Валери Орчыҟәба Маи 1 азы: ауаа еибанарбон, аԥсҭазаара ҳаигәырӷьартә иҟанаҵон

© Sputnik / Саида ЖибаВалерий Орчукба
Валерий Орчукба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Маи акы - Аџьажәлар реимабзиара адунеизегьтәи амш асовет аамҭақәа раан Аԥсны хшыҩзышьҭра аҭаны иазнеиуан. Дшыхәыҷызнатә маитәи апарад зҽалазырхәуаз, анаҩс апарад ақәсра аҵаҩцәа азыҟазҵоз, алозунгқәа ирыԥхьоз Валери Орчыҟәба еиҭеиҳәеит уи ҵакыс иамаз, ишазгәарҭоз атәы.

Аџьажәлар реимабзиара адунеизегьтәи амш еиуеиԥшым атәылақәа рҿы ахатә ҭоурых амоуп. Аха Асовет еидгылаҿы еиҳа аполитикатәи апатриоттәи ҟазшьа аҭаны имҩаԥырго иалагеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ашьҭахь.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Аҷандаратәи абжьаратә школ иҭаз Валери Орчыҟәба дшыхәыҷызнатә маитәи аныҳәа аӡбахә идыруан. Избанзар Асовет ныҳәақәа ирылукаауаз ари маитәи арыцхә аҽазыҟаҵара иалагон жәамш шыбжьаз. Ашколқәа рҿы ахәыҷқәа ажәеинраалақәеи ииашаны ацәаҳәа ақәсшьеи ддырҵон. Иҭрыжьуан аҭӡыгазеҭ. Аҳәынҭқарратә газеҭқәа рҿы еицырдыруаз маи акы иазкыз алозунгқәа ркьыԥхьуан, "Нагӡара ақәзааит маи акы", "Нагӡара ақәзааит Асовет еидгыла акоммунисттә партиа", "Адунеи зегьы аҿы апролетариатцәа шәҽеидышәкыл" уҳәа. Урҭ рхыԥхьаӡара даараӡа ирацәан. Аҩырақәа ахархәара рырҭон зехьынџьара.

"Маи акы иазкны Гәдоуҭа имҩаԥыргоз апарад ҳалахәханда ҳәа ахәыҷқәа ашықәс иалагӡаны ҳаицлабны аҵара ҳҵон, алеишәа бзиа ааҳарԥшуан. Маи акы аҽны апарад ахь иргоз ҳанацәа маҭәа ԥшӡала ҳаиларҳәон. Иалаҟаз аҿыцқәа аархәон. Аиқәа еиқәаҵәақәа, акьаҿқәа пашәӡа уҳәа иаҳшәҵаны, ашәҭқәа кны, ақалақь ахь ҳаргон. Уаҟа ҳҩызцәа, ҳақәлацәа ҳбон, аконцерттә қәгыларақәа ҳрыхәаԥшуан. Насгьы, ахаа-мыхаақәа ҳзаархәон. Аиҳарак ахәыҷқәа уи азы акәын апарад ахь ицар зырҭахыз. Ажәакала, ҳгәы еизҳауан, аԥсҭазаара ҳаигәырӷьо аҩныҟа ҳаауан", - даныхәыҷыз дызлахәыз апарадқәа игәалашәоит Валери Орчыҟәба.

1970-тәи ашықәсқәа рзы Валери Орчыҟәба Гаграҟа нхара даауеит. Усҟан аусура далагоит Ҳараз Чамагәуа директорс дызхагылаз Гагратәи абжьаратә аԥсуа школ №5 аҟны. Арҭ аамҭақәа раан, арҵаҩ қәыԥш ахатәы бызшәеи алитературеи рыдагьы, ахәыҷқәа ирзымҩаԥигон алагарҭатә арратә ҽазыҟаҵара амаҭәаргьы. Убри инамаданы маитәи аныҳәақәа анааигәахоз, ҷыдала напынҵас иман апарад иалахәхараны иҟаз хәыҷи-дуи ииашаны ацәаҳәа ақәсшьа дырҵара.

Рустан Конджария - Sputnik Аҧсны
Апышҭеи, аршәи: Русҭан Канџьариа игәалаиршәоит маитәи апарад

"Ҳазегьы ҳгәырӷьаҵәа ашкол ашҭаҿы ҳаизон. Арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи еиҟара-еиҟарала, ҩба-хԥа цәаҳәа шьақәыргыланы ацәаҳәа ҳақәсуан, апарад аҽны еилагарак ҳмоуп ҳәа. Усҟантәи аамҭазы, араион анапхгара ииашамкәа ушьапы ургыларгьы гәыбӷан урҭон, зегьы ирыцклаԥшуан", - еиҭеиҳәоит Валери Орчыҟәба.

Маи акы аҽны Гагра аныҳәа азгәарҭон иахьа Енвер Қапба ихьӡ зху иара убас Нарҭаа рашҭақәа рҿы.

Ааԥынтәи аныҳәа ауаа еибанарбон. Апарад иалахәымыз маҵурак ыҟамызт. Еиҳаби, еиҵби алозунгқәа кны ацәаҳәа иқәсуан, Асовет ныҳәа иаԥылон.

"Иахьа Нарҭаа рашҭа ҳәа иахьашьҭоу, усҟан Гагарин иашҭа ҳәа иҟан. Араион аиҳабыра инаддыркны ахәыҷқәа рҿынӡа убраҟа еизон. Хԥа-ԥшьба шықәса хаҭала апарадқәа раан маитәи алозунгқәа срыԥхьон. Ақырҭцәа рхаан, рхатәы бызшәала, нас урысшәала акәын ишаԥхьалоз, аха аԥсуа активистцәа рыбзоурала, иаларгалеит аԥсшәагьы. Убри аҟнытә, алозунгқәа рацәаӡаны аԥсшәахь еиҭаҳгон, ҳхатәы бызшәа еиҳаны иқәыҩларц азы", - игәалашәоит иара.

Валери Орчыҟәба алаф ахҳәаауа еиҭеиҳәоит, маитәи аныҳәа ашьҭахь, шьыбжьыжьҭахь аџьажәлар амшын аԥшаҳәахьы илбааны ианныҟәоз, ана-ара улаԥш шрыдхалоз аҽны ҿыц еибадырны игәаԥхеибашьаз аҿаргьы. Ажәакала абзиабарагьы ииуан уи аҽны.

Иахьатәи ҳаамҭазы Аԥсны маитәи аныҳәа уаанӡеиԥш азгәаҭара иаҟәыҵит. Аха аџьажәлар аус шыруц ируоит, ԥхӡашала рҭаацәарақәа ныҟәыргоит. Убри аҟнытә ииашахар ҟалап, аныҳәа аиҭашьақәыргылара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0