Константин Аҩӡба: амзаҷ аткьац иахагьежьуанаҵы, сыԥсҭазаара баша имҩасуам

© Foto / Наала ГумбаПлетение абхазских корзин
Плетение абхазских корзин - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акалаҭқәа, амҵәышәқәа, аҟәыдыршьшьыгақәа, амҳаԥқәа уҳәа еиуеиԥшым амҿлыхқәа инапы рызҟазоуп Аацы ақыҭан инхо Константин Аҩӡба. Ауасҭа иҟазарҭа даҭааит Sputnik акорреспондент Наала Гәымԥҳа.

Наала Гәымԥҳа, Sputnik

Дарбанзаалак ауаҩы имоуп бзиа иибо, дзызҿлымҳау, ицааиуа аус. Уус ԥсыршьаганы, гәхаршҭганы ианузыҟала, уи ада ԥсыхәа умамкәа, ус-ус ушнеиуа уԥсҭазаара зегьы иашьашәаланы иааҟалоит.

Убас заанаҭла иагроному, Аԥсны АССР аколнхарақәа еиҿкааны ианыҟаз 25 шықәса амаҵ азызуаз Константин Аҩӡба 15 шықәса раахыс анапҟазара инапы алакуп. Уи инапкымҭоуп хыԥхьаӡара рацәала иҟаиҵахьоу акалаҭқәа, амцәышәқәа, аҟәыдыршьшьыгақәа, амҳаԥқәа уҳәа еиуеиԥшым амҿлыхқәа. Амҿлых ахь агәыбылра икит данқәыԥшыз инаркны. Иаб иҿиҵааит ари аус.

© Foto / Наала Гумбаамҿлыхқәа инапы азҟазоуп Аацы ақыҭан инхо Константин Аҩӡба
Константин Аҩӡба: амзаҷ аткьац иахагьежьуанаҵы, сыԥсҭазаара баша имҩасуам - Sputnik Аҧсны
амҿлыхқәа инапы азҟазоуп Аацы ақыҭан инхо Константин Аҩӡба

"Сызҿу аус агәыбылра сымоуп схәыҷаахыс. Саб акалаҭқәеи амҵәышәқәеи ҟаиҵон. Акыршықәса раԥхьа исҳәахьан, наҟ-наҟ тәанчара санцалак, хымԥада ари аус напы шаласкуа атәы. Ус иагьыҟалеит, шьҭа сара сзыҳәан уи усура хадароуп. Ақыҭаԥсҭазаара тәамҩахә амам, аха, уеизгьы, еснагь аамҭа сыԥшаауеит сгәы ззыбылуа аус азы", - иҳәоит Константин Аҩӡба, инаплакы ахыҵхырҭа атәы дазааҭгыло.

Аҟазарҭа ашә аартны уаныныҩналалак, улаԥш нарықәшәоит ишшны игылоу акалаҭқәа, икнаҳау амҵәышәқәа, амҳаԥқәа, аҟәыдыршьшьыгақәа. Акалаҭ ԥшшәы мацарак акәымкәа, ҩ-ԥшшәык рыла ишшуп. Уи ала иубарҭоуп аҟаза ашшра мацара адагьы, аԥшӡарагьы дшазҿлымҳау.

© Foto / Наала Гумба Константин Аҩӡба акалаҭ аҟаҵара напы аиркаанӡа, иахәҭоу амаҭәахәқәа заа ирмазеиуеит
Константин Аҩӡба: амзаҷ аткьац иахагьежьуанаҵы, сыԥсҭазаара баша имҩасуам - Sputnik Аҧсны
Константин Аҩӡба акалаҭ аҟаҵара напы аиркаанӡа, иахәҭоу амаҭәахәқәа заа ирмазеиуеит

Амҳаԥқәа ирымоуп даҽа напкымҭак иалазмырҩашьо рхатәы ҷыдара: амҳаԥ ахәҵәы ахьаанҵәо кәицла ибылны, аԥсуа хаҵа ахҭырԥа ихоушәа иҭеиҭԥш аарԥшуп. Уи улаԥш иаразнак инақәшәоит. Убас анапҟаза иҟаиҵоит ашәыр знырҵо акалаҷкәыр хәыҷқәа, ашәхарҩа ҭаҵаны иахьырҵәахуа "ацыгәмырчага" зыхьӡу, ишшны, иаазыгьежьны, акнаҳага аҭаны иҟаҵоу анапкымҭа, амҿы иалху ажәытәтәи архнышьна. Имаҭацәа ирзыҟаиҵоит акалаҭ хәыҷқәа, амҵәышә хәыҷқәа, амҿтәы ҟәардәқәа. Иахьазы Константин Аҩӡба инапкымҭақәа ирыдҵаало, иаазхәо рацәоуп.

© Foto / Наала ГумбаАкалаҭ ԥшшәы мацарак акәымкәа, ҩ-ԥшшәык рыла ишшуеит аҟаза
Константин Аҩӡба: амзаҷ аткьац иахагьежьуанаҵы, сыԥсҭазаара баша имҩасуам - Sputnik Аҧсны
Акалаҭ ԥшшәы мацарак акәымкәа, ҩ-ԥшшәык рыла ишшуеит аҟаза

"Раԥхьаӡа салагеит схазы мацара. Аамҭа ансымаз снатәаны сԥон, иҟасҵон еиуеиԥшым амҿлыхқәа. Ус-ус сусумҭақәа лаԥшықәырҵо, иазҵаауа, иҿарҵо иалагеит", - иҳәоит Константин.

Еиҳа ицәгьоу акалаҭ аҟаҵара акәу, мамзар амҵәышә акәу ҳәа азҵаара аниаҳҭа, анапҟаза ус иҳәеит: "Сара сзыҳәан рыҩбагьы мариоуп, аха еиҳа маҷк аџьабаа ацзар ҟалап амҵышә аҟаҵара. Уи аҵа инаркны ахықәцә аҟынӡа аформа уацәхьамҵкәан иуԥалароуп. Акалаҭ еиҳа имариоуп, еиҳа иҭбаауп аҽуқәнаршәоит", - ҳәа азгәеиҭоит Константин Аҩӡба.

© Foto / Наала ГумбаАкалаҭ ашәага зеиԥшроу еиԥш, аткьац аура шәаны ихиҵәоит, нас аибыҭара напы аиркуеит. Ихиҵәаз аткьацқәа акалаҭ аформа аҭаны еибаиркуеит, нас ишшуеит амзаҷ ала.
Константин Аҩӡба: амзаҷ аткьац иахагьежьуанаҵы, сыԥсҭазаара баша имҩасуам - Sputnik Аҧсны
Акалаҭ ашәага зеиԥшроу еиԥш, аткьац аура шәаны ихиҵәоит, нас аибыҭара напы аиркуеит. Ихиҵәаз аткьацқәа акалаҭ аформа аҭаны еибаиркуеит, нас ишшуеит амзаҷ ала.

Акалаҭ аҟаҵара напы аиркаанӡа, иахәҭоу амаҭәахәқәа заа ирмазеины, еидкыланы, ирхианы изықәуп. Далагоит аҵа ала. Акалам лаба иҵару ҳәызбала агәҭа еихисоит, анаҩс дақәнаршәарц азыҳәан аҿыгҳара шәагала ишәоит. Акалаҭ ашәага зеиԥшроу еиԥш, аткьац аура шәаны ихиҵәоит, нас аибыҭара напы аиркуеит. Ихиҵәаз аткьацқәа акалаҭ аформа аҭаны еибаиркуеит, нас ишшуеит амзаҷ ала. Аихатәы ҵәы амца иҽҳәаҵаны иршуеит, ткьаццыԥхьаӡа икылблааны акылҵәарақәа аиҭоит. Нас арасамахә еиҩыхааны, акалаҭ ахы ҩнуҵҟалагьы дәахьалагьы иҟаиҵоит. Анаҩс расатәы мзаҷла иаакәыршаны, ихышшааны, ирԥшӡаны иаиҭоит, уи алагьы иаахиркәшоит акалаҭ мазеины.

© Foto / Наала Гумба Константин Аҩӡба акалаҭ ишшоит
Константин Аҩӡба: амзаҷ аткьац иахагьежьуанаҵы, сыԥсҭазаара баша имҩасуам - Sputnik Аҧсны
Константин Аҩӡба акалаҭ ишшоит

Ашьыжь аҟазарҭа амра ҩнаҷҷо, икылыԥхо амра ашәахәақәа рыҽрыҭаны, амаҭеи абдуи рхы адцаланы аусура иаҿуп. Абду ишьамхы дықәтәоуп амаҭа, азҵаарақәа еишьҭаргыланы иҭиуеит, инап хәыҷқәа рыла, иабду диҵахар ҳәа дшәаны, иара итәала акалаҭ ишышуеит. Абдугьы мааԥсарада изҵаара ҳәыҷқәа рҭак ҟаҵо, аусушьа иирҵоит, акыр шықәса раԥхьа иаргьы ишиҵаз еиԥш.

© Foto / Наала Гумба Константин Аҩӡба иҟаиҵахьо амҵәышәқәа
Константин Аҩӡба: амзаҷ аткьац иахагьежьуанаҵы, сыԥсҭазаара баша имҩасуам - Sputnik Аҧсны
Константин Аҩӡба иҟаиҵахьо амҵәышәқәа

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0