Аиҭалхрақәа рызхәыцра, ма амчра анапахьы аагара абизнес план ианеиԥшу

© Sputnik / Михаил Воскресенский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАиҭалхрақәа рызхәыцра, ма амчра анапахьы аагара абизнес план ианеиԥшу
Аиҭалхрақәа рызхәыцра, ма амчра анапахьы аагара абизнес план ианеиԥшу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳтәыла хықәгылоуп аиҭалхрақәа раамҭа. Sputnik Аԥсны аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа урҭ рыламҭалаз иҟоу аҭагылазаашьеи, амчра агара иазгәышьуа рхымҩаԥгашьеи, ажәлар гәыҵхас ирымоуи уҳәа рзы лгәаанагара ҳамалдоит.

Абар даҽа зныкгьы ҳтәылауаа ҳҳәынҭқарра ахада иалхра зҵаара хаданы раԥхьа иаақәгылеит. Иаҳхысыз аԥхын аахыижьҭеи аполитикатә еилаҩынтра ҵыхәаԥҵәара маиуит.

Сынтәатәи алхрақәа ртәы ҳазхәыцуазар, уи азныказы зҽазызшәаз ԥшьҩык рахьтә, хҩык роуп Аԥсны ахадара амҩа ианыларц зыӡбаз, Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо Кан Кәарҷиа аҳәамҭа ҟаиҵеит алхрақәа ихы шрылаимырхәуа азы. АКХ иаҭаху ашәҟәқәа назгаз рыбжьара дыҟоуп, уаанӡатәи алхратә сезон аҿгьы иалахәыз Леонид Ӡаԥшьбеи, еизаку аоппозициаа раԥхьагыла Аслан Бжьаниеи, иара убас зегь реиҳа иқәыԥшу, аекономика аминистрс ауз зуа Адгәыр Арӡынбеи.

Ҟәардәк аӡәы иҵхны даҽаӡәы иҵаргылара, мамзаргьы 20-тәи ахәҭаҷи аиҭалхрақәеи - Sputnik Аҧсны
Ҟәардәк аӡәы иҵхны даҽаӡәы иҵаргылара, мамзаргьы 20-тәи ахәҭаҷи аиҭалхрақәеи

Алхрақәа рылҵшәа азхәыцра заазаргьы, Алхратә комиссиа хада дырҩегьых Апарламент ашҟа иашьҭыз ашәҟәы хаҵгылара зламоуц ала, аҩбатәи атур ахь ҳкылнагар, аҭагылазаашьа цәыббрамза 8 рышьҭахьтәи иеиԥшу ахь ицәырҵыр алшоит.

Ишәгәаласыршәоит, АКХ аҩбатәи абжьыҭара иазкыз 19-тәи ахәҭаҷ иазцәырнагаз азҵаатәқәа рҭак аныҟамла, абжьы еиҳа зауз даиааиуеит ҳәа аӡбамҭа аднакылеит, аштабқәа рыҩбагьы рхаҭарнакцәа уи ақәҿырымҭит, ашьҭахь АКХ алҵшәа шаԥхьаӡаз иақәшаҳаҭымхаз аӡбарҭахь аус кылыргеит акандидат Алхас Кәыҵниа идгылаҩцәеи иареи. Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә хәаԥшра анымҩаԥнага ашьҭахь, цәыббратәи АКХ аӡбамҭа амхын.

Абар уажәы урҭ ахҭысқәа ирылҵшәаны аиҭалхрақәа ҳаԥхьа иаагылеит. Ганкахьала ҳара иҳамоуп ԥхьатәара ицаз атәыла ахада идгылоз рхы зыздырхаша акандидат Адгәыр Арӡынбеи, апрезидент ԥхьатәара ицара ҵәатәышьаҟас иамоу аоппозициа зыдгыло Аслан Бжьаниеи, иара убас зхала зхы ԥызшәо акандидат Леонид Ӡаԥшьбеи.

Аӡынтәи ареволиуциа ахыԥша, мамзаргьы иахьа иҟаҵатәу уаҵәахьы ианахуго - Sputnik Аҧсны
Аӡынтәи ареволиуциа ахыԥша, мамзаргьы иахьа иҟаҵатәу уаҵәахьы ианахуго

Иаҳбозеи аиҭалхрақәа рыламҭалазы? Актәи - алхҩы ибарҭоуп анапхгараҿы хра злоу аҭыԥқәа раанкыларазы аоппозициатә ган ирулакгьы акы ишазааиз, ииашоуп, уаҟа зҽеидызкылаз аполитикцәа еиуеиԥшым аамҭазы "ахҿақәа" еимыздахьаз шыҟоу. Ус акәзаргьы, апартиақәа "Амцахареи" "Аиҭаиреи" еицҿакны акандиадат Бжьаниа ишидгыло азы аҳәамҭақәа ҟарҵахьеит, уаанӡатәи ргәынамӡарақәа аамҭала акәзаргьы иаархаршҭны.

Аҩбатәи аган - уи иацтәи амчра ашәшьыра иаҵанакуаз еидызкыло агәыӷрақәа иреиԥшуп, ииашоуп, Арӡынба икомандаҿы аҿар шырацәаҩхо азы азгәаҭақәа ҟаҵоуп. Леонид Ӡаԥшьба иакәзар, апартиа "Акзаара" захьӡу дахаҭарнакуп, ауаа еилымхкәа атәыла анапхгара аҭара амҩа шалихуа атәы иҳәахьеит.

Абасала, алхҩы имоуп х-вариантк. Еиҳаракгьы асоциалтә даҟьақәа рҿы иубарҭоуп ҳара ҳауаажәлар аполитикатә программақәа уамак хшыҩзышьҭра шарымҭо, исҳәарц сылшоит ԥхьатәара ицаз Рауль Ҳаџьымба дызҭахым уи иҿагыло амчра рҽадыркылоит, егьырҭ ракәзар, иацтәи амчра иахаҭарнаку иахь ихьаԥшуеит, иара убас, иҟоуп аӡәгьы дызгәамԥхо.

Амчра агара мариоуп, аха аныҟәгара цәгьоуп: аибарххарақәа рзы агәаанагара - Sputnik Аҧсны
Амчра агара мариоуп, аха аныҟәгара цәгьоуп: аибарххарақәа рзы агәаанагара

Макьаназы аполитикатә программақәа реилыргареи, урҭ рахьтә еиӷьу алхреи ҳара ҳполитикатә культураҿы ихьысҳауп. Ирацәаҩуп иазгәазҭо, амчрахь инеиуа ареформақәа рымҩаԥгара ианаламга, дырҩегьых апрезидент иусурҭа ахыбра аԥхьа ажәылара мҩаԥысырц шалшо.

Макьаназы акандидатцәа ртезисқәа цәыррымгац, ииашоуп. Бжьаниа идгылаҩцәа идырзахьеит иара даиааир уаанӡатәи апрезидент, аԥхын анефт аҭира қьар злоу проектны ишыҟоу ҳзырдыруаз Александр Анқәаб ԥыза-министрс дшыҟало. Апрезидент ихаҭыԥуаҩс иқәдыргылаз Бадра Гәынба иакәзар, "Аиҭаира" апартиа дахаҭарнакуп. Ажәакала, Бжьаниа даиааир, Александр Анқәаб егьырҭ ҵәатәышьаҟас имоугьы адәы иаваижьрым, убри аҟынтә, хәышықәса раԥхьатәи анапхгара аҭаратә философиахь ҳаиасыр алшоит.

Егьырҭ ҩыџьа акандидатцәа, рхаҭыԥуаа рыда аӡәгьы иӡбахә рымҳәац. Арӡынба дивагылоуп аҵарауаҩ Арда Ашәба, Ӡаԥшьба дивагылоуп Виктор Ҳашба, убри аҟынтә, аҳәара уадаҩуп макьаназы, ркоманда иаланагало аполитикатә хаҿқәа азусҭцәоу.

Амчра аԥсахра уамак ҳаԥсҭазаара ишанымԥшуа зныруа ауаа ракәзар, имӡаӡакәа ирҳәоит гәыӷра дук шрымам, аицҵақәа рҭыԥ уԥсахыр, аицҵалыҵ ишанымԥшуа иазхәыцуа маҷҩым. Абарҭқәа ирыхҟьаны, аиҭалхрақәа раамҭазы "аӡәгьы дысҭахым" захьӡу ацәаҳәа алхрақәа рыҽны ахыԥхьаӡара уаанӡатәи аҵкыс еиҳахар алшоит, уимоу алхрақәа зхы рылазмырхәуагьы уаанӡатәи еиҵамхар ауеит.

Амчра анапахьы аагара абизнес план ианеиԥшу, алхҩы ари аҩыза агәаанагара имоурц залшом. Изеицәаҳӡарызеи, Аԥсны алахьынҵеи уи аекономика ашьҭыҵреи ирызхәыцуа раасҭа, зхатә мал аизырҳареи аҭыԥ ԥхақәа раанкылареи ирызгәышьуа рацәаҩуп, сгәы злазҩо ала, уи шьақәнарӷәӷәоит ааибышьа змам алиансқәа рцәырҵра. Аԥсны - тәыла хәыҷуп, дасу инысымҩа дасу идыруеит, аполитикцәа рыпрограммақәа егьа ишьахәны иӡырыргаргьы.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0