"Аԥҳәыс лхаҵа дшылҭииз": иҟалаз лаф хҭыск

© Sputnik / Томас ТхайцукВзятка.
Взятка. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абзиабара иунамырҟаҵо ыҟам рҳәоит ауаа, зны-зынла ухаҿы иузаамго ахымҩаԥгашьагьы цәырнагоит. Уажәы ишәзеиҭасҳәар сҭахуп абзиабара иахылҿиааз агәыхь аасҭа еиҳа аччархәра зцу хҭыск. Иахьыҟалазгьы иахьысцәыхарам џьара ауп.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Акурорттә аамҭазы ахыбаара злоу аҳәса аӡәырҩы акырӡа рхацәа лаԥшықәҵаны ирымоуп. Еиҳарак аԥсшьаҩцәа ныҟәара имҩаԥызго ахацәа уахи-ҽни рҿахәы рҿырхуеит, иахьыҟаз, иахьаныз сааҭк бжьамыжькәа иддырҳәоит. Абарҭқәа зегьы ахьызбо ибзианы издыруа аҭаацәара рҿи, насгьы ана-ара исаҳауа рылеи ауп.

Конные прогулки в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Акурорттә аамҭа иақәгәыӷуаз: ауаа ргәабзиара аԥхьа игылоуп

"Схаҵа 50 нызқь мааҭ ҳәа дысҭиит, ибдыроу", - ҳәа каҳуажәра сахьнеиз дҿаԥхаҿаччо лажәа дналагеит М. (ус лыхьӡыз).

"Бароу? Бихыбааны быԥсуеит, ааҵәак аԥара бырҭаргьы, мап ицәыбкрым", - ҳәа дыхәмарны илҳәо џьашьаны саргьы дҵәылысхит. Арахь аиаша лҳәазаап…

Жәашықәса инеиҳаны атуристцәа аҭыԥ ԥшӡарақәа рахь имҩаԥызго ахаҵа, ихьӡ сымҳәап, даԥсыуоуп, иԥшәмаԥҳәыси иареи ԥшьҩык ахшара рааӡоит, амал рымамзаргьы, рхы ршьуам, ирфо, иржәуа рымоуп. Ахаҵа аԥхынтәи аамҭа ихы иархәаны капеиқәак ирҳауеит, аӡынра таксистс аус иуеит. Иԥҳәыс лакәзар, аҩны дыҟоуп, ахшара рааӡара лнапы алакуп. Ажәакала, пату еиқәҵаны инхоит, акзаҵәык чмазараны лара лганахьала ирыбжьоу ахыбаара ауп.

Уажәааигәа, ныҟәарак ашьҭахь, М. лхаҵа иҭел иқәгылаз апароль, ахәыҷы дазыҟаҵаны, иаб инацәа ахьақәикуа гәеиҭарц азы адҵа наиҭаны еилылкаан, WhatsApp ахь изааиз аацҳамҭақәа днарыԥхьан, еилылкааит Света захьӡыз, ростовтәи ԥҳәыск дхылхырц дшаҿыз. Амала иара аџьшьара иҭатәуп, "бызлацәажәо закәуи, сара сҭаацәароуп, ԥшьыҩк ахшара сымоуп" ҳәа ҭакс иахьылзаниҵаз, аха егьи илуам. Азнык азы зшьа еилашыз М. ацтәы ҟалҵарц далагеит, аха лхыбаара иарҿиаз аинтерес аиааин, Света лҭел аномер лара лтәахьы ииаганы длазҵааит "схаҵа дабабдыруеи, ибаимҳәаӡеи дышҭаацәароу, ахшара рацәа шҳамоу" ҳәа. Егьи деиҵамхакәа "раԥхьанатә данызба инаркны сгәаҵаҿы ацәаныррақәа ҿыхеит, уахи-ҽни иара ида хәыцырҭа сымам, сыԥхыӡ далоуп, абзиабара сзаиааиуам" ҳәа ҭакс иаалышьҭит.

Аԥҳәыс лыпатуи ахаҵа ицәгьахәыцреи: иҟалахьоу ахҭыс - Sputnik Аҧсны
Аԥҳәыс лыпатуи ахаҵа ицәгьахәыцреи: иҟалахьоу ахҭыс

Аиаша шәасҳәап, дрыцҳасшьарц акы аасыгымхеит, аха шаҟа исымҳәарыз, М. слымшьуази…

Ажәакала, мчыбжьык аҩнуҵҟа, Света аацҳамҭақәа аалышьҭуан, М. лхаҵа лара длылҭарц азы. Аҵыхәтәаны "ибҭахи сара сҟынтә, аԥара акәзаргьы инасышьҭуеит, амала уи нахыс мап ицәыбкуазар" ҳәа нацҵаны.

Сеилабымган, ҭакс иҟабҵеи анысҳәа, "сынтәа асезон ихьшәаны иалагеит, иныҟәигоз ауаа маҷын, ахәыҷқәагьы ашкол ахь еилаҳәатәымзи…", ҳәа аиҭаҳәара даналага, уаҳа исзымычҳазт, сгәи-сыԥси еивахо аччара салагеит. Нас аарла сааиқәтәан, "шаҟа ихылшәааи" ҳәа сҵааит.

"Сышԥагаӡоу, иҵегь еиҳаны исымҳәоз, ахәыҷқәа ашкол ахь реиқәыршәаразы 50 нызқь мааҭ сымазар цәгьамызт ҳәа ааигәа сгәы иҭаскын, уи ауп исамхаҳәаны скарточкахь иаалышьҭыз", - лҳәеит.

Ус акәзар ичемонадқәа зеидыбымкылеи ҳәа аҵәы лылысхуа саналага, "иаргьы дгәырӷьаҵәа дыҟоуп, 50 нызқь ихашәалан имашьына агьежь ҿыцқәа ааихәеит", - ҳәа саҭалкит. Лыблақәа злацырцыруаз ала, лхаҵа иҵегь аҳәса дыргәаԥхаргьы цәгьа илбом. "Лара лхы еиқәшәамзар, сара исхареи, сыхәмарны ианысҵеит, убригьы лзеилымкааит", - ҳәа дыгәрымит амала.

Акурорттә роман - Sputnik Аҧсны
"Акурорттә роман" акәицқәа

Лхы дақәиҭымзар ҟалап ҳәа схәыцуеит Света лзы, аха убригьы хәышәтәышьа змам ацәаныррақәа роуп илзырҟаҵаз. Ас еиԥш иҟоу абзиабара ҭакда иаанхар еиӷьзар ҟалап…

Ахҭыс иашьҭанеизеи ҳәа шәҵаауазар, "сара сыхәмаргоума, еиҵашәҟәаҟәо закәи" ҳәа ахаҵа Света лахь даӷьызаап, "уаасхәеит" ҳәа ҭыԥ анилымҭа. Иԥшәмаԥҳәысгьы лыхәҭа лаҳаит, аԥарақәагьы ыргьежьны Света лкарточкахь ииалгарц лыдиҵеит, уи заҳауадаз акәымзар…

"Ихә ахьсырмаҷыз ауп ихьымӡӷишьаз бара", - лҳәахуеит М., ахҭыс анааҳгәалашәо…

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар алшоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0