Зыхә ҳараку ақәацәыркца ҳаҭгәынқәа, мамзаргьы аԥсра шҽырбагахаз

© Foto / предоставлено Элеонорой Когония Коӷониаа аижәлантәқәа рнышәынҭра. Иуа Коӷониа иҳаҭгәын
Коӷониаа аижәлантәқәа рнышәынҭра. Иуа Коӷониа иҳаҭгәын - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа дазааҭгылоит аԥсуаа анкьа анышәынҭрақәа ишырзыҟаз, насгьы аамҭа аҽыԥсахрақәа инарымаданы зҽеиҭазкыз анышәынҭрақәа реиҿкаашьақәа ртәы.

Анкьа ақалақь аҿы, мамзаргьы Аԥсны анҭыҵ инхоз ауаҩы идунеи иԥсахыр, анышә иамадаразы иабацәа рџьынџь ахьыҟаз, аижәлантәқәа рнышәынҭраҿы анышә дамардон. Аҟазараҿы, ма даҽа хырхарҭак аҿы зҽалызкааз рахьтә, аҟәатәи апантеон аҿы ианыржуазгьы ыҟан, аха уи асовет аамҭазы ицәырҵыз акакәны иҟоуп, амҽхакгьы усҟак иҭбаамызт.

Пантеон абхазских писателей - Sputnik Аҧсны
Амилаҭ ргәадура абнара анырхыҵәо

Ҿырԥштәыс иаазгозар, аԥсуа поезиа ашаеҵәа ҳәа ззырҳәахьо Иуа Коӷониа джуп Кәтол агәы иалганы игоу амҩаду аҿықәаҿ ҳажәлантәқәа рнышәынҭраҿы. Кәтол джуп иара убас Жәлар ратист, Отелло ироль анагӡараҿы иреиӷьу ҳәа СССР ахаан иалкааз Леуарса Касланӡиа, апоет-алирик Анатоли Аџьынџьал.

Ақыҭақәа рҿы иахьагьы инханы иҟоуп ажәытә ҳаҭӷәынқәа. Сара ишысгәалашәо ала, аҳаҭгәынқәа ҭарҭәаны икәыршан, анышәынҭра агәы иахагылаз абаҟа аџьар ахагылан, иҟан аԥсылманра иасимволны амзаҿа зхагылазгьы. Иҳаракцәамкәа иҭарҭәаз анышәынҭра узлаҭалоз амардуан хәыҷ аман, ажәакала, ажәытә нышәынҭрақәа иаҩцамкәа иҟарҵон, аԥсра уамак иеиҽырбомызт акәхап. Иҟан абаҟақәа зхагыламыз аҳаҭгәынқәагьы.

Анаҩсан, аамҭа иаанагон астиль ҿыцқәа, саныҩеидас игәасҭо салагеит амармалташь иалху абаҟақәа дыргыло ишалагаз, уа иаларсон здунеи зыԥсахыз ипатреҭ, мамзаргьы исахьа ҭырҟҟаны ианырҵон. Акызаҵәык исгәалашәо, анышәынҭра ус уалакьысыр ҟаломызт, аиҭарҿыцрагьы ҵасмызт, аҩнаҭаҿы даҽаӡәы идунеи имԥсахзар.

Ажәакала, асовет аамҭазы, ажәытә нышәынҭрақәа рыстиль рыԥсахуа иалагеит, алшара змазгьы измамызгьы, еиԥшыз гьамак змаз амармалташьтә баҟақәа дыргыло иалагеит еицлабны. Џьара-џьара ихыбны, аҩын ду асахьа аҭаны иахьуԥылогьы убап.

Аҽыуаҩ - Sputnik Аҧсны
Ашәаџьҳәареи адышшылареи

Аха иахьатәи санҵамҭа зызку аҳаҭгәынқәа рыргылашьа аҭоурых акәым, санҵамҭа аԥсра шҽырбагахаз, абаҟақәа рыргыларагьы зыхә ҳараку египеттәи ақәацәыркцақәа ишреиԥшхаз ауп. Аибашьра ашьҭахь ҳкультура акырџьара аҽаԥсахит, аҳаҭгәынқәа рыргыларагьы амҽак арҭбааит.

Зегь раԥхьаӡа иргыланы, традициала здунеи зыԥсахыз ауаҩы иабацәа, иабдуцәа ахьжыз дганы анышә дамардозҭгьы, уажәы ихдыртит ачадаратәи анышәынҭрақәа реиԥш аԥсыжырҭа ҿыцқәа. Аҟәа уаназааигәахо, Ачадара ақыҭа агәаны Урыстәылеи Аԥсныи рҳәааҟынтә уаауазар, армарахь ишьҭоуп зҵакырадгьыл еиҳа-еиҳа изырҭбаауа, иахьатәи амода иашьашәаланы ичаԥоу аибашьра ашьҭахьтәи аҳаҭгәынқәа. Урҭ рӷьырак Амон Ра ипирамида иаадҩыло иҟаҵоуп. Иазгәасҭарц сҭахуп, аибашьра ашьҭахь иҟалаз аемиграциа иахҟьаны, анкьатәи атрадициа шыбжьаӡыз.

Уажәы, здунеи зыԥсахыз ақыҭаҿы дганы ижра модам, ҿыц ихту ақалақьтә нышәынҭрақәа рҿы анышә дамардоит, уимоу, сара издыруеит зан ара дызжыз, заб дыҵхны ара дааганы длывазжхьоу шыҟоугьы. Ус ҟарҵоит избанзар анкьатәи рнышәынҭрақәа рахь ацара иаҟәыҵит, ара ауаа иахьырбарҭоу, иахьырзааигәоу иржуа иалагеит здунеи зыԥсахыз ақалақьуаа рҭынхацәа. "Уеиҭаргааит" рҳәон аԥсуаа, ауаҩы дыршәиуазар. Абыргцәа ишырҳәоз ала, аԥсы дыҵхны иеиҭагара - уи уаӷеимшхароуп хәа ирыԥхьаӡон.

Долгожители из абхазского села Джгерда - Sputnik Аҧсны
Аҭоурых ашьҭа: Аполлон Думаа игәалашәарақәа

Аамҭа аҽаԥсахит, акультурагьы аҽеиҭанкит, аха иахьатәи зыхә ҳараку аҳаҭгәынқәа ҳрыхәаԥшуазар, аибашьра ашьҭахьтәи атәылаҿы, акризис знубаало асоциалтә ԥсҭазааразы миллионк иаадҩыло иаԥсоу анышәынҭра аргылара аҽырбара иазкушәа збоит са стәала. Амал змоу иҟарҵо алшара змамгьы иҽазикуеит, абас еиҵашьыцрыла иҽырбагахаз аԥсра ҳаԥсҭазаара иахәҭакны иҟалеит. Ауаҩы иԥсы анҭоу изыҟаҳамҵо идунеи аниԥсахлак ашьҭахь иаҳчаԥо ҳалагеит. Аӡәы иҳәап, бус иалоузеи, досу инышәынҭра ишиҭаху иҟаиҵоит ҳәа. Аха иҟоуп иҵасым захьӡу аилкаара.

Иҵасым аԥсра ҽырбаганы аҟаҵара, иҵасым инамыцхәны анышәынҭрақәа рыргылара, урҭ ахан дуқәа рыстиль рзаагара. Иахьа ирацәаҩуп ачымазара змоу ахәыҷқәеи адуцәеи, еиҳа игәызианразар ҟаларын, урҭ рыхьӡала ахарџь алаҵара, зыхә ҳараку ақәацәыркца ҳаҭгәынқәа рыргылара аасҭа.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар алшоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0