Аԥсҭазаара азхәыцра

© Sputnik / Томас ТхайцукЭлеонора Когония
Элеонора Когония  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шәаԥхьарц ишәыдаагалоит аԥсҭазаара азхәыцра иазку Sputnik аколумнист Елеонора Қогониаԥҳа ланҵамҭа.
Аԥсҭазаара азхәыцра

Адунеи абарбал иаҩызоуп, игьежьуеит, зны хыхь ушьҭнахыр ауеит, зны улбаанагар. Иахьатәи санҵамҭа аԥсҭазаара азхәыцра иазыскуеит.

Атеатр - Sputnik Аҧсны
Атеатри ахымҩаԥгашьеи

Анкьа зны санқәыԥшӡаз, атеатртә институт аҿы аҵара анысҵоз, рҵаҩыс исымаз арежиссиор Анзор Қәыҭаҭелаӡе абас сеиҳәеит: "Абыржәы быҩуа бзышьҭоу аҵара зцыбҵо бҩызцәа, атеатраҿ шәаннеилак, рхатәы интересқәа ирышьҭалоит, бҟазшьа шыҟоу ала, аганахь бынхар алшоит", - ҳәа. Усҟан 23 шықәса ракәын исхыҵуаз, сырҵаҩы имаскит, ус ҟалашьа шамам азы исеиҳәаз саҿаԥеит, избанзар сҩызцәеи сареи цәгьа еибаҭахыз уааны ҳаҟан. Сырҵаҩы акыр шықәса еиуеиԥшым атеатрқәа рҿы режиссиор хадас аус иухьан, атеатртә хыхьчаратә хәыцрақәа бзианы идыруан. Усҟан сара агәыԥ астаростас сыҟан, аҵараҿы, ма алеишәаҿы ауадаҩрқәа зауаз рызҵаатәқәа адеканат аҿы срыҵгәон. Арҵаҩы уи ибон азоуп, абас зсеиҳәазгьы.

Аамҭа цеит, зегь Аԥсныҟа ҳхынҳәын аусура ҳалагеит, аха сара атеатр аҿы сынханы аус зуртә аҭагылазаашьа смоуит, сыԥсы зыхҭнысҵоз сҩызцәагьы "ҳаи, ас шԥаҟалаеи?" рымҳәеит. Ирҳәаргьы иамыхәаргьы алшон, аха зегь акоуп, "ари залымдароуп" рҳәар сгәы аасҟычон. Абарҭ ахҭысқәа аныҟала, аҳаҷаҳәа иаасгәалашәеит сырҵҩы исеиҳәаз ажәақәа. Абри зегь зхысҳаауа, аԥсҭазаара - қәԥароуп, зыуаҩра хьысҳау ихы мацара дазхәыцуеит, аиҩызарагьы аганахь изыргыло дубап. Аԥсҭазаара саназхәыцак, лкаас иҟасҵаз убри ауп, ачынуаҩра ауаҩы изы ԥышәароуп. Чынуаҩра ицаз шамаха иҽеиҭеикуеит, иҟәардә ахьчаразы еиҳа иманшәалоу амҩа алихуеит.

Аԥсуа драматә театр актрисацәа.  - Sputnik Аҧсны
Атеатри сыԥсҭазаареи

Ҽнак зны имҩаԥызгеит експериментк. Сара аусурҭа сазгәаҟуа сыҟамызт, аха анкьа исҩызаз аӡәы дчынуаҩхеит иаалырҟьаны. Уаанӡеиԥш аиҭанеиааирагьы ҳацәмаҷхеит. Ҽнак зны ихьӡала арзаҳал ҩны имаӡаныҟәгаҩ лҿы инсыжьт, "аҭыԥ ыҟазар, аусура сигаразы". Аамҭа цеит, аха сҩыза ибжьгьы мгеит. Хԥаҟа мзы анҵы, схаҭа аҭел сизаст сарзаҳал уоума ҳәа. "Исоуит, аха сара акгьы сыӡбӡом, хыхь иҟоу бырҭахым", - иҳәан аҭак сиҭеит. "Аҭел ухаҭа уасны исоуҳәаргьы ауан, аха ус акәзар бзиоуп", - сҳәан уаҳа иқәҿысымҭит. Убри ашьҭахь акыр сазхәыцит, абас ҟалашьас иамоузеи ҳәа? Иаҳҳәап, илымшозаргьы, анкьа ҿаҵак ицеиҩызшоз иҩыза лҟынтә арзаҳал аниба, изизымгәаӷьызеи аҭел асра, ма снаԥхьаны сацәажәара? Аԥсҭазаара абарбал иаҩызоуп рымҳәеи, уи ашьҭахь иаргьы иҟәардә иҵҟьеит.

Аԥсны жлар рартист Леуарса Касланӡиа иинтервиуқәа рук аҿы иҳәеит: "Ауаҩы иуаҩра анылаҟәхалакгьы, егьа абаҩхатәра ссир илазаргьы, иусумҭа егьа ибзиазаргьы хәыҷынӡарак дланарҟәуеит иуаҩра анҽеимха. Зегь раԥхьа игылоуп ауаҩра". Абас дхәыцуан збаҩхатәреи зыуаҩраеи ҳаракыз Леуарса Шьардын-иԥа.

Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артист Лаврик Ахба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Лаврик Ахба: Леуарсан Касланӡиа арольқәа зегьы иқәҿион

Абарҭқәа зегь еидхәыцло, сышьҭахьҟа инсыжьхьоу аԥсҭазаара саԥшны исҳәозар, зыгәра згоз ауаа рыуаҩра еснагь ишыҳаракымыз акырынтә ахы снарбахьеит. Ахаҳә угәыдызҵаз, ача ыршәны игәыдҵа рымҳәои, иҟалап, аҭак аҟаҵара иаԥсамзаргьы ишакәым иузныҟәаз, ма узыԥсахыз уҩызцәа рганахь. Ус акәзаргьы, схәыцуеит, избан ауаҩы дзазымхәыцуа наунагӡа адунеи дшықәым, амчреи амали раҳаҭыраз иуаҩра аганахь дызнахо? Ари азҵаатәы аԥсҭазаара ыҟанаҵы иҟалозар акәхап, уи шьақәдырӷәӷәоит адунеитә литературатә шедеврқәа, абри иазыркуеит атеатрқәа рықәыргыламҭақәа. Абарҭқәа ирыхҟьаны акәхап, уажәтәи аамҭазы сҩызцәа ҳәа исшьо рсиа змаџьанахаз. Ақәыԥшра иацуп аԥсҭазаара агәрагара, убри аҟынтә акәхап, сырҵаҩы исеиҳәаз усҟан уамашәа изызбаз, аха нас санахҭыгәла издыргәышьеит аԥышәа змаз ауаҩы иажәақәа шиашаз.

Даҽа ганкахьала, аԥсҭазаара агьангьашра ацуп, аха иалшома аӡәгьы игәра умго адунеи ақәлара? Мап, мап, зегь акоуп, ауаҩы, ауаҩы игәра игозар ауп, аиҩызара шынамӡо идыруазаргьы. Акырынтә игәасҭахьеит, исзааигәаз рахьтә наҟ хыхь ҭыԥк зауны амчра агәарабжьара иҩнанагалаз сара дшысцәыӡуа, убри аҟынтә, сагьацәшәоит сзыҿцаауа рахьтә даҽаӡәы амчра амардуан даҿалар ҳәа…

Аԥсахра згәаӷьуа аҭак аниумҭалак, уԥсыҽра иахҟьоушәагьы инарбар алшоит, аха уи ԥсыҽраӡам, аӷәӷәароуп иаанаго. Аԥсахра зҟазшьоу аҭак шиумҭо дырны, унамыс дақәгәыӷны иус наигаӡалоит. Абас ишоуп ари аԥсҭазаара.

Атеатр аҭоурых аҿы иҟалахьеит абас иҟаз хҭыск. Аурыс актир ду Евгении Леонов аус ахьиуаз атеатр аҿы аҟазара злаз, аха ԥҟарақәак еилазгоз актиорк иусура иамхра азҵаатәы ықәгылазаап. Усҟантәи апартиа анапхгара алархәны атеатраҿ аизара мҩаԥыргазаап актиор мараҳә иусура иамхра азы.

Хута Джопуа. Кадр из фильма Созвездие Козлотура  - Sputnik Аҧсны
Абасгьы ҟалахьеит: акомедиа аеҵәахә Хәыта Џьапуа игәалашәара иазкны

Ицәажәон, ицәажәон, ирҳәон ари ауаҩ атеатр дшалцатәу. Убри аамҭазы Леонов ишәыз икьаҿ ааишәихын асаара инкажьны дақәԥало акәаҳара далагазаап. Иара ипротест абасала иааирԥшит. Апартиауаа ари анырба иаанагоз еилыркаан, Леонов апротест ҟаиҵазар ари иамхара гәаӷьыуацәоуп рҳәан иааимпит рҳәеит. Абри ахҭысгьы сырҵаҩ иоуп исзеиҭазҳәаз. Леуарса Касланӡиа ишиҳәаз еиԥш, Леонов иҟазара анаҩсан ауаҩра ду илан, азалымдара ианиоз дрыцхраауан асценаҿы акомедиа иазҟазаз, аԥсҭазаараҿы агәаӷьра ду змаз актиор.

Акырынтә избахьеит аӡәы ауадаҩра анимоу иавсуа, нас рхаҭагьы аҭагәҭасра ианақәшәо. Ишԥа нас, аԥсҭазаара барбалми, зынгьы уара иуцрасуеит. Ус акәзаргьы, сара исҭахым урҭ ахьырхәра роур, амала хаҭала рзинқәа рыхьчарагьы сҽазыскуам, ринтересқәа рыхьчара рхала иаԥшьыргароуп, мамзар ирзеилкааӡом аԥсҭазаара аҟыбаӡыба акгьы зхарамгьы дҭанархар шалшо…

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0