Зегьы ирызҟазан: еициз аишьцәа Қьаамыни Акакии Барганџьиаа рҭоурых

© Foto / предоставлено Саидой ЖибаҚьаамыни Акакии Барганџьиаа, урҭ рҩыза, гәыԥҩык ахәыҷқәа
Қьаамыни Акакии Барганџьиаа, урҭ рҩыза, гәыԥҩык ахәыҷқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хьӡи-ԥшеи зманы Аԥсны аҭоурых иазынхаз ахаҿқәа рацәоуп. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аполитикцәа, аибашьцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, артистцәа, аспортсменцәа уҳәа.

Иахьа рыӡбахә шәзеиҭаҳҳәоит Аџьынџьтәылатә еиабшьра Ду аветеранцәа, Жәлар рышәаҳәаратәи, рыкәашаратәи ансамбль "Нарҭаа" ахкынагӡаҩцәа иреиуаз, еицииз аишьцәа Қьаамыни Акакии Барганџьиаа. Дара рҭоурых ҳагәылаирԥшит Акаки иԥа Иури Барганџьиа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Гәдоуҭа араион, Хәаԥ ақыҭан, "Абзагә дахьагаз" ҳәа ажәлар рҟны зыӡбахә рҳәо абахә аҵаҟа иахьагьы игылоуп шәышықәса ирҭысхьоу, Қәҭиа Абзагә-иԥа Барганџьиа иргылаз, хәҩык ахшара ахьиааӡаз аҩны. Ԥшьҩык аԥацәеи ԥҳаки иахьрызҳауаз агәараҭа наҟ-наҟ абиԥара ду ҭыҵраны иҟан. Аха Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аналага, Қәҭиа афырхаҵареи агәымшәареи злаз иԥацәа зегьы еибашьра ицеит. Аиҳабацәа Харитони Антипеи хабарда ибжьаӡит.

Кәасҭа Ченгьелиа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ченгьелиа игәалаиршәеит "Нарҭаа" Венгриа "Ахьтәы Таташь" ишаԥсахаз атәы

Чеиџьыка згымыз ари агәараҭа ԥшӡа ахәшҭаарамца ҳазшаз имырцәеит. Амцашыра иалҵны, аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа рыманы иаауеит Қәҭиа еицииз иԥацәа еиҵбацәа Қьаамыни Акакии. Ақыҭаҟны жәлар русқәа еилзыргоз, зажәа ылҵуаз аишьцәа ԥсабарала иҟәышын, хара иԥшуан. Убри аҟнытә, изакәызаалак уск еимактәыс, мамзар ӡбатәыз ауаа рҿаԥхьа ианықәгылоз, дара ракәын аҵыхәтәантәи ажәа ахызҳәаауаз.

Қьаамыни Акакии реибашьратә мҩа атәы алацәажәара бзиа ирбаӡомызт, акызаҵәык ирҳәоз, "ҳара ҳазлаԥшыз анцәа ишәимырбааит" ҳәа акәын.

Еициз аишьцәа хәҩык-хәҩык ахшара рыман. Хҩык-хҩык аԥацәеи, ҩыџьа-ҩыџьа аԥҳацәеи. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аналага, аишьцәа ирхылҵыз фҩык аҷкәынцәа рыԥсадгьыл ахьчара иазгылеит. Руаӡәы, Қьаамын иԥа Валери Шрома дҭахоит.

"Ҳабацәа ирҳәалон, "ҳара ҳазлаԥшыз анцәа ишәимырбааит" ҳәа, аха рышьҭа ахылара ҳлахьынҵахеит. Егьа ԥсыҭбара ҟалазаргьы, ашьа каҭәазаргьы, ҳаԥсадгьыл ахы иақәиҭтәуп, уи ауп ихадароу", - иҳәоит аибашьра аветеран, Акаки Барганџьиа иԥа Иури.

Аҿарпынарҳәаҩы Џьота Хьециа  - Sputnik Аҧсны
Аҿарпынарҳәаҩи аҽыбӷаҟазеи: аибашьцәа Хьециаа Џьотеи Ивани рҭоурых

Қьаамыни Акакии ҽыбӷаҟазацәан. Рыхшара иахьагьы еиқәырханы ирымоуп раӡныла иҩычоу ркәадырқәа, рҟамақәа, рмаҟақәа.

Акаки иакәзар, изныкымкәа аҽырыҩрақәа раан аԥхьахәтә ҭыԥқәеи ахраҿақәеи игахьан.

Аишьцәа идырыҩуаз рнапала ирааӡоз аҽқәа ракәын.

"Қьаамыни Акакии ақыҭанхамҩа ӷәӷәала иныҟәыргон. Хыԥхьаӡара амамызт ирааӡоз арахә, аҽқәа, аџьмақәа. Усҟантәи аамҭазы амазара змаз ҳәа иԥхьаӡан", - иажәа иациҵоит Иури.

© Foto / предоставлено Саидой ЖибаҚьаамын Барганџьиа
Зегьы ирызҟазан: еициз аишьцәа Қьаамыни Акакии Барганџьиаа рҭоурых - Sputnik Аҧсны
Қьаамын Барганџьиа

Асовет Еидгыла аамҭақәа раан, Аԥсны еицырдыруаз ашәаҳәаратәи, акәашаратәи коллективқәа изныкымкәа адунеи атәылақәа ирҭааны рыԥсадгьыл хәыҷ ахьӡ ҭыргахьан. Убас акәын ишыҟаз еициз аишьцәа Қьаамыни Акакии ахкы ахьынарыгӡоз, Кәасҭа Чангьелиа напхгара зиҭоз абыргцәа рышәаҳәаратәи, рыкәашаратәи ансамбль "Нарҭаагьы".

Аколлектив СССРи, Европеи, Америкеи ртәылақәа рахь агастрольқәа рыманы ицалон. Аибашьреи аџьеи рветеранцәа рыла ишьақәгылаз абыргцәа рансамбль зыбла иабоз дыршанхон.

© Foto / предоставлено Саидой ЖибаАкаки Барганџьиа
Зегьы ирызҟазан: еициз аишьцәа Қьаамыни Акакии Барганџьиаа рҭоурых - Sputnik Аҧсны
Акаки Барганџьиа

"Қьаамыни саби агастрольқәа рҟнытә ианаауаз, ҳәашьа рзаҭомызт шаҟа ибзианы аҭыԥантәи ауааԥсыра ирыдыркылоз. Аиҳарак ирхашҭуамызт аҳәаанырцә инхоз аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа иоурыжьыр шырҭахымыз. Мчыбжьык, жәамш уҳәа иахьынӡаҟаз ҭаацәацыԥхьаӡа еихшаны иргон. Аԥсны ишазҵаауаз, аҭоурыхқәа шҭырҵаауаз имыцәакәа иандыршозгьы ыҟан", - аиҳабацәа ражәабжьқәа игәалаиршәоит Акаки иԥа.

Артистцәа рыԥсадгьыл ахь харантәи ианаауаз, раионцыԥхьаӡа ааԥхьара рыҭаны, ашьтәа шьны, ачарақәа рзыруан.

"Нарҭаа" Карибтәи амшын иаԥну адгьылбжьаха Доминика агастрольқәа анрымаз, хаҭала Великобританиа аԥыза-министрс усҟан иҟаз Маргарет Тетчер аишьцәа Қьаамыни Акакии ахкы анынарагӡоз лнапы рзеинылҟьон. Ари ахҭыс зныԥшуа аҭоурыхтә фотосахьагьы ыҟоуп.

© Foto / предоставлено Саидой ЖибаАишьцәа Барганџьиаа Маргарет Тетчер лап,хьа икәашоит
Зегьы ирызҟазан: еициз аишьцәа Қьаамыни Акакии Барганџьиаа рҭоурых - Sputnik Аҧсны
Аишьцәа Барганџьиаа Маргарет Тетчер лап,хьа икәашоит

Аишьцәа алахәны, аколлектив ықәгылахьан Москва, Кремльтәи ахан аҟны.

1974 шықәсазы, Венгриа имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи аетнографиатә фестиваль аҿы аҳамҭа хада "Ахьтәы таташь" иаԥсахеит.

Қьаамыни Акакии ансамбль "Нарҭаа" азы илыԥшаахын. Еициз аишьцәа роура акы акәын, гылашьала, хаҿсахьала, бжьыла зынӡагьы иузеиҩдраауамызт. Атәымуаа ракәым, рыхшарагьы ианрыцәҩашьоз ыҟан. Акызаҵәык - рҟазшьақәа еиԥшымызт.

Ансамбль Нарҭаа - Sputnik Аҧсны
Венгриа зыршанхаз "Нарҭаа", мамзаргьы "Ахьтәы Таташь" аҭоурых

"Саб аибашьраҿы ахәра иоуз, ихы-иҿы ашәахсҭа аннаҵеит азы, убри ала даҳдыруан, иара уигьы ҳааигәара дангылаз. Қьаамын аҽы дканажьхьан аҟнытә, изшьапык ихьуан. Ажәакала, абарҭ адыргақәа рыла ауп ргәакьацәа излеиҩырдраауаз. Амала ҟазшьала еицәыхаран. Қьаамын еиҳа дҟәымшәышәын, саб дыџьбаран. Уи хымԥада ҳара ҳааӡара акәын изныԥшуаз. Ауаа рзы рҩыџьагьы ҳалалын", - иҳәоит Иури.

Қьаамын Акаки иаасҭа хәминуҭк рыла деиҳабын. 90 шықәса нызҵыз, еициз аишьцәа адунеи анырԥсахуазгьы, уамак рыбжьамхеит. Аиҳабы илацә анхиҩа, иаанхазгьы хара дшымнеиуаз рдырит аҭаацәа.

Шьаҿа-шьаҿа адунеи еицаныз, Аԥсни анҭыҵи зыхьӡ наҩхьаз аишьцәа Барганџьиаа рыхьтәы шьҭа наӡаӡа ҳҭоурых иазынхоит. Ҿыц еиҵагылаз рхылҵшьҭразгьы рхаҿсахьа баҟаны, рнысымҩа ҿырԥшыганы иаанхоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Нури Кəарҷиа: Иван Кортуа аԥсуа культура аиҭарҿиара аус аҟны иџьабаа ӷба изҭаӡом

Ажәабжьқәа зегьы
0