Ажәытәи аҿатәи ахьеилаӡҩо: ҳбираҟ ԥшьа ҳазнықәуа 27 шықәса ахыҵит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсуа бираҟ
Аԥсуа бираҟ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
1992 шықәса ԥхынгәы 23 рзы, Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет аилатәараҟны ишьақәырӷәӷәан ҳаамҭазтәи Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ. Иахьа уи амш аахижьҭеи иҵит 27 шықәса.

Аԥсны Аҳәынҭқарратә символқәа ируаку ҳбираҟ рыдыркылеит 1978 шықәсатәи Аԥснытәи АССР Аконституциа аусура аанкыларази 1925 шықәсазтәи Аԥснытәи ССР Аконституциа аиҭашьақәыргыларази аӡбара анрыдыркыла ашьҭахь. Уи ашьаҿа аԥсуа милаҭтә ҭоурыхи ҳахдырреи рзы аҵак ду змоу хҭысны иҟалеит, уи ес-игыло аԥсуа абиԥарақәа азгәыдуны, наунагӡа ԥхьаҟа иргалоит.

Адунеи зегь аҟны иарбанызаалак атәыла иамоуп ахатә бираҟ, агерб, агимн. Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьатәи абираҟ х-ԥшшәык рыла еиҿкаауп, адунеи аҟны реиҳа иԥшӡоу абираҟқәа ирылакны аӡбахә рҳәоит.

Работа Батала Джопуа - Sputnik Аҧсны
Аҳәынҭқарра ахықәкы – ажәлар реиқәырхара ауп

Ҷыдала сара уи ус шакәу агәра згоит. Иҟалап, аӡынраз асы анлеиуа аԥсабара алакә цәа ахазҵо, иҭазыҳәҳәо, ухәыҷраамҭахь ухьазырԥшуа аԥшшәы шкәакәеи ааԥынра, адунеи аҿыхара ирсимволу аиаҵәара аԥшшәи бзиа иахьызбо акәзар. Аҟаԥшь акәзар, шамахамзар зегьы бзиа еицырбоит. Аиҭаиреи аиҭаҿиареи иршьаноуп.

Абираҟ аҳәынҭқарра, ахьыԥшымра, ахақәиҭра ирсимволуп. Жәытәнатә аахыс иара рхашәыршәыруан аԥсадгьыл ахьчара инеиуаз. Ҳәаҭыхла аибашьрақәа анцоз аамҭақәа раан абираҟ зкыз ауаҩы иалкаан дрыхьчон, хык иқәшәан дкамҳарц, иикыз аԥшьа бираҟ импыҵымҟьарц, иаҭахханы иҟалар, инаиваххны ицааныркыларц. Иԥсыда-инхада ҳәа иахьеилыршьуаз адәаӡа ахи аҵыхәеи рҟынтәи иубарҭан абираҟ. Уи аԥша иаршәыршәыруанаҵы иҟан агәрагара "макьана зегь мыӡӡац", иҟан агәыӷра. Хьаҵрагьы ҟаломызт.

Исгәалашәоит сқәыԥшра аамҭақәа раан сзыԥхьалоз ажәабжьқәа, аиҳарак Аџьынџьтәылатә еибашьра иазкыз рҿы абираҟ аӷа имԥыхьамшәарц азы ргәаҵа иҵаҵәахны ишырыхьчоз атәы заҟа сеилнархуаз. Лабҿабоушәа сыбла ихгылон урҭ афырхацәа. Иагьџьасшьон рылшара. Усҟан иабаздыруаз аамҭақәак рышьҭахь ашәҟәы иану ажәабжь акәымкәа, лабҿаба, аԥсҭазаараҿы усеиԥш ажәабжьқәа ҳадгьыл аҿы иҟалараны ишыҟаз... Иабаздыруаз иреиӷьыз ҳаҷкәынцәеи ҳаӡӷабцәеи зыда ҳамамыз абираҟ лашақәа нарҿаршәны рынарцәымҩа ишықәырҵоз...

Абри адунеи аҿы акгьы аҽаԥсахӡом. Агьаргьаласа ианушәа, еикәшо аамҭагьы ишыҟац иҟоуп, иажәеиҭаҳәоуп.

Аиааира аԥсуаа ишыргаз азы шаҳаҭра ауа Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәааҿ иахьа иҳаракӡа иқәгылоуп Аԥсуа Ҳәынҭқарра ҳаамҭазтәи абираҟ, аӡнырцәынтә избо ҳаӷацәа уаҳа аҽазнык цәгьара ргәы иҭадмыршәырц рабжьызго.

Ҳԥышәа иаҳнарбеит: аҳәынҭқарра баагәарас иамоу бџьарла еиқәныху ажәлар роуп>>

Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы официалла Аԥсны иазгәарҭо иалагеит Абираҟ амш. Уи ажәлар еиднакылоит, аҿар аҭоурых днардыруеит, амшыни аамҭеи еиҟәыргаз ҳажәлар ицҳаны ирызхылоит.

Даараӡа агәыкра аҵаны имҩаԥысуеит ари аныҳәа. Агәадура узҭо акакәны иухугоит. Аду инаиркны ахәыҷы иҟынӡа инапаҿы икуп иԥсадгьыл асимвол. Издыруа идыруеит, иззымдыруагьы идырҵоит иара аҭоурыхи аҵаки.

Иахьатәи абираҟ аҿы автор еилеиӡҩеит ажәытәи аҿатәи. Амаҿа шкәакәа зныз абираҟ ахагылан ҳера ҟалаанӡа VI-V ашәышықәсақәа рзы абырзенцәа ишьаҭадыркыз Диоскуриа (анаҩс, Себастополис, Сан-Себастиан). Аамҭақәак рышьҭахь уи акыр иеиԥшыз абираҟ символны иаман Аԥсуа ҳәынҭқарра. Иахьагьы иаанхеит уи иаарту амаҿа – аԥсуа имилаҭтә ҟазшьа, игәаартра аазырԥшуа.

Абарҭ исҳәақәо зегь рышьҭахь ауаҩы изынхароуп агәадура, аха…

Ажәа "аха" ҳара ҳаԥсҭазаараҿы лассы-лассы ахархәара аиуа иалагеит. Аԥсуаа ҳамшныҳәақәа ируаку абри амш аҽны напымыӡәӡәа иаҳамкыша, ҳҿар рыԥс ԥшьақәа зыхҭнырҵоз абираҟ ақалақь иналга-аалго еимдырҟьоит ациганцәа. Урҭ уи ашьа шахьшу гәаамыкӡакәа аԥара аладырҳауеит, аҳәынҵәа аҿатата, иааԥсаргьы инкарыжьуеит. Иџьоушьаша иара ҳаргьы акгьы ҟамлаӡазшәа ҳалацәажәаӡом.

Аицгәырӷьара анҳалшо сгәы иахәоит>>

Иахьынӡаздыруа ала, аныҳәақәа рыламҭалаз абарҭ абираҟқәа хәыда-ԥсада иҭрыжьуеит. Нас уи аԥара алаҟазҵода? Ациганцәагьы ирызҭо ҳара ҳакәӡами. Ҳара ҳакәӡами иахьахәҭоугьы иахьахәҭамгьы ҳсимволқәа анызҵо: аимаа аҵыршьы инаркны асаани аҵәцеи рҟынӡа. Ухы пату ақәумҵар, аҽаӡәы иақәиҵараны изыҟои.

Иҳаҩсыз ашықәс азы Апарламент аҟны ирыдыркылеит аԥсуа жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы цәыббра 30, 1993 шықәсазы Егры аҳәааҟны ишьақәыргылаз Аиааира Абираҟ ахьчаразы азакәан апроект. Ииашоуп. Еиҳау иарбан ахьчара зҭаху?! Аха абраҟа иацысҵоит Аиааира Абираҟ ахаҭеиԥшҵәҟьа ишыхьчалатәу аҳаҭыр, апату, ишыҳарактәу ари асимвол зныԥшуа зегьы.

Америкатәи ашколқәа рҟны аҵарамш иалагоит абираҟ ашьҭыхреи агимн арҳәаралеи. Мышкы, ҩымш, шықәсык, жәашықәса есыҽны иубо иуаҳауа ушьа-уда иалаӡҩоит. Ауаҩы дхәыҷнаҵоуп ак аниурҵаша. Дхәыҷнаҵоуп уи игәеибафарақәа еиҳа ухы ианаурхәаша.

Иахьа рацәак ҳазмыргәырӷьо ҳҿар рхаҭарнакцәақәак рааӡараҿы абри аҩыза аус ахархәара шамамыз агәра згоит. Хархәагас иҟоу зегьы ҳрыцәхьамҵроуп урҭ рыжәлари рыԥсадгьыли бзиа ирбо еиҵаҳааӡарц.

Урҭ рыбзиабараҿы аҭыԥ ҷыда ааннакылалароуп аԥсуа бираҟ ахь АБЗИАБАРАГЬЫ.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0