Ахәыҷи атанки - мап, ахәыҷреи аҭынчреи - ааи

ахәыҷи атанки
ахәыҷи атанки - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ихәыҷымкәа идухахьада?! Аха аибашьра аамҭа иааннажьыз ашәахсҭақәа, зхәыҷра адунеи хысбыжьла иҭәыз ашықәсқәа зхызгахьоу шаҟа ирацәаҩузеи. Ахәыҷреи аибашьреи еиҿагыло амчқәа, ахәыҷреи аҭынчреи ирхылҵуа аԥсҭазаара ирызкуп Сырма Ашәԥҳа ланҵамҭа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Амш амра каххаа иԥхон. Ишаԥу еиҧш, аԥсҭазаара агьама еснагь еиуеиԥшым, џьара гәырӷьароуп, ҽаџьарах лахьеиқәҵароуп. Уи аҽны сҩызцәеи сареи ҳазқәыз амҩа аԥсра иазкын, машәырла иҭахаз арԥыс қәыԥш иҵәыуара ҳцон. Кындыӷ ақыҭа абжьаларҭа ҳанаахаҵәи, сҩызцәа ус расҳәеит: "Аибашьра ашьҭахь ари ақыҭахь смааӡац, ара ааигәа сшынхогьы", - ҳәа.

Ҳара ҳаруаа реиҳабы - Sputnik Аҧсны
Зегь раасҭа исыхьуа-ахәыҷроуп, ма гәыӷрала сышҭәыз

Хымԥада, иаразнак схаҿы иааиз аибашьра аамҭазы Кындыӷ ақыҭаҟынтә ҳаҩнаҭаҿы иҟаз ахҵәацәа роуп, ирацәаҩын усҟантәи аамҭазы Џьгьарда иаднакылаз ақырҭцәа рхарала ихҵәа-хыԥсааны адәы иқәхаз ҳауаажәлар. Егьырҭ ақыҭақәа жәпакы реиԥш, Кындыӷгьы аџьамыӷәа цәгьа ахҭнагеит, иблын, иццышәын аԥсуаа рынхарҭа ҭыԥқәа, шаҟаҩгьы аҵеицәа рыԥсадгьыл ахьчара рыԥсҭазаарақәа ахҭнырҵазеи?!

Ақыҭа агәы ҳналалацыԥхьаӡа иубаратәы иҟан аибашьра ашәахсҭақәа инрыжьыз ашьҭақәа, аха уи хәырбӷьыцҵас арбара иаҿуп ақыҭанхацәа. Рырахә-рышәахә, руҭра-рсыҭра, рыҩны-ргәара нап адкыланы абзанхара иаҿуп.

Ҩаԥхьа аибашьратә сахьақәа сыблаҿы, шаҟа игәыҭшьаагаз урҭ амшқәа, шаҟагьы аԥхарра аҵааз аибашьра еиднакылаз, зҿаҵа еиҩшаны изфоз, зҳәоу еиқәшәаны еицынхоз зегьы ргәыбылра. Усҟан зхәыҷрашықәсқәа ахысбжьы згәылыҩуаз иахьа ихацәарԥархахьеит, зҿараамҭа аҳәаақәа изырҭымсыз ракәзар, рыгәнаҳа шԥацәгьахеи, шаҟаҩгьы анра иахьымӡазеи, шаҟаҩгьы аҭаацәарақәа аԥымҵакәа раџьал аркьаҿзеи ари аибашьра...

Уи аҽны сылаԥшҳәааҿы иааиз Кындыӷ ақыҭа шаҟа хҭыс сгәаланаршәазеи? Ҳаҩны иҟаз ахәыҷқәа рабацәа аибашьра адәаҟынтә еимгеимцарак роуны ҳҭаацәа ҳбандаз ҳәа ианааилак, анаҩстәи реиԥырҵра акыр ихьанҭан, избанзар иҟалон уи ҵыхәтәантәихар.

Ахәыҷқәа рабацәа рабџьар иахьынҳалон, иалахәмаруан, иабардыруаз усҟан абџьар иамаз аҵакы. Аҭынч ԥсҭазаара иаҟәыҭхахаз ахәыҷқәа заҟа мшы ргәазхара изымыхәмаркәа, рыблақәа зымыччакәа имҩасзеи?.. Ҩаԥхьа урҭ ахәыҷра ашықәсқәа рхаҿсахьа, ԥхыӡушәа ҳаԥсҭазаара инагәылсны ицаз.

Аԥсадгьыл ануԥхьо: Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа ргәалашәарақәа

Аԥсраҟынтә шьҭахьҟа амҩа ҳнықәлеит ҳгәалаҟазаара акыр ибжьысны. Аҭынч ԥсҭазаараҟны иҭахаз арԥыс хҩык ихәыҷқәа, абыда еиҭымха, зажәра еиқәаҵәахаз иан рыцҳа, 95 шықәса зхыҵуа ианду рыбла иабазеи...

Абас ҳхәыцра хьанҭақәа неибыҳәо ҳшаауаз сҩызцәеи сареи, Кындыӷ абжьаларҭаҟны аибашьра иаҿахәҳәаганы атанк ахьгылоу аҭыԥ ҳаназааигәаха, азныказы сыбла сажьоз џьысшьеит. Атанк ахықәцәа дықәтәаны ҷкәына хәыҷык ахәмарра даҿуп. Амашьына аԥсҟы зкыз маҷк иҵегьы иаагижьырц иасҳәеит. Кындыӷаа рарԥарцәа ргәалашәара аҳаҭыразы игылоу абаҟа ашҟагьы сыԥшит, абри аҷкәын хәыҷ аӡәыр дицума ҳәа, мап, уаҩ сылаԥш дыҵамшәеит. Сҭел сџьыба иааҭызган, атанк иақәтәаз арԥыс хәыҷ исахьа ҭысхит, амҩаду иацәыхаран аҟынтә, ихаҿсахьа еилыкка иубомызт.

Избан, атанк, избан, избан?.. Ахәыҷи атанки - зхеибарҭәаара уадаҩу асахьа. Сылаԥшҳәаа иаҩсаанӡа схьаԥшны сазыԥшуан уи аҷкәын хәыҷы ицәаара...

Гәаныла Анцәа сиҳәон, ари аҷкәын хәыҷ иԥсадгьыл аҿы уаҳа еибашьра ҟамларц, атанк абас еиԥш ада уаҳа ахаан ихы иаимырхәарц. Ахәыҷи атанки - мап... Ахәыҷреи аҭынчреи - ааи!

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0