Сҭеԥан, ухьаа уаҳа тәара змам хьааны иаанхеит…

© Foto / семейный архив Степан Зантария
Степан Зантария  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Афырхаҵа Сҭеԥан Занҭариа иира амш аҽны дылгәалалыршәоит иҩыза Sputnik аколумнист Светлана Ладариаԥҳа.

Ҳазну адунеи ауаатәыҩса аанылазар ирҭаху иара аилкаароуп. Иаҵоу амаӡақәа, аԥсабара адагьы, аԥсабара анҭыҵгьы иҟоу аилкаароуп. Зықьнашықәсала абри аилкаара ишашьҭоугьы иахьанӡагьы иҟалап аӡакгьы ҳаиҭамҵыцзар.

© Foto / семейный архив Степан Зантария
Сҭеԥан, ухьаа уаҳа тәара змам хьааны иаанхеит… - Sputnik Аҧсны
Степан Зантария

Убас, аԥсҭазаара ҳаиднаҳәалеит Сҭеԥан Занҭариеи сареи. Ҳаициит мышкы, шықәсык. Ҳаицҭалеит школк. Жәа-шықәса партак ҳаицахатәан. Ҳаицҭалеит ҵараиурҭак, факультетк, курск. Иҟалап Сҭеԥан сара исыбжаз уаҩызар. Иҟалап иахьа уажәраанӡагьы иԥсы схазар. Иҟалап иара изынамыгӡаз сара инасыгӡарц азы абри адгьыл макьанагьы саҭазар.

Инамӡаша агара дакуам ҳәа аԥсуаа ианырҳәоз ирдыруан ирҳәоз ҵаҵӷәыс иамаз. Инамӡаша шиакәыз убон аханатәгьы Сҭеԥан. Акласс аҿы зегьы дҳалукаауан иҟазшьала, ихәыцшьала, иҩызцәа зегьы ҳахӡыӡаарала. Аԥхьатәи амшқәа инадыркны уи иҟазшьа ус акәын ишыҟаз.

Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҟны ҳҵараамҭазы Аԥсны еилазырӡыӡоз аамҭа уадаҩқәа мҩаԥысуан. Аԥсны ахы-аҵыхәа аҽазныкгьы ахеиқәырхара ада ԥсыхәа шыҟамыз збоз аԥсуара ахьчара иазгылан.

1978 шықәса рзы Аԥсны лак иасуа аԥсыуак дагмызт ҳәа шырҳәо еиԥш ажәлар еизеит Аҟәа, Ленин иашҭаҿы. Ажәлар рзыԥшын Қарҭынтәи ҳаилаҩеиласра иаанацаз Шеварнаӡеи Аԥсны усҟантәи аиҳабыреи. Ус "иааит, иааит!" ҳәа аарылаҩит. Ашҭа ду иакәыршаны 6-тәи аполк ҳәа изышьҭаз аруаагьы дыргылахьан. Џьара акы ҳҽазаҳкыр, иааилаҳшьып ҳәа ргәы иҭазар акәхарын. Исгәалашәоит аԥхьаҵәҟьа сгылан. Ус, дахьаанагазгьы сымбакәа, саԥхьа дааины даагылеит Сҭеԥан. Даагылеит, илақәагьы ырцәгьаны "ара иҟабҵои?" ҳәа насеиҳәеит. Аԥхьазы сааизгәааит. Аамҭақәа анца ашьҭахь, саназхәыц ауп ианеилыскаа зықьҩыла еилагылаз ажәлар срылкааны, сихьчарц азы саԥхьа дааины дышгылаз. Ари хҭыс заҵәык ауп, аха ибзианы иаанарԥшуеит иара иҟазшьа. Уи аҽакалагьы хымҩаԥгашьак ыҟоуп ҳәа издырамызт – абас ада.

Дышқәыԥшӡаз аҭаацәара далалеит Сҭеԥан. Иоуит ҩыџьа ахацәарԥари ҭыԥҳаки. Анцәа ихы идиныҳәаларатә дыҟан. Зегь ҳиеигәырӷьон. Ҳгәы иладуун.

Исгәалашәоит уи деизҳацыԥхьаӡа, еиҳа-еиҳа идырра, иаԥсуара, иҩызара, ихымҩаԥгашьа иҵегьы ишыҵаулахоз.

1992 шықәса. Нанҳәамза 14 рзы Аԥсны ахы-аҵыхәа еихьнагӡеит арыцҳара-шәаџь. Аибашьра. Амра каххаа Аԥсны ианахаԥхоз, аҵар рашәабжь ҳадгьыл ианахыҩуаз, анацәеи ахшареи рызхара еизеибамбо еиҿыгәҳәаауа ашара ианаԥылоз – аӷа хәымга иӡбеит абарҭ зегьы ашәымҭак ала иҿахиҵәарц.

Степан Зантария  - Sputnik Аҧсны
Зыламыси зыуаҩреи цқьаз: Аԥсны Афырхаҵа Сҭеԥан Занҭариа игәаларшәаразы

Игылеит Аԥсны аԥацәа, аԥсадгьыл ахьчараз. Ажәытәӡан, зқьышықәса раԥхьагьы аԥсуаа ишыҟарҵалоз еиԥш. Еиқәхарц аԥсуа ажәа, аԥсуа дгьыл, аԥсуа ҵас. Еиқәхарцаз Аԥсынра. Убри аан дара зегьы ибзианы ирдыруан абри амш лаша дара рхаҭақәа ахьымӡар шауаз. Аха уи баргәны ирбомызт. Ихадараз ахақәиҭра акәын.

Ҳәатәны иҟоума абри амш лашьца аҽны Сҭеԥангьы аԥсадгьыл ахьчара дышгылаз. Аҽакалагьы ҟалашьак амазма.

Аибашьра цонаҵы иӡбахә саҳауан. Исаҳауан сшақәгәыӷуаз еиԥш. Данҭаха ашьҭахь Аԥсны Афырхаҵа ҳәа атәыла аиҳабыра ахьӡ ҳарак ихырҵаанӡагьы ажәлар ихырҵахьан ахьӡ - Афырхаҵа.

Сиеигәырӷьон, сыгәгьы ҭӡыӡон. Сицәшәон. Убри аамҭазы сшәарагьы сацәшәон. Аха избан здыруада – уи сара исиааиуан. Иҟалашаз здыруазшәа…

Аԥсҭазаара акалашәа ишоуп. Иналукааша ауаҩы нҵыра дук инаҭаӡом. Иҟалап ишырҳәо еиԥш уахьгьы иреиӷьқәоу рҭахызар. Сҭеԥан дҭахеит ҳәа ансаҳа, иџьасымшьаӡеит. Уи хымԥада иԥсадгьыл ихы шақәиҵоз здыруан гәынхәҵысҭала. Аԥсадгьыл ахақәҵара насыԥны иршьоит ахацәаҵәҟьа. Иҟалап ииашазаргьы. Ухчы ухы нылаҵаны аԥсра аасҭа Анцәа абџьар кны уҭахара еиҳа иԥсра бзианы ишьозар ҟалап.

Дҭахеит афырхаҵа,

Аԥсадгьыл зыхьчоз.

Ажәҩан еимаҩны

Сыла адгьыл ианыхнаҩоз.

Иҩ-рԥари иԥҳа ԥшӡеи

Рбара дшазгәыкуаз,

Иаб иашҭа

Унапы наурххартә ианааигәаз.

Дҭахеит Афырхаҵа…

Иахьа Аԥсны ибаҟоуп,

Ҳхақәиҭреи ҳхьыԥшымреи

Ихьӡ иашьанан инхоуп…

Дҭахеит Сҭеԥан. Аха ихьӡала ирызҳауан ҩыџьа аҷкәынцәа, аӡӷаб.

Аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа уадаҩқәа ирылганы илааӡеит Инга Кәыпалԥҳа лыхшара. Издыруазгьы иззымдыруазгьы рылагәырӷьартә еиԥш. Раб икәал иҭагыланы. Аҵара дуқәа ҵаны. Сҭеԥан иԥсы зыхҭниҵаз Аԥсны иаԥацәа иашаны…

ОВНА - Sputnik Аҧсны
Арадио
"Агәалашәара амҩала": Тамшь ақыҭа аҭарцәразы ицоз ажәылара иазкны

Абра аԥсҭазаара аибаркышьа егьа сазхәыцыргьы исзеилымкаауа сааҭагылоит. Избан? Иззы? Абарҭ азҵаарақәа ҭакда исзынхоит. Избан Анцәа ду улаԥш хаа зырцәуӡаз Сҭеԥан зааӡара дахьымӡаз, аха урҭ зых иақәиҭу адгьыл аҿы инхартә-инҵыртә еиԥш зымч-зылша иамеигӡаз ихшара???

Аибашьра ашьҭахь амҩатә машәырқәа ирыхҟьаны иҭахеит аишьцәа аҩыџьагьы. Урҭ здыруаз аҟәатәи аҷкәынцәа усҟантәи аамҭақәа раан иҟарҵоз ҿык-бзык иазҳәашам. Убас ргәы иалаҵәаны иҟан.

Исгәалашәоит, Баграт иҭахара мышқәак шагыз аусураҟны ҳаиқәшәеит, ҳагьеибадырит. Дызусҭаз анеилыскаа аҵәыуарагьы сакуан, агәахәара дугьы сеимнадон. Сиеигәырӷьаҵәа сиацәажәон. Иԥшра-исахьа, ицәажәашьа, идырра – зеиԥш дмаҷыз арԥысын. Иахьа уажәраанӡагьы сылаԥш даныхгылало ыҟоуп. Ихаара сзынхеит.

Даанхеит аишьцәа раҳәшьа заҵә. Лаб, лаб иашьа Семион, лашьцәа хазынақәа рымшра лзынхааит.

Ажәабжьқәа зегьы
0