Атәым жәҩан џьынџьны иззыҟалаз: Лыхны инхо анемец ҭаацәара рҭоурых

© Sputnik / Томас ТхайцукНемецкая семья Пробст из села Лыхны
Немецкая семья Пробст из села Лыхны  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәым жәҩан џьынџьны иззыкаҟалаз анемец ҭаацәара ирызку анҵамҭа шәыдаагалоит иахьатәи ҳанҵамҭаҟны.

Наала Гәымԥҳа, Sputnik

Ишдыру еиԥш, Аԥсны Аҳәынҭқарра иқәынхоит аԥсуаа рыдагьы еиуеиԥшым егьырҭ амилаҭқәа. Урҭ зегьы ирымоуп рхатәы ҭоурых, рхатәы нысымҩа. Иахьа ҳаззаҭгыларц иаҳҭаху анемец ҭаацәара нхоит Лыхны ақыҭан. Аԥсуала ихәыцуа, аԥсуа иҵас-иқьабз ныҟәызго ҭаацәароуп зыӡбахә ҳамоу Гиульден Пробст иҭаацәара.

Гиульден Пробст диит Германиа, ақалақь Кведлинбург 1945 шықәсазы. Адунеи аҟны имҩаԥысуаз усҟантәи аполитика иахҟьаны имаҷым изыниаз арыцҳарақәа. Аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа еиҳагьы ицәгьахеит Пробст иҭаацәара рзыҳәан. Гиульдент иаб аибашьраҿы дҭахеит, иани, иандуи ԥшьҩык ахәыҷқәа рыманы иаанхеит. Ихәыҷра ашықәсқәа игәаларшәо иҳәоит:

© Sputnik / Томас ТхайцукГиульден Пробст
Атәым жәҩан џьынџьны иззыҟалаз: Лыхны инхо анемец ҭаацәара рҭоурых - Sputnik Аҧсны
Гиульден Пробст

"Схәыҷра ашықәсқәа ансгәалашәо сгәы ԥшаауеит. Даара ицәгьан ҳазҭагылаз аамҭа. Сҭаацәеи сареи ҳанхон анышәҩны аҟны. Аибашьра анцоз зегьы рбылуан, иԥыржәон, аха ҳара ауахәама ааигәара ҳахьынхоз иахырҟьаны рацәак ааха ҳмоуит. Усҟан ауахәама ҽакала иазнеиуан, акәша-мыкәша ихысуамызт. Санду илҳәоны исгәалашәоит анышәҩны аҟны анхара даара ишыцәгьаз", - иҳәоит Гиульден.

Ԥшьҩык ахәыҷқәа рааӡара аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы даараӡа ицәгьан Гиульден иан лзы. Аӡынра ааигәахо иалагеит, ахьҭа иакуан, амла иакуан. Амца злеиқәырҵаша амҿы рымамызт. Анышәҩны аҟны аӡын ахьрызхымгоз иахҟьаны ҭаацәала иахьцаша иазхәыцуа иалагеит. Гиульден иан илыӡбеит Америкаҟа лхәыҷқәеи лани лыманы дықәҵырц.

© Sputnik / Томас ТхайцукГельмут Пробст
Атәым жәҩан џьынџьны иззыҟалаз: Лыхны инхо анемец ҭаацәара рҭоурых - Sputnik Аҧсны
Гельмут Пробст

"Сан илыӡбеит Америкаҟа ақәҵра, аха санду илымуит. Уи хҩык лԥацәа аибашьра ҟалаанӡа Урыстәыла иҟан. Сыҷкәынцәа сыԥшаанӡа џьаргьы сцом ҳәа даақәгылеит. Иҟалҵахуаз сан, лан дныжьны дзымцеит", - иҳәоит Гиульден.

Аҭаацәа ирыӡбеит ишеицу Урыстәылаҟа идәықәларц. Урҭ илаԥшықәҵаны ирызкылԥшуа иалагеит, рыгәра ргомызт. Уахь рдәықәлара зыбзоуроу Гиульден иаб иашьа иоуп. Уи дхьыҵхҩын, дынџьнырын, аус иуан Урыстәыла. Аҭаацәа уахь рцара атәы игәаларшәо Гиульден иҳәоит:

"Сара усҟан схәыҷын , аха ибзианы исгәалашәоит уахь ҳцара аҭоурых. Польша аҳәаа ҳанынахыҵ атауар вагонқәа ҳрықәдыртәеит. Ауаа еидыӷәӷәала еивагылан, аҳауа ҳазхомызт ашәқәа зегьы аркын. Амлакра ҟалеит, ахьҭакра ҟалеит, ҩыџьа ауаа рыԥсҭазаара иалҵит. Ҳҭыԥаҟны ҳаннеи, авагон ашә аадыртызыр, шьамхышәара асы ҳнылагылт. Абас Урыстәыла ҳнанагеит. Аладатәи Урал, ақалақь Мариал. Ҳнаганы алагер ҳәа иахьашьҭаз ҳаҩнарҵеит. Иуҳәар ҟалоит хатәгәаԥхарала алагер хҽаҳҭеит ҳәа. Исгәалашәоит убра ҳаныҟаз зны иаҳзааит аашьҭымҭа. Уаҟа иҭан амаҭәа ԥхақәа, ахаа-мыхаақәа. Иабаҳбахьаз ахаа-мыхаа, ифаны ҳаналга, излаҳәаз ацәа ҳафыҩуан. Сан илҳәоны исаҳаит "иҟаларымашь убри аҩыза аамҭа, ача шкәакәа ала сгәы ансырҭәуа" ҳәа" - еиҭеиҳәоит Пробст.

Абарҭ зегьы рыхганы Урыстәылаҟа иааит Гиульден Пробст иҭаацәеи иареи. Дара ибзиаӡаны ирдыруан изҭагылаз аамҭа цәгьа аиааира ус ишымариамыз. Еиқәырхатәын ҭаацәак, ан илымчу зегьы ҟалҵон лхәыҷқәа амла иамкырцаз. Ааигәа иҟаз азауадқәа рыҟны аусура иалагеит. Ирулак, рымчқәа зегьы еибыҭаны амла, ахьҭа рҽадмыркит, аха анду лыԥсҭазаара далҵит уаҟа, илызхымгеит лԥацәеи лареи наӡаӡатәи реиԥырҵра.

1953 шықәсазы Сталин иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь, Пробст иҭаацәа иаарылыҩит рыԥсҭазаара шьаҭанкыла изыԥсахыз ажәабжь. Уи атәы игәаларшәо Гиульден иҳәоит:

"Ҽнак зны алагер аҟны иҟаз зегьы ҳаидкыланы иҳаларҳәеит иахьарнахыс ҳхы ҳшақәиҭу атәы, аха уаҳа ҳаԥсадгьыл ахь хынҳәышьа шҳамам. Ари заҳаз аҳәса рыбжьы ҭкааны аҵәыуара иалагеит, ахацәа ргәынқьбжьы иахьа уажәраанӡа слымҳа иҭыҩуеит. Агәырҩеи, ахьааи шаҟаџьара удырӷәӷәозеи", - иҳәоит Гиульден даақәыԥсычҳаны.

Ари иаарылаҩыз ажәабжь ашьҭахь иааҿахҵәеит зегьы ргәыӷрақәа. Рыԥсадгьыл наӡаӡа иалхәдаахеит, уахь хынҳәышьа рмоуа аҭагылазаашьа рзаԥҵан.

Анаҩс Гиульден иан лашьа ибзоурала иааит Аԥсныҟа. Уи рҵаҩыс аус иуан Бақьланка школ аҟны, анемец бызшәа арҵаҩыс.

© Sputnik / Томас ТхайцукЛыхны ақыҭан инхо анемец ҭаацәара Пробст аҳәсақәа
Атәым жәҩан џьынџьны иззыҟалаз: Лыхны инхо анемец ҭаацәара рҭоурых - Sputnik Аҧсны
Лыхны ақыҭан инхо анемец ҭаацәара Пробст аҳәсақәа

"Сан лашьа идырралоуп Аԥсны аӡбахә ҳаҳаны ҳшааз. Уи анемец бызшәа арҵаҩыс аус иуан Ростов ақалақь аҟны. 1939 шықәсазы ахара идҵаны ддырӡырц ргәы иҭан НКВД аусзуҩцәа, аха аӡәы игәиҽанҵарала ииулак дыбналеит. Аԥсныҟа дааит, араҟа Бақьланка ашкол аҟны аусура далагеит, анаҩс диасит нхара Лыхны ақыҭахь.Лыхнытәи абжьаратә школ аҟны рҵаҩыс аусура далагеит. Иҳамаз зегьы ҭины ауп Аԥсныҟа ҳаара зыҟалаз. Ара ҳахьааиз нхара ҳалагеит Лыхны ақыҭан. Иаразнак афабрикахь ҳцеит ҭаацәала аусура", - ҳәа азгәеиҭоит Гиульден.

Гиульден араҟа аҭаацәара далалеит, ирҳаит аҩызцәа рацәаҩны. Ихигаз арыцҳара изымхозшәа, машәырла иԥа иԥсҭазаара далҵит, анаҩс иашьа иԥа дҭахоит Аԥсны Аџьынџьтәалатә еибашьраан, Гагратәи ажәылараҟны.

Аха Гиульден агәырҩа иҽаимҭеит, ивагылеит иҩызцәа, урҭ зегьы гәадурала дрыхцәажәоит.

"Сыԥсҭазаараҿы еиуеиԥшым агәырҩақәа срыниахьеит, исхызымгац ҳәа акгьы ыҟаӡам. Сԥа машәырла данҭаха адунеи ақәлара сара сзын имчыла усын, аха исывагылеит, сгәы дырӷәӷәон сгәылацәа, сҩызцәа аԥсуаа. Иахьсықәҿиаз ҳәа иахьысыԥхьаӡо акы заҵәык аҟны ауп, Урыстәыла снымхакәа, Аԥсныҟа сахьааз", - ҳәа иҳәоит Гиульден Пробст.

Ажәабжьқәа зегьы
0