Џьыкырԥҳа: Иура Ԥкьын - еснагь зхатəы бжьы зхаз, ажəлар ззыӡырҩуаз иакəын

© Sputnik / Томас Тхайцук Иура Ҭақəчыч-иҧа Ԥкьын.
 Иура Ҭақəчыч-иҧа Ԥкьын. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны афырхаҵа Сергеи Дбар ихьӡ зху Аҧсны Аџьынџьтəылатə еибашьра аҳəынҭқарратə музеи аусзуҩ, афондқəа реиҳабы Гəыгəыца Џьыкырԥҳа гəыблыла дылгəалалыршəоит изаамҭанымкəа зыԥсҭазаара иалҵыз аҳəынҭқарратəи ауаажəларратəи усзуҩ, Ахьӡ-Аԥша аорден ахԥатəи аҩаӡара занашьоу, Гəдоуҭа араионтə еизара хынтə депутатс иалырххьаз, Аҧсны ашəҟəыҩҩцəа рассоциациа алахəыла Иура Ҭақəчыч-иҧа Ԥкьын.

Cырма Ашәԥҳа, Sputnik

Иура Ҭақəчыч-иҧа Ԥкьын Гəдоуҭа араион аҟны еиҧш, уи анҭыҵгьы еицырдыруаз уаҩын. Ичымазара иахҟьаны иаалырҟьаны иҧсҭазаара иалҵра, дыздыруаз изларҳəо ала, хымҧада, араион ахаҿра ианыҧшит. Аибашьра ашьҭахьтəи аамҭазы, 14 шықəса инарзынаҧшуа араион аҟны адепутатцəа реизара еиҳабыс даман, Гəдоуҭа араион аҟны хынтə аизара ахантəаҩыс далырххьан, иажəеи иуси еснагь еимадан.

архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Апоет, арҵаҩы, адепутат: иԥсҭазаара далҵит Иура Ԥкьын

Сергеи Дбар ихьӡ зху Аҧсны жəлар рџьынџьтəылатə еибашьра аҳəынҭқарратə амузеи ашьақəгылара, Иура Ԥкьын ихьӡ адылҳəалоит хаҭала иара дыздыруаз, аус ицызухьаз амузеи аусзуҩ Гəыгəыца Џьыкырԥҳа.

"Аибашьра ашьҭахь, 1994 шықəса рзы Владислав Арӡынба ишҟа иҟаҳҵаз аҳəара дадгылеит Иура Ԥкьын, аибашьра ашьҭахь иаартыз раҧхьатəи музеин. Аекспонатқəа ахьеидаҳкылоз аума, иара аҧҵараҿоума, ус ауадаҩрақəа иҳамаз рҿоума, иарбан зҵааразаалак аҟны ихаҿра ааирԥшуан. Сара исгəалашəом амузеи давсны, дмыҩналакəа данцахьаз. 65-70 шықəса ирҭагылаз ахаҵа ишəҭқəа иманы ныҳəацыԥхьаӡа дмааикəа иуӡомызт, иҭахаз ҳаибашьцəа дреихырхəон", - ҳəа азгəалҭоит Џьыкырԥҳа.

Дбарԥҳа: Иура Аргәын еснагь гәыҵхас иман аԥсуа диаспора

Зажəа акрыԥхылыздоз Иура Ԥкьын, зегь раҧхьаӡа иргыланы гəыла-ҧсыла даԥсыуан, ижəлар еснагь дырзааигəан. Аҵарадырра аус акыр иџьабаа адын, аҿар реиҵааӡара аус ҷыдала дазнеиуан.

"Аҧсуа школқəа рҟны 30 шықəса инарзынаҧшуа рҵаҩыс аус иухьан. Убарҭ рхыҧхьаӡараҿы Блабырхəатəи абжьаратə школ аҟны акыр шықəса инеиԥынкыланы директорс дыҟан. Нас, Мысра аҳабла ҿыцны ианаадырт администрациа напхгара аиҭон. Еиуеиԥшым аусқəа рҟны еснагь ихатəы бжьы ихан, ажəлар ззыӡырҩуаз хаҵан", - лҳəоит амузеи аусзуҩ Гəыгəыца Џьыкырԥҳа.

Иура Ԥкьын даныстудентыз ашықəсқəа инаркны арҿиара инапы алакын, лассы-лассы дкьыҧхьуан. Апоезиатə шəҟəқəа фба авторс дрымоуп. Иара убас даамысҭашəан, ахӡыргара ианакəызаалак иламызт.

"Иара убас иҳəон: "Ҳара ҳӡыргара акəымкəа, иҭахаз рыхьӡ аӡыргара ауп иаҳуалу", -ҳəа. Ахаан ихы дашьҭаӡамызт. Нанҳəамзазы, араион аҟны иазгəарҭон 70 шықəса ихыҵра. Амузеи аҟны хықəкыс иҟаҳҵеит, ҳапрограммала аҳəынҭқарратə ҟазшьа аҭаны имҩаҧаҳгарц. Уи иара даара игəы иалан, избанзар дуаҩ ԥсыцқьан, зегьы ихы рхибаауан", - лгəалашəарақəа дырзааҭгылоит Гəыгəыца Џьыкырԥҳа.

Иура Ԥкьын ҩынҩажəа инарзынаԥшуа иажəеинраалақəа ашəақəа рылхуп, еиҳаракгьы урҭ естрадатə шəақəоуп. Инапы иҵиххьоу алирикатə жəеинраалақəа рацəоуп, аибашьра ашьҭахь ииҩуаз еиҳарак Аԥсны Аџьынџьтəылатə еибашьраҿы иҭахаз ирызкын.

Мушьни Лашәриа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Лашәриа Иура Ԥкьын изы: илирика амц аздыруамызт

"Убарҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Аԥсны Афырхаҵа Сергеи Дбар изку ашəа. Амузыка иҩит Руслан Агəмаа. Руслан Агəмаа имузыка зылху еиҳарак Иура Ԥкьын ишəҟəқəа роуп", - ҳəа азгəалҭоит Гəыгəыца Џьыкырԥҳа.

Гəыгəыца Џьыкырԥҳа, Гəдоуҭа араион администрациа акультура аҟəша еиҳабыс даныҟаз, Иура Ԥкьын ишҟа ашəҟəы лышьҭит, араион аҟны иҟоу ашəаҳəаҩцəа, аҩны змамкəа иаанхаз, ақыҭақəа рҟынтəи иаауаз, иалшоны иҟалозар ауадақəа рыҭаразы. Иара идҵала убри ашықəсаны ԥшьҭаацəарак ауадақəа рырҭеит, нхарҭа ҭыԥла еиқəдыршəеит.

"Акыр шықəса ашəа лҳəон аҟазара аусзуҩ, анаҩс ҕəҕəала ичмазаҩхаз Абыџԥҳа Милиа. Иахьагьы ашəа лҳəоит лара, ансамбль аҟны дыҟоуп. Лабхəында аибашьраҿы дҭахеит, лара хҩык ахшара лыман, ахныҟəгара рцəыуадаҩын. Иура Ԥкьын ибзоураны, иҟаиҵаз аҳəарала, амал змаз аӡəы иргылаз аҩнду аҿы ауада дыҩноуп зыӡбахə сымоу ашəаҳəаҩ. "Бара ас еиҧш аҟазара ӡырызго уаҩызар, насгьы ас еиҧш иҟоу ауаҩы иансеиҳəа, мап шҧаскуеи", - ҳəа наҳəаны, дныҳəа-ныԥхьаны ауада лиҭеит аҧшəма ихаҭа ", - илгəалалыршəоит Гəыгəыца Џьыкырԥҳа.

Ҳагԥҳа аҵарауаҩ Борис Џьонуа изы: ааха ӷәӷәа ҳауит абызшәа аҭҵаара знапы алакыз зегьы

Згəы ҭбааз, зыуаажəлар ирзааигəаз, зыцəгьеи зыбзиеи рыцеиҩызшоз, иарбан усзаалак хдыррала иазнеиуаз Иура Ԥкьын, инапы иҵиххьаз аусқəа даара ирацəан.

"Иура Ԥкьын еиҧш иҟоу ауаа рацəаҩхар, иахьа ҳҟазарагьы, ҳҵарагьы, ҳдыррагьы, зегь рыла ҧхьаҟа ҳцоит. Ихы-иҿы лашаӡа, дгəыбзыҕӡа, ибжьы ҭыганы ахаан имцəажəоз, зхаҟынтə зшьапаҟынӡа иаԥсыуаз, аамсҭашəала ацəажəара зылшоз, хымҧада, дыздыруаз зегьы ргəаҿы наӡаӡа дынхоит, убарҭ рхыԥхьаӡараҿы ҳаҟоуп ҳара амузеи аусзуцəа", - ҳəа азгəалҭоит Гəыгəыца Џьыкырԥҳа.

Иура Ԥкьын иԥсадгьыли иуаажəлари бзиа ибон. Иара иԥсҭазааратə мҩа ҿырԥшыганы иаанхоит еизҳауа абиԥарақəа рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0