Ԥааимбарҵас ҳара ҳтынчраз дҭахеит...

© Фото : АТСаида Делба
Саида Делба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лыԥсы ҭазҭгьы иахьа 55 лхыҵуазаарын аԥсуа поет Саида Делԥҳа. Наунагӡа иқәыԥшны инхаз апоет-қәрахьымӡа ллахьынҵеи лырҿиареи дырзааҭгылоит хаҭала дыздыруаз Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Ԥааимбарҵас ҳара ҳҭынчраз дҭахеит: Саида Делԥҳа илызкны

Сара исызҳәом лареи сареи зынӡа ҳаизааигәан ҳәа, аха ҳаидызкылоз амилаҭтә хақәиҭратә қәԥара ҳаиқәнаршәеит. Дауцәамкәа, лыхцәы аакьаҿны, иццакны ицәажәоз, аԥсадгьыл азҵаатәазы ибылуаз хаҿсахьаны даанхеит сара схаҿы, жәлар рфорум "Аидгылара" ахыбраҿы ҽнак исықәшәаз Саида Делԥҳа. Аԥсуа-ақырҭуа еибаррххарақәа амца аныркыз аамҭан, Аԥсуа ҳәынҭқарратә университет аиҩшара иҵарӡаны ианықәгылаз, аԥсуа жәлар уи ианаҿыгалаз аамҭан.

Саида Делԥҳа лыстудентә шықәсқәа раан Зеррин Шамԥҳа илзылыҩхьаз асалам шәҟәқәа - Sputnik Аҧсны
Саида Делԥҳа лысалам шәҟәы аҟынтә: сара шәара шәызхәыцра сыцизшәа ауп схы шызбо

Ԥхнын, Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аконференц-зал аҿы Алина Ачԥаҳаи сареи ҳаштәаз дааҩналеит дыццакы-цакуа лара. Саида усҟан аҵара лҵон ҳуниверситет аҿы, лажәеинраалақәа ажурнал "Алашара" адаҟьаҿы срыԥхьахьан, аха хаҭала ҳаиқәымшәацызт, наԥшыхақә акәын дшыздыруаз. Аԥҳәызба цәгьа дгәамҵуан, лшәыра иааҭылгеит анапылаҩыра зныз абӷьыц. Алина арадио дадҳәалан, убри аҟынтә, апротест ҟазшьа змаз Саида лнапылаҩыра арадио азы иҭаҩтәын. Атекст ҩын урысшәала, апоет қәыԥш иаалырԥшуан "ауниверситет аиҩшара шзинеилагароу, аректор Алеко Гәарамиа иганахь ақырҭқәа иҟарҵоз аҳәамҭақәа аиаша ишацәыхароу". Даԥхьон лара дыццакны аемоциақәа аҵаҵаны. Ибзианы даныздыр еилыскааит уи лара ишылҟазшьаз. Дбылуан лара мцашәа аԥсадгьыл ахьаазы, анаҩстәи луахҭа урҭ схәыцрақәа шьақәнарӷәӷәеит. Атекст адиктофон иананаҳҵа ашьҭахь, Саида лажәеинраалақәа аацәырылгеит. Аԥхьара далагаанӡа, иаразнак ахҳәаа ҟалҵон "ари бгәаԥхаӡом, ари бзиаӡам",- ҳәа. Даԥхьон дыццакны, аԥсҭазаара кьаҿ илзыԥшыз зегь лнамырҳәарц ҳәа дацәшәошәа. "Саида, бмыццакын!" - сҳәахуан сара, аха лара ишылҟазшьаз еиԥш, анаҩстәи акуплетқәа аацәырылгон. Сзышьцыламыз жәеинраалатә фомақәан апоет қәыԥш лцәаҳәақәа, ус баша, арифмеи артими еинраалан, иҵакыдоу, илаԥшхырԥагоу акәмызт.

"Жәҩан аԥҽыхақәа

Мшынк ихыԥсалоуп.

Исхыҵҵәҟьоу здыруада,

Сеидроу?.."

иҩныҩуан аметафоратә ҟазшьа змаз апоет лцәаҳәақәа ҳзыҩнатәаз аизарҭа. Акыршықәса ҳаицныҟәахьоушәа иаразнык ҳаизааигәахеит лареи сареи.

© Фото : предоставлено Дмитрием ГабелияСаида Делба
Ԥааимбарҵас ҳара ҳтынчраз дҭахеит... - Sputnik Аҧсны
Саида Делба

Уа ҳтәанаҵы, абзиабаратә мотивқәагьы аацәырылгеит: "Сара бзиа узбон. Ахаан ауаҩы абзиабара шизымгәаӷьыц ",- абас лыбзиабарагьы ҵаулан апоет, лыԥсадгьыл ахь иаалырԥшуаз апатриотизм адагьы. Акырынтә ҳаиқәшәахьан, акырынтә исалҳәахьан лажәеинраалақәа ркьыԥхьра аредакторцәа уамак ишахымыццакуа, уи лара ахагәрагара шлыцәнарӡуа. Сцәа иалашәоазшәа "Бмыццакын, апоетҵәҟьа иаамҭа ааиуеит", - сҳәон лгәы сырӷәӷәарц. Еилыскаауан лара лыстиль асовет редактура ишанымаалоз, ишаднамкылоз. Саида исалҳәахьан зҭак дазыԥшым абзиабара шлыцу, ииашоуп, ицәырлымгеит уи дазусҭоу, саргьы сазымҵааит. Дбылуан лара, аха лыԥсадгьыл ахьаа еиҳа илхьаан лхатә разҟы аҵкысгьы: "Бзиа узбацыԥхьаӡа сузхәыцуеит, бзиа узбацыԥхьаӡа угәхьаазгоит", - лҳәозаргьы. Лара лпоезиаҿы еиҳарак аҳра руеит ҩ-темак: аԥсадгьыл ахьааи абзиабаратә мотиви. "Сагеит сара сыдгьыл ахьаа" - абас ахьӡуп апоет лажәеираалақәа руакы. Имариоума ас аҳәара, ахьаа уамгозар?! "Адгьыл ахьаа ҭаԥҽыха сагеит, Адгьыл, аӡхыҵреиԥш, агәала еиҳахеит", - лҳәоит Саида зыӡбахә сымоу ажәеираалаҿы.

© Foto / предоставлено Дмитрием ГабелияСаида Делба
Ԥааимбарҵас ҳара ҳтынчраз дҭахеит... - Sputnik Аҧсны
Саида Делба

Саида лырҿиамҭақәа рҿы аԥсреи абзареи рызхәыцра рацәоуп. Иҟалап апоетцәа ишырҟазшьоу еиԥш, луахҭа лнырхьазаргьы, мамзар избан лара ас аԥсра дзазхәыцуаз? Избан, ԥааимбарҵас ахҭысқәа иҟалаша аамҭаҿы излыргылз: "Сшыԥсыша иазхәыцӡом иахьала…", "Сыԥсымҭаз цәашьык адыркып, Иԥсхьоу срықәлахеит" - абас аԥсра азхәыцратә мотивқәа акырџьара иуԥылоит апоет-қәрахьымӡа лырҿиараҿы. Адунеи дшахамжәаауаз лдыруазшәа, апоет заа луасиаҭқәа лҳәахьан, усҟак акьыԥхьразы ирыдрымкылоз лпоезиаҿы.

© Фото : предоставлено Дмитрием ГабелияСаида Делԥҳаи (арымарахьала ҵаҟатәи акәакь) уи лҩызцәеи: Гәыгәыца Џьыкырԥҳа, Алина Ачԥҳа, Инна Ҳаџьымԥҳа, Екатерина Бебиаԥҳа, Мариа Дауҭиа
Ԥааимбарҵас ҳара ҳтынчраз дҭахеит... - Sputnik Аҧсны
Саида Делԥҳаи (арымарахьала ҵаҟатәи акәакь) уи лҩызцәеи: Гәыгәыца Џьыкырԥҳа, Алина Ачԥҳа, Инна Ҳаџьымԥҳа, Екатерина Бебиаԥҳа, Мариа Дауҭиа

Саида дрылахәын ҳтәылаҿы амилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара иадҳәалаз ахҭысқәа зегьы. Абри аамҭазы илызгәамҭаӡакәа лҵара илцәагхазаап. Лара ибзианы дыздыруаз сыԥшәма исзеиҭеиҳәеит Саида лыҭцара азҵаара шықәгылаз. Усҟан азеиԥшынхарҭаҿы дынхон лара. Сыԥшәмагьы уа дыҩнан, астудентцәа реилазаара деиҳабын. Иара илабжьигеит, иҟалаз шыҟалаз аректор иаахтны иалҳәр дшеиқәирхо. Саида дшыԥхашьозгьы убасҵәҟьа дныҟәеит. Алеко Алықьса-иԥа астудентка азин лиҭеит анаҩстәи асессиаҿы аԥышәарақәа реиҭаҭира. Агхарақәа илымазгьы ибла аазхиҩеит, дызҿыз ҵакыс иамаз еилкааны.

© Фото : предоставлено Дмитрием ГабелияСаида Делԥҳа (арымарахьала игылоу)
Ԥааимбарҵас ҳара ҳтынчраз дҭахеит... - Sputnik Аҧсны
Саида Делԥҳа (арымарахьала игылоу)

Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра ианалага, апоет рҿиарала мацара акәымкәа, аибашьра адәаҿы ахаԥышәара дазцеит. Ирацәаҩума ус иззыгәаӷьуаз? Уеизгьы-уеизгьы, ахацәа зегь агәырқьҳәа аибашьра адәы иазцама, Саида жәылара дымцар ада ԥсыхәа ыҟамкәа? Аха лара дбылуан лыԥсадгьыл аразҟы азы. Дцеит дымлакҩаккәа, аӷа ибла аҭаԥшра дацәымшәо. Уи лҭахара уамашәагьы ибатәым. Ахы иацәымшәоз, зыԥсадгьыл ахьаа акалашәа изныруаз кәырбанҵас ҳара ҳтынчраз дҭахеит. Ԥхынҷқәынымза раԥхьатәи амш 1992 шықәсазы иҭашәеит апоет Саида Делԥҳа лымра. Мыркәыла ицоз ажәылара иахәыз ҳаибашьцәа реиқәырхара иазықәԥоз апоет, дкылкаан аӷа ихы лара илаахеит: "Сара сшьызу сшьымзу сзымдыруа, Ишьыз срыцын". Иҭашәеит 27 шықәса зхыҵуаз апоет лымра, аԥсҭазаараҿы иаԥылҵоз ацәаҳәақәа рҿахәы налыгӡазшәа…

"Адгьыл сыцәмаҷуп, ари адгьыл сазкӡом,

Исзымҳәаша сашәақәа шысҳәаша збом.

Сыдгьыл иаҿыҵшәаз лаӷырӡык ала сшьуп,

Схьаақәа ирылахаз сымҩа заҵәуп…"

Аамҭак иҳацану аклассик Алықьса Гогәуа Саида Делԥҳа илзиҳәахьеит "Агени дызҭаауаз апоет" ҳәа. Ииашаҵәҟьаны, лцәаҳәақәа рҵаки рҳәашьеи, ирымоу аԥсҭазаара адырреи удыршанхоит, зҿаҳәатәы ҟало поетны дыҟан лара. Апоет Саиба Делԥҳа иахьа илхыҵуазаарын 55 шықәса. Лара данҭаха ашьҭахь ауп адунеи шәҟәны ианабаз апоет дызхаанымхаз лажәеинраалақәа реизга. 1996 шықәсазы иҭыҵит "Сыдгьыл санықәны" ҳәа хьӡыс измоу лҩызцәа Гәында Сақаниаԥҳаи Алина Ачԥҳаи еиқәдыршәаз раԥхьатәи аизга. Уи азы, здунеи зыԥсаххьаз, зажәеинраалақәа асовет аамҭазы ркьыԥхьра ззымариамыз апоет иланашьан Д. Гәлиа ипремиа. 2005 шықәсазы иҭыҵуеит апоет Инна Ҳашԥҳа еиқәлыршәаз аҩбатәи ашәҟәы "Амацәыс ашьҭа".

© Sputnik Бадраҟ АҩӡбаСаида Делба лышәҟәы "Амацәыс ашьҭа"
Ԥааимбарҵас ҳара ҳтынчраз дҭахеит... - Sputnik Аҧсны
Саида Делба лышәҟәы "Амацәыс ашьҭа"

Саида Делԥҳа лажәеинараалақәа ҳԥылоит иара убас, ажурнал "Алашара", "Аԥсуа поезиа антологиа", "Ахаҵарашәа" уҳәа еиуеиԥшым аҭыжьымҭақәа рҿы.

ОВНА - Sputnik Аҧсны
Арадио
"Агәалашәара амҩала": Саида Делԥҳа лфырԥҳәысра иазкны

Данҭаха ашьҭахь апоезиа абзиабаҩцәа ироуит алшара, уи лцәаҳәақәа ӡыхьҵас рҿыхәара. Саида джуп Тҟәарчал аҳаблақәа ируаку Аҟәарчаԥан. Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы, Амҳаџьырқәа рбаҟа азааигәара, ишьҭоуп апоет лгәаларшәара иазку агәы асахьа змоу ахаҳә. Ари апроект аидеиа авторс дамоуп ашәҟәыҩҩы Дырмит Габалиа. Уа игылоуп ауаҩы дтәаны иԥсы ахьишьаша арымӡ. Уи ахаҳә иаласоуп ашәҟәи аҩыгеи, хазы иарсуп ахаҳә ззышьҭаҵоу илызку аҩыра зну аӷәыцәмаҟьа зкыдчаԥало ашьаҟа. Ҽнак зны, иааҳалаҩҩит, аҩыгеи аӷәыцәмаҟьеи аԥхасҭа шроуз. Зҭоурых ззымдыруа архәашаҩцәа иҟарҵазаап… "Сышәхашҭхьеит сара зны шьыжьла ара ашәҭқәа сыҟәшәон..",- лымҳәахьаз лхаҭа, уажәгьы лыбжьы гозар абри акәхарын илҳәарыз данқәыԥшыз ари аҭыԥ иаҭаалоз Саида. Даҽа зныкгьы зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз лдунеи асимволра азызуа абаҟа еиҭашьақәыргылан аидеиа автор ибзоурала. Аиашазы, Аҟәа иалагылоу абаҟақәа зегь раԥхьа исыргылоит Саида лыхьӡ зху ахаҳә. Лара дақәшаҳаҭхарымызт абаҟа ду, уи мыцхәуп ҳәа ишьаны. Лара лыԥсадгьыл алахьынҵа акәын идуны илшьоз, уи азы аҭахара баҩык аланы илбомызт.

© Sputnik Анжелика Бения Памятное мероприятие посвященное поэтессе Саиде Делба
1/3
Памятное мероприятие посвященное поэтессе Саиде Делба
© Sputnik / Акоп Кущян Памятник молодой поэтессе Саиде Делба
Памятник молодой поэтессе Саиде Делба - Sputnik Аҧсны
2/3
Памятник молодой поэтессе Саиде Делба
© Sputnik Анжелика БенияПамятное мероприятие посвященное поэтессе Саиде Делба
3/3
Памятное мероприятие посвященное поэтессе Саиде Делба
1/3
Памятное мероприятие посвященное поэтессе Саиде Делба
2/3
Памятник молодой поэтессе Саиде Делба
3/3
Памятное мероприятие посвященное поэтессе Саиде Делба

Апоет лажәеинраалақәа зегьы узырхәыцуа ракәзаргьы, зегь акоуп аԥхьаҩ лаҳасабала иалыскаауеит, аӡы дӡааԥшылозшәа илҩыз "Аибашьра ашьҭахь". Ишԥалныри абри аҩыза аҭагылазаашьа ҟалар шалшоз ҳәа схәыцуеит еснагь, лышәҟәы адаҟьақәа аартуа лпоезиатә дунеи санаҭаауа:

Еибашьра ашьҭахь иззеибашьыз рхашҭны,

Еицын зеибашьра нҵәаны ихынҳәыз,

Еибашьра - инымҵәацыз адәы иқәын,

Уиижьҭеи агәхашҭра зауз

Амра, акгьы агәаламшәо аҽабылуан…

Ажәабжьқәа зегьы
0