Атәым нҩылара аҵаҟа: Аҟәа ақалақь адәахьтәи абызшәа

© Sputnik Томас ТхайцукАӡыргаратә ҭыӡқәа
Аӡыргаратә ҭыӡқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь аҩнуҵҟа улаԥш иҵашәо анҩыларақәа рҟны аԥсшәа ахархәара абанӡамоу, насгьы изеиԥшроузеи иахьатәи абызшәатә ландшафт? Хыԥхьаӡара рацәала ицәырҵуа азҵаарақәа рҭак аҟаҵаразы Sputnik акорреспондент дрыҿцәажәеит абызшәаҭҵааҩцәа Асҭанда Аҳәԥҳаи Лиубов Цәеиԥҳаи.

Аинар Ҷыҭанаа,  Sputnik

Дырҩегь азакәанеилагара

Аԥсуа қалақьқәа уанрылсуа, улаԥш иҵашәо аҳәынҭқарратә хыбрақәа, адәқьанқәа, аҭыԥхьыӡқәа уҳәа рынҩыларақәа рҟны лассы-лассы агхақәа уԥшаар ауеит. Џьара-џьара угәы еихьызшьуа аграмматикатә еилагарақәа ракәзар, нҩыларақәак рҵакы зынӡагьы аилкаара уадаҩуп, иалкааны акгьы "рҳәаӡом". Адәахьтәи адҩыларақәа рҟны аԥсуа бызшәа џьара-џьара зынӡаск аҟамзаара адагьы, ииашамкәа ахархәарагьы иаҭыԥуп.

Аҟәа ақалақь аҩнуҵҟа аҳәынҭқарратә бызшәа аӡыргашьа зеиԥшроу еилыркааит Аԥсуаҭҵааратә институт абызшәа аҟәша алаборант Асҭанда Аҳәԥҳаи ААУ аԥсуа бызшәа арҵаҩы Лиубов Цәеиԥҳаи. Аҵарауаа ҿарацәа ишьҭырхыз атема инарҵауланы иагәылаԥшразы ақалақь агәҭаны иҭырҵааит 160 нҩылара. Аҭҵааратә ус алҵшәақәа рыла, "Аԥсны Ареспублика аҳәынҭқарратә бызшәазы" азакәан ӷәӷәала ишеилагоу алкаа ҟаҵан.

Зыӡбахә ҳамоу азакәан 16-тәи ахәҭаҷ излаҳәо ала, амассатә информациатә хархәагақәа ирбызшәа хадазароуп аҳәынҭқарратә бызшәа (аԥсшәа). Аҳәынҭқарра иҭнажьуа акьыԥхь аҟнытә 2/3 ахәҭа ҳәынҭқарратә бызшәала иҩызар ахәҭоуп, иҳәынҭқарратәым АИХ рҟны – аҳәынҭқарратә бызшәа иазныжьзар ауп аҭыԥ азбжак еиҵамкәа. 

Апарламент. - Sputnik Аҧсны
Ақьаад ианхалаз азакәан

"Алингвистикаҿы иҟоуп убри аҩыза аилкаара, абызшәатә ландшафт захьӡу. Иароуп абызшәа адәахьтәи ацәыргашьа ҳзырбо. Азныказы ари азҵаара уамак азхьаԥшра иаԥсамшәа аӡәы игәы иабар ҟалоит. Аха ҳара ҳаҭҵаарақәа рыбзоурала ҳбызшәа аиқәырхаразы адәахьтәи анҩыларақәагьы ихадароу афакторқәа ишреиуоу еилаҳқааит", - еиҭалҳәоит Лиубов Цәеиԥҳа.

"Иаԥсышәам" аԥсшәала иҩу

Иҭҵааз ақалақь ахәҭа иахьаҵанакуа аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи амҩақәа рыхьӡқәеи рынҩыларақәа рҿы азакәан еилагаӡам, иахьаҭаху ҩ-бызшәак рыла иҩуп, иахьаҭаху – х-бызшәак рыла. Алаҳәарақәа рҟны акәзар, ари аҵакырадгьыл аҩнуҵҟа аԥсшәа зынӡаск иуԥылаӡом. Асоциалтә ӡыргарақәа 60% ҩуп аԥсышәалеи урысшәалеи, жәа-процентк - аԥсышәала мацара, 20% - аԥсышәалеи, урысшәалеи, англыз бызшәалеи.

Интервью - Sputnik Аҧсны
Ахьаԥарч изхылҵыз иахәлаџьаџьон

Цәеиԥҳа лажәақәа рыла, аӡыргаратә ӷәқәеи, акрыфарҭақәеи, акаҳуажәырҭақәеи рҟны аԥсшәа даара имаҷны иуԥылоит. Ҷыдала урҭ ауаажәларратә ҭыԥқәа рыхьӡқәа 90% урысшәала ауп ишҩу.

Аԥсышәала иҩу анҩыларақәа рхыԥхьаӡара амаҷра адагьы, аҭҵааратә ус амҩаԥгаҩцәа урҭ рҟны иазгәарҭеит имаҷымкәа агхақәагьы. Иаҳҳәап, Аҟәа ақалақь агәҭаны иуԥылоит абарҭ реиԥш анҩыларақәа: "Территория наслаждения – Аҵакырадгьылтә гәхахәара"; "Центр коррекции зрения – Ариашаратә центр"; ашәҟәыҭирҭа ахьӡ аҟны ибжьажьуп аҵыхәтәантәи анбан - "Аԥснышәҟә"; "Аллергиа арҵысҩы"; "Ахәаахәҭырҭә центр"; "Арԥшзарҭа" уҳәа. Ауаҩы дбызшәадырҩымзаргьы, ибарҭоуп арҭ ахьӡқәа аграмматика аԥҟарақәа ишрықәымныҟәо, насгьы рҵакы еилукаартә ишҩым.

Аҭҵаамҭа амҩаԥгаҩцәа ражәақәа рыла, анаплакқәа рхыԥхаӡара аҟнытә 18% роуп зыхьӡ аԥсышәала изыҩуа. Урысшәала – 44%, англыз бызшәала 38%. Адәқьанқәа ирну анҩыларақәа аԥсышәала иахьану 8% ыҟоуп, 54% - аԥсышәалеи урысшәалеи, 18% - урысшәала мацара, быжь процентк - урысшәалеи англыз бызшәалеи, 7% - аԥсышәала, урысшәала, англыз бызшәала, 6% - англыз бызшәа мацарала, процентк – аԥсышәалеи англыз бызшәалеи. Дырҩегь иазгәаҭатәуп зынӡа 160 нҩылара шыҭҵааз.

Руслан Габлиа Аҟәа икыду аҩырақәа ирызкны: аԥхьа игылазар ауп аԥсшәа>> 

"Иааидкыланы алҵшәақәа ҳрыхәаԥшуазар, аԥсышәала ииашаны иҩу анҩыларақәа 5% роуп, урысшәала иануп 34%, аԥсшәеи аурысшәеи ахьеицу – 47%, егьырҭ абызшәақәа рахьынтәи иаагоу – 14%. Арҭ алҵшәақәа еилыкка иаҳдырбоит аԥсуа бызшәазы азакәан ӷәӷәала ишеилагоу. Уажәазы ҳара иҭаҳҵааз Аҟәа ақалақь ахәҭак ауп, анаҩс ҳаҭҵааратә усмҩаԥгатәқәа рҳәаа иҵегьы арҭбаара гәҭакыс иҳамоуп", - иацылҵеит Асҭанда Аҳәԥҳа.

Аҟәа ақалақь абызшәатә ландшафт адиаграмма
Атәым нҩылара аҵаҟа: Аҟәа ақалақь адәахьтәи абызшәа - Sputnik Аҧсны
Аҟәа ақалақь абызшәатә ландшафт адиаграмма

Имыцхәу ахақәиҭра

Аҭҵааратә усумҭа авторцәа рылкаақәа рыла, иахьатәи аамҭазы рхыԥхьаӡара рацәоуп азакәан иашьамшәало аӡыргаратә мамзаргьы аинформациатә нҩыларақәа. Ари аҩыза аҭагылазаашьа зыхҟьо ҳәа аҵарауаа ҿарацәа ргәы иаанагоит аҳәынҭқарратә ҩаӡараҿы апроблема аӡбара иахьашьҭам.

Хагәышь: аԥсышәала ицәажәо ақьаад ҳамамкәа аԥсуа ҳәынҭқарра ҳзыргылом>> 

Урҭ дрықәшаҳаҭхеит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Виачеслав Чрыгбагьы.

"Агхақәа рацәаны ирымоуп аԥсышәала иҩу реиԥш, тәым бызшәала иҩу ахьӡқәагьы. Урҭ зегьы хшыҩзышьҭра рызҭаша аҳәынҭқарратә усбарҭа ахьыҟам азы, аҭыԥантәи анапхгара роуп анҩыларақәа ирхылаԥшуа. Досу ишиҭаху иҩуа акәымкәа, ихымԥадатәиуп аҵарауаа, абызшәадырыҩцәа разҵаара, еиҳа ишиашоу еилкааны анҵара. Сгәанала, иаԥҵатәуп астандартқәа рзы акомиссиа, мамзаргьы Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аҩнуҵҟа еиҿкаатәуп иҷыдоу агәыԥ", - иҳәеит Чрыгба.

Иахьатәи аамҭазы аԥсуа бызшәа ахархәараан ауаажәларраҿы ицәырҵуа ауадаҩрақәа ажәҩан иалыбгаз акы акәны ирыхәаԥштәым. Урҭ зхылҿиаауа афакторқәа рхыԥхьаӡараҿы абызшәатә ландшафтгьы ахатә ҭыԥ ааннакылоит. Зыӡбахә ҳамоу асоциалтә цәырҵра еиуеиԥшым адәахьтәи анҩыларақәа рҟны иаарԥшхоит аҟнытә, ишиашоу абызшәа аҿиара иадҳәалоуп, уи иахәҭакуп. Аха, арыцҳаразы, абызшәатә ландшафт иахьа ахы иақәиҭуп, ииашаны ишьақәгыларазы "хыхьынтәи" ахылаԥшра амаӡам.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0