Еибашьрада еилгашьа шыҟамыз ҳнырит: 1989 шықәса ԥхынгәымзазтәи ахҭысқәа

© Sputnik / Цагарели / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБеспорядки на межнациональной почве в Абхазии. Сотрудники МВД Абхазии в одном из сел
Беспорядки на межнациональной почве в Абхазии. Сотрудники МВД Абхазии в одном из сел - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.07.2022
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 15-16, 1989 шықәсазы Аԥсны аҭыԥ змаз аԥсҭбарақәа зцыз ақырҭуа-аԥсуа еидысларақәа ртәы ҳзеиҭалҳәоит урҭ амшқәа рзы аҳҭнықалақь аҿы иҟаз, ахҭысқәа згәалашәараҿы инхаз Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Аҭоурых шәҟәыла иануҵои, ухаҭа блала иубои еиԥшым. Иҟоуп арҵага шәҟәқәеи аҭҵаарадырратә ҭыжьымҭақәеи рҿы заарԥшра уадаҩу аҭоурых адаҟьақәа, хаҭала уи аамҭа ианысуаз лабҿаба рыла ихгылаз асахьақәа реиҭаҳәара зылшо избаз роуп.

Иван Какалия - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.07.2018
Арадио
Какалиа 1989-шықәсазтәи ахҭысқәа ирызкны: аԥсуаа аӡәк иеиԥш ҳаидгылеит

1989 шықәса ԥхынгәымзазы Аԥсны аполитикатә ҭагылазаашьа акыр ихьанҭан, ақырҭуа милаҭеилыхратә цәаҳәа уажәы-уажәы асценари ҿыц цәырнагон. Абри аамҭазы еиҳаракгьы аԥсуаа зыргәамҵуаз акәны иҟалеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аиҩшара, даҽакала иаҳҳәозар, Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет афилиал аԥҵара. Аԥсуа университет аҿы аҵара зҵоз ақырҭуа студентцәа рзы хазы Қарҭтәи аԥшьы аартра ада ԥсыхәа шыҟам иалацәоижьҭеи шықәсык аҟарагьы ҵуан. Ақырҭқәа рықәгыларақәа рҿы ишазгәарҭоз ала, уи ада ԥсыхәа ыҟамызт, ақырҭқәа рбызшәала ихаҭәаау, иҵаулоу аҵара роуразы. Ажәакала, ԥхынгәы аҽеиҩшамҭазы ари азҵаатәы тема хаданы иқәгылан.

Еибашьрада еилгашьа шыҟамыз ҳнырит: 1989 шықәса ԥхынгәымзазтәи ахҭысқәа

Хымԥада, ақырҭқәа ас еиԥш иҟоу аҭыӡшәа зхылҵша азҵаатәқәа зышьҭырхуаз аҭагылазаашьа арбыжкразы акәын. Қарҭтәи ауниверситет афилиал аартра аԥсуа-ақырҭуа еиҿагылара иазҵаара хаданы иааҟалеит уи аамҭазы. Аԥсуаа ари аҩыза ақәҵара ишақәшаҳаҭымызгьы, амилаҭеилыхратә ааӡара змаз ақырҭуа студентцәеи урҭ рырҵаҩцәеи инарыгӡеит рыгәҭакы. Инарыгӡеит, избанзар Қарҭынтәи адгылара рыман. Абри акәша-мыкәша аҭыӡшәа аҽарӷәӷәон, ақырҭуа ган дара рыстудентцәа рхы иархәаны уажәы-уажәы амитингқәеи амлашьратә акциақәеи мҩаԥыргон.

Аҵарауаҩ Аслан Аҩӡба Аԥсны аполитикатә ҭоурых иазку ишәҟәаҿы иҩуеит ԥхынгәы 13, 1989 шықәсазы шәҩык инарзынаԥшуа (ақырҭқәа) агазеҭ "Сабҷоҭа Абхазеҭи" аҿы икьыԥхьзарц ахәҭаны ишырыԥхьаӡо  "СССР иреиҳаӡоу Асовет акомиссиа иҟанаҵаз алкаа ари аус аҿы акәаԥ шазмыргыло" атәы зҳәо ҚАУ афилиал аиҳабыра рыхҳәаа. Иара урҭ амшқәа рзы ҚАУ аректор ақәҵара ҟаицеит аҟәатәи афилиал аҿы абитуриентцәа рарзаҳалқәа рыдкылара ишалаго азы.

Жәлар рфорум "Аидгылараҿы" ажәлар еизон абри аҿагыларазы. Аԥсуа делегациақәа ОБКОМ ачынуаа ирҭаауан ААУ аиҩшара шзиндароу азы рпозициақәа раарԥшразы. Еилаҭырран. Уажәы-уажәшьҭан еидыслап уҳәаратәы иҟан аҭагылазаашьа.

Сгәалашәарақәа сырзааҭгылозар, Аҟәа иахьа Б. Шьынқәба ихьӡ зху 1-тәи ашкол ахыбраҿы иҟан 1-тәи ақырҭуа школ, уи акәша-мыкәша еизаны игылан аԥсуаа. Ахыбра аҩнуҵҟа ԥхынгәы 16 инаркны рыдкылара иалагараны иҟан ҚАУ афилиал иҭаларц зҭаху рарзаҳалқәа. Уа иҟан амилициа ачынуаҩ Рапавеи иаԥханагьлацәеи.

Алеко Гварамия - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.04.2019
Арадио
Гәарамиа 1989 ашықәсазтәи ахҭысқәа рзы: агәра ҳгомызт ААУ аиқәырхара алыршахоит ҳәа

Ԥхынгәы 15 рыҽны, асааҭ 5 шыҟаз, аусура ашьҭахь уахь сныдҵааларц сыӡбеит. Сахьнеиз иаразнак игәасҭеит аԥсуаа игылаз агәамҵра шырныԥшуаз. Издыруаз руаӡәы исеиҳәеит Рапава идәылҵра ишазыԥшыз. Избан Рапава игәаӷ зышьҭырхзеи ҳәа шәҵаауазар, усҟан амилициа аусуҩцәа рӷьырак ақырҭқәан, урҭ реиҳабыра рыдҵала аԥсуаа ақәымчра рзыруан, дара ртәқәа иҟарҵоз азинеилагарақәа ирыдгылон. Ашкол ашҭагьы, акәша-мыкәшагьы уааԥсырала иҭәын. Сгәы ааҭыԥсааит азныказ еидысларак ҟалар ҳәа сшәаны.

Ус аӡәы ибжьы иргеит Рапава иҩызцәеи иареи амҩа рырҭаразы. Амилициа аусуҩцәа рыла иҟаҵаз агәарабжьара дыбжьганы "ҳажәлар рылахь уоуааит" ҳәа шиқәҿырҭуаз аӡәгьы дикьымскәа Рапава дыргеит. Абри ашьҭахь, ажәлар неилыҵқәеит. Аҟәа Ленин иашҭахь (уажәы Ахақәиҭра ашҭа) зхы зырхаз рацәаҩын, уаҟа аԥсуаа афилиал аартра аҿагыларазы амитинг рыман. Сара Аҟәа аҳабла ҿыц сымаҳә Таиф Аџьба иҩныҟа сцеит, избанзар Таиф усҟан Аҷандара дыҟан, дмаацызт, саҳәшьа Римма Москва дыҟан, рхәыҷқәа ҩыџьа сара снапы ианын.

Аҩны саннеи, ахәыҷқәа сыҳәо иалагеит амшын ахь изгарц. Шоуран исгәалашәоит, адәахьы аҟазаарагьы гәаӷьыуацәан. Ҳахьындәылҵыз, аԥсуаа шыӷьаҵәыӷьаҵәуаз саҳаит, ақалақь агәахьы ҳцароуп ҳәа аҽеидкылара иалагақәазгьы аагәасҭеит. Убарҭ исарҳәеит ақалақь аҿы аидысларақәа ҟалеит ҳәа. Ахәыҷқәа сыманы аҩныҟа схалеит. Агәылацәа ҳақәҿырҭит, аҩны шәыҟаз, ишәарҭоуп, аԥсуаа рыҩнқәа ирықәло иалагаргьы ауеит ҳәа. Ихәлахьан, информациак уаҩԥсҵас исызҭозгьы дыҟамызт.

Солдаты внутренних войск МВД контролируют дороги на территории Абхазии во время действия режима чрезвычайного положения в 1989 году. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.07.2021
Раԥхьатәи ашьа: 1989 шықәса ииультәи ахҭысқәа Коба Ҷыҭанаа иблақәа рыла

Аҵх акыр инеихьаны, аҭел абжьы геит. Ианаашьҭысх, "Резо (Алықьса) Коӷониа аеропорт аҿы дыршьит" ҳәа иааҭыҩҩит ашәаџьҳәа бжьы. Ауха лацәааихьшь сзыҟамҵеит, аха ахәыҷқәа ааныжьны ақалақь ахь цашьа сымамызт. Иналаршә-ҩаларшәны ахысбыжьқәа гон.

Иаашеит, ԥыҭрак ашьҭахь Таиф ашә даалагылт. Иара ԥштәы ихамызт. Ас аидыслара шыҟалаз аниаҳа, мшын транспортла Гәдоуҭантәи Аҟәаҟа ддәықәлазаап. Амҩа ишықәыз, изықәтәаз аӷба ақырҭқәа еихсуа ианалага, аеропорт аганахь иагазаап, нас иара шьапыла аҩнынӡа дааит. Исгәалашәоит "арҭ ҳара ԥсҭазаара ҳарҭом" шиҳәаз. Абасала, аибашьра ацәаара аацәырҵит.

Таиф данааи ахәыҷқәа рзы чак аасхәарц сдәылҵит. Аҳабла ҿыц агастроном дуқәа руак ҳааигәара иҟан. Сахьыныҩналаз, иҭыкка иҟан. Ауаа ас аидыслара ҟалеит анырҳәа, агастроном иҵаз фатәы-жәтәы зегь аархәазаап. Снаԥшы-ааԥшит, аха издыруаз ԥсыуакгьы дсымбеит. Ауадахь саныгьежь, Таиф исеиҳәеит ахәыҷқәа Аҷандара иныжьны даарц шиҭаху. Иара ирлас ихәыҷқәа ааибиҭан, дцеит, саргьы ақалақь ахь "Аидгылара" ахьыҟаз сцап ҳәа сыӡбеит.

Атранспорт ныҟәомызт. Иахьа атипографиа ахьыҟоу аҟынӡа шьапыла сааит. Санԥшы, амашьына лас "Жигули" ааиуан. Снапы сҩахеит. Иаангылеит. Санынҭаԥш, ҩыџьа агырқәа ҭатәоуп, руаӡәы аԥсҟы икын. Иабашәцәызӡари, иаасцәымыӷхеит, сааиҵнарӷәӷәеит, аха ахьаҵра бзиа изласымбоз ала, "ақалақь ахь шәцозар" ҳәа сҵаахт. Сынҭадыртәан, рмашьына аус надыруит. Амҩа ҳақәнаҵы даргьы ҿыртуамызт, саргьы. "Аидгылара" ашҟа сышцозгьы дсырбар сҭахымхеит, убри аҟынтә, заа сылбааит.

Сахьынҭыҵыз, амҩаду уаҩытәҩыса дшанымыз гәасҭеит. "Аидгылара" ахыбра ашә аартын. Сыҩналеит, аха ҳара иаҳтәу иакәым, иаҳтәымызгьы дыҟамызт. Аҩбатәи аихагылаҿы аԥссаҩ дызбеит. Убри исалҳәеит иаха аидысларақәа иҟаз рышьҭахь аԥсуаа Гәдоуҭа араион ахь ицеит ҳәа. Иҟасҵахуааз, Резо Коӷониа иашьцәа ахьынхоз аганахь сҿынасхеит. Сахьнеиз, ҳаӷеимшхара, амыткәма ықәыҩуан уи акәша-мыкәша…

1989 шықәсазтәи Гагратәи амлашьратә акциа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.09.2019
Цкәуа 1989 шықәсазы дызлахәыз амлашьразы: ҳажәлар рзинқәа шыԥкыз дҳарбон

Аԥсраҿы исаҳаит Аҟәа Ацҳа ҟаԥшь аҿы ҳгәылацәа Нури Ваниеи Лашәриаа шыршьыз. Урҭ аидысларақәа ҟалеит ҳәа анраҳа Аҟәаҟа идәықәлазаап, ишааиуаз, ақырҭуа екстремистцәа инарҿашәан, цәгьаԥсышьа рырҭеит. Абри аамҭазы Очамчыра араион ашҟа цашьа ыҟамызт, амҩақәа аркын. Резо вертолиотла дыргар акәхеит Кәтолҟа. Ԥыҭраамҭак иԥшызаргьы, иаарышьҭит ақәрахьымӡа иԥсыбаҩ згоз авертолиот. Уи саргьы сацны сцагәышьеит Кәтолҟа.

Ҩымш, хымш Аҟәа иаауаз амҩаду аркын, ашьҭахь иааз аурыс ир аҭагылазаашьа ҭышәнартәалеит.

Сгьежьит Аҟәаҟа, аибашьра ацәаара снырны. Аҩны санааи саҳәшьагьы даахьан, Таифгьы дгьежьхьан. Иара исеиҳәеит Аҷандараҟа ахәыҷқәа анигоз, ақырҭқәа рмашьына ишаххысааз. Агәыҭҟьара иақәшәазаргьы, рмашьынарныҟәцаҩ илшеит ахы ацәцара. Азнык азы ҭынчрахашәа иааҟалеит, аха уажәы-уажәы ақырҭқәа идыршоз аԥсуаа рықәхра иазкыз аполитика иунардыруан еибашьрада еилгашьа шыҟамыз…

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0