Аԥсабара уанеиҷаҳауа: Ерик Џьакониа ԥсаатәла Аԥсны абнара ширбеио

© Foto / предоставлено Саидой ЖибаЭрик Джакония
Эрик Джакония  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаҩи аԥсабареи аҵыхәтәантәи аамҭазы рхеибарҭәаара маҷхеит, ауаҩы схы иабасырхәари ҳәа ауп еиҳарак дхәыцуа дшалагаз, дызлахәаша акәымкәа. Аха Саида Жьиԥҳа дызҭааз Лӡаа ақыҭанхаҩы Ерик Џьакониа аԥсабара дацхраауеит - инапала ииааӡо абнакәытқәа Лӡаатәи абнақәа ирылаиҵоит.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Ауаҩи аԥсабареи шеимадоу атәы ззымдыруада. Аха аҵыхәтәантәи аамҭазы ахеибарҭәаара маҷхеит. Ҳхы иабаҳархәари ҳәа ахәыцра ҳаналага, иаргьы ҳазгәамҵуашәа ҳбо ҳҟалеит. Иахьа зыӡбахә сымоу Лӡаа ақыҭанхаҩы Ерик Џьакониа аԥсабара аҿаԥхьа гәыԥҩык ауаа рхы ҿихит, иара хатәгәаԥхарала хышықәса раахыс икәша-мыкәша абнара ирбеиоит. Инапала иааӡо абнакәытқәа (афазанқәа - аред.) рхатә ԥсҭазаара риҭоит Лӡаатәи ахәыҳаракырақәа рҿы.

Ерик Џьакониа иашьцәеи урҭ рыхшареи бзиа ирбоит ашәарыцара, аԥсыӡкра. Аха убри инаваргыланы, Џьакониаа аԥсабара аҿаԥхьа ирықәу ауалгьы ршәоит.

Хышықәса раԥхьа, Ерик ҳамҭас изааргеит ҿыц ихыҵыз абнакәытқәа 30 цыра. Урҭ рҭыԥ ҟаҵаны, ҷыдала рыфатә-рыжәтә дацклаԥшуа иааӡеит. Ианрызҳа, ишынҭаацәаз ирыӡбеит аԥшӡара иакны иагоз Кавказтәи абнакәты ахкы ала Лӡаатәи абнақәа дырбеиарц.

"Раԥхьа исыдлаз абнакәытқәа ианрызҳа, акәтаӷь рҵо ианалага, сашьцәеи, ҳхәыҷқәеи иҳаӡбеит аинкубатор аахәаны, аԥшқақәа рхыхра, адуқәа абнахь роужьра. Ус иагьыҟаҳҵеит. Рхы ныҟәыргартә иҟоуп ҳәа анаҳгәахәуа, ақыҭа ахәыҳаракырақәа рахь ҳхаланы ахақәиҭра раҳҭеит. Аиаша шәасҳәап, унапала иааӡаны аԥсабара ҳамҭас ианауҭо - уи гәахәароуп, уал дук уқәны иушәазшәа уҟалоит", - еиҭеиҳәоит Ерик.

Ерик Џьакониа занааҭла декологуп. Аха аԥсабарахь имоу абзиабара уи ихәыҷрантәи иаауеит. Ашәаԥыџьаԥ, аԥстәы, аԥсаатә ҳаҭыр рзақәын ишынҭаацәаз.

Џьакониаа раԥхьатәи абнакәытқәа аноурыжь ашьҭахь, уи аҿы иаангылозма. Хышықәса рыла Ерик илихыз шәцырак рҟынӡа абна иарҭахьеит. Аԥсаатә ахақәиҭра арыҭара - ари ныҳәак ирзаҩызоуп. Уи хәыҷи-дуи алахәны ауп ишымҩаԥысуа.

© Foto / предоставлено Саидой ЖибаЏьакониаа рҭаацәара абнакәытқәа абнара ианыларҵо хәыҷи-дуи алахәуп
Аԥсабара уанеиҷаҳауа: Ерик Џьакониа ԥсаатәла Аԥсны абнара ширбеио - Sputnik Аҧсны
Џьакониаа рҭаацәара абнакәытқәа абнара ианыларҵо хәыҷи-дуи алахәуп

Ерик Џьакониа иажәақәа рыла, Кавказтәи абнакәытқәа аҩны ахылара рцәыуадаҩуп, избанзар бжьы ҷыдак раҳар ишәаны ихыҵуеит. Насгьы аҩнатә ԥсаатәқәеи аԥстәқәеи дареи еинаалом. Убри азы, аинкубатор аахәаны ихала иахәҭоу аԥхарреи ацәаакыреи арбаны ихихуеит.

"Абнакәты хыҵырц азы 25 мшы аҭахуп. Иҟалоит урҭ акәтаӷьқәа аҩнатә кәты, мамзаргьы ашәишәи иаҵоуҵар, аха аԥшқақәа анылҵлак, урҭ ҳзышьцылоу акәҷарақәеи ашәишәи хәыҷқәеи иреиԥшым, ршьапы ишаақәгылалак еилҟьа-еилӷәыцәӡа иҟалоит. Нас илызхуеи дареи еинаалом. Убри аҟнытә, аинкубатор еиҳа иманшәалоуп. Иахьынӡаԥшқоу ирҿоуҵар ауеит ахәац жәны, абысҭа алаҵаны, ашәишәиқәа ишруҭо еиԥш. Уажәы ирацәаӡоуп еиуеиԥшым авитаминқәа рыла ибеиоу аԥсаатә рыфатә, уи азы ирҿасҵари ҳәа ухәыцӡом", - иажәа иациҵоит иара.

© Foto / предоставлено Саидой ЖибаАԥсаатә абна рылаҵара Џьакониаа рҭаацәара ныҳәак ирзаҩызоуп
Аԥсабара уанеиҷаҳауа: Ерик Џьакониа ԥсаатәла Аԥсны абнара ширбеио - Sputnik Аҧсны
Аԥсаатә абна рылаҵара Џьакониаа рҭаацәара ныҳәак ирзаҩызоуп

Абнакәты ажьы акы иаламҩашьозаап, акралцәа рчыс ҳәа иашьҭоуп. Аха Ерик иҳәеит дара рҭаацәараҿы ирыцҳашьаны ишырымфо. Ирааӡогьы ҷыдала аԥсабара аҭара ауп изызку. Абнакәты арбаӷь еиҳа ԥшшәыла иҩычоуп, иԥшӡоуп, арцына ӷроуп.

Лиудмила Цымцԥҳа  - Sputnik Аҧсны
Аҩнатә ԥсаатә удларц: Лиудмила Цымцԥҳа аҟәарҭ шхылҵо

Иахьазы Ерик Џьакониа имаз абнакәытқәа зегьы абнарахь иоуижьит. Аҳәаа шаадыртуа еиԥш игәы иҭоуп Урыстәылаҟа дцаны акәтаӷь аахәаны, ахк ҿыцқәа рылхра.

Аԥсабара иаҭоу абнакәытқәа лассы-лассы ақыҭауаа рынхарҭақәа рзааигәара ирбоит, иҟалалоит рыкәтыршәырқәа ианырҭало, аха дара урҭ рҭоурых рдыруеит аҟнытә, аԥхасҭа рырҭом. Аҭыԥантәи ашәарыцаҩцәа ракәзаргьы, ршәақь ақәрымкыцт. Уимоу, Ерик иахь аҭел иасны ирҳәоит иахьырбаз аҭыԥқәа. Изныкымкәа Бзыԥҭа аҩхааҟынгьы рылаԥш рықәшәахьеит.

Ерик иашьцәеи иареи рқыҭа иалсуа акәарақәа адыӷаҷиақәа рылагьы идырбеиахьеит. Урҭ ҷыдала Краснодар дцаны иааигеит. Аӡҭачқәа хкааны ирҭарҵахьеит аԥсыӡқәа апҟыш (карп), ақьоуқьад (осетр) хкқәа.

"Ҳара аӡәы дҵас иҳадимҵеит, ԥсаатәума, ԥстәума иааӡаны абнахь роужьра. Уи ҳара ҳхатә гәаԥхара ауп. Ҳазҿу аус иавагылоуп ҳахшарагьы", - инаҵишьит аеколог.

Џьакониаа рҭаацәара рҿырԥштәы иаҳнарбоит ауаҩы иҭаххар аԥсабара аԥсы ахаҵара шилшо. Аха, рыцҳарас иҟалаз, ас еиԥш агә ду зызҭоу ауаа рацәаҩым.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0