Геннади Аламиа: уԥсҭазаара зқәуҵоз анарха шаиуа агәра ануго - еиҳау акгьы ыҟаӡам

© Sputnik / Томас ТхайцукГеннади Аламиа
Геннади Аламиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апоет, ауаажәларратә, аполитикатә усзуҩ, "Ахьӡ-Аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡареи Нафи Џьусоиты ихьӡ зху Нхыҵ-Уаԥстәыла амилаҭтә премиеи занашьоу, Аԥсны аҳәынҭқарра агимн ажәақәа равтор, аԥсуа милаҭ-хақәиҭратә қәԥара акыр иазааԥсахьоу Геннади Аламиа иахьа ихыҵит 70 шықәса. Шәаԥхьарц ишәыдаагалоит Sputnik акорреспондент илиҭаз аинтервиу.

Cырма Ашәԥҳа, Sputnik

- Шәыԥсҭазаара иахьа аихшьаала ҟашәҵозар, иарбан лкаақәоу еиҳа иазгәашәҭо?

— Сыԥсҭазаара зегьы аихшьаала аҟаҵара салагом. Сыԥсҭазаара зегьы ааидкыланы иуҳәозар, схәыҷқәа, смаҭацәа санрызхәыцуа ауп. Насыԥ уадаҩ сыман сҳәарц сылшоит схы агәра зго, сшымаҭәахәу здыруа, уск саҿызар сара сыда уаҩы изыҟамҵошәа ахьысыԥхьаӡоз. Ус саныҟаз аибашьра аламҭалеи, аибашьра аамҭази, уи анаҩси рзы акәын. Уинахыс схы сгәалашәаӡом, ус иҟалеит аҭагылазаашьа. Ауаҩы дмаҭәахәны, даҽаӡә изыҟамҵо иара иус данаҿу, иҟаиҵо агәра аниго, уи агәыӷра анинаҭо ауп. Абзиара ҟаҵаны уажәшьҭан ирҳәап захьӡу акәым агәыӷра ҳәа сызҿу. Унапы злаку аус уанаҿу, уԥсҭазаара зқәуҵоз иахьала ишнымҵәо, уаҵәгьы анарха шаиуа агәра ануго убри еиҳау акгьы ыҟаӡам...

Геннадий Аламиа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аламиа "Ромеои Џьулиеттеи" азы: аԥсышәала ицәажәап ҳәа сгәы иаанагоит

- Шәара аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усзуҩуп, аԥышәа ду шәымоуп, убри инаҷыданы, арҿиара, абаҩхатәра злоу уаҩык иаҳасабала шәаҳдыруеит. Арҿиара шәара шәзы ҭыԥс иааннакылои?

— Досу иара иус инапы алакызар даара ибзиоуп. Ҳара камбашьк ҳаман, ианықәҿаҳҳәалак ашаха акәнаршо, иакәнаршо иаҳцәыԥсхьан. Убри еиԥш, ԥхьаҟа ацара зыҟалаӡом досу иус данаҿым, џьара ҭыԥк аҿы ҳақәгьежьаалоит. Апоет дпоет дузар, уи иаанагаӡом аполитика усс имкааит ҳәа, аха иус хада даҿызар ауп, нас ауп ԥхьацара аныҟало. Арҿиара аганахьала иаҳҳәозар, ашәҟәқәа ҭсыжьхьеит. Исгәалашәоит раԥхьаӡатәи сышәҟәы "На рассвете" анҭыҵ Москва, Аԥсны хынтә иҭыҵхьан, аха уа иҭыҵаанӡа СССР ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа реилацәажәара салахәын, асеминар аҿы еилдыргон, анапхгаҩцәа дуӡӡақәа сыман: Фазиль Искандер, Леменев, Ваншенкин реиԥш иҟаз, убарҭ сышәҟәы ргәаԥхан, иҭыжьтәуп ҳәа азырыԥхьаӡеит. 800-ҩык рҟынӡа ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа еизаны иҟан, ҩыџьа ҳашәҟәқәа ҭыҵуа, СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ҳалало убас иҟарҵеит. Убас иҭыҵхьан сышәҟәқәа, атәым бызшәақәа рахь еиҭаргахьан. Аха исзеиламыгӡо сааиуеит иахьа уажәраанӡагьы, исцәыӡыз рацәаӡоуп, схы иҭагьежьуа иҭаԥсыз рацәоуп, уигь сгәы иалоуп. Апоет ицназго иара идагьы даҽа мчқәак ыҟазар ауп. Аҳәынҭқарра аргылара иаҿыҵәҟьоу, занааҭла, маҵзурала иаҿу рыгәра ганы уара уус уаҿызар убри насыԥуп.

- Ауаҩытәыҩса иҟазшьақәа рахьынтә шәара еиҳа иалышәкаауеи, гәыла-ԥсыла еиҳа ишәзааигәои?

— Сара саншьак иҳәон: "амц саныржьои, ала ансыцҳауеи сцәымӷуп", - ҳәа. Ала сыцҳар еиҳа еиӷьысшьоит, амц саныржьо аасҭа. Уи сара сыржьеит ҳәа акәым, аха амцҳәарала хара неишьа ыҟаӡам. Амцҳәареи ацәгьаҳәареи ҟамлар, усҟан зегь маншәалахоит. Ауаҩытәыҩса иҟазшьа бааԥсқәа зегьы кажьны, зегь рыла ҳмаалықьцәаханы адәы ҳзықәлаӡом, уи иашоуп. Аха зыӡбахә сҳәаз аҩба даара исцәымӷуп.

Геннади Аламиа ианашьоуп Нафи Џьусоиты ихьӡ зху Нхыҵ-Уаԥстәыла Аҳәынҭқарра амилаҭтә премиа - Sputnik Аҧсны
Геннади Аламиа ианашьоуп Нафи Џьусоиты ихьӡ зху Нхыҵ-Уаԥстәыла амилаҭтә премиа

- Ахатәы бызшәа - аԥсшәа иахышәҳәаауеи, ахархәара абанӡамоу?

— Схәыҷқәа аԥсшәа бзианы ирдыруеит. Смоҭеи сареи аԥсышәала ҳаицәажәо ҳашнеиуаз ԥҳәыск илбан, акыр иџьалшьеит. Аҭел дасны ус салҳәеит: "абас избаз сеигәырӷьаны сҩызак иахьласҳәаз, аҭакс "сыхшара аҽԥныҳәа садыргарц иҟоуп аԥсшәа ахьырзымдыруа", - ҳәа. Ари лара дзызхәыцыз, лхәыҷқәа аԥсшәа ахьырымҳәо азы илоуа аҽԥныҳәа ауп, уи дацәшәеит, ари збызшәа ззымдыруа иуаамкәан ишыҟало акәымкәа. Ахәыҷы данхәыҷу иурҵаз ихашҭӡом. Зегь зыбзоуроу аҭаацәа роуп.

- Шәара Аԥсуа гимн ажәақәа шәравторуп. Ԥхынгәымза 23, ишдыру еиԥш, Аԥсуа бираҟ иамш ныҳәоуп. Иҳашәҳәозеи ас еиԥш иҟоу аҭоурыхтә хҭыс азы?

— Ажәлар иртәу аелементқәа рацәаны иалоуп аԥсуа гимн. Иаҳҳәозар, "Шәнеибац, шәнеибац…" Арӡынба ихаҭа дахылаԥшуан, аҭоурых атәы зҳәо, иахьатәи амш атәы зҳәо, уаҵәтәи аԥеиԥш зегьы аныԥшуа иҟазар акәын, егьыҟалар акәын ус. Анцәа иелементқәагьы уа иҟоуп, зегьы алоуп. Икьаҿны иҟоу ыҟоуп, иауны иҟоу ыҟоуп, еилкаауп нас ус иҟоуп Агимнқәа зегьы. Агербгьы убас, абираҟгьы убас. Абираҟ ҵаҟа иаҵоу, аиаҵәа, ашкәакәа ҳәа ицо, убри Аконфедерациа атәоуп. Ашьхарыуаа Рреспублика 1918 ш. рзы ианыҟаз атәоуп иара, аԥсуаагьы убра ҳалан, убра иалоу ажәларқәа роуп, аполитиказы даҽакала иҳәоуп, аха раԥхьаӡа ишыҟаҵәҟьаз ус ауп. Аидгылара аелементқәа иртәын иара, избанзар абираҟ ахьҭагылоу иаҳзеиԥшны иныжьны, анапы ҳара ҳтәы уа иҭагылоуп, адыгаа дара ртәы ҭадыргыло, ауаԥсқәа дара ртәы ҭадыргыло, ачеченцәа дара ртәы ҭадыргыло, абас ҳахысырц маӡала иӡбаны иҳаман, аха иаҳзыҟамҵаӡеит, иамуит.

Генадий Аламия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аламиа ажурнал "Аҟазара" иазкны: иҟаз еихаҳаны ԥхьаҟа игатәуп

Ҳбираҟ ахьынтәиаауа, нас 1200 шықәса раԥхьатәи аҳәынҭқарра иатәыз абираҟ ианыз анапы аума, 18-тәи ашықәс аҟынтәи иаагоу аума, абас иҟоуп. Иҟазҵоз абаҩхатәра ду змаз ауаа ракәын, аханатә аидеиа абас иҟан. Абри зегьы зхысҳәаауа, абираҟқәа зегь раасҭа иԥшӡоуп ҳаԥсуа бираҟ, аха ус икны аныҟәара мацара азхаӡом, ҵакыс иамоу рдыруазароуп ауаа. Ари аҳәынҭқарра иасимволуп, аҳәынҭқарра идеиа хадас иамоу лабҿаба иузырбо шакәу дырны даара ҳаҭыр ақәҵатәуп, ԥсҭазаарас иҳамазароуп.

- Шәара иахьа шәирамшуп. Ишәыдысныҳәалоит, агәабзиареи, арҿиаратә гәацԥыҳәареи шәзеиӷьасшьоит! Шәышԥазыҟоу, ишԥазгәашәҭои ари амш?

— Иҭабуп! Сара сымшира азгәасҭаӡом. Аха, сара сымшира зегь раасҭа ҳаҭыр ақәҵаны бзиа изызбо, хәышықәса раԥхьа ашьыжь шаанӡа аҭел исзасит. Аԥсуа радио ала адырраҭара цон сара исызкны, ишцоз акәымкәа иааҟәыҵын ус рҳәеит: "идаҳныҳәалоит, амоҭа диоуит!" — ҳәа. Диит смоҭа Нариа. Нариа Ламиаԥҳа хәышықәса лхыҵит иахьа. Ари сара сҳамҭа лоуп. Ларгьы ус лҳәоит: "сара уҳамҭа соуп" — ҳәа. "Бара бымир, хыхьынтә Анцәа бааимышьҭыр исыхьуааз" — анысҳәалак, "уԥсуан дадука" — лҳәоит. Сара иџьасшьоит, абри аира амшқәа аназгәарҭо 70-80 шықәса схыҵит ҳәа, уи еиҳа ҿымҭӡакәа убжьы мыргаӡакәа аҩны утәазар еиҳа еиӷьуп. Даара иныҳәа дуны излауԥхьаӡари, уажәит ауп иаанаго уи. Аха сара сеигәырӷьоит, смоҭацәа сахьрылаԥшуа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0