Шьаҿак шьҭахьҟа…

© Sputnik / Томас ТхайцукВыдача пенсий
Выдача пенсий - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны атәанчаҩцәа жәытәла ртәанчахәы амхра асистемахь гьежьтәыс иахьроуз зыхҟьаз, нас уи нархас иаиуа азы лгәаанагара ҳацеиҩылшоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Шьаҿак шьҭахьҟа

Шықәса 50 раԥхьа ақыҭаҿы атәанчаҩы иԥара аҩныҟа иааигон аԥошьҭаныҟәгаҩ. Санду илоуаз 20 мааҭ ракәын, лара аџьамыӷәа илхылгахьаз ала иҵегь еиҳазар акәын, аха усҟан атәанчахә ду зауаз рацәаҩымызт, зегь еиҟаран. Ус акәзаргьы, 20 мааҭ иалшозгьы маҷмызт: Москванӡа аԥырра 25-ҟа мааҭ ракәын иагоз, убри аҟынтә нанду лтәанчахәы аҩны "еиҽырбоз" ҳрацәаҩын.

Исгәалашәоит, лтәанчахәы аамҭа анааиуаз аламҭалазы, сҳәатәхаҵаҩха сшыҟалоз, лҿы иааҭшәоз зегь насыгӡон, избанзар издыруан, илоуаз аԥара аҟынтә саргьы ак шсаӡоз. Ахәыҷқәа ҳрацәаҩын, нанду лԥара лнапаҿы ианлоулак, иара уа ашҭа дшықәтәаз ианылшоз ыҟан. Ҳара ҳзы уи ныҳәан.

Аамҭа ԥхьаҟа ицеит, аԥсҭазаара еиӷьхар акәын, аха иахьатәи аамҭазы ақыҭаҿы акәым, ақалақь аҿы атәанчаҩы аҩны дыштәоу иԥара аӡәгьы изнеигом. Ԥхынҷкәын 1, 2011 шықәсазы ҳтәылаҿы аусура иалагеит "Аелектронтә хархәагақәа рыла амилаҭтә електронтә шәатәы" азы азакәан. Анаҩсан ҳаԥсҭазаараҿы маҷ-маҷ ицәырҵуа иалагеит "Аԥра" захьӡу акартақәа рыла атәанчахәы, ауалафахәы уҳәа рамхара, иара убас ахәаахәҭра, ҳаамҭа иақәшәо аԥараныҟәгаратә система абзоурала.

Сотрудница почтового отделения в Симферополе во время выдачи пенсии - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа тәанчахәы ашәара нанҳәамза аиҩшамҭанӡа имҩаԥыслоит

Хықәкыла атәанчахәы аиура азҵаатәы ҳалацәажәозар, азнык азы акартақәа рыла абанкоматкәа рҿы  аԥара амхра атәанчаҩцәа рзы иуадаҩын. Еиԥкааны асистема аус ауларц, атәанчаҩцәа ирзыманшәалахарц азы азин ыҟан, абанкомат аҿы иззамымхуа аҵәахырҭатә банк аҩныҵҟа амхра.

Иҳамбӡакәа "Аԥра-карта" захьӡу атәанчаҩцәагьы, егьырҭ атәыла иқәынхогьы зегьы ашьцылеит ари аситемала анхара. Ииашоуп, атәанчахәы анҭарҵоз раԥхьатәи амш азы, уи ада хныҟәгага змам абанкоматқәа ирыдеизаланы агәаран иқәгылан, ус акәзаргьы иҟан даҽа лшаракгьы, даҽа банкк иатәыз абанкмат аҿы атәанчахәы амхра. Атәанчаҩцәа рзы ари асистема иацын даҽа маншәаларак - аамҭа ԥкрак ақәымкәа, ианырҭахыз аамҭазы, ҵхыбжьонзаргьы, ауаҩы иман алшара абанкмат аԥара аҭыгара.

Абас ҳшааиуаз, аҩышьеи аԥхьашьеи зҵаны залфавит анырхуа реиԥш, ҳазҭагылоу аамҭазы, дырҩагьых атәанчаҩцәа гьежьтәыс ироуит рпаспортқәеи ркартақәеи аашьҭыхны, аҵәахырҭа аҩныҵҟа аԥара амхра. Шьаҿак шьҭахьҟа рымҳәои? Ари зыхҟьаз, аҳәынҭқарра аӷьычра иазҟазоу риааира ахьалымшо азоуп. Аабыкьа иҟалаз алаҳәара ишаҳнарбо ала, урыстәылатәи атәанчахәы зауаз, здунеи зыԥсаххьаз рԥарақәа амхны џьоукы иргон, убри иахҟьаны ибжьыхны ирфеит 17 миллион мааҭ. Ажәакала, урыстәылатәи атәанчахә фонд иацәыӡит мазарак аԥара.

Ес-жәамз атәанчаҩцәа арегистрациа ишахысуагьы, уи аамҭа абжьара здунеи зыԥсахуа ирызку аинформациа ҵәахны, аԥара бжьганы иргон даҽа џьоукы. Иҟоу аинформациа ала, уи иалаҟьашьуп аҵәахырҭатә банк аоперациа амҩаԥгаҩцәеи, здунеи зыԥсахыз атәанчаҩцәа рҭынхацәеи. Ари аус макьана иҭҵааны, ахара зду анахьдырхәуа аныкәу аҳәара уадаҩуп, аха абри иахҟьаны, урыстәылатәи аган акартақәа рыла Аԥсны аԥара амхра асистема агәрагара рцәыӡит. Ажәакла, ҳгьежьыр акәхеит шьтахьҟа, амчраҿ иҟоу ари хылаԥшра ахьырзамҭо иахҟьаны.

Сбербанк Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аҵәахырҭатә банк урыстәылатәи атәанчахәқәа ршәара аграфик шьақәнаргылеит

Алаҳәара иҳауз ишаҳнарбо ала, атәанчаҩы азин имазаауеит, иззиҭаху иганахь анотариус аҿы агәрагаратә шәҟәы ҟаҵаны, аҵәахырҭатә кассаҿы аԥара изамырхуа аҟаҵара. Абри асистема исызцәырнагоит азҵаатәы. Иаҳҳәап, быргк иҭынхак ихьӡала агәрагартә шәҟәы ҟаиҵеит, уи иабзоураны итәанчахәы аҭынха амхра азин имазаауеит. Ашәҟәы аныҟарҵа адырҩаҽны иара идунеи иԥсахзар? Усҟан, жәамз рыбжьара, аҳәынҭқарра адырра амҭаӡакәа, агәрагаратә шәҟәы зку аҭынха иԥсыз иԥара амхра илымшо?! Хымԥада, ари аҭагылазаашьаҿы аԥара амызхыз дазусҭоу аилкаара мариоуп, аха ҳара ҳаӡбарҭатә системаҿы аусқәа рыхәаԥшра аамҭа рацәа злаго ала, ибжьыхны ифаз аԥара иаразнак аргьежьрагьы уадаҩхоит.

Ишыжәдыруа еиԥш, ҳара ҳҿы здунеи зыԥсахыз, аҩны дыкҿоуп, Урыстәыла ишыҟоу еиԥш, иԥсра зыхҟьаз ахьышьақәдырӷәӷәо амедицинатә експертиза ҟаҵарҭахь аӡәгьы дигом. Аҭынхацәа намыс рыманы, рхала ирымҳәозар, здунеи зыԥсаххьоу ауаа рсиа иахьахәҭоу ианаамҭоу инеиуам. Алхрақәа раамҭазы акырынтә асиа ианны избахьеит жәашықәса раԥхьа здунеи зыԥсаххьоу ауаа рыхьӡқәа. Ари иаҳәоит, абри азҵаатәы ҳҭәылаҿы амҩа шазыԥшаам.

Сбербанк Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аҵәахырҭатә банк аҿы иҟаз аӷьычразы аусҭҵаара аӡбарҭахь ирыҭоуп

Ақыҭақәа рҿы иԥсыз изку аинформациа ақыҭа ахадара рзы ашәҟәы анҵара еиҳа иманшәалоуп, зегь ахьеибадыруа, иахьеибаҵәуо аҟынтә, аха ақалақьқәа рҿы уи иазку аинформациа ашьҭазаара зуалу деилкаам. Абарҭқәа ирыхҟьаны здунеи зыԥсахыз иԥара намыс змам аҭынхацәеи, аҵәахырҭақәа русуҩцәеи налаҵаны, ибжьганы ирфоит. Ари азҵаатәы аҳәаақәҵара зуалу амчратә система ауп. Сара сгәанала, абри апроблема аԥырхразы, иԥсыз дарбанызаалак, иҭыӡҭыԥ ахьыҟазаалакгьы, амедицинатә експерт уи иԥсра зыхҟьаз атәы шьақәзырӷәӷәо ашәҟәы имырхиакәа, здунеи зыԥсахыз анышә иамадара азин ыҟамзароуп. Ари уамак иуадаҩу зҵаараӡам, аус злоу иара хацырктәуп.

Уажәы, агәыргьынчмазара иҳалоу ҳахәаԥшны иаҳҳәозар, абыргцәа агәаран рықәгылара, аҵәахырҭа аҩныҵҟа аҩналара, уҳәа шәарҭара ацымкәа иҟам. Ацәажәарақәа шыҟоу ала, хаҭала атәанчаҩцәа рпаспорткәа рыманы рԥара амырхуа иҟамлар, Урыстәылатәи аган ҳтәанчаҩцәа аҳәаа иахыҵны, Адлер, ма Шәача ртәанчахәы амхра цатәыс ироур ауеит. Ари еиҳагьы иаруадаҩуеит ақәра змоу, згәабзиара уашәшәыроу ауаа рыԥсҭазаара.

Сбербанк  - Sputnik Аҧсны
Аҵәахырҭатә банк аоперационисткацәа атәанчаҩцәа рԥара ргон ҳәа агәҩара ыҟоуп

Ҳазҭагылоу аамҭазы урыстәылатәи, иара убас аԥсуа тәанчахәы зауа ҳтәылауаа, аибашьра аинвалидцәа налаҵаны, еиҭагьежьыр акәхеит ҳашьҭахьҟа инҳажьыз атәанчахә амхратә системахьы, аҳәынҭқарра амаҵ азызуа аԥараӷьычцәа рхылаԥшра ахьрылымшо азы.

Имҩасыз амчыбжь азы, ицәырҵит аинформациа Аҟәа аҵәахырҭатә банк аусуҩцәа рганахь ашьауӷатә ус хацыркуп ҳәа. Шықәсык иназынаԥшуа, Аҟәа, Аиааира амҩаду 84 аҿы аус зуаз аҵәахырҭаҿы аоперациа мҩаԥызгоз ҩыџьа аҳәса здунеи зыԥсахыз атәанчаҩцәа рԥарақәа амхны иргон, иҷыдоу асхема хәыцны ҳәа гәҩарас иҟаҵаны ашьауӷатә ус аартуп. Аҳәара уадаҩуп, ари азҵаатәы аҿы апрокуратура акәу, гәҩарас ирымоу ракәу аиааира зго, насгьы шаҟа аамҭа иадхало акәаԥ аргыларазы. Абас иҟанаҵы, ҳтәанчаҩцәа рыԥсҭазаара ауадаҩра ацзаауеит, агәаран иқәгыланы ирзоужьу аԥара амхраҿы.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0