Акаҳуеи аҳаҵлеи: аилазаара "Ашацкыра апоетцәа" шеиҿкаахаз

© Foto / предоставлено Аинаром ЧитанааАшацкыра
Ашацкыра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алитературатә еилазаара "Ашацкыра апоетцәа" арҿиара знапы алаку аҿар еиднакылоит. Уи аиҿкаараҿы акаҳуа рольс инанагӡаз, насгьы аҳаҵла зеиҭаҳатәхаз дазааҭгылоит ажурналист Аинар Ҷыҭанаа.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Дуӡӡак аҟынтәи ҳаауеит

Ҭагалантәи амш ԥхақәа руак азы ҩыџьа апоетцәа – Дырмит Габалиеи Абзагә Аҟалӷьбеи, аҽнышьыбжьон, амшын аԥшаҳәаҿы каҳуажәра ишаҿыз снарыхҭыгәлеит.

Мышқәак рышьҭахь ажурналист Девид Гобечиа дҳацны, мрагыларахь ҳхы рханы амҩа ҳанылахьан. Ҳарҭ ҳахҩык иҳацын "ҳҵәаӷәамҭақәа", Девид – "ифото-видео-блаҭыхга".

Дырмит Габалыиа - Sputnik Аҧсны
Габалыиа: ҳбызшәа алшара бзиаӡа ҳнаҭоит адунеи ахь амҩахыҵразы

Крааҵуан жәеинраалақәак ҳармыԥхьеижьҭеи – абас иҟан ҳныҟәара аҿыҵга. Зегь раԥхьа уи ахшыҩзцара ихаҿы иааит Дырмит, иара убасҟан, аԥшаҳәаҿы акаҳуа анаҳжәуаз аамҭазы.

Аҽны ҳаҭааит Басариа ихьӡ зху Очамчыратәи ашкол-интернат. Уи аамҭазы "коронавирус" ҳцәагьы ҳацәагьы макьана иаламшәацызт аҟнытә ҳрыдыркылеит ҳаргәыдыҳәҳәаланы. Имаацызт адистанциа-мистанциақәа "рмодагьы".

Апоетцәа рҭеиҭыԥш ашколхәыҷқәа рхаҿы ишааиуа ҳашьашәалон ҳәа сгәы иаанагом, аха а-Пушкинхареи а-Шьынқәбахареи аҽны ҳаргьы хықәкыс иҳамаӡамызт. Сааҭк аҟара иргәарԥханы иӡырҩуан аҵаҩцәагьы. Рнапеинҟьабжь еиҳа-еиҳа иӷәӷәахо ианалага – иазҳархеит. Избанзар зны-зынла уи агәыԥҵәарагьы иадыргоуп.

Ԥыҭк ҳагәқәа (анаҩс ҳлымҳақәагьы) анҳарда, аԥшәмацәа адиреқтор иуадаҟны пату ҳақәырҵар рҭаххеит. Ашкол уанҭо ари ауадахь анагарақәа бзиарак иазҳәам, џьаракы аҩнагалара-аҩныгараҿы уаныцхырааҩу алаҳамҵозар. Аха уажәазы сасра ҳуеит, ҳзыцәшәо егьыҟам.

Дук мырҵыкәа ашкол анапхгареи арҵаҩцәеи иҭабуп ҳәа нараҳәаны, аԥсуа шәақәа ҳәо, мамзаргьы ирӷызуа, ҳазлааз ала ашьшьыҳәа ҳанҿынаҳхеит. Ҳаԥхьаҟа Аҟәанӡа ишьҭоу амҩа хароуп, арҿиара мҩа акәзар – нҵәара ақәӡам.

– Ҳзусҭцәоу жәдыруама? – ҳәа ҿааиҭит Дырмит, Очамчыра ҳаналсуаз аамҭазы.

– Ыы? – ҳҳәеит ҳаргьы, иҵаашьа џьашьаны.

– "Ашацкыра апоетцәа" ҳауп.

Арҿиаратә шәырҵла

Ари машәыршақә иҳәаз ажәақәамызт, анаҩстәи ҳныҟәарахьгьы "Ашацкыра апоетцәа" раҳасабала амҩа ҳақәлеит. Жьҭаарамза 24 рзы ҳара ҳаҭааит Ҷыҷыкәа Хьиба ихьӡ зху Баслахәтәи абжьаратә школ.

Аԥсуаа рҳәашьа, сара истәуп ҳәа акәым изысҳәо, аха ари ашкол аҵас бзиақәеи аҳаҭыри змоу ҵараиурҭоуп. Аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи ирызку, ашкол ашҭа ҭбааҭыцә ҭзырҭәаауа абаҳча мацара абанӡанеиуеи. Дара рнапала еиҭарҳаз аҵлақәа еиламҩашьарц азы досу анҩыларақәа рымоуп. Аԥсуара иазку ауадаҿы еизгоуп ибеиаӡоу аҭоурыхтә материал.

Акыр жәашықәса раԥхьа ари ашкол аҟны ашәҟәыҩҩцәеи ашколхәыҷқәеи рыбжьара асалам шәыҟәқәа реимдара хацыркын. Уи аҵас бзиа еиқәырханы иаагоуп иахьанӡагьы, асалам шәҟәқәа зегьы еиҷаҳарыла иҵәахуп хыхь зызбахә ҳәаз ауадаҿы.

Ашацкыра апоетцәагьы ари абаҳча ссир аҟны ҳахьӡ зҳәо ҵлак ыҟазарц ҳҭаххан, аҳаҵла ааганы еиҭаҳҳаит. Хәыҷык-хәыҷык баҳала аус анаҳуы, ҳаиасит ажәеинраалақәа рыԥхьарахьгьы.

© Foto / предоставлено Аинаром ЧитанааАшацкыра апоетцәа аҳаҵла еиҭарҳаит Баслахәтәи абжьаратә школ ашҭаҟны
Акаҳуеи аҳаҵлеи: аилазаара Ашацкыра апоетцәа шеиҿкаахаз - Sputnik Аҧсны
Ашацкыра апоетцәа аҳаҵла еиҭарҳаит Баслахәтәи абжьаратә школ ашҭаҟны

Анаҩстәи ахҭысқәа еиҭаҳәаратә формала иаасырԥшуеит, аԥхьаҩ ажәа дасмыршьразы.

Иҭәы-иԥха имҩаҧысыз ари аиԥылара ашьҭахь ашацкыраа анаҩстәи ҳаиқәшәара шықәсыбжак еиҳаны иахырԥатәхеит. Уи зыхҟьаз аҭагылазаашьақәа рацәоуп.

Инҵәеит 2019-тәи ашықәс. 2020-тәи алагамҭа акәзар аибабарақәеи аиқәшәарақәеи рзин ааҳамнахын, "zoom" ала авидео еимадара мацара ҳҽалаҳагӡар акәхеит. Ари аамҭа иалагӡаны ҳаилазаара иацлеит: Алмас Шьалашьаа, Шьазина Бганԥҳа, Ҳаџьараҭ Џьыкьырба, Адгәыр Амԥар.

Акарантин ашьҭахь

Ачымазара иадҳәалаз агәыҭҟьарақәа маҷк ианеихсыӷь, ԥхынгәымза 23 аҽны, Дырмит Гәлиа илитературатә-мемориалтә музеи аҟны ицәыргахеит алитературатә еилазаара "Ашацкыра апоетцәа". Уи алахәылацәа досу ҳҩымҭақәа акы-ҩба ҳрыԥхьеит, иара убас инеимда-ааимдо ҳаԥхьеит "Ашацкыра апоетцәа Рҭоуба".

Ашацкыра апоетцәа реилазаара - Sputnik Аҧсны
"Ашацкыра апоетцәа": Аԥсны алитературатә еилазаара ҿыц аԥҵахеит

Аҭӡаҿы икыдын асахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа ҳаилазаара иазирхиаз адыргаҷагьы.

Апоет, ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа, аилазаара ҿыц иазкны игәаанагара ҳәо, иазгәеиҭеит:

"Аамҭа аҿахәы шаҟа иҳазҳәо, шаҟа аҵакы ҳзеилкаауа – уброуп ҳпоезиагьы аԥсы ахьҭало. Иагьа ирԥшӡаны иуҩыргьы, агәы аҵамзар, агәаӷь амамзар, аԥсуара ыҟамзар – уи алҩа иаҩызоуп. Избанзар, иахьа узыԥхьо алитература убри аҟара ирацәоуп, уи иалкааны ахатә бжьы ацәыргара мариаӡам. Аха абаҩхатәра змоу уи амаҵ иуроуп. Даара узызхьаауа, угәы иаҭаху зегьы аанужьыр ауп, иулоу наугӡарц азы, имца хааны уаблырц азы. Изгәаԥхо ҟалоит, изгәамԥхогьы ҟалоит, аха сара исҭахыз сҳәеит, са сыдагьы аӡәгьы изҳәомызт ҳәа агәаанагара ануоулак – убасҟан ауп ажәеинраала аныуҩыз".

Адгәыр Амԥар аҭоубаҭара адырхаҽны ҳаилазаара даналҵ, Гәлиа иҩны-амузеи аҟны Даур Наҷҟьебиа иҳаиҳәаз ажәақәа атыхҳәа иааҳгәалашәеит. Ашәҟәыҩҩы ҳгәыԥ алахәылацәа зегьы шнымхо, мышкы зны аӡәы ишынижьуа ҳгәы ҳҽаниҵахьан, аха уи амш ас лассы иаауеит ҳәа ҳгәы иаанагомызт.

Ааигәазы акы-ҩба усмҩаԥгатә азԥхьагәаҭаны иҳамоуп. Аԥсуа политикцәа ражәақәа рыла иуҳәозар "иҟаҵатәу рацәоуп", аха урҭ зегьы раԥхьа игылоуп арҿиара.

Алитературатә еилазаара "Ашацкыра апоетцәа" адаҟьақәа феисбуки инстаграми рҟны иаԥҵоуп. Уаҟа агәыԥ алахәылацәа рырҿиамҭа ҿыцқәеи аилазаара аԥсҭазаашьа атәы зҳәо ажәабжьқәеи лассы-лассы ишәыдаагалалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0