Аӡынтәи ареволиуциа ахыԥша, мамзаргьы иахьа иҟаҵатәу уаҵәахьы ианахуго

© Sputnik / Михаил Воскресенский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАӡынтәи ареволиуциа ахыԥша, мамзаргьы иахьа иҟаҵатәу уаҵәахьы ианахуго
Аӡынтәи ареволиуциа ахыԥша, мамзаргьы иахьа иҟаҵатәу уаҵәахьы ианахуго - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аӡынтәи ареволиуциа зыхҟьаз амзызқәеи, ҳаԥхьа ишьҭоу алхрақәа раан урҭ апроблемақәа ҩаԥхьа ицәырымҵырц азы иҟаҵатәуи, иара убас атәыла ахада ԥхьатәара ицара ашьҭахь ҭагылазаашьас иҟоу рәы лгәаанагара дазааҭгылоит Sputnik Аԥсны аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Аӡынтәи ареволиуциа ахыԥша, мамзаргьы иахьа иҟаҵатәу уаҵәахьы ианахуго

Ҳазҭагылоу аӡын дырҩегьых ашыра зцу аполитикатә цәқәырԥа ҳзаанагеит. Мышқәак рышьҭахь Аԥсны АКХ атәыла ахадарахьы иқәгыло акандидатцәа ашәҟәы рҭагалара иалагоит. 2019 шықәсатәи ахада иалхра алҵшәақәа еилазырҩынтыз "Аԥсны ахада иалхразы" Азакәан 19-тәи ахәҭаҷ акәзар, Жәлар Реизара ахада Валери Кәарҷиа аҳәамҭа шыҟаиҵаз ала, адепутатцәа уи алагалақәа азырураны иҟоуп, еиуеиԥшым азнеишьақәа амоурц азы.

Ҳаҭыр зқәу Жәлар Реизара адепутатцәа иаҳхысыз аԥхын, АКХ ари азакәан аԥхьашьа аилырккаразы аҳәара аныҟанаҵаз, "ԥсшьара ҳаҟоуп" мҳәакәа иааилатәазҭгьы, иҟаларын иахьатәи ҳҭагылазаашьахь ҳамнеиргьы. АКХ  ахада Ҭамаз Гогьиа акырынтә иҟаиҵахьаз аҳәамҭақәа ишҳаилдыркаауа ала, дара Иреиҳаӡоу, Аконституциатә ӡбарҭақәа рахьгьы 19-тәи ахәҭаҷ ирызцәырнагаз азҵаатәқәа рзы ашәҟәқәа рышьҭхьан, аха аҭак рмоуит.

Ишыжәдыруа еиԥш, аҩбатәи атур аԥхьа иколлегиалтәу АКХ аҳәамҭа ҟанаҵеит "еиҳаны абжьы зауз дшаиааиуа, насгьы, "аӡәгьы дысҭахым" захьӡу ацәаҳәа ахԥатәи кандидатны ишахәаԥшхо" азы. Ари атәы рдыруан аҩбатәи атур ашҟа ицаз акандидатцәа рыштабқәа, аха уи амакразы аӡбарҭахь аӡәгьы арзаҳал алаимҵеит. Сара сгәанала, ирзеилымкаауа иҟамызт, аха досу ихы иаирхәарц азы ус маҷ-маҷ иҿыхо вулканҵас иаанрыжьит.

Амчра агара мариоуп, аха аныҟәгара цәгьоуп: аибарххарақәа рзы агәаанагара - Sputnik Аҧсны
Амчра агара мариоуп, аха аныҟәгара цәгьоуп: аибарххарақәа рзы агәаанагара

Зегьы ирдыруан, аҩбатәи атур аҿы, аоппонент иоуа абыжьқәеи аӡәгьы дызҭахыми ртәы еицҵаны аҵкыс еиҳау зауа дҟамлар шалшоз. Аоппозицииа ракәзар, аҩбатәи атур ашьҭахь иаразнак иргәалашәеит 19-тәи ахҭаҷ аԥҟарақәа, избанзар, ркандидат иоуз абыжьқәа маҷк еиҵан амчра ахаҭарнак иоуз аасҭа. Сара сгәанала, иаҳҳәап, аҩбатәи атур аҿы Алхас Кәыҵниа иоуз абжьқәа еиҳахар, иҟаларын Рауль Ҳаџьымба иштаб аоппозициаа ишыҟарҵазҵәҟьа иныҟәаргьы.

Аштабқәа рыҩбагьы АКХ иаӡбаз азы аӡбарҭахь шәҟәык мышьҭӡакәа "аџьентльментә еиқәшаҳаҭра" иазааит, анаҩс иҟалаз ахҭысқәа реиҭаҳәарагьы иаԥсам. Ари аҩыза политикатә хәмаррақәа ирылҵшәаны, ҳазҭалаз ашықәс азы имҩаԥысыз ареволиуциа иаҳзаанагеит алхра ҿыцқәа. "Ацәа иалҵыз" Жәлар Реизара адепутатцәа уажәы 19-тәи ахәҭаҷ аиҭахәаԥшра шаҭаху уажәшьҭа мап ацәырымкит.

Аԥсны ахада иалхрақәа - Sputnik Аҧсны
Аӡәгьы дысҭахым: қьарс иалои "зегьы ирҿагылоу" аграфа

Арадио Sputnik Аԥсны адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҿы адепутат Баҭал Табаӷәуа иазгәеиҭеит аоппозициаа ишреиҳәахьаз "аџьентльментә" еизыҟазаашьақәа ирыхәшьадуа аԥхьаӡара шиашам, иаиааиуа иҿагыло абжьқәа дреиҳазарц шахәҭоу (аоппонент иоуеи, аӡәгьы дысҭахым ишьҭнахуеи), аха "исҳәоз рмаҳаит" иҳәеит иара аҭыӡшәа аныҿиаз ашьҭахь.

Аҩбатәи атур аҽны аиааира иақәгәыӷуаз аоппозициатә мчра ахаҭарнакцәа "маҷӡак" нхеит ҳәа ишгәырӷьоз, Ҳаџьымба бжьыла дшеиҳахаз анырба, иаразнак "рџьентльментә еиқәшаҳаҭра" аархашҭын, иргәалашәеит 19-тәи ахәҭаҷ, АКХ "Рауль Ҳаџьымба даиааит" ҳәа иҟанаҵаз алаҳәара ииашамкәа иахәшьадит ҳәа иаақәгылт, аӡбарҭахьгьы рымҩа дырхеит.

Аԥсны ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур - Sputnik Аҧсны
Аҟәардә ду азы аполитикатә еимҵакьача, ма аоппозициа заҵахаз мзызқәак

Ашықәс ҿыц раԥхьатәи амшқәа иаҳзааргеит алхра ҿыцқәа. Аҳәара уадаҩуп, згәы кыдгыланы иҟоу алхыҩцәа уи еидгәыԥла рҽаладырхәуеит ҳәа аҳәара, цәыббра 8, 2019 ш. рзы 40 нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыра алхрақәа рахь имнеизар, хәажәкыра 22 рзы имҩаԥгахо раан рхы шымҩаԥыргаша ҳаздыруам.

Ԥхьатәара ицаз Рауль Ҳаџьымба иҿагылоз амчқәа, "ҳара аамысҭашәала, азакәан инақәыршәаны ҳҽазаҳшәалоит аӡбарҭаҿы ҳиашара ашьақәыргылара" рҳәон, аха ажьырныҳәа 9 рзы Аԥсны ахада Иусбарҭа иажәлаз инарыдгылан, ахада ԥхьатәара дцаразы акциа дуқәа мҩаԥыргеит, изқәылаз ахыбра акәзар, уаанӡатәиқәа ҳханаршҭуа, еилаҟәыбаса ишьҭарҵеит.

Уажәшьҭа аполитикатә мчраҿы дыҟаӡам Ҳаџьымба. Зхы иақәгәыӷуа иҟалаз аоппозициа ахаҭарнакцәа агәаран инықәгыланы, "Аԥсуааи ақырҭқәеи ҩ-ганктәи реицәажәарақәа" ртемазы ақырҭуеи аҳәаанырцәтәии аинформациатә хархәагақәа аинтервиуқәа рыҭара иалагеит. Акы, макьана амчрахь имааиӡац, иҩбахаз, иахьатәи аполитикатә ҭагылазаашьааҿы зыԥсы ахәага ҭанаҵы ҳара ҳҳәынҭқарра азхаҵара згәы иҭам, аԥсуа хәыҷқәа аҳәаанырцәтәи афестивальқәа рахь иназмышьҭуа, аибашьра иаҳхаагаз азы авба зхы иазымҭо ақырҭқәа рацәажәара тема хаданы изыҟалазеи? Уаанӡа ирԥырхагадаз Апарламент аҿы ари алацәажәара? Абас еиԥш азҵаарақәа цәырызгаз асоциалтә ҳақәа рҭааҩцәа "Ҳаџьымба идгылаҩцәа идырӷыӷкуеит" ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит ареволиуциа ҟазҵаз аоппозициаа рфонд "Аԥра" ахьӡала. Уажәнатә ацәажәара ҳаҟәызхырц згәы иҭазкыз, амчрахь инеир иҟалаша сеидру?!

Абарҭқәа азмырхакәа иҟалеит акыр узыршанхо ахҭыс, Тҟәарчал араион ахада Аида Чачхалиаԥҳа иҟалҵаз аҳәамҭа ишаҳнарбо ала, ажьырныҳәа 17 шьыбжьышьҭахь лусуратә уада иҩналеит хҩык "апартиа "Амцахара" аҿар реилазаара ирхыԥхьаӡало ҳауп, бусура аанбыжьроуп" ҳәа Беслан Емырхәба, Лиовеи Дамеии Какәыбаақәа. Чачхалиаԥҳа, дшыԥҳәысызгьы, илызнеиз "асасцәа" дара ирҳәеит ҳәа лнапынҵақәа шаанылмыжьуа ралҳәеит.

Абас иҟоуп аӡынтәи ареволиуциа ахыԥшақәа. Акыр иуашәшәыроу абиуџьет ҳазааҭгылозар, алхрақәа ирықәханарџьыроуп 15 миллион мааҭ рҟынӡа, абри аҟара ныхын 2019-тәи алхрақәа раамҭазы...

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0