Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла иахьа иаԥсҭазаашьоу: Вахтанг Аԥҳазоу иҿцәажәара

© Sputnik / Томас ТхайцукВахтанг Абхазоу
Вахтанг Абхазоу  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект "Алашара ҳзырбо ауаа" иацҵауа, ашәҟәыҩҩы Анатоли Лагәлаа диҿцәажәеит Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу.

Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аҟны аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ҳаԥхьаҩцәа зеигәырӷьаша аусқәа маҷымкәа еиҿкаауп. Имҩаԥысуеит Аԥсны қалақьцыԥхьаӡа ашәҟәыҩҩцәеи аԥхьаҩцәеи реиԥыларақәа, ҳашәҟәыҩҩцәа риубилеиқәа рымҩаԥгарақәа, аҩра знапы алаку аҿари ашәҟәыҩҩцәеи реиԥыларақәа, ашәҟә ҿыцқәа рӡыргарақәа, Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла иатәу ҳжурналқәеи ҳгазеҭқәеи рактиви дареи реиқәшәарақәа, Урыстәылатәи ашәҟәыҩҩцәа дуқәа рԥыларақәа уҳәа убас ирацәаны. Убарҭ зегьы ирылукаартә иҟоуп Ашәҟәыҩҩцәа реидгылаҟны ааигәаӡа иахьаԥырҵаз, раԥхьаӡа акәны иара иатәу асаит. Ари аиашаз гәырӷьара дууп, ҳаԥсуа доуҳатә культура иазҿлымҳау ҳаԥхьаҩцәа адунеи ахьынӡанаӡааӡо зегьы рзы. Избанзар ари асаит аҟынтәи урҭ шьҭа ироулоит алшара ҳлитература иаланагало аҿыцрақәа зегьы рыҩны ркомпиутерқәеи рҭелқәеи рҟны рбара, раԥхьара! Шәааи нас, уажәы ҳиҿцәажәап ари асаит аԥҵаразы аџьабаа ду збаз ашәҟәыҩҩы, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу!

- Иахьа адунеи аҿы арҿиаратә еилазаарақәа зхатә саит змам аимадарагьы рымаӡам, еиҳаракгьы Ашәҟәыҩҩцәа реидгылақәа. Избанзар анкьа ажурналқәеи, агазеҭқәеи, ашәҟәқәеи раахәарҭа дәқьанқәа рҿы инанагозҭгьы, уажәы уи аҩыза алшара еиҳа акырӡа имаҷхеит. Убри аганахьала, даара ихҭыс бзиахеит Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла асаит ахьаԥышәҵаз! Уаҳзалацәажәар ҳҭахын уи аиҿкаашьа аҭоурых…

- Ишдыру еиҧш, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992-1993) ҳажәлар ацәыӡ дуқәа роуит, шьардаҩ рыҧсадгьыл рхы ақәырҵеит, аҵыхәтәан Аиааира рнапаҿы иҟалеит. Уи нахысгьы ахақәиҭра ашьақәырӷәӷәареи ахьыҧшымра азхаҵареи ирзықәҧалатәын, Аҧсны асоциал-економикатә ҿиара амҩа ианылеит, аха даара ауадаҩрақәа цәырҵуан. Аибашьраан ақәылаҩцәа, аӡәгьы дшырымшаҭоз еиҧш, акгьы ршаҭомызт, ргыгшәыграқәа аадырҧшуан.

Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла асаит - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла асаит аусура иалагеит

Урҭ адоуҳатә культура ахәышҭаарақәагьы иреигӡомызт, идырбгон, ирбылуан, иреихсуан амузеиқәа, архивқәа, абиблиотекақәа, абаҟақәа, зехьынџьара еиҧш, аҧсуа интеллигенциа рынхарҭақәа дырҳәуан, еимырҵәон рхатә архивқәа, рнапылаҩырақәа. Убас ирҳәын Аҧсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ажурналқәеи агазеҭқәеи рредакциақәа. Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аҟны шамахамзар акгьы еиқәымхеит. Аибашьра ашьҭахь архив инаркны, адокументқәа зегьы шьақәыргылатәхеит. Аидгыла иалаз рыҧсҭазаареи рырҿиаратә мҩеи зныҧшуаз, досу изкны хаз-хазы еиқәыршәаз зегьы бжьаӡит. Аибашьра ҳажәлар риааирала ианеилга, ҩаҧхьа хәыҷы-хәыҷла рхьышьҭра иазыхынҳәуан акультуратә хәышҭаарақәа, арҿиаратә еилазаарақәа. Ашәҟәыҩҩцәа реидгылаҿгьы, ақәра змоу ахеидкылақәа ируакны излаҟоу ала, ҿыц ишьақәыргылатәын уи аиҿкаареи изнысхьоу амҩеи, амилаҭтә литература аҿиара апроцесс ишалахәыз, имҩаҧнагоз аусура аазырҧшуа рҭоурых, афотосахьақәа убрахь иналаҵаны. Абри аус хымҧада ишаҭахыз аҧсҭазаара ахаҭа иҳаҵанаҳәон, анапхгараҿы еснагь уи рылаҧшҳәааҿы иҟан, амаҵ азыруан.

Ҳара иаадыруан нхыҵ-кавказтәи ҳаешьаратә жәларқәа рмилаҭтә литературақәа рхацыркыҩцәа инадыркны ҳаамҭазтәиқәа рҟынӡа ашәҟәыҩҩцәа рбиографиақәеи рбиблиографиақәеи еидызкылоз хазы ашәҟәқәа шыҭрыжьхьаз. Ҳаргьы 2015 шықәсазы иазаҳаӡбеит ус еиҧш иҟоу аҭыжьымҭа азырхиара напы алаҳкырц. Имариоу акы акәны ишыҟамызгьы, ари аҧшьгараҿы дсыдгылеит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Виачеслав Бигәаа, ҳусгьы даара иарманшәалеит аматериалқәа реиқәыршәараҿы, рыҩраҿы. Ҩышықәса ирылагӡаны ашәҟәы урысшәала еиқәҳаршәеит, аҵарауаҩ Бигәаа инарҭбаау иаҧхьажәагьы ацны. Уи иахьӡуп "Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа рырҿиаратә еилазаарақәеи амилаҭтә литературатә процесси аҭоурых-культуратә контекст ала (1920-2010 ш.ш.)"

© Foto / Вахтанг АԥҳазоуАшәҟәыҩҩы Вахтанг Аԥҳазоуи, ашәаҳәаҩ Гәнда Ферзԥҳаи, ажурналист Екатерина Бебиаԥҳаи, апоет Терент Ҷаниеи, амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариеи, апоетесса Гунда Сақаниаԥҳаи гәыԥҩык аҿари
Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла иахьа иаԥсҭазаашьоу: Вахтанг Аԥҳазоу иҿцәажәара - Sputnik Аҧсны
Ашәҟәыҩҩы Вахтанг Аԥҳазоуи, ашәаҳәаҩ Гәнда Ферзԥҳаи, ажурналист Екатерина Бебиаԥҳаи, апоет Терент Ҷаниеи, амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариеи, апоетесса Гунда Сақаниаԥҳаи гәыԥҩык аҿари

- Ҳара уажәраанӡа Виачеслав Бигәааи уареи урысшәала иҭшәыжьхьаз ашәҟәы "Абхазские писатели. Биобиблиографический словарь" ҳхы иаҳархәон. Уажәы уи шеибгоу асаит ахь ииажәгозар акәхап.

- Иазгәаҭатәуп аҭыжьымҭа "Абхазские писатели. Биобиблиографический словарь" хәарҭара шалоу, агәра аагоит арҿиаҩцәа мацара ракәымкәа, арҵаҩцәеи, астудентцәеи, аҵаҩцәеи, алитература абзиабаҩцәеи рзы хархәага бзианы ишыҟазаауа. Аҵарауаа, аҧхьаҩцәа, аҧсуа литература, акультура, Аҧсны алитературатә ҧсҭазаара иазҿлымҳау зегьы рзы ицхыраагӡаны иҟалап ҳәа сгәы иаанагоит. Ажәар аҟны ицәыргоуп аҧсуа сахьаркыратә литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа инаиркны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла иалаз, иахьа уи аилазаараҿы иҟоу рнаҩсангьы Аҧсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа еиднакылогьы. Ҳәарада, ари аҭыжьымҭа иагәылоу аматериалқәа асаит аԥҵараан ахархәара роуит. Ашәҟәы ахаҭа акәзаргьы асаит иҭагалахоит.

© Foto / Владимир ТрефиловАлықьса Гогәуа ишәҟәы "Асду" аӡыргараан. Москва.
Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла иахьа иаԥсҭазаашьоу: Вахтанг Аԥҳазоу иҿцәажәара - Sputnik Аҧсны
Алықьса Гогәуа ишәҟәы "Асду" аӡыргараан. Москва.

- Ишԥаҟоу Урыстәылатәи ашәҟәыҩҩцәеи шәареи шәеимадарақәа, аиҭагара аус шәызхацыркыма ҿыц?

- Иазааҭгылазар ахәҭоуп ҵыҧх 85 шықәса зхыҵыз Аҧсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла алахәылацәа рахьтә СССР Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла иалаз зегьы 1999 шықәсазы Урыстәыла Ашәҟәыҩҩцәа реидгылахь ишрыдыркылаз. 2019 шықәсазы ҿыцны ишьақәҳаргылеит урҭ Урыстәыла Ашәҟәыҩҩцәа реидгылахь ишрыдыркылахьаз шьақәзырӷәӷәо ашәҟәы, уи ала зегьы аршаҳаҭга ҿыцқәагьы роуит. Абарҭқәа алыршахеит Урыстәыла Ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи Аҧсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи ирыбжьоу аиҩызареи аусеицуреи ирыбзоураны. Уи зыршаҳаҭуа акоуп 2019 шықәсазы Урыстәыла Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Н. Иванов зхадараҿы дыҟаз ашәҟәыҩҩцәа рделегациа Аҧсны раҭаара. Аҧсны ахада иҟны аиҧыларагьы рзеиҿкаан, уи нахыс аҧсуа шәҟәыҩҩцәеи дареи еиҧылеит. Ҳәара аҭахума, ҧхьаҟатәи ҳаимадареи ҳусеицуреи рганахьала еиуеиҧшым азҵаарақәа ҳаицрылацәажәеит. Еицаҳзеиҧшу апроектқәа раҧҵареи рынагӡареи алыршаразы агәыӷрақәагьы ҳамоуп.

© Foto / Вахтанг АԥҳазоуВахтанг Аԥҳазоу
Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла иахьа иаԥсҭазаашьоу: Вахтанг Аԥҳазоу иҿцәажәара - Sputnik Аҧсны
Вахтанг Аԥҳазоу

Аҧсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла алоуп Москва иҟоу ашәҟәыҩҩцәа реидгылақәа жәларбжьаратәи реилазаара, аусеицурагьы ҳабжьоуп. 2016 шықәсазы антологиак аҳасабала дара рхарџь ала иҳазҭрыжьит аурысшәахь еиҭагоу 19-ҩык ҳаамҭазтәи аҧсуа поетцәа ражәеинраалақәа (иаазыркьаҿу рбиографиақәеи рфотосахьақәеи рыцны) реизга. Ари арҿиаратә еилазаара аҧшьгарала иахьазы аус рыдааулоит ҩ-проектк: ҳаамҭазтәи аҧсуа шәҟәыҩҩцәа рыжәабжьқәа аурысшәахь реиҭагақәа еидызкыло ашәҟәы (еиқәыршәоуп, рхатә харџь ала Москва иҭрыжьраны иҟоуп); аҩбатәи - ҳаамҭазтәи аурыс поетцәа ҩажәаҩык ражәеинраалақәа реизга аҧсшәахь еиҭаганы аҭыжьра иазырхиахоит.

Ажәа ахы мҳәакәа аҵыхәа узҳәом, сыззааиуа убри ауп, "Аҧсуа шәҟәыҩҩцәа. Абиобиблиографиатә жәар" ҳазҭагылоу аамҭазы аҵарауаҩ Виачеслав Бигәааи сареи аҧсшәахь аиҭагара ҳнапы алакуп. Урҭ аматериалқәа уасхырны иҟалеит Аҧсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгылаҿы ҩышықәса раҧхьа иаҧшьаагаз ҳарҿиаратә еилазаара ахатә саит аҧҵараҿы. Аамҭа ҧхьаҟа ицоит, аҧсҭазаара адҵа ҿыцқәа ықәнаргылоит. Урыстәылеи егьырҭ атәылақәеи рҟнытә ҳҩызцәа ашәҟәыҩҩцәа еидызкыло ртәылақәа рҟны рхатә саитқәа еиҿкааны ирымоуп, уи ала адунеи алитературатә процесс аҿиара иалахәуп, реимадарақәа дырҭбаауеит. Абри хықәкыс ишьҭыхны асаит аиқәыршәаразы иаҭаху аматериалқәа разырхиара напы аҳаркит. Аҧхьа зегьы урысшәала еиқәҳаршәеит, уи нахыс аҧсышәала разырхиара ашҟа ҳаиасит. 2019 шықәсазы асаит аартра аус адызуло аҟаза – апрограммист Нар Занҭареи ҳареи иҳабжьаҳҵаз аиқәшаҳаҭрала инапынҵа наигӡеит. Абар, ааигәа иазҿлымҳау зегьы ахархәарахь ироуит Аҧсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла асаит (аҧсышәалеи урысшәалеи).

- Уажәы уазааҭгылар ҳҭахуп асаит аиқәыршәашьа, уи аҟәшақәеи, адаҟьа хадақәеи ирну, ҳаԥсуа ԥхьаҩ иабанӡаицхраауеи, инаҭома иахьатәи ҳлитератураҿы имҩаԥысуа арҿиаратә процесс аизҳашьазы аинформациа?!

Вахтанг Абхазоу - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аԥҳазоу Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла асаит азы: шьаҿа бзиоуп аԥсуа доуҳатә культуразы

- Ааи, аҧхьаҩцәа ирдырырц рҭаххоит асаит аиқәыршәашьа. Асаит ахьаатуа адаҟьа хада аҟны ицәырҵуеит: хыхь – Аҧснытәи ашьхақәа, урҭ дыргәылубаауеит амилаҭтә литература ауасхыр азышьҭаҵаҩ Дырмит Гәлиа (армарахьала); агәҭаны – Аҧсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ҳәа изну ҳарҿиаратә еилазаара анаҧҵаз арыцхә узырбо, сахьала еиқәыршәоу аемблема ҷыда (еиқәиршәеит Руслан Габлиа); арӷьарахь – Дырмит Гәлиа ицитата "Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Асаит еихшоуп аҟәшақәа рыла. "Аидгыла" зыхьӡу аҟны ахархәаҩцәа иднардыруеит ҳарҿиаратә еилазаара аҭоурых алитература аҿиара апроцесс иаҿырҧшны. "Анапхгара" аҟәшаҿы иубарҭоуп Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахадара аилазаара; Аидгыла агәаҭара-ревизиатә комиссиа аилазаара; Аидгыла аусзуҩцәа; Аидгыла анапхгара (1933-2020); Аидгыла Алитфонд анапхгара. "Ажәабжьқәа" рыҟәша аҟны аҧхьаҩцәа ирыдгалахалоит алитературатә ҧсҭазаараҿы имҩаҧысуа ахҭысқәа ирызку еиуеиҧшым ажәабжьқәа. "Аҭыжьымҭақәа" аҟәшаҿы ицәыргахоит ҿыц иҭыҵуа аҧсуа шәҟәыҩҩцәа рырҿиамҭақәа еидызкыло ашәҟәқәа. "Ашәҟәыҩҩцәа" аҟәша аҟны акәзар, аҧхьа иаатуеит ашәҟәыҩҩцәа рсиа (рыжәла, рыхьӡ, рабхьӡы, ианиз арыцхә). Уи нахыс ахархәаҩ ииҭаху ашәҟәыҩҩы ижәла ахьану хазы иааиртуеит. Уаҟа ицәырҵуеит ашәҟәыҩҩы ифотосахьа зцу ибиографиеи ибиблиографиеи. "Афотоҭыхымҭақәа" аҟәша еиднакылоит Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла еиҿнакаауа аусмҩаҧгатәқәеи, иара убас алитературатә ҧсҭазаареи аазырҧшуа афотосахьақәа. "Аимадара" аҟәша ахархәаҩ иеилнаркаауеит Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аҭыӡҭыҧ ахсалаа ацны.

© Foto / Вахтанг АԥҳазоуАԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла асаит раԥхьатәи адаҟьа
Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла иахьа иаԥсҭазаашьоу: Вахтанг Аԥҳазоу иҿцәажәара - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла асаит раԥхьатәи адаҟьа

- Даара уаҩ деигәырӷьартә иҟоуп Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аофициалтә саит ахьеиҿкаахаз, уи уара хыла уџьабаа ӷәӷәа адуп! Насгьы, акраанагоит уи ҩ-бызшәак рыла иахьышьақәгылаз: аԥсшәеи аурысшәеи. Адунеи аҿы ҳдоуҳатә культура аӡыргаразы ари аус бзиа акырӡа ицхыраара духоит, ҳлитературатә шҭа "иҭанарԥшуеит" уажәраанӡа ҳаззымдыруаз ҳаԥхьаҩцәа зқьҩыла!

- Асаит ахьаатуа адаҟьа хада аҟны ицәырҵуеит ажәабжь ҿыцқәа рцыҧҵәахақәа асахьақәа рыцҵаны, иара убас Аидгыла аҭоурых ацыҧҵәаха.

Ахархәаҩ даара дарманшәалоит ҳәа сгәы иаанагоит хазы-хазы иахьцәыргоу Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла иатәу ҳжурналқәа "Алашареи", "Амцабзи", ҳгазеҭ "Аамҭеи" рыхьӡқәа (рсахьақәа), ианаҧҵаз арыцхәқәа рыцҵаны. Арҭ аҭыжьымҭақәа рдаҟьа ҷыдақәа рҟны ицәырҵуеит уажәазы аҵыхәтәантәи хәышықәса ирымҽханакуа ашықәсқәа рзы иҭыҵхьоу ажурналқәеи агазеҭқәеи рномерқәа зегьы. Аҧхьа ицәырҵуеит аҭыжьымҭа ахьӡи ашықәси ахьану ашықәсқәа рсиа, араҟа иҟоуп аҭыжьымҭа аҭоурыхгьы.

Иазгәаҭатәуп аҧхьаҟазы Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла асаит есааира ишхарҭәаахало. Мышьҭабзиала шәаҭаала Аҧсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аофициалтә саит, араҟа еснагь ишәыдгалахалоит шәзызҿлымҳахаша ажәабжь ҿыцқәеи, ашәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәеи, иара убас Аҧсны алитературатә, акультуратә ҧсҭазаара шәагәыланарҧшлоит.

Аҵыхәтәан иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп аханатә аҧшьгамҭаҿы исыдгылаз Виачеслав Бигәаа, ажурналқәа "Алашареи" "Амцабзи" рархивқәа реиқәыршәара иахаҵгылаз урҭ рредакторцәа Анатоли Лагәлааи Инна Аҳашбеи, асаит аиқәыршәара иазааҧсаз, иаамҭамкәа зыҧсҭазаара ҿахҵәаз, абаҩхатәра злаз ашәҟәыҩҩы Даур Занҭариа иҧа Нар, насгьы Адамыр Беренџьи, алагала ыҟоуп иара убас Алитфонд (аиҳабы – Гәында Кәыҵниа).

Сгәы иаанагоит аҳәынҭқарратә бызшәа ахархәареи аларҵәареи рус аҟны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла асаитгьы ахатә лагала ҟанаҵалоит ҳәа, еснагь еиҧш, асахьаркыратә ажәа аӡыргара ианазгәышьуа аамҭазы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0