Алхрақәеи ҳаԥсҭазаареи: аполитикатә еиндаҭларазы гәҭахәыцрақәак

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны ахада иалхрақәа
Аԥсны ахада иалхрақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иҳаҩсыз алхрақәа рзы лкаақәаки ҳаԥхьа ишьҭоу аҩбатәи атур азы гәаанагарақәаки ртәы ҳадылгалоит Елеонора Коӷониаԥҳа.
Алхрақәеи ҳаԥсҭазаареи: аполитикатә еиндаҭларазы гәҭахәыцрақәак

Имҩасит Аԥсны ахада иалхрақәа актәи аетап, жәҩык акандидатцәа злахәыз аполитикатә еиндаҭлара хыркәшахеит ҩыџьа - Рауль Ҳаџьымбеи Алхас Кәыҵниеи - аҩбатәи атур ахь рцарала. Алхҩык лаҳасабала, исҳәарц сылшоит ас иҭынчны, гәыԥжәарада сара сзы имҩаԥысхьоу алхрақәа шыҟамлац аибашьра ааилгазар. Ари аԥхын иалагӡаны сҩызцәеи сареи Аԥсны ахи-аҵыхәеи атуристтә ҭыԥқәа акыр ҳарҭааит, инаҳамҩатәны алхрақәа ирызкыз лафла иҭәыз афлешмобгьы мҩаԥаагон, авиртуалтә дунеи аҿы еиҿкааз "ҳхылԥа штаб" иазкны.

Аԥсны ахадарахьы алхрақәа актәи ртур алҵшәақәа - Sputnik Аҧсны
Аҵыхәтәантәи алҵшәақәа: Аԥсны ахадарахьы алхрақәа актәи ртур шымҩаԥысыз

Ас сныҟәеит, избанзар, аԥсҭазаара аԥышәа иснарбеит - аполитикцәа амчрахь инеиаанӡа ирҳәо абжагьы анагӡара рыҽшазырымшәо.

Сынтәатәи алхратә кампаниаҿы акандидатцәа рхыԥхьаӡара рацәазаргьы, аҳәара сцәыуадаҩуп ҿыц ицәырҵыз аполитикцәа амчреи аоппозициеи ираԥыргартә азыҟаҵара рыман ҳәа. Иџьашьахәыз акгьы ҟамлеит, актәи атур алҵшәақәа ҳарзааҭгылозар, макьанагьы аамҭа-аамҭала зҽеиҭнызыԥсахло апартиақәа "Жәлар ракзаара Афоруми" "Амцахареи" анырра еиҳа ишрымоу убоит.

Имҩасыз алхратә агитациатә кампаниа сазааҭгылозар, адәахьала акыр иҭынчны имҩасит, аполитикцәа "ахҿақәа" еимырдозаргьы. Аӡыргаратә хырхарҭа акәзар, хәҭакахьала иҳаҳауан "ҳанҵәеит, ҳҭахеит", егьи аганахьала - "аԥсҭазаара акыр иҭышәынтәалоуп".

Алхҩык лаҳасабала сара исзымхеит еиндаҭло рыпрограммақәа рынагӡашьазы аимак-аиҿак зцыз аполитикатә қәгыларақәа. Адебатқәа ҳәа ҳзышьҭоугьы, аполитикаҿ ишаԥу еиԥш, дасу иара итәы анӡыригалак, аоппонентцәа уи еилыршәшәаны рхатә знеишьақәа раарԥшра рылымшеит, ренергиа аиҳарак, адебатқәа рахь имнеиз Аԥсны ахада акритика изурахьы идырхеит, иара убри аамҭазы инаҵшьны иазгәарымҭеит, адебатқәа ахалархәразы азинԥҵаҩ закәанла адҵа шыҟаимҵац. Акандидат иҭахызар днеиуеит, иҭахымзар иҽагирхоит.

Ажәакала, акандидатцәа рӷьырак злахәыз ателехәаԥшратә еиԥылара иаанамырԥшит сҳәар ауеит досу ипрограмма ажәлар рзы лшарақәас ицәырнаго. Алхрақәа актәи ртур алҵшәақәа ҳарзааҭгылозар, иҳамбарц залшом, уаанӡатәиқәа раҵкыс зхы алазырхәыз алхыҩцәа рхыԥхьаӡара шеиҵоу. Асиа ианыз 126 950-ҩык рҟынтә абжьыҭара инеит 82 752 алхыҩцәа. (Ихадоу асиа ианын 117 776-ҩык). Алхрақәа рхы рыладырхәит 65,18% рҟынӡа алхыҩцәа, 35% рҟынӡа алхрақәа рахь имнеиӡеит, иара убас, инеиз рахьтә 1 666-ҩык иқәгыло аӡәгьы даҳгәаԥхом ҳәа азгәарҭеит, убри адагьы, ибжьыху абиуллетенқәа рхыԥхьаӡарагьы 4 693 рҟынӡа инаӡоит. Сгәы азлазҩо ала, абиуллетен бжьызхуа реиҳараҩык ирзымдыркәан акәӡам ишрыхьыз, дара уи хшыҩла иазнеины имҩаԥыргоит, аполитикцәа рзы ргәы шынаӡам аарԥшразы.

Подведение итогов президентских выборов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымбеи Кәыҵниеи аҩбатәи атур ахь инеит

Аҩбатәи атур ахь ицаз акандидатцәа ироуз адгылара атәы ҳҳәозар, иахьа Аԥсны ахадас иҟоу, 24,83% (20 551 бжьы) зауз акандидат Рауль Ҳаџьымбеи аоппозициа иахаҭарнаку 22,91% (18 955 бжьы) зауз Алхас Кәыҵниеи еиҩырго рацәам. Абарҭқәа зегьы иаадырԥшуеит, иахьа хьаҳәаԥаҳәада ажәлар рӷьырак зыдгыло аԥсуа политик дшыҟам, ишыҟам иара убас, ажәлар реиҳарак згәы рзыразу партиак. Абри зегь раԥхьаӡа дара аполитика знапы алаку акыр изырхәыцша рбагақәоуп. Уаанӡатәи алхрақәа рҿы 70% рҟынӡа ауааԥсыра абжьыҭара инеиуазҭгьы, сынтәа 65,18 % роуп инеиз, уи иаанарԥшуеит ауаажәларра аполитика акыр ишаркараз, хырҩагьы азыруа ишалагаз алхратә процесс. Абас шакәугьы, исҳәарц сылшоит алхратә кампаниеи абжьыҭареи акыр иҭынчны, акыр иаамысҭашәаны имҩасит ҳәа. Ари аҩыза агәаанагара аадырԥшит Урыстәылеи егьырҭ атәым ҳәынҭқаррақәеи рҟынтәи анаԥшыҩцәа раҳасабала иалахәыз ауаа.

Уажәы ҳаԥхьа ишьҭоуп аҩбатәи атур. Абжьыҭара инеиуа алшара имоуп иқәгыло ҩыџьа рҟынтә еиҳа игәы зызҭоу акандидатцәа руаӡәы ибжьы ииҭарц, иара убас, ҿыц иалагалоу аԥҟарақәа рыла, алхҩы имоуп алшара, "аӡәгьы дысҭахым" захьӡу ацәаҳәаҿы аҵәаӷәаҷ иргылар. Азакәан инақәыршәаны, аиааира зго иоуа абжьқәа раҵкыс аҩџьагьы мап рцәызкыз рхыԥхьаӡара еиҳамзароуп.

Изаманахон, аҩбатәи атур актәи еиԥш ҭынч имҩасыр. Ҳара ҳҽаҳаршьцылароуп - абжьы еиҳаны изауз шиакәхо атәыла иахагыло.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0