Амлашьреи азакәан адкылареи, ма ақәыӷәӷәара амҩала аҳәынҭқарра нархас иаиуа

© Sputnik / Томас ТхайцукАмлашьреи азакәан адкылареи, ма ақәыӷәӷәара амҩала аҳәынҭқарра нархас иаиуа
Амлашьреи азакәан адкылареи, ма ақәыӷәӷәара амҩала аҳәынҭқарра нархас иаиуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 12 рзы Апарламент иаднакылеит амлашьратә акциа аԥшьгаҩцәа ирыдыргалоз аҵарҭышагара иаҿагылоу азакәан ахь аиҭакрақәа. Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа дазааҭгылоит ари аҩыза амҩала амчра анырра аҭара зыхҟьази уи ҳҳәынҭқарра ныррас ианаҭои рзы лгәаанагара.
Амлашьреи азакәан адкылареи, ма ақәыӷәӷәара амҩала аҳәынҭқарра нархас иаиуа

Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәеи адепутатцәеи рмазара ашәҟәы арбара азҵаатәы абар 8 шықәса иреиҳауп ауаажәларраҿы иалацәажәоижьҭеи. Еиҳа активла ари аус хацзыркыз ҩышықәса инеиԥынкыланы Апарламент ашәхымс илагылан ҳхәар ауеит. Ари аамҭа иалагӡаны ҵҩа змам аиԥыларақәа, ақәгыларақәа еиҿкаан, аха 20-тәи ахәҭаҷ адкылара ыргәагәаны иааргон.

Алхрақәа реиҭашәара, мамзаргьы Аԥсны аполитикатә цәқәырԥара - Sputnik Аҧсны
Алхрақәа реиҭашәара, мамзаргьы Аԥсны аполитикатә цәқәырԥара

Ҳазҭоу ашықәс жәабран 6 рзы Жәлар Реизара иаднакылеит Еиду амилаҭқәа реиҿкаара (ЕАР) Аконвенциа 20–тәи ахәҭаҷ иахәҭаку "аҳәынҭқарратә напхгараҭаратә усбарҭақәа русзуҩцәа рмазара ашәҟәаҿы арбара" ҳәаақәызҵо азакәан. Абри ашьҭахьгьы, ари азакәан адкыларазы ахаԥшьгаратә гәыԥ алахәылацәа агәынамӡарақәа аадырԥшуа иалагеит Жәлар Реизара адепутатцәа араҟа иахьазгәарымҭаз зықәра наӡоу ахшара, аишьцәа, аиҳәшьцәа уҳәа егьырҭгьы. Урҭ ахьарбам амазара аҵәахразы иманшәалоу акакәны иахәаԥшуан ахаԥшьгаратә гәыԥ. Ирыдыркылаз азакәан макьана аусура изалагом, уи наҟ инахан, избанзар макьана иҟоуп зыдкылара аҭаху, ари иақәҿызҭуа азакәанқәа.

Аха иахьа сара сызлацәажәарц исҭаху ари аҩыза азакәан ҳара ҳзы хра шалоу акәым, сара иазгәасҭарц исҭаху, ақәыӷәӷәара амҩала аус зуа аҳәынҭқарра нархас иаиуа атәоуп. 11 мшы инарзынаԥшуа Аҟәа ахақәиҭра ашҭаҿы имлашьуаз активистцәа ргәабзиара ашәарҭара иҭагылан, дара аҳәамҭа ҟарҵеит, азакәан алагалақәа ҟарҵаанӡа ракциа шаанырымкыло азы.

Хәажәкыра 12 рзы Жәлар Реизара адепутатцәа ирыдыркылеит урҭ разгәаҭақәа, "ари политикатә шьаҿоуп, аха макьана аус ауа иҟалом" ҳәа ахҳәаа аҭаны. Аус зымуа азакәан қәыӷәӷәарала издызкыло Апарламент хаҿыс иамоузеи? Ирԥырхагааз арҭ ахәышықәса ари апроекти, уи иацназго егьырҭ азакәанқәеи рыдкылазарц азы? Избан аԥсуа ҳәынҭқарраҿы аԥенџьырқәа рыԥҽреи ахыбрақәа рыжәлареи рыда хәшәы ыҟамкәа изыҟалаз?

Ахӡыргареи аиҭалхрақәеи: агитациатә аамҭазы гәаанагарақәак - Sputnik Аҧсны
Ахӡыргареи аиҭалхрақәеи: агитациатә аамҭазы гәаанагарақәак

Аҵыхәтәантәи аамҭазы еиҳагьы рыҽдырӷәӷәо иалагеит еиуеиԥшым аультиамтумқәа рыҟаҵара. Аоппозиционер, Аԥсны ахадарахьы акандидат игәамбзиара атәы заҳаз, аиҳабыра рыҩны инажәлан, инеиԥынкыланы аиҳабыра ԥхьатәара рышьҭра азҵаатәы шьҭырхит, уи анеиқәтәа, нас 20-тәи ахәҭаҷ адгылаҩцәа амлашьра хацдыркит, иҵегь ҳашьҭахьҟа ҳхьаԥшуазар, ҩыџьа Аԥсны ахадацәа ақәыӷәӷәара ду ашьҭахь русура аанрыжьт.

Ас ҳцалар, ианбаҳаргыло аҳәынҭқарра? Шьцыларазар? 200-ҩык еизаны ирҭаху дамырхуа, дарҭо иалагар, ҳабанӡанеиуеи? Иарбан идеиазаалак иаҭахуп иҭышәынтәалоу аҭагылазаашьаҿы алацәажәареи нас ианаамҭоу ахаҵгылареи. Ажәлари амчреи еснагь ахҟа рыбжьан, аха иахьа ишыҟалаҵәҟьаз ҳҳәынҭқарра аҵшәаара иазырхоу шьаҿақәоушәа збоит. Ахара ари азы амчра, реиԥш ауаажәларрагьы ирзырхоуп.

Ажәлар еизон аибашьра аԥхьагьы ҳсуверинитет азҵаатәы аныҟаз. Еизон, рпозициа рҳәон, еиԥкаангьы аус адырулон. Ақырҭқәа ракәын аисреи аиқәԥареи ирызҟазаз, аԥсуаа еснагь ахынкылара рыцын. Ҳаӷацәа анықәаҳца ашьҭахь, рҟазшьа бааԥсқәа шьҭаҳхуа ҳалагеит, мамзар ишԥеилкаатәу "алагалақәа ҟаҳҵоит имлашьуа раҳаҭыраз, аха иара ахаҭа егьырҭ азакәанқәа ирышьашәалам, макьана аус ауа иҟалом" ҳәа иахырҳәааз? Ари ахшыҩҵак уазнархәыцуеит, дарбанзаалак ирҿиар шалшо игәы иаҭаху аидеиазы амлашьра, ма амитниг, нас дрыцҳашьаны уи ииҭаху азакәан рыдыркыларц азы.

СИЗО Дранда. - Sputnik Аҧсны
Ажәлар агәрагара анырцәыӡ, ма ҳбаандаҩцәа абахҭаҿы рҭакра азҵаарақәа

Абасшәа иҟоуп схәыцрақәа, ачынуаа рмазара арзара иадгылоу сышреиуоугьы, уи азы снапы шанысҵахьоугьы. Ас иҟалоит иахьа иӡбатәу уаҵәахьы ианахуго, амчраҿы иҟоу рышә амитингуаа ылагылаанӡа ажәлар рызҵаатәқәа рхаҵгылара иахьазымхәыцуа аҳәынҭқарраҿы. Еиҟарауаа рымҳәои, зегь еишьашәалахеит, зегь неибеиԥшны ршьара иқәҟьазшәоуп аусқәа шцо.

P.S: Аԥсны азакәан бзиақәа ҳамоуп, акоррупциа иалаҟьашьу раанкыларазы, ачынуаҩ иҵаҵӷәыдоу амал далабылгьозар ахара идҵаразы. Аус злоу азакәан аус ауоу иамуоу ауп. Иахьа Аԥсны ахада ԥхьатәара данца, амчра ыҟоушәа-иҟамшәа аҭагылазаашьа аныҟала, ажәлар игәарҭеит ҳтәыла Апрокурор хада акоррупциеи, ауаҩӷьычреи ирыдҳәалаз ашьауӷатә усқәа шхациркыз, уимоу, изакәанымкәа ацәгьоура ҟазҵаз доузышьҭыз апрокурорцәагьы авба шриҭаз. Иҳанаҳәозеи ари? Амчра иахьазы ԥырхага инаҭом, иара аус иуеит апрокурор хада ишиуша. Асоциалтә ҳақәа рҭааҩцәа ашәара рымоуп, апрезидент далаҳхыр, апрокуратура хада аусура ақәыӷәӷәара аур алшоит ҳәа. Абри зхысҳәаауа, амлашьра иабзоураны иҟаҵоу алагалақәагьы, иара уаанӡа ирыдыркылахьазгьы аус анырму, ус ақьаад аҿы иаанхоит. Азакәанқәа аус рурцаз аполитикатә гәаӷьра ду аҭахуп.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0