Аҩӡба Гьаргь Ӡиӡариа изы: уақәӡыр аныҟалоз аамҭазы аԥсуаа рызҵаара ықәзыргылаз дреиуоуп

© Sputnik / ПрохоренкоГьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа
Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩ ду Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа диижьҭеи лаҵара 6 рзы 106 шықәса ҵуеит. Уи аԥсуа ҭҵаарадырраҿи ауаажәларра ашьақәгылараҿи илагала далацәажәоит аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Аслан Аҩӡба.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Еицырдыруа аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩ, кавказҭҵааҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, арҵаҩ ду Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа диит Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан лаҵара 6, 1914 шықәсазы.

Гьаргь Ӡиӡариа Қырҭтәылатәи СССР Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа алахәыла-корреспондентс дыҟан, Қырҭтәылатәи ССР-и Аԥснытәи ССР-и Рҳәынҭқарратә премиақәа дрыԥсахахьан. 1939 шықәса инаркны ауаажәларратәи аполитикатәи усқәа инапы рылакын.

Анчабаӡе аҭоурыхҭҵааҩ Гьаргь Ӡиӡариа изкны: ихьӡ-иԥша ыҟан>>

Гьаргь Алықьса-иԥа А.М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи апедагогикатә институт аректорс дыҟан (1957-1966). 1966-1988 шықәсқәа рзы Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут еиҳабыс даман. Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩыс (1975-1988), СССР Иреиҳаӡоу Асовет 6-тәи, 7-тәи, 8-тәи аԥхьарақәа рдепутатс дыҟан. Инапы иҵыҵхьеит ԥшьышә инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа.

Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Аслан Аҩӡба, аҵарауаҩ ду ҳҭоурых аҿы иааникыло аҭыԥ дазааҭгыло, иазгәеиҭеит:

"Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа аԥсуа ҭҵаарадырра ҵәатәы шьаҟас иаҵагылаз дыруаӡәкын, иахьа уажәраанӡагьы ус даанхоит. Аԥсуа ҭоурых 19-тәи ашәышықәсеи 20-тәи ашәышықәса актәи азбжеи уанахәаԥшуа, иара иӡбахә мҳәакәа узалацәажәаӡом. Иусумҭақәа даара ирацәаӡоуп, еиҳарак убри аамҭазы амҳаџьырра иазкны ииҩқәаз роуп, ҩынтәынгьы иҭыҵит. Раԥхьа 1975 шықәса рзы иҭыҵит, нас 1982 шықәса рзы еиҭаҭрыжьит", - азгәеиҭоит Аслан Аҩӡба.

Асовет аамҭазы ацензура ыҟан. Иҟан узлацәажәар ҟамлоз атемақәа. Убарҭ ируакын амҳаџьырра атемагьы. Аԥсуаа рыԥсадгьыл ааныжьны иахьыхҵәаз уамак иалацәажәаӡомызт усҟантәи аамҭазы. Раԥхьаӡа уи аӡбахә цәырызгазгьы Гьаргь Ӡиӡариа иоуп.

Аслан Авидзба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аҩӡба Мазниев ир Аԥсны алагаларазы: Қырҭтәыла иакәакьны иҟарҵарц акәын

"Аԥсуаа реиԥш, Кавказ ажәларқәагьы ахҵәара иақәшәеит. Убри аҟынтә Кавказ ажәларқәа рхаҭарнакцәа Гьаргь Алықьса-иԥа иҭабуп ҳәа иарҳәон абас иҳаракны атема дахьалацәажәоз азы. Данқәыԥшыз, Москва аинститут данҭаз ииҩыз аусумҭа уахәаԥшыр, нас ашьҭахь ишиҩыз уахәаԥшыр, ҳәара аҭахума, хәыҷык еиԥшӡам. Избан акәзар, даныҷкәыназ ииҩуаз еиҳа аемоциақәа аҵан, даҽакала дазнеиуан. Раԥхьа ианиҩыз 1939 шықәса рзоуп. Усҟан, "абри атема абас иаарԥштәуп" ҳәа Асовет Еидгылаҿы иҟаз ақәҵара инақәыршәаны иҟан", - иҳәеит аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор.

Усҟантәи аамҭазы аидеологиа иақәымшәоз аусумҭа аҩра цәгьан. Аидеологиа аҽаԥсахцыԥхьаӡа, уи Гьаргь Алықьса-иԥа иусумҭақәа ирнымԥшыр ауамызт.

"1947 шықәса рзы Константин Семион-иԥа Шьаҟрыли, Баграт Уасил-иԥа Шьынқәбеи, иареи ЦК ВКП(б) ахь ирҩит ашәҟәы. Усҟан Сталин ихаан акәын, игәаӷьыуацәан даара, ирҩыз ашәҟәы еицырдыруа ауп - ақырҭқәа убасҟан имҩаԥыргоз аполитика, аԥсуа школқәа шаркыз, аԥсуа бызшәа уҳәар шыҟамлоз, аԥсуа кадрқәа аусура шрымамыз атәы фактла ишьақәырӷәӷәаны, аҿырԥштәқәа ааганы. Ашәҟәы анырҩы ашьҭахь даара аџьамыӷәа цәгьа иҭадыргылеит. Баграт Шьынқәбеи Гьаргь Ӡиӡариеи рҭагылазаашьа уадаҩын акыраамҭа. Шьаҟрыл Аԥсны далҵны дымцар ада аҭагылазаашьа имоуа убри аҩыза дҭадыргылеит", - азгәеиҭоит Аслан Аҩӡба.

Гьаргь Алықьса-иԥа ҵарауаҩык иаҳасабала инагоу уаҩуп. Ҳҭоурых аҿы аҭҵаарадырра аганахьала зыҩаӡара ҳараку аӡә иоуп. Аԥсуа ҭоурых ыҟанаҵы ихьӡ бзанҵы кашәара ақәым. Зыжәлар рхьаа зхьааз, зыжәлар рпроблема зыпроблемаз, имшәаӡакәа иалацәажәоз дыруаӡәкын.

День памяти жертв Кавказской войны. - Sputnik Аҧсны
Инџьгьиа: Кавказ ажәларқәа хатәгәаԥхарала рыдгьылқәа нырмыжьит

"Асистема аҽаԥсахуан, аҭагылазаашьагьы аҽеиҭанакуан. Иусумҭақәа ишырныԥшуаз еиԥш, ихәыцшьагьы ианымԥшырц ауӡомызт. Иаҳдыруазароуп, ианшәарҭаз аамҭазы, уақәӡыр аныҟалоз аамҭазы, абарҭ ауаа мшәаӡакәа азҵаара ықәдыргылт. Иаҳдыруазароуп изырҩыз ашәҟәы, акоммунисттә партиа амаӡаныҟәгаҩ Кузнецов ҳәа дыҟан, уи ддырӡит 1950 шықәса рзы. Ақырҭқәа ҽԥныҳәас ирырҭон "убри ззыжәҩыз ауаҩы дабаҟоу иахьа, уи ажәлар драӷоуп ҳәа ддырӡит, шәаргьы ажәлар шәраӷахоит" ҳәа икыдцаланы ирыман", - еиҭеиҳәоит Аҩӡба.

Аҩӡба "Дәрыԥшьтәи аизара ду" иазкны: инагӡаны иҭҵаатәуп>>

Гьаргь Алықьса-иԥа усҟан аҭаацәара далалахьан, ахшара иман, апедагогикатә институт азеиԥшынхарҭаҿы ауада дыҩнан. Убри ауада дыҩныҵразы изныкымкәа ауаа изынарышьҭхьан. Аха ддәылҵны дахьцоз ҳәа акгьы имамызт, убас убри ашәҟәы дахырҟьаны игәаӷ рыман.

"Аҭҵаарадырра аус ҳазааҭгылозар, 19-тәи ашәышықәса иара иҟынӡа уарла-шәарла акәын ишыҭҵааз, иааидкыланы ҩымҭа дук ыҟамызт. Гьаргь Алықьса-иԥа афундаменталтә ҟазшьа змоу аҩымҭақәа акымкәа-ҩбамкәа иаԥиҵахьеит. Асоциалтә еизыҟазаашьақәеи, ақыҭанхамҩеи, Аԥсны аҭагылазаашьеи ирызкуп анаҩстәи иусумҭа ду. Идоктортә диссертациа ауп, ашәҟәы дууп. Аԥсны иҟаз анхаҩы, ҭауади-аамсҭеи, ахәуҩы ҳәа иахьа иаҳҳәо, уаанӡагьы иҟан, аха иара иоуп раԥхьа инарҭбааны иҭызҵааз", - азгәеиҭоит аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор.

Иара убас, аӡбахә ҳәатәуп, урысшәала "Формирование дореволюционной абхазской интеллигенции" захьӡу амонографиа ду. Иааидкыланы 1917 шықәсанӡа аԥсуа интеллигенциа реиҵагылара, аҵара змаз ауаа рнысымҩақәа, русумҭақәа рыԥшаараҿы раԥхьаӡа еидкыланы иалагаз иара иоуп, илагала даара идууп ари аус аҿы.

аҭоурыхтә наукақәа ркандидат, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет адоцент, Аԥсуаҭҵааратә институт аҵарауаҩ еиҳабы Сослан Салаҟаиа. - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аҵарауаҩ "Лыхнытәи ақәгылара" иазкны: еиҳарак ааха роуит анхаҩы цқьақәа

"Аурыс ар ирыдҳәалаз, ҭауади-аамсҭеи рхаҭарнакцәа џьара ицаны ҵарак рымҵозар, арратә чынк роуны рыҷкәынцәа аҵара роуртә аҭагылазаашьа ҟамлозар, аҵаразы аԥсуаа рҭагылазаашьа даара ицәгьан. Убри архивқәа рҿы зыӡбахә иаҳақәаз ԥшааны, ицәырганы, афундаменталтә ҟазшьа змоу амонографиа иҩит", - иҳәеит Аҩӡба.

Гьаргь Алықьса-иԥа иԥсҭазаара далҵит лаҵара 1, 1988 шықәсазы. Иахьатәи аамҭазы Аԥсны Г.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ранаршьоит аԥсуа ҭҵаарадырреи ауаажәларра рыҿиареи алагала ду азызуа аҭҵаарадырратә усумҭақәа хатәрақәа рзы.

Еилкаауп Гьаргь Ӡиӡариа ихьӡ зху апремиа 2014 шықәсазы иаԥсахаз>>

Иахьа, Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа иҩымҭақәа, иусумҭақәа быжьтомкны аҭыжьра азԥхьагәаҭаны ирымоуп Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы, ԥшьба ҭыҵхьеит, даҽа хԥа ҭыҵраны иҟоуп. Урҭ ирнылараны иҟоуп иналукааша аҵарауаҩ иусумҭа дуқәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0