"Ақәыџьмақәа рсаса ҿазҳәо": Неонила Карагозиан лымаӡақәак ҳзаалыртит

CC0 / / Волк
Волк - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажәытәан ауаҩы аҭәҳәақәа рыла илиршоз рацәан. Адоуҳатә мчы змоу ажәеицааирақәа аԥсабарагьы иаҿагылон. Уи ус шакәу ҳзеиҭалҳәеит Ԥсахара ақыҭан инхо, занду лҟынтә аҭәҳәақәа рымч ԥызшәахьаз Неонила Карагозиан.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Неонила Карагозиан дерманԥҳәысуп, аха х-бызшәак рыла аҭәҳәақәа лдыруеит, урҭ милаҭла ибырзеныз ланду илҿылҵааит. Зегь раасҭа иахьатәи ҳаамҭазы хаҭала лара ахархәара зылҭо алаԥш аҭәҳәа ауп, аха илдыруеит ауаҩы дхәыҷума, ддуума ашәара ихыхра, аԥсышә (псориаз) аҭәҳәа. Убас аинтерес зҵоу, аха макьана иԥылымшәац "ақәыџьмақәа рсаса аҿаҳәара".

© Foto / предоставлено Неонилой Карагозиан Неонила Карагозиан
Ақәыџьмақәа рсаса ҿазҳәо: Неонила Карагозиан лымаӡақәак ҳзаалыртит - Sputnik Аҧсны
Неонила Карагозиан
"Санду илҿысҵааит аерман, абырзен, азербаиџьан бызшәақәа рыла аҭәҳәашьа. Саныхәыҷыз исгәалашәоит ҳқыҭа зегьы лышә ишылагылаз. Лара илҳәалон анышәынҭрақәа рҿы ишьҭоу реиҳараҩык алаԥш ауп изгаз ҳәа, убри аҟнытә сааԥсеит, мамзаргьы аамҭа сымам ҳәа аӡәгьы ацхыраара имҭакәа длымшьҭыцызт. Убасҟан зегь раасҭа аинтерес сзыркыз, "ақәыџьмақәа рсаса ҿаҳәаразы" иааиуаз ауаа роуп. Дара рырахә абна ианылахалак, санду илыҳәон кьыс рмоурц азы дыҭәҳәаны "ақәыџьмақәа рсаса ҿалҳәарц". Рырахә еибга-еизҩыда ианылбалак, еиҭа илзаауан, "иԥыртла" ҳәа. Аиҭаҭәҳәара ҟалымҵар, ақәыџьма асаса аркны иаанхар ҵасым, уашәиуеит ҳәа иԥхьаӡан", - ланду лҟнытә илбақәаз еиҭалҳәоит Неонила.

Аҭәҳәақәа рыдагьы анду илдыруан еиуеиԥшым ачымазарақәа рыхәышәтәшьагьы. Аԥҳәыс бырг лнапала аиларҭәақәа, ахьшьқәа ҟаҵаны, аҭәҳәа нацҵаны иаллыргон.

Аҭәҳәаҟаҵаҩ Лариса Саӷариаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Аҭәҳәаҟаҵаҩ Лариса Саӷариаԥҳа: аҭәҳәа аҳақьым ицхыраара иаҩсуеит

"Аԥсышә (псориаз) ачымазара ахәышәтәразы абырфын цаха ҟаԥшь санду ислырҵаз ахьшьтәы нақәҵаны, фынтә саҭәҳәаны ауаҩы иахьихьуа ицәеижь иақәысҵоит. Уи жәаҩа мшы иҟаҵалатәуп уахынла данышьҭало аламҭалазы, избанзар ачымазаҩ шьыжьынӡа дцәажәар ҟалаӡом, ҵасым. Амала ахьшьтәы злысхуа маӡаз", - лҳәеит аҭәҳәаҟаҵаҩ.

Неонила Карагозиан лабгьы лаб иашьагьы ахаан аҳақьым иҿы рҽырымхәышәтәыцызт.

"Саб ица ихьуан, уи аҳақьым ахәрамжьыжьк (язва) шамаз анышьақәиргыла, иан лыхәшә ала иалиргеит. Шәаргьы ишәасҳәоит аҟаҵашьа, аха иалҵшәахо азы аҭак сзыҟаҵом. Акониак цқьа, ахҷаҭтә хәша, ацха, алое мҳаҵәк-мҳаҵәк (адуқәа) еилаҭәаны, ашьыжь укрыфара ҩ-сааҭк шагу жәохә мшы иужәуеит, анаҩс хымш уԥсы шьаны, даҽа жәохә мшы иацуҵоит. Еиҭах исҳәоит, саб уи ала иҽихәшәтәит, аха сара ишәыдызгалом", - ҳәа азгәалҭоит Неонила Карагозиан.

Лиудмила Цымцԥҳа  - Sputnik Аҧсны
Аҩнатә ԥсаатә удларц: Лиудмила Цымцԥҳа аҟәарҭ шхылҵо

Неонила ланду илҿылҵааз аҭәҳәақәеи, ахәшәқәеи аблокнот ианҵаны илымоуп. Лара лгәы иҭоуп тәанчара данцалак ауаа еиԥмырҟьаӡакәа ацхыраара рылҭаларц.

Неонила алаԥш змоу ауаҩы даниҭәҳәалак лхаҭа деихьышьшьы дҟалоит. Усҟан лхазы аӡы дыхҭәҳәаланы ашьышьма иҭалҭәоит, мамзар аџьыкахыш дыхҭәҳәаланы аӡы иалҭоит.

"Алаԥш змоу ауаҩы дызбар иаразнак исныруеит. Сыжәҩахырқәа леиуеит, сымгәа еилашуеит, аҿырҳасра салагоит. Саниҭәҳәалак ашьҭахь, еиҳагьы сеицәахоит азы, сыхгьы сацхраауеит", - лҳәоит лара.

Аҭәҳәаҩ алаԥш ҳамоу иҳамаму еилаҳкаарц азы, уахынла ҳахьышьҭало ҵәыцак абжа аӡы, кәтаӷьк ԥҽны иалаҭәаны ҳханы иҳаргылрц ҳабжьалгоит. Ашьыжь уи акәтаӷь ижәызшәа ижәпахар, усҟан аҭәҳәа ҟазҵо ишьҭалатәхоит.

Аҟармаратәи аӡиас иху ацҳа ҭакнаҳа - Sputnik Аҧсны
"Бжьы-мшынк дырхысҭәҳәалт": аԥсуаа аӡы ишазыҟоу

"Аԥсуаагьы ирацәаӡаны аҭәҳәақәа ахархәара рырҭоит. Ирҿысҵаар сҭахуп аԥсылаԥш ҭәҳәа", - инаҵылшьит аԥҳәыс.

Ақәыџьмақәа рсаса аҿаҳәара иатәу аҭәҳәа аԥсуаа рҿгьы ахархәара ду аман, иахьагьы иҟазҵогьы дубап.

Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, афольклорҭҵааҩ Арда Ашәба иҳәеит ажәытәуаа "ақәыџьмақәа рсаса анҿарҳәоз" амыркатыл аҿы, ма аҟәардә ашьапқәа ашашәа шакәдыршоз. Арахә еибганы илбаар, иԥдыртлон. Ас еиԥш иҟоу аҿырԥштәқәа даараӡа ирацәоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0