны ишьҭан. Аҭыжьрагьы ус имариаӡам, ишыжәдыруа еиԥш. Сара хаҭала исҭахыз аиашазы, аспонсорцәа рыла акәымкәа, дызлаҳәынҭқар уаҩыз ала, аҳәынҭқарра иҭнажьыр сҭахын. Аха, уи азҵаара 70шықәса анихыҵуа ишьҭаҳхып ҳәа азыӡбаны иҟан. Ҩышықәса, хышықәса ашәҟәы еиқәыршәаны ианышьҭоу угәы ухьуеит, иҿыцны ианышьҭаҳх заҟантә аԥхьара сықәшәазеи, заҟантә аредақциа азутәхазеи. Избанзар, сзыҿцәажәақәахьаз рахьтә зыԥсҭазаара иалҵқәаз ыҟан, змаҵзурақәа зыԥсахқәаз ыҟан, ажәакала еиҭарҿыцтәхеит. Аҳәынҭқарра ахахьы иагеит абри аҭыжьра. Аҳәынҭқарра ахахьы ианага аҭыжьра, иаԥхьар акәхеит, уигьы хәыҷык иадхалеит, зегь акоуп ирыдыркылеит, иахаҳшәаауеит ахә рҳәеит. Ихиоуп, сырзыԥшуп, аиқәшаҳаҭратә документқәа рҿы аԥара ахшәаара хиаӡам Ашәҟәы ахьыҭсыжьуа иақәу ахә иазыԥшуп, Краснодар ауп иаҳьыҭҳажьуа, аимадара бзиа ҳамоуп, сара сышәҟәқәа раӷьырак уа ауп иахьыҭсыжьуа.

© Фото : Е. Бебиа лархив аҟынтәЕкатерина Бебиаԥҳа
Екатерина Бебиа Сергеи Багаԥшь изкны: иҟаиҵашаз еиҳа ианыӷәӷәаз аамҭазы дҳаԥхеит - Sputnik Аҧсны
Екатерина Бебиаԥҳа

- Ашәҟәы иарбан бызшәалоу ишыҩу, насгьы иахьӡышәҵеи?

– Аԥсышәалагьы урысшәалагьы иҩуп, "Путь мудрости и мужества" ахьӡуп. Избан акәзар, еиҳарак урыс бызшәала иҟоуп, алагамҭеи анҵәамҭеи, уамак идуум аочеркқәеи аԥсышәала иҟоуп. Нас урысшәала мацараҵәҟьала исҭахымхеит, ҳхатәы бызшәала иҩызаргьы сҭаххеит, Аха, ахадаратә 80% рҟынӡа урыс бызшәала иҟоуп, убри аҟынтә урысшәала иҟоуп ахьӡ.

Ажурналист, ашәҟәыҩҩы Екатерина Бебиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Бебиаԥҳа: Сергеи Багаԥшь изкыз сархив шәҟәык алҵоит ҳәа сгәы иабомыз

- Шәара инашәҷыданы, ашәҟәы аиқәыршәара зџьабаа ацда?

– Ихадаратәу аконсультант иоуп Кристиан Бжьаниа. Иара убас аредақҭорцәа дыруаӡәкуп Кристиан Владимир-иԥа, Дмитри Владимир-иԥа Нездоровин, "Sputnik Абхазия" аҟны редақтор хадас иҟоу, аҩбатәи аредақтор иакәны иара даарԥшуп. Усгьы сеиҳәеит: "Иҭабуп, Екатерина Гьаргь-иԥҳа, абас еиԥш иҟаз ауаҩы хаҭала дахьсбырдырыз ҳәа". Схатә харџь ахь изгеит атәым тәылақәа рахь сцара, Кристиан иоума, сара соума иҳахәҭан хәыда-ԥсада аус адулара, ус иагьыҟаҳҵеит. Иџьоушьаша, Дмитри Владимир-иԥа Нездоровингьы абас еиԥш ахиҳәааит: "Абри сахьаԥхьаз сара сзы иҭакԥхықәроуп, снапы ахганы аџьабаа збазаргьы, сара исыхәҭоуп абас еиԥш иҟаз ауаҩы бзиа изы ааԥсара , "исыдыжәгало ахә мап ацәыскуеит, исыдыскылаӡом", - ҳәа. Ахԥатәи аредақтор Татиана Алеқсеева лоуп. Лареи сареи 15-ҟа шықәса ҵуеит аус еицаҳуеижьҭеи. Ҟәрышь хәыҷқәак мчыла илысҭеит, ҳәа убригь мап ацәылкуан. Ашәҟәы еиқәзыршәаз атехникатә редақтор Асида Гыцԥҳа лоуп. "Ишԥыкәу, Сергеи Багаԥшь еиԥш иҟоу ауаҩы изы џьабаа хәыҷык збеит ҳәа аҟәрышь шызго", - лҳәеит, аха аҳәынҭқаррахь асмета анназгоз, лџьабаа акыр ирацәоуп азы, ҟәрышь хәыҷык лырҭартә анысҵеит, лара мап шацәылкуагьы. Абасала, ҳазыԥшуп ашәҟәы аҭыҵра.

Ажәабжьқәа зегьы
0