Ахи ахәамци анеидҳәалам: дҵаки қәҵараки рҭоурых

© SputnikАнбан
Анбан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр аԥсуа школқәа ирызкны иҭижьыз идҵа иахылҿиааз аҭыӡшәеи ҳтәылаҿы ахатәы бызшәа ахьчара аус иахаҵгыло зырацәами дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Иахьатәи аԥсуа ҳәынҭқарраҿы ахатәы бызшәа азҵаатәы зегь реиҳа иҵарны иқәгылоу акәны иҟоуп, аекономика инаваргыланы. Иҳамоуп азакәан, аха иамам нагӡашьа.

Дҵаки қәҵараки рҭоурых

Дҵаки қәҵараки

Аҵарашықәс алагамҭазы Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа ԥсышәала иҭижьит адҵа №157 "Милаҭла иаԥсуаау ахәыҷқәа иаԥсуам ашколқәа рахь радкылара аанкылазааит 2020 шықәса нанҳәамза 20 инаркны" ҳәа. Ари акыр иарцәажәеит асоциалтә ҳақәа ирҭаауа ҳмилаҭ ахаҭарнакцәа, еиҳаракгьы "амцаԥшь ықәлеит" феисбуктәи ацәаҳәаҿы. "Ари дискриминациоуп, Аконституциа иаҿагылоит, аҭаацәа азин рымоуп иахьырҭаху рыхшара ашкол иҭарҵарц" ҳәа, урысшәала аҩышьа здыруа зегь еихеит, иара убас иҟоуп уи иадгылазгьы, аха урҭ еснагь еиԥш рхыԥхьаӡара еиҵоуп.

День знаний в 2-ой средней школе - Sputnik Аҧсны
Аҵара аминистр идҵа: аԥсуа хәыҷқәа аԥсуа школқәа рахь мацара ирыдыркылароуп

Аиашазы, ҳара аҵарадырразы азакәан злаҳамам ала, аминистр идҵа азакәан ианаалом, дыццакцәазаргьы ҟалоит. "Аԥсуаа шәхәыҷқәа аԥсуа школ ахь ижәга" ҳәа акырынтә аинтеллигенциа рхаҭарнакцәа аҳәамҭақәа ҟарҵалон, аха зегь акоуп, ари азы иофициалтәу адҵа ҟамлацызт, азакәан иахьашьашәалам азы. Хара аԥшра аҭахымхеит, адырҩаҽны Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб урысшәала иҭижьыз иқәҵарала, аҵареи абызшәатә политикеи рзы аминистр Габлиа идҵа "Ҳтәылауаа рконституциатә зинқәа ирҿагылоит" ҳәа азгәаҭаны иааникылеит. Ахыи ахәамци анеидҳәалам абас ауп ишыҟало. Ас еиԥш игәаӷьыуацәоу азҵаатәқәа рҿы, аиҳабыра рҿы еицахәаԥшны, азиндырҩцәа адгаланы заа ирыхәшьадыр акәын.

Азакәан аилагара атәы ҳҳәозар, иахьатәи уаанӡатәи апрезидентцәа "Аҳәынҭқарратә бызшәазы азакәан" 2-тәи ахәҭаҷ еилаганы аҳәынҭқарратә бызшәа ззымдыруа ауаа министрцәас иҟарҵон, иҟарҵоит иахьагьы, аха ари азы аӡәгьы гәынамӡара ааирԥшуамызт, амала аминистр иҟаиҵаз адҵа рыҭра иҭнарҟьеит ҳбызшәа шыӡуа зымбо зегьы. Аминистр идҵа азакәан иақәшәом, аха иара абри ала иааԥшит ҳара ҳҵарадырратә система абҩарақәа.

Аемиграциеи абызшәатә политикеи

Иахьа ҳтәылаҿы иҟоу ашколқәа зегь рҿы аԥсшәа ишахысуагьы, зегь акоуп, еиҳаракгьы ақалақьқәа рҿы ашкол иалго ахәыҷқәа рахьтә аԥсуа бызшәа ишахәҭоу зхы иазырхәарц зылшо маҷҩуп, еиҳаракгьы аурыс школқәа ирылго. Ақыҭақәа ракәзар, ақалақь аганахь ицо аемиграциатә процессқәа ирыхҟьаны, ашколқәа ирҭо аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара иагхоит, аус ахьауагьы аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара маҷҩуп, амаҭәарқәа зегь хаҭәааны ирзаԥхьаша арҵаҩцәа ахьыҟамгьы ыҟоуп. Ақыҭаҿы ахныҟәгара злауадаҩхаз ала, анхаҩцәа рыхшара аусура ҳәа ақалақьқәа рахь ииасит, убри алагьы абызшәатә культурагьы ԥсыҽхо иалагеит. Знык ақалақьтә каҭран зшьапы нанзыргылаз аԥсуаа, аҷҷаҳәа урысшәала рыхшара ирацәажәо амҩадуқәа ирнылоит. Ақыҭа школқәа рҿы арҵаҩцәа разымхара апроблема зыҟоу, аҿар уахь ицом, избанзар арҵаҩы ирҳауа ала ухы узныҟәгом.

Рустам Аншба  - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аншба онлаин аҵаразы: асистема ашьаҭа ашьақәыргылара кыраамҭа ҳцәагеит, аха иазырхиоуп

Ажәакала, аекономикеи аҵарадырреи рышьхәа еивҵоуп. Ақыҭаҿы анхаҩы иаагарҭа ыҟамакәа, абиԥарақәа ақалақь рҽарҭоит, уи иҵнашәаауеит ҳара ҳбызшәа. Уажәы ҳазҭагылоу апандемиа аамҭазы, арҵаратә процесс аиҿкаара еиҳагьы иуадаҩхеит, абжьгарақәа злаҟоу ала, класск аҿы 25-ҩык иреиҳаны итәамзароуп, насгьы, аламбаратә (дистанционное) ҳәа изышьҭоу асистемагьы аус арутәхар ауеит. Имариамыз аамҭазы, аҭагылазаашьа ҭымҵаакәа хыхь ҳазлацәажәоз идҵа ҟаиҵазар ҟалап аминистр Габлиа, аха митәы ианиаз митәы ҟаиҵеит рымҳәеи? Сара иџьасшьо, ари азҵаара зҽахызшьаауа аԥсуаа ахьракәу ауп. Ииҳәазеи аминистр? Аԥсуаа ҳбызшәа ыӡуеит, шәыхшара аԥсуа школқәа ирышәҭ ҳәа акәӡами?

Иазгәаҭатәуп, ахәбатәи акласс инаркны аԥсуа школқәа рҿы аԥсуа бызшәеи алитературеи рыда зегь урысшәала ишахысуа. Абарҭқәа ҳрыԥшны, иахьатәи аԥсуа школқәа рҿы абызшәа ашьҭкааразы аҭагылазаашьа хьысҳауп ҳҳәар ауеит. Абас акәзаргьы, зыхшара ақалақьтә школқәа ирҭаз ан лаҳасабала, исҳәарц сылшоит, зегь акоуп аԥсуа школ аҵаҩы еиҳа инаҭоит абызшәа аганахь, избанзар, амаҭәар адагьы, акласснҭыҵтә еиԥыларақәа, ахәылԥазқәа уҳәа ԥсышәала имҩаԥыргоит, ашкол аҿы ԥсышәала ицәажәо арҵаҩцәа рхыԥхьаӡара еиҳауп. Аԥсуа ҳәынҭқарра амаа зку абызшәа апроблема ишазыҟоу ҳазааҭгылозар, аибашьра ааилгазар, Аԥсны аҭоурых амацара акәзаргьы, ашколхәыҷқәа ԥсышәала иахысуа аҟаҵара рылымшеит. Уи аамҭазы малла ибеиахаз ачынуаа маҷҩым, ихадоу акәымкәа, амалрҳара милаҭтә идеианы ишьҭаҳхит азы. Ақалақьтә аԥсуа школқәа рҿы, аҭагылазаашьа хыхь ишысҳәаз еиԥш иуадаҩзаргьы, зегь акоуп, аԥсуа хәыҷы ихдырра аршәразы еиҳа ихәарҭоуп иаԥсуам ашкол данҭоу аасҭа.

Аибашьра анеилга ашьҭахь, иахьа сахьынхо азааигәараҵәҟьа иҟан аурыс школ, амҩа ааихысҵәар схәыҷқәа ашкол ахь иназгон, аха сыхгьы иҭамшәеит ус аныҟәара. Сааигәа инхоз даҽа ԥсыуа ԥҳәыск "ус бымун" ҳәа шласхәоз, ҩыџьа лыхшара аурыс школ иалҭеит. Ҳхәыҷқәа андуха, са стәқәа аԥсшәа шырзынхаз, лара лтәқәа рбызшәа шырҿабаз ангәалҭа "сыбшьырауааз ус аныҟасҵоз" ҳәа даасыдгылт. Аконституциа азин лнамҭози, иахьылҭахыз илышьҭит лыхшара, аха ирыгхеит зегь реиҳа ихадоу рхатәы бызшәа. Абри аҩыза аҿырԥштәқәа рацәоуп. Аҟәатәи 2-тәи аурыс школ ахь, иаԥсыуаам рыхшара аҭыԥ рымҭо, аԥсуаа рхәыҷқәа уахь инаргоит, шамаха рбызшәагьы ыӡуеит. Абарҭқәа дрызхәыцны акәхап аминистр адҵа зыҟаиҵаз, аха дазхәыцыр акәын, азакәантә шьаҭа иахьазы ишамамыз, насгьы уи ишаҿагылоз зхатәы бызшәа шыӡуа ззеилымкаауа аԥсуаа.

Адискриминациа атема

Уаанӡатәи арбагақәа рыла Аԥсны иҟоуп 159 школ, иаԥсыуоу ашколқәа 60, аурыс - 47, аерман - 26, аурыс-аԥсуа ахьелагӡоу - 15. 2019 шықәсазы ҳашколқәа рҿы аҵара рҵон 27 нызқьҩык инареиҳаны аҵаҩцәа, урҭ рахьтә апсуаа 54%, аурысқәа 8 ,5 % аерманцәа 17% ақырҭқәа(агырқәа) 16 %. Арҵара апроцесс мҩаԥысуеит аԥсуа, аурыс, аерман бызшәақәа рыла.

Ари иаҳнарбоит аԥсуа ҵара асистема егьырҭ амилаҭқәа рдискриминациа ишаҿым.

Сеиҭазыхынҳәуеит, ииҳәазеи аминистр? Шәыхшара аԥсуа школқәа ирҭашәҵ иҳәеит, ус иҳәеит, избанзар ԥшь-нызқьи хәышәҩык рҟынӡа аԥсуаа рыхшара аурыс школқәа ирҭоуп Ҿырԥштәыс иаагозар, Аҟәатәи араион аҿы аԥсуа секторқәа русура аанкылоуп, уа инхо аԥсуаа рыхшара ақалақь ахь иааганы ашколқәа иахьырҭарҵо азы. "Ҳаи, ус иахәҭами, ҳбызшәа ыӡуеит, шәааи зегьы абас ҳныҟәап, абри азы адҵа аҟаҵарагьы аҭахым" аҭыԥан аԥсуаа "адискриминациа" атема цәырыргеит ари адҵа анцәырҵ. Издискриманциоуи, аԥсуаа аԥсуа школқәа рахь инагатәуп ҳәа аҳәамҭа ауаҩы иҟаиҵозар. Ахдырра ыҟазҭгьы, аԥсуаа рыхшара аԥсуа школқәа рахь акәын иахьнаргоз.

Ишәгәаласыршәоит ҳ-Конституциа ишану "́Аԥсны ахадас дҟалар шалшо милаҭла иаԥсыуоу" мацара. Ари анышьақәдырӷәӷәоз Апарламент аҿы иаҿагылозгьы ҟалеит ООН аконвенциақәа ирықәшәом ҳәа. Митәы ианиаз митәы ҟаимҵеи! Ус ҟаҳамҵар, еибашьрала иааҳгаз ҳхақәитра аҵакы ацәыӡыр алшон.

Уроки абхазского языка - Sputnik Аҧсны
Зхатәы ззымыхьчо даҽаӡә итәгьы изыхьчом…

Иҟам даҽа ҳәынҭқаррак аԥсуаа амчра ахьрымоу, ҳаԥсадгьыл аҿы ҳаԥшәыманы ҳҟаларц азоуп, Аԥсны иаԥсыуоу ида аӡәгьы дахагылар зыҟамло, насгьы Аконституциа уи ахәҭаҷ ԥсахра аиур шыҟамлогьы Апарламент аҿы изышьақәдырӷәӷәаз. Зыгра зӡаз иан дагеит шырҳәо еиԥш, иҭышәынтәалоу аҭагылазаашьаҿы, аиҳабырагьы аиҵбырагьы ҳҵара асистема иагу аахтны ирҳәароуп. Иахьа Аԥсны иҟоуп аԥсуа, аурыс, аерман школқәа. Ҳтәылаҿы инхоит иара убас, абырзенцәа, агырқәа, ақырҭқәа ухәа амилаҭ рацәа.

Сазҵаарц сҭахуп, урҭ зегь рзы ашколқәа хнартыроума аԥсуа ҳәынҭқарра? Урыстәыла, ма Ҭырқәтәыла амилаҭрацәа еиланхоит, аха милаҭцыԥхьаӡа рзы ашколқәа хдыртыма?

Ҳазлацәажәо аҭыӡшәа анцәырҵ, иқәгылеит азҵаатәы ҳтәылаҿы амилаҭтә хырхарҭа змоу акәымкәаны, иҳәынҭқарратәу, аԥсшәа зехьынџьара ишахәҭоу ирҵо иҟаларатәы ашколкәа еиҿкаазарц. Иҟалап, аидеиа иашазар? Хра злоу асистема азыԥшааны, насгьы аҳәынҭқарратә бызшәа ашьаҭа арӷәӷәашьа иазхәыцроуп иахьатәи аҵара асистема амаҵ азызуа. Аԥсны аиҳабыра ракәзар, азакәан ишану еиԥш, аофициалтә еиқәшәарақәа, ҩыралатәи аимадара, аизарақәа уҳәа ԥсышәала имҩаԥырымго иалагар, иахьатәи ҳбызшәатә позициаҿы ҳаанхоит...

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0