Уанаҿа Афгантәи аибашьразы: аҵар рыбжьи ахысбжьи ззеиԥшхаз аҭынчуаа рыцҳасшьоит

© Foto / предоставлено Саидой ЖибаГела Уанаҿа
Гела Уанаҿа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афганисҭан 1060-тәи артиллериатә полк аҿы БМП аныҟәцаҩ-механик 16-нтә ирратә уалԥшьақәа наигӡаразы амцашырахь иҭыҵыз, Афгантәи аибашьра аветеранцәа Аԥснытәи рхеилак Гагратәи аҟәша ахантәаҩы Гела Уанаҿа аибашьцәа-аинтернационалистцәа адушманцәа ишырҿагылаз игәалаиршәоит.

Гела Уанаҿа ианашьоуп "Аибашьратә лшамҭақәа рзы", "Афгантәи жәлар рыџьшьара", "СССР Арбџьарамчқәа 70 шықәса рхыҵра" амедалқәа.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Гела Уанаҿа Гагра араион, Цандрыԥшь аҳаблан аинтернат даналга ашьҭахь, арратә комиссариат аҟнытә дышьҭын Ленинградтәи аобласт, Тихвин ақалақь амашьынаныҟәцаҩ-амеханик икурсқәа дырхысразы. Уантәи Выборг ақалақь аибашьҩы қәыԥш акурсқәа анхиркәша, Ашхабадҟа дыргоит. Уаҟа аибашьыгатә машьына БМП аныҟәцаҩ-амеханик инагӡоу икурсқәа данрылга, жьҭаарамза 1987 шықәсазы Афганисҭанҟа ддәықәырҵоит. Араҟа Шинданд, Кандагар, Лашкаргах, Туругунди уҳәа ақалақьқәа рҟны ирратә уалԥшьақәа наигӡон.

© Foto / предоставлено Саидой ЖибаАфганисҭан зырратә уалԥшьақәа рынагӡара инеиз Гела Уанаҿа
Уанаҿа Афгантәи аибашьразы: аҵар рыбжьи ахысбжьи ззеиԥшхаз аҭынчуаа рыцҳасшьоит - Sputnik Аҧсны
Афганисҭан зырратә уалԥшьақәа рынагӡара инеиз Гела Уанаҿа

"Иахьа уажәраанӡа сгәалашәараҿы иаанхеит Шинданд аҳаиртә баӷәазаҿы ҳаштәаз асахьа. Сыбла зышьцылаз аԥсабара ааигәагьы иҟамызт, зехьынџьара цәҳәыран, ана-ара қьалақәак гылан, ҳақьымцәақәак снырхьыԥшит. Афганисҭан ҳаныршьҭуаз, ҳара иаадыруан уаҟа аибашьра шцоз, аха ҳнапы бџьарк акымкәа ҳаргеит. Аҽны ҳахьаанҿасыз асакараҿы ҭынчран. Ианыхәла ауп ишшәарҭаҵәҟьаз анеилаҳкаа. Адырҩаҽны архәҭақәа рахь ҳаихыршеит, иалагеит ахаҵара аамҭа", - еиҭеиҳәоит аветеран.

Даур Ҵулукьиа  - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҵулукьиа Афганисҭан аррамаҵзуразы: хьымӡӷ ҳамгандаз ҳәа ахәыцра ыҟан

Афганисҭан Гела Уанаҿа ицеибашьуан Џьон Ҳалуашь, қәрала иреиҳабыз Иури Лакоба. Изеиқәымшәеит, аха ифырхаҵара атәы иаҳауан Сасрыҟәа Мамацев.

Гела Уанаҿа иажәақәа рыла, Аԥснынтәи Афганисҭан аррамаҵура иахысуаз ҳтәылауаа 300-ҩык ираҩсуан, урҭ рахьтә 17-ҩык ҭахеит, реиҳараҩыкгьы аԥсуаа ракәын. Иахьазы, Аԥсны зыԥсы ҭоу Афгантәи аибашьра аветеранцәа 149-ҩык ыҟоуп. Гагра араион аҿы 36-ҩык аанхеит.

"Афгантәи аибашьраҿы иҭахеит хҩык Гагра араион ахаҭарнакцәа: Заканбеи Мықәба, Борис Мотренко, Анатоли Богатыриов. Урҭ есышықәса ианаҳгәаламшәо ыҟам. Рҳаҭгәынқәа рахь ҳнеиуеит, рҭаацәеи ҳареи ҳаибабоит. Амала ҳгәы иҵхо акәны иҟоуп иахьа уажәраанӡа Афганисҭан иҭахаз ҳауаажәлар рхаҭарнакцәа рыхьӡала шәҭык ахьышьҭаҳҵаша, ҳхы ахьҳархәаша баҟак ахьҳамам", - игәынамӡара ааирԥшуеит Гела Уанаҿа.

Ҳветеран дзыхәҭакыз аекипаж "Белка" ԥшьҩык рыла ишьақәгылан. Дара 16-нтә БМП ала амцашырахь иҭыҵхьан. Аныҟәцаҩ-механикс иҟаз аибашьҩы қәыԥш Гела илиршеит ихатә ԥсҭазаара адагьы, иҩызцәагьы еиқәырханы арратә уалԥшьақәа рынагӡара.

© Foto / предоставлено Саидой ЖибаГела Уанаҿа дызлахәыз БМП аекипаж "Белка" ԥшьҩык рыла ишьақәгылан
Уанаҿа Афгантәи аибашьразы: аҵар рыбжьи ахысбжьи ззеиԥшхаз аҭынчуаа рыцҳасшьоит - Sputnik Аҧсны
Гела Уанаҿа дызлахәыз БМП аекипаж "Белка" ԥшьҩык рыла ишьақәгылан

"Ҳаибашьратә ҭыҵрақәа раан зегь раасҭа ишәарҭаз ҭыԥхеит Кандагари Шинданди рыбжьара иҟоу асакара. Ҳара ҳекипаж Афганистан жәлар рыр мҩаԥнагон, иара уи акәын уалԥшьа хадасгьы аибашьцәа-аинтернационалистцәа ирыдыз. Ацәҳәыраҟны, иаалырҟьаны ареактивтә ахырҭҟәацгақәа ҳаларыжьуа иалагеит адушманцәа ҳәа изышьҭаз талибтәи агәыԥ. Усҟан аибашьцәа реиқәырхаразы адҵа сырҭеит ашьхантә илбаауаз аруаа БМП ала рыбжьыгара. Аиашазы, аанхашьас иҳауз џьашьатәыс исымоуп", - иажәабжь иациҵоит аветеран.

Џьон Ҳалуашь - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҳалуашь Афганистан иҭахаз иҩыза абаза ҷкәын изкны

Жәашықәса Афганисҭан ицоз аграждантә еибашьра рыԥсҭазаара ҿахнаҵәеит зықьҩыла аибашьцәа-аинтернационалистцәа. Адушманцәа аҳәынҭқарратә ар агәаӷ рыман, дара ирҭахын арадикалтә мчрақәа рыда атәылаҿы ԥшәымара аӡәгьы имоурц.

Зыхшара Афганисҭан аррамаҵура иахысуаз аҭаацәарақәа ргәы хыҭхыҭуа ажәабжьқәа ирзыԥшын. "Сыԥсы ҭоуп, шәысцәымшәан" ҳәа рԥацәа рҟнытә асалам шәҟәқәа анаауаз, дара рзы гәырӷьаран. Гела Уанаҿа аҩныҟа иааишьҭуаз ашәҟәқәа иахьагьы еиқәырханы иҟоуп, аха ҳнапаҟны иааиртә еиԥш уажәтәила изыҟамлеит.

1989 шықәса, жәабранмзазы Гела Уанаҿа дызлаз агәыԥ Афганисҭан иалгаз Асовет ар ирхыԥхьаӡалахеит.

Адик Цушба: аиааира шҳамаз Афганисҭан ҳалҵит

"Зны-зынла убас сгәы иаанагоит, Афганисҭан егьырҭ атәылақәа рыруаа рзы усҟантәи аамҭазы ахысырҭа ҭыԥын, аибашьратә ԥышәа аизырҳара иазынархаз адәы акәын ҳәа. Ахысбжьи аҵар рышәаҳәабжьи ззеиԥшхаз аҭынчуаа рыцҳасшьоит ианаасгәалашәо арҭ ахҭысқәа", - еиҭеиҳәоит Гела.

Қәрала иқәыԥшыз, аха хшыҩла инаӡахьаз арԥыс иџьынџьдгьыл ахь хьӡи-ԥшеи ганы, аибашьратә медалқәа иманы даауеит. Аха араҟагьы хара имгакәа даҽа еибашьрак далагылоит.

Ԥсыцқьарыла атәым ҳәынҭқарраҿы зырратә уалԥшьақәа назыгӡоз Гела Уанаҿа иԥсадгьыл гәакьа ашәарҭара ианҭагыла хымԥада ихы деигӡозма. Иара дрылахәын Аԥсны аҭарцәразы имҩаԥгаз ажәыларатә аоперациақәа жәпакы. Ҩынтә ахәрақәа иоуит, раԥхьатәи - Гагра араион аҭарцәраан, егьи - Шрома. Аҩбатәи агәыԥ аинвалид, ҩ-еибашьрак рветеран, Леон иорден занашьоу Гела Уанаҿа, игәабзиара шыуашәшәыроугьы, иахьагьы ауаажәларратә ус инапы алакуп.

Даур Шьанаа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Шьанаа: Афганистан аррамаҵзура схызгеит сҭаацәа ишырзымдыруаз

Жәабран 15 рзы иҵит 31 шықәса, Асовет ар Афганистан иалгоуижьҭеи. Ари арыцхә инамаданы ҳтәылаҿы ашәҭ шьҭаҵара мҩаԥысуеит аҳҭнықалақь Ахьӡ-аԥша апарк аҟны, убас Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа. Гела Уанаҿа агәыӷра ааирԥшуеит, наҟ-наҟ Афгантәи аибашьцәа ирыхьӡынҩылоу, абри амш ззынархаҵәҟьоу рбаҟа иаҭааны рҩызцәа ргәаладыршәап ҳәа.

Иажәабжь хыркәшо, аветеран иазгәеиҭеит Аԥсны атәылахьчара аминистрраҟнытә, лымкаала Мираб Қьышьмариа Афгантәи аибашьцәа рганахь агәцаракра шааирԥшуа атәы. Уи азы иҭабуп ҳәа иаиҳәеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0