Март 8 аҽны, хкы-хкыла ашәҭ шьыҵәрақәа ахацәа аҳәса рнапы ианадыркуа аамҭазы, иҟоуп игәыҭшьаагоу ацәгьоура зымпыҵҟьаны, ашьауӷатә ус иамоу аҳәса. Аԥсуа ԥҳәыс дызҵоу аидара атәы ҳазааҭгылозар, еснагь иуадҩаын, аха аибашьра ашьҭахь еиҳагьы ихьанҭахеит лара дызҵалаз ахьанҭара.
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра анеилга, аблокада анцәырҵ ашьҭахь, аԥсуа ԥҳәыс ахшара рааӡара аҭыԥан, аҭаацәа рныҟәгара рнапы ианылеит. Аблокада нҵәеижьҭеи акыр аамҭа шҵызгьы, аԥҳәыс иахьагьы, аԥарарҳареи, ахшара рааӡареи, ацәгьеи абзиеи рныҟәгареи уҳәа, дзыхьӡарц илуалу рацәахеит. Аха, абырсҟак еидара зыжәҩахыр иқәу аԥҳәыс дымҩахҟьар, иаразнак атрадициақәа ааргәаларшәаны, иҟалҵаз агха, даҽакала иаҳҳәозар - лымҩахҟьара аӡәгьы иланаижьуам.
Акырынтә иаҳбахьеит, аԥҳәыс илгәыдҵаны дыршьуа, иаалырԥшыз аԥсыҽра дахырҟьаны. Иара убри аамҭазы, иӡит традициала жәытә-натә аахыс ахацәа ируалыз аԥҳәыс лыхьыӡ ахьчара, дымҩахҟьазаргьы, уи лаҳаҭыр лазырҟәыз иахьырхәра. Март 8 рзы ашәҭқәа ззыркуа аԥҳәыс лыпату ҳаракызароуп ҳатрадициақәа инарықәыршәаны, агха аҟаҵаразгьы зин лымамкәа даанхоит, амала лыхьчара еиҳа аԥсыҽрақәа анубаалоит ҳамҳәозар.
Аибашьра еилгеижьҭеи изныкымкәа иҟалахьеит, хаҵа дызхагылам, аха зцәа ахшара далашәаз аԥҳәыс ақәыӡбареи ахьырхәреи шылзыԥшу дырны, абыда адунеи иқәлаз лыхшара данҭалырхо. Сара исгәалашәоит хԥаҟа хҭыс, ииз ахәыҷы иԥсҭазаара дшалырхыз шьақәзырӷәӷәо. Урҭ ахҭысқәа ҟалеит аԥсуа ҭаацәарақәа рҿы. Ахьӡи-ахьымӡӷи ҿарԥас иҟаҵаны, рыхынтәгьы ахәыҷы дшьын. Иџьоушьаша, уи ашьҭахь уи ҟазҵаз, еиҳау ахьымӡӷ рхы инықәны анаҩстәи рыԥсҭазааратә мҩа ианылеит.
Ииашоуп, иҟан хҭысқәак, аԥҳәыс уи дахырҟьаны илгәыдҵаны даныршьхьогьы. Ажәытә-аҿатә еиҿҳарԥшуазар, анкьагьы ус иҟалалон, аха аиҳабацәа аус аҭыԥ иқәырҵон. Ахәыҷы иԥсҭазаара иалхра пату ақәны иҟамызт ахаангьы. Жәабран мза алагамҭалазы иааҳалаҩҩит Аҟәатәи аџьармыкьаҿ ашьышьма акыраамҭа иҭаз аԥҳәыс илыхшаз, зыԥсы ҭаз ахәыҷы асалафан днылаҳәан, агәамсам ахьҭарыжьуаз дкалыжьын, иԥсҭазаара далҵит ҳәа.
Ари ҟалҵеит, избанзар аԥҳәыс қәыԥш хаҵа дыҟамызт, лҭынхацәеи, ауаажәларреи ус ахшара дышлоуз рбар ихьымӡӷны ишынхоз дазхәыцуан азы. Митә гылан, митә ауит ззырҳәогьы абри ауп. Аԥҳәыс илҭахын лыхьымӡӷ лхылхырц, адунеи ақәлара иахьымӡацыз лыӷраҭшаа иҭарахарала. Хымԥада, ари аҩыза ахҭыс иаанарԥшуеит амораль ҳәа ҳзышьҭоу акаҳара, даҽа ганкахьала, имҩахҟьаз аԥҳәыс лыпроблемақәеи лареи рхала еизынхеит. Ахәыҷы иаб иакәзар, азакәан дакуам, хьырхәра ҳәа акгьы иоуам. Зыхшара дызшьыз аԥҳәыс сышлықәыӡбо еиԥш, дагьрыцҳасшьоит, избанзар ҳара иҳамаӡам анонимтә ҟазшьа змоу, аԥҳәыс дзықәшәаз ахьеиҭалҳәаша еиҿкаарак. Лҭынхацәа рылагьы дыхьчамызт, ахәыҷ иабгьы лыпроблема дахамыҵгылеит, убри аҟынтә лара иалылхит зегь иреицәаз, игәаӷьыуацәаз амҩа. Ахьырхәра зықәшәогьы лара лоуп.
Иахьа ахшара змауа зларацәаҩхаз ала, иаԥсыуарам ҳәа изыԥхьаӡо дыҟазаргьы, сгәанала, абас иҟоу ахҭысқәа ҳшырзыҟоу ҳаԥсахроуп, мамзар, ԥхьаҟагьы иҟалар алшоит. Асаби идунеи иалхара еиҳау гәнаҳа ыҟаӡам.
Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.
Валери Касланӡиа ҳаԥсуа литератураҿы иахьынӡахәҭоу ицәыргам, аха абаҩхатәра бзиа змоу поетуп, прозаикуп, драматургуп, иара убасгьы ахәыҷқәа рзы аҩымҭа шьахәқәа даара ирацәаны иаԥиҵахьеит. Иаразнак иазгәасҭоит, апоет иреиӷьу ихәыҷтәы рҿиамҭақәа рзы Таиф Аџьба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа шианашьоу. Уи даҽазныкгьы агәра ҳнаргоит апоет иаԥиҵахьоу ирҿиамҭақәа ҳажәлар ишырзааигәоу, ишрыцу, дара раԥхьаҩцәа шрымоу.
Иара дравторуп ирацәаӡаны ажәеинраалақәа, апоемақәа, ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәеи, алакәқәеи. Даара иқәҿиоит абзиабаратә, алирикатә жәеинраалақәа. Абар урҭ руак:
Знымзар зны
Сыԥхыӡ далҵхьан, ҳа ҳаицәыӡхьан,
Исыздыруамызт лхабар.
Сқәыԥшра хыхны сыԥсы иалаз,
Ҳаиниеит лакәҵас ҩаԥхьа абар.
Ҳа ҳаилаҵәеит жәада, хаала,
Ас ҳаизааигәаны ҳҟамлац.
Лара дқәыԥшуп, сара сқәыԥшуп,
Қәыԥшроуп, уаҳа ҽак ҳамбац!
Ацәа салҵит сқәыԥшра шсымаз,
Иауам, сзалҵуам са сыԥхыӡ…
Сара усҟан убас сраҳаҭын,
Гәҩарак соуаанӡоуп дшысцәыӡ…
Зегь акоуп са сиарҭа сҽылак,
Сгәалаҟара анарх згоит.
Насыԥ бымаз, ԥхыӡ исҭааз,
Знымзар зны саргьы сыббоит!..
Аԥсуа поет Валери Платон-иԥа Касланӡиа инысымҩа ааркьаҿны абас иҟоуп: диит иара абҵара 23 1943 шықәсазы, Очамчыра араион Кәтол ақыҭан. Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы хәа ахьӡ ихҵан 2018 шықәсазы. Таиф Аџьба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа ианаршьеит 2016 шықәсазы. Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла далоуп 2003 шықәса раахыс. Дыҩуеит аԥсышәала.
Иаб Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаан дҭахеит, иаб иашьа, еицырдыруа актиор Леуарса Касланӡиа диааӡеит. Уи иҟнытә иоуз аныррала алитература дазҿлымҳахеит.
"Саб иашьа Леуарсан Касланӡиа атеатр садиԥхьалон. Аспектакльқәа анцоз сигон, апиеса ҿыцқәа анеилдыргоз саргьы снеигон. "Отелло" даныхәмаруаз, аспектакль алагара 2-3 сааҭ шагыз атеатр ахь днеиуан. Ихала агрим ҟаиҵон, сара сидтәаланы сихәаԥшуан. Нас Отелло ишәҵатәқәа рыла иҽеилаҳәаны асценахь ацәырҵырҭаҿы днеиуан, нас длеиҩеиуа ироль иҽалаирхалон. Избон саб иашьа уажәраанӡа исацәажәоз шиакәмыз, уантәи ахԥатәи аиарус ахь сишьҭуан: "Ԥшьаала утәаны аспектакль уахәаԥшла" ҳәа насаҳәаны. Саб иашьа хәба-фба пиеса еиҭеигахьан. Ҽнак даасыԥхьан, сааиваиртәан: "Уааи, абри иусырбо уаргьы еиҭага, саргьы еиҭазгоит, еиҳа еиӷьны еиҭазго даабап!" - иҳәеит", - игәалаиршәалоит Валери Касланӡиа.
Н.А. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышкол далгеит 1965 шықәсазы, иара убас А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҭоурыхтә факультет 1970 шықәсазы. Асовет аррамаҵура дахысуан. Аусура далагеит агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" ("Аԥсны" аредакциаҿы, аԥхьа еиҭагаҩыс, нас алитературатә усзуҩыс. 20 шықәса инареиҳаны аус иуит Аԥсны акультуреи аҭоурыхи рбаҟақәа рыхьчаразы аусбарҭа ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аус иуеит "Аԥсныҳәынҭшәҟәҭыжьырҭаҿы" редакторс.
Акьыԥхь аҟны дцәырҵит 1961 шықәса инаркны. Авторс дрымоуп ажәеинраалақәа, апоемақәа, апиесақәа еидызкыло ашәҟәқәа жәпакы. Аханатә еиԥш, иҩымҭақәа рнылоит ажурналқәа "Алашара", "Амцабз", "Аҟәа – Сухум", агазеҭқәа "Аԥсны ҟаԥшь", "Аԥсны", "Аамҭа" уҳәа егьырҭгьы.
1989 шықәсазы Валери Касланӡиа ипиеса "Апҟа шкәакәа" иалхны Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны аспектакль ықәдыргылахьеит. Ипиеса "Ахеилага" акәзар, иқәыргылан Шәарах Ԥачалиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә театр аҟны 2012 шықәсазы.
Аҭыжьымҭақәа: аԥсышәала: Аҵәаҵлақәа шәҭуеит. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1983; Амш хазына. Ажәеинраалақәеи алакәқәеи ахәыҷқәа рзы. Аҟәа, 1986; Алакәԥхыӡ. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1989; Анҷа-кәынҷа. Ажәеинраалақәа ахәыҷқәа рзы. Ацуфарақәа. Аҟәа – Маиҟәаԥ, 2004; Иҿыцбараху адунеи ҩаӡаҿ. Ажәеинраалақәа. Апоема. Алакәқәа. Апиесақәа. Аҟәа, 2010; Жьакәыр гәымшәа. Ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2011; Иалкаау. Ажәеинраалақәа, апоемақәа, ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәеи алакәқәеи, апиесақәа. Аҟәа, 2014.
Иара убасгьы, араҟа иазгәаҭатәуп Валери Касланӡиа иповест "Аџьныш лымҩа" азы ҵыԥх ажурнал "Алашара" апремиа дшалауреатхаз.
Валери Касланӡиа, хыхь ишазгәаҳҭаз еиԥш, ахәыҷқәа ирызкны даара аҩымҭа ссирқәа аԥиҵахьеит. Уи ибызшәа цқьоуп, ихаауп, ахәыҷқәа џьабаа дмырбаӡакәа ахьхьаҳәа аҵара рзымариоуп. Иаагап, усеиԥш иҟоу жәеинраалак:
Акәырҷыжь-агәаргәалеи
Акәыр-акәыр, акәырҷыжь,
Исыргәаргәарып зны уааныжь.
Сыҩуа снықәлап амӡырха,
Уԥшы угыланы насҭха.
Снеиуеит акәыр кәараҵо,
Ашьҭа ашьац аҿы ианҵо.
Амҩа ылгоуп, шьҭа уара,
Амаа усҭоит ауаара.
Улаха-ҩаха, нас абас,
Унагәыҵас, унагәҭас.
Зныкыр уақәтәахьоу Дамеи,
Акәырҷыжь-агәаргәалеи?!
Валери згьама ҭбаау, акыр адунеитә литература иаԥхьахьоу, изнырхьоу, уи иреиӷьу атрадициақәа ҳаԥсуа литературахь ииазго, иалазааӡо поетуп, прозаикуп. Уи ипсихологиатә, ифилософиатә жәеинраалақәа рҿы иубоит автор шаҟа инарҵаулан дхәыцуа. Ишьҭихуа атема ҟары-ҵәарыла акәымкәа, даара изааигәоу, дзызхәыцхьоу, иԥсҭазаара иагәылсхьоу, дкыдызҟьахьоу, мамзаргьы дзырԥеиԥеиуа акакәзароуп. Иаагап ус иҟоу автор иажәеинраалақәа руак:
Ажәеи аамҭеи
Лагамҭеи нҵәамҭеи
Аамҭа иамаӡам.
Аҵхи амши
Башаӡа ҳаржьоит.
Сахьак усгьы
Иаман иҟаӡам.
- Инҵәазар аамҭа? -
Зныхгьы сгәы иснарҳәоит.
Зегь зымчу,
Улеишәа шԥаџьбароу!
Иурхәашоит, иурӡуеит
Зегь неибеиԥш!
Аха иуасҳәоит,
Упара шгәасҭахьоу,
Узаҿагылом Ажәаҟәыш
Аԥеиԥш.
Валери даара иқәҿиан иааирыԥшуеит ажәа аԥсы ахьҭоу, агәаӷь ахьыҟоу, насгьы аԥсуа цәа ахаҵаны, ҳара иаҳтәны, агәы ҭыӷьӷьа аԥсышәа цқьала ицәажәоит иажәа. Убри азоуп уи иҩымҭақәа иаашьҭухлакгьы, даара ибзиан иудыруа, зыгәра уго, иԥушәахьоу уҩыза гәакьак иеиԥш гәаартыла изуацәажәо, уаргьы уи аҳалалра, аразра угәы-уԥсы зегьы аҭаны узазыӡҩруа. Ҳаԥхьап, убас иҟәандаӡа, игәырԥшаагаха, ԥсҭазаара дуӡӡак зхызгаз абырг бзиа илызку ажәеинраала:
Апсҭазаара ахықәаҿ
Аҭакәажә
Ашҭа дықәтәоуп
Лымала.
Амырхәага лгәыҵаԥхоит,
Ԥхаррада.
Аԥсабара шәҭышны игылоуп,
Иԥштәыдаха.
Адунеи ҭәуп
Шәаҳәабжьыла
Идагәаӡа.
- Сишь! Игазеи?
Арахь ӡәыр ҿиҭу
Здыруада?..
Еиҭах ҭынчроуп,
Иҭацәыроуп,
Акгьыҟаӡам.
Нас иарбану,
Иԥсыршьаган
Маӡа-аргама,
Даашьҭызхло?..
Сара хықәкыс исымамызт ашәҟәыҩҩы инарҭбаан ипоезиеи ипрозеи рыхцәажәара, урҭ рыҵаулара аҟынӡа албаара, раартра, насгьы уи ипрозеи идраматургиеи хазы рзааҭгылара аҭахуп, уи ҳаԥсуа критика иазынҳажьып, хымԥада, инарҭбаау ацәажәара иаԥсоуп.
Сара агәра згоит, иагьысҭахуп Валери Касланӡиа иеиԥш иҟоу зажәа хатәроу ашәҟәыҩҩцәа ҳаԥхьаҩцәа ибзиан ирылаҵәарц, ирдыруазарц, избанзар, апоет узвымсша аҩымҭа бзиақәа ааган уаԥхьа ианықәиҵа, уара уавсзар, иузгәамҭазар, уи уара иугхоуп, доуҳатә культура дук уцәыӡит, уаԥсыуаны ушьақәгылараҿы уи ахьузымдыруа даара иуԥырхагахо иалагоит, иуныԥшуа иалагоит, уара иутәу, иузааигәаӡоу, зшьа улоу, ма ушьа злоу аӡәы думбар ушыҟало еиԥш… Ус анакәха, даарттәуп, иԥхьатәуп апоет Валери Касланӡиа, уи ихьтәы шәындыҟәра иҭоуп зқьы маӡа, ҳара ҳаԥсҭазаараҿы цҳаны иҳазхыло, маакыраны иҳаураны иҟоу, ашәарҭара ҳалызго, шыцтә лабашьаны иаҳзыҟало, ашьха цаӷьцаӷьқәа ҳарҿызго.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ашьхацамҩа икыду апоет: Платон Бебиа 85 шықәса ихыҵит
Ауадаҩрақәа ирӡрыжәыз апоет: Енвер Ажьиба 63 шықәса ихыҵра иазкны
Аҳауеиԥш иаҳҭахыз: иҭыҵит ажурнал "Алашара" аҭоурых еидызкало ашәҟәы
Уажә аабыкьа, ҳашә аҵәҵәабжьы геит. Ашәа анааҳарт абӷьыцқәа зку аҿар ылагылан. "Ҳкандидат шәыбжьы ишәҭоума?",- иааҩныҩит агәылацәеи ҳареи ҳзеиԥш ҭыԥ. "Макьана иҳаздыруам", - шәзазҵааи, ҳҳәеит ҳаргьы. "Иҳаԥхьаӡоит шаҟаҩ рыбжьы ҳаураны иҟоу", - еицҿакны аҭак ҟарҵеит дара.
Шәазхәыц, ркандидат илагьы ҳҭамԥшыцт, ихьӡи ижәлеи, ифоти, аус ахьиуеи ада даҽа информациак ҳамам, аҭак ҟаҵашьас иҳамоузеи абжьы иаҳҭоу иаҳамҭоу. Уаанӡагьы, хынтә афлаерқәа кны агитаторцәа ҳзаахьан, уаҟа иану анысымҩеи афото хазынақәеи роуп.
Аҟәа сынхоижьҭеи уажәшьҭа маҷ ҵуама, аха уажәада зынӡа исзымдыруа акандидатцәа ықәымгылацызт. Уаанӡатәи иаҳдырқәоз рзы ҳгәы наӡоуп сзымҳәозаргьы, ақалақьуаа ирдыруаз, ауаажәларратә усқәа рҿы зхы алызкаахьаз ракәын еиҳарак иалырхуаз. Абарҭқәа рыдагьы, дара аиԥыларақәа мҩаԥыргон алхыҩцәа адгаланы, ауаа рацәа ахьынхоз аҩнеихагылақәа рҿы инеины ацәажәарақәа мҩаԥыргон. Сара сыбжьы ахьасҭо алхырҭатә ҭыԥ №7 аҿы иқәгылоуп хҩык акандидатцәа: Нодар Шьоуа, Милана Ҭарԥҳа, Беслан Кәыҵниа. Аԥхьатәиқәа ҩыџьа ирхыҵуеит 28 шықәса, аҵыхәтәантәи зегь иреиҳабу 37 шықәса. Исымоуп зегь рфотоқәа, рыхҩыкгьы аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы аус руеит. Исызхома ари аинформациа алхра ҟасҵарц азы, аҭыԥантәи адепутат ианидҳәало? Мап сҳәоит иаразнак, избанзар, издыруазарц сҭахуп акандидатцәа хықәкыс ирымоу, ирыԥсахырц ирҭахыу ҳақалақь ԥсҭазаараҿы.
Закәанла иазгәаҭам, аҭыԥантәи алхрақәа рҿы иқәгыло аканадидатцәа рзы ателедебатқәа рымҩаԥгара, аха даҽа мҩакы аԥшаарагьы иаламгеит акандидатцәа. Апандемиа иахҟьаны алхыҩцәа еизганы аиԥылара ду амҩаԥгара рҭахымхеит сгәахәын, сдаҟьа аҟынтә аҳәара ҟасҵеит ҳкандидатцәа ма феисбук аҿы ишиашоу ицо хәыдаԥсадалатәи аефир мҩаԥганы рыбжьы ҳдырҳарц, аха иахьанӡагьы ҿымҭроуп.
Аҿар амҩа рыҭатәуп анырҳәо, иаҿагыло сакәымзаргьы, еилыскаарц сҭахуп ауаажәларратә усқәа рҿы урҭ аҿар ԥышәас ирымо, изкандидатцәоу рԥышәа аизырҳара азы акәу, мамзаргьы ажәлар ирхаҵгыларц акәу. Уажәшьҭа зусура хзыркәшо ақалақьтә депутатцәа ирхаҭарнаку хҩык аабыкьа имҩаԥыргаз апресс-конференциаҿы "Аизара мчы дук амам" рҳәазар, иахьа иқәгыло ргәаанагара хымԥада еиҳагьы хшыҩзышьҭра аҭатәуп, ас еиԥш иҟоу азҵаатәқәа зцәырҵуа азы. Апресс-конференциа мҩаԥызгаз Асҭамыр Қәҭарба, Инна Кәарҷиаԥҳа, Дмитри Маршьан ражәақәа рыла "русура арекомендациатә ҟазшьа мацароуп иамоу".
Алхҩы лаҳасабала, еилыскаарц сҭахын иԥсахтәузеи "ахаланапхгаратә усбарҭақәа" ирызку азакәан аҿы? Мҩақәас иҟоузеи, аҭыԥантәи амчрақәа русураҿы адепутатцәа анырра ду ҟарҵо иҟаларцаз уҳәа, исызцәырҵуа азҵаарақәа рацәоуп. Иара убас, акыр ихадоуп сара сзы, акандидатцәа аҳәынҭқарратә бызшәа рдыруоу ирзымдыруоу, азакәан ԥықәслара дук рнамҭозаргьы. Макьаназы аҩныҟа иаҳзааргаз, еилаарцыруа иҟоу афлаерқәа зегьы урысшәалоуп ишҩу. Ишеилыскааз ала, скандидатцәа зегьы асоциалтә ҳа феисбук аҿы иҟоуп, аха ҩынтә ааԥхьара иҟасҵаз аҭак смоуӡеит. Акы заҵәык, ицәырҵит, акандидат Милана Ҭарԥҳа аԥсышәала ицәажәо лвидеонҵамҭа. Аӡыргара ӡыргароуп, азҵаарақәа рҭак аиура алхҩы изы -уи хазуп. Ус акәзаргьы, аманитор аҟынтә атекст иаԥхьан изҳәоз аҭыԥҳа дазусҭаз лабҿаба избеит.
Ажәакала, иахьа "дыҷкәына бзиоуп, ма саҳәшьаԥа иоуп" зҳәаз еиԥш иҟоу аԥсуа еилкаарақәа қьар рылам, уи ииасхьо аамҭахь иныжьны, алхыҩцәа иалырхуа иацәажәара алшара роуратәы ианыҟамла, адепутатцәа рымчра еиҳагьы ихьысҳахоит. Ус иҟалар алшоит, адепутат адиплом адагьы, агәаӷьреи, амилаҭтә хдырреи рзы дӷьацаӡа дыҟамзар.
Сахьынхо иқәгыло акандидатцәа ихазынаӡазаргьы здыруада, аха иахьазы сазыхиам алхра, исҭахӡам агха ҟасҵарц. Уажәы аҳәара сцәыуадаҩуп, ҳаԥхьа ишьҭоу алхрақәа рылҵшәа шыҟалаша, ауаа неирц азы, агәылацәа, азлацәа, ауацәа уҳәа рыцхыраара ахархәара аиургьы ауеит, аха ҳабжьы шраҳҭо еиԥш ауп ҳшынхо шырҳәо еиԥш, анаҩстәи ҳақалақьтә ԥсҭазаара еиӷьхара амоур, ҳарҭ алхыҩцәа иаҳхарогьы рацәоуп.
Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.
Аԥсны аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарахь алхрақәа мҩаԥысит мшаԥы 11 рзы.
"Адепутатрахь иқәгылаз акандидатцәа ҩажәаҩык рахьынтә 15-ҩык алхын. Иманшәаланы еилагарада имҩаԥысит алхрақәа. 5196- ҩык ашәҟәы иҭагалаз алхыҩцәа рҟынтәи 2052 -ҩык алхрақәа рхы рыладырхәит. Уи аԥхьа иҟаз ас еиԥш алхрақәеи дареи еиҿурԥшуазар, усҟан 2800-ҩык ыҟан алхыҩцәа. Актәи аилатәара мҩаԥысраны иҟоуп иааиуа ашәахьаҽны мшаԥы 19 рзы. 15-ҩык адепутатцәа рахьынтә ҩыџьа аҳәса ыҟоуп. Уи аԥхьа иҟаз адепутатцәа рахьынтә ҩыџьа ықәгылан, руаӡәк ҩаԥхьа далырхит, уи Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа аиҳабы Лали Гаргәылиа лоуп", - лҳәеит Ажьиԥҳа.
Ажьиԥҳа лгәаанагара лҳәеит аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь инеиуа адепутатцәа зеиԥшразар акәу.