Аҭоурыхтә ҵакы аҭаны: Геннади Ҵәыџьба иргылаз абааш маҷ зызку еиҭеиҳәеит

© Foto / Саида ЖибаГеннадий Цвижба
Геннадий Цвижба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажәытәан Гәбаадәы инхоз, аха амҳаџьырра иахнагаз Ҵәыџьаа ргәалашәара аҳаҭыр азы, Гагра ақалақьуаҩ Геннади Ҵәыџьба, иаанда аԥхьа рыжәла адамыӷ аҭаны, инапала абааш маҷ иргылеит. Уи збаразы иара иахь сасра сымҩахыҵит. Аԥшәма исзеиҭеиҳәеит аргылара аидеиа шизцәырҵыз атәы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Гәбаадәы (урысшәала "Красная поляна") ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ аҿы Ҵәыџьԥсы аӡиас (урысшәала Чвижепсе) ахьыбжьысуа аиҩхааҟны аамҭала инхон, ԥсыуаҵас иуҳәозар, Ҵәыџьаа ҳәа аилазаара (Д. Чачхалиа редакторс дызмоу "Джигетский сборник" аҟынтәи). Амҳаџьырраан урҭ рыбжаҩык Ҭырқәтәылаҟа иахнагеит, егьырҭ Аԥсны мрагыларатәи аган ахь иааит (ари аҭоурых нагӡаны иҭҵааӡам иҳәоит ҳзыҿцәажәоз Геннади Ҵәыџьба).

Сынтәа, лаҵарамза 21 аҽны, мчыла зыԥсадгьыл иахцаз ҳауаажәлар ргәалашәара амш аҽны, Гагра ақалақьуаҩ Геннади Ҵәыџьба агәаҳәара изцәырҵит иашьцәа-ижәлантәқәа раҳаҭыр азы иаанда аԥхьа "Ҵәыџь ибааш" ҳәа ахьӡҵаны, рдамыӷа асахьа адчаԥаланы аҭоурых уагәылазырԥшуа абааш маҷ аргылара.

© Foto / Саида ЖибаГеннади Ҵәыџьба XIX ашәышықәсазы мчыла ихырҵәаз ижәлантәқәа раҳаҭыр азы игәашә аԥхьа иргылаз абааш маҷ аҭӡаҿы рдамыӷа асахьа адчаԥалоуп.
Аҭоурыхтә ҵакы аҭаны: Геннади Ҵәыџьба иргылаз абааш маҷ зызку еиҭеиҳәеит - Sputnik Аҧсны
Геннади Ҵәыџьба XIX ашәышықәсазы мчыла ихырҵәаз ижәлантәқәа раҳаҭыр азы игәашә аԥхьа иргылаз абааш маҷ аҭӡаҿы рдамыӷа асахьа адчаԥалоуп.

 

"Ас еиԥш иҟоу аидеиа ансызцәырҵ, сыҷкәын сиҳәеит қьаадк аҟны баашк архитектуратә план сызҭихырц. Иара итәала ихаҿы иааиз сахьак анеиқәиршәа, саргьы амҩа сықәнаҵеит. Схы иасырхәоз аматериал акьыр хаҳә сгәыла Зурик Сергьегьиа ҳамҭас исиҭеит. Ахаҳәԥҟагала зегьы ишәа-иза иԥҟаны, ацементи, аҷабгеи еиларҭәаны еиқәысҵеит, схатә фантазиагьы нацҵо. Аиаша шәасҳәап, сыбжьара гәылак днымхеит зыцхыраара сыдзымгалаз. Зегьы агәахәара рнаҭеит, аиҳарак аҭоурых ахьаныԥшуаз", - еиҭеиҳәоит Геннади Ҵәыџьба.

Геннадий Цвижба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҵәыџьба инапала иргылаз абааш азы: агәра згеит ԥсабарала ахырӷәӷәарҭақәа рыргылара шҳалшо

"Ҵәыџь ибааш" ашьҭыхра ҩымз рҟынӡа дадхалеит аԥшәма. Иара ари аус инапы аналеик, Аԥсны иҳамоу аҭоурых-культуратә баҟақәа ҳмилаҭ аргылара ишазҟазаз, акырӡагьы ишрықәҿиоз лабҿаба иубарҭоуп. Ус акәзар саргьы сазыманшәалахароуп ҳәа хәыцырҭас иман.

Аҵыхәтәаны ус иагьыҟалеит. Иахьа, Гагра ақалақь, Мамзышьхаҟа ухазгало Ачерқьесцәа рымҩа арԥшӡоит амҳаџьыраа ргәалашәара иазку ари абааш маҷ.

"Ачерқьесцәа рымҩа аҭыԥантәи ауааԥсыра рыдагьы, ҳақалақь иаҭаауа асасцәагьы анысуеит. Даргьы егьырҭ ҳкультуратә обиектқәа реиԥш иранаҳәо ҟалап. Насгьы ирбап аԥсуа жәлар шаҟа рҭоурых иазҿлымҳау", - иҳәоит абааш аргылаҩ.

"Ҵәыџь ибааш" маҷ абааштә комплекс ҳәа азуҳәаргьы ауеит. Уи х-хәҭакны ичаԥоуп. Амҵан ишьҭыҵуа амардуанқәа лашьҭуп.

© Foto / Саида ЖибаАбааш маҷ х-хәҭакны ичаԥоуп, аганқәа рҿы еиҿаԥшуа амардуанқәа ҩба лбаашьҭуп.
Аҭоурыхтә ҵакы аҭаны: Геннади Ҵәыџьба иргылаз абааш маҷ зызку еиҭеиҳәеит - Sputnik Аҧсны
Абааш маҷ х-хәҭакны ичаԥоуп, аганқәа рҿы еиҿаԥшуа амардуанқәа ҩба лбаашьҭуп.

Геннади Ҵәыџьба иазгәеиҭеит абааш аҿаԥхьа ацҳа ахҵарагьы игәы ишҭоу, архитектурала Басла иху иеиԥшны.

Убас гәҭакыс имоуп иаанда 100-150 метра днаваланы Аԥсны еицырдыруа архитектуратә баҟақәа ирхәыҷны ркыдчаԥалара.

"Еицаҳдыруа ҳбаҟақәа, ҳбаашқәа, ҳныхабаақәа ирмаҷны рычаԥара еиҳа исзымариахоит, избанзар урҭ асахьақәа рҿы иҟоуп. Раԥхьатәи ашьаҿа акәын маҷк иуадаҩыз", - ҳәа иажәа иациҵоит аԥшәма.

© Foto / Саида ЖибаГеннади Ҵәыџь "инапы хьуп" ҳәа ззырҳәо дреиуоуп, инапала иҟаиҵоит ажәытә аԥсуа маругақәа, амузыкатә рҳәагақәа, иара убас иҩны-игәара зырԥшӡо аҩычагақәа.
Аҭоурыхтә ҵакы аҭаны: Геннади Ҵәыџьба иргылаз абааш маҷ зызку еиҭеиҳәеит - Sputnik Аҧсны
Геннади Ҵәыџь "инапы хьуп" ҳәа ззырҳәо дреиуоуп, инапала иҟаиҵоит ажәытә аԥсуа маругақәа, амузыкатә рҳәагақәа, иара убас иҩны-игәара зырԥшӡо аҩычагақәа.

Геннади Ҵәыџьба "инапы хьуп" ҳәа ззырҳәо иоуп. Иара амҿы аус адуларагьы дазҟазоуп. Иҟаиҵоит ачамгәырқәа, ажәытә аԥсуа маругақәа уҳәа.

"Ҵәыџь ибааш" сазыхынҳәуа исымҳәарц залшом, даҽа символтә ҵакык шаиузгьы. Аԥшәма аргылара хиркәшеит имшира аҽны, ԥхынгәы 15 рзы. Уи арыцхәгьы "салааргәалашәап" ҳәа уаҟа иаирбеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0