COVID-19, иҭабуп: акоронавирус бзиарас иалаҳго

© REUTERS / Fabrizio BenschЛюди наблюдают закат в Берлине, Германия
Люди наблюдают закат в Берлине, Германия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адунеи зегьы зырхыџхыџыз, ашьара иқәзырҟьаз, изыршәаӡыӡаз ачымазара ҿкы акоронавирус уззырхәыцша, аԥсҭазаара агьама закәыҵәҟьоу злоудырша ак ацуп ҳәа илыԥхьаӡоит Sputnik аколумнист Светлана Ладариаԥҳа.

Ауаҩы дааизар, агәырӷьа-ччара даналоугьы, џьара гәыҵхак ззыҟаиҵаша ак анимхәыцуа ыҟаӡам. Ус дшоуп.

Цветущие деревья, весна на дворе - Sputnik Аҧсны
Ақалақь аҿы акәу, ақыҭаҿы акәу: акарантин ахгара иаҳа иахьыманшәалоу

Ҳара, иахьатәи Аԥсны иқәынхо ҳакәзар, ҳәарада, аҵыхәтәантәи 20-25 шықәса инареиҳаны ҳзыргәырӷьаша даара имаҷуп. Аибашьра анаҳхаагагьы, "оф гәышьа" аҳәара уадаҩхеит. Аибашьра ашьҭахь иҳадҟарҵалаз аҭахкаара акәзар, иаалырҟьаны "матриархат" ахь хауаажәлар архынҳәит. Зегь рыбӷа иқәлеит аҳәса – аҩны аиҿкаара, ахәыҷқәа рааӡара, рныҟәгара, ацәгьа-абзиа арҽеира. Ахацәа ракәзар, шамахамзар, ршьапы аарыҵырхын инатәеит. Аԥҳәыс дагьԥҳәысхеит, дагьхаҵахеит. Иаалгәаԥхар, ахаҵа иҭыԥаҿы дналыртәаргьы цәгьа илымбо дааҟалеит. Иџьоушьаша акәым, уи џьбеит, уи азин лхала лхы иазаалгеит ауп...

Аха абриаҟара уадаҩ ҳахганы уажәшьҭа мшылашарак аабап ҳәа зҳәаз ҳажәлар, адемократиа ҳәа ажәытә зны ирхәыцыз, аиашара ашьақәыргыларазы ахархәара зырҭоз, нас аҵла тәӷәырԥсеиԥш маҷ-маҷ акыр икарҿаз ҳаргьы ҳнахьынҳалеит.

Набережная  - Sputnik Аҧсны
Иҟалааит аԥҳәыс анасыԥ лызҭо ахацәа…

Адемократиатә шьаҭа зманы имҩаԥаагарц ҳазлагаз алхрақәа шьала, лаӷырӡыла, иреиӷьӡақәаз ҳаҷкәынцәа рыԥсы лашақәа рыла иҳамаз ҳаидгылара акашәа имбакәа иеилаҟәыбаса иргеит. Аӡәк иеиԥш еидгылаз ажәлар хаз-хазхеит. Уи акәындаз, зегь ҳполитикцәахеит. Иахьанӡагьы уи ҳзазымиааикәаны ҳаҟоуп.

Ааигәатәи ҳалхрақәа мрак цәыҵыҷҷазшәа иааҳдырбеит. Ахадарахьы акандидатцәа раамысҭашәара угәы иахәартә иҟан. Ҳара, ахархьуаа ҳакәзар, макьанагьы ҿыҭыӡәӡәаала аицәажәара ҳзаҟәымҵыц умҳәозар…

Абарҭ ашықәсқәа зегьы зны ҳафатә-ҳажәтә иагхар ҳәа ҳшәон, зны аусура ҳамырхыр ҳәа ҳшәон, аҽазныхгьы макьанагь зҽызмырҭынчыц ҳаӷа иабџьар еиҭашьҭихыр ҳәа ҳшәон.

Зегьы ҳарзыԥшын. Аха иахьатәи ҳҭагылазаашьа ҳаԥхыӡгьы иаламшәацызт. Анахь иҟамкәа, арахь иҟамкәа иааҳазкылсит арыцҳара – ҳусура ҳамызхыз, ҳафатә-ҳажәтә зырмаҷыз, аҩнқәа ҳрыҩназкыз... COVID-19.

Абхазское село  - Sputnik Аҧсны
Акарантини ақыҭеи: ажурналист Сырма Ашәԥҳа хаҳарала лаамҭа шылхылго

Атәыла аиҳабыра аццакра маҷк ирцәагхазаргьы, угәы иаахәартә аусдҵақәа рыдыркылеит. Адунеи зегь аҿы ари авирус иаиааиуаны иҟоу аҽыԥхьакроуп ҳәа иршьоит. Ҳаргьы шәыҩныҟақәа шәца ҳәа ҳарҳәеит, шәыхгьы шәҭаацәагьы шәыхьча рҳәеит, ирымаз ахәыҷы еиҟәырҷҷаны, ауаа рҭагылазаашьа еилкааны - ауалафахәқәа ҳшәоит рҳәеит. Аԥсуа ахаангьы амла дамкыцызт. Амла дакӡом уажәгьы. Аиҳабыра ирыдгылеит ауаа гәыҭбаақәа. Иазхо ахаангьы аӡәгьы изыҟамҵаӡац, аха ирылшо ала адгылара ҟарҵоит.

Ҳара аҩны ҳтәоуп. Иҟоуп уи зхы зыхнаҟьогьы. Аха, шәазхәыци, заҟа ихазынароу. Ашьыжь зыҩны индәылҵны еимпуаз аҭаацәа еибабеит, еицәажәозаргьы, ажәак-ҩажәак рыда аибыҳәаха змамызгьы рызхара еицәажәеит, зхәыҷ макьаназ ахәыҷбаҳчахь дныҟәоит ҳәа ихәыцуаз аб иаалырҟьан еиликааит уи дшарԥысхахьоу, аҭыԥҳацәа даареиҽырбартә аҟарагьы ишизҳахьоу. Заҟа ҿыцра аанарԥшызеи "аҩны шәтәаз!".

Ирацәаҩуп асоциалтә ҳақәа рҟны амца ацраҵаны ицәажәо. Иҟалап Анцәа ду ҳзеиԥшрахаз баны иаҳзааишьҭзар абри ачымазара. Иҟалап заха ҳамам, "зани заби аинтернети аԥарарҳареи иргаз" ҳахшара рыцҳаишьазар. Аҩны ҳтәоуп. Ашьыжь џьаргьы ҳаццакуам. Ахәыҷқәа рыцҳахәха ацәа иалкәкәааны џьаргьы иаҳгом. Иҳамоуп алшара алакә ҳарзаԥхьарц, ани аԥҳаи амаӡақәа еибырҳәарц, аби аԥеи аԥсуа хаҵа иҟазшьақәа еицрылацәажәарц, афатә хаақәа рыфҩы ачысҟаҵарҭа идәылҩырц.

Иҟалап ари аҩыза аамҭа ҳаԥхьаҟа иаҳмоургьы. Ачымазара цашт. Агьаргьаласа ҳанушәа еиҭах аицәажәаха, аибабаха ҳмоуа ҳҿынаҳхашт ҳаргьы...

Аха иҟоуп иахьа...

Акы уаззырхәыцша...

Аҽеиҭакраз алшара узҭо...

Аиҭеира алзыршо...

Иҭабуп, COVID-19...

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0