Ан лҳақ узгом: иҟалахьоу хҭыск

CC0 / / Девушка у моря
Девушка у моря - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik аколумнист Саида Жьиԥҳа иҳацеиҩылшоит ааигәа илаҳаз, акырӡагьы лгәы ианырыз ԥсыуа ҭыԥҳак ллахьынҵа иазку аҭоурых.

Аԥҳәыс лыԥсҭазаараҿы иналыгӡо арольқәа рацәоуп. Ан, анду, аҭаца, аиаҳәшьа, анхәыԥҳа, аицала уҳәа еиқәуԥхьаӡо уалагар, иуҳәаша ыҟоуп. Аха зегь иреиҳау ауалԥшьа – анра аныҟәгара ауп. Иахьа ишәзеиҭасҳәо ахҭыс угәы ҭнашьаауеит. 20 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс қәыԥш лыԥшәма атәымуаа рыгәра ганы лаҳаҭыр дшаӷрагылазгьы, лцәа иалаз ахәыҷы аԥсҭазаара илҭоит. Аамҭа анҵлак лхаҵа уи лҳақ шизымгазгьы ааԥшуеит.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо иахьа уажәраанӡа еиқәханы иҟоу ажәытә аԥсуа хыбрақәа ирызкны "Ицәажәо аҭыӡқәа" захьӡу апроект анагӡара снапы аласкит ҩымз раԥхьа. Афотоматериал шеидыскылалак сгәы иҭоуп ахҳәаа ацны альбом аҭыжьра. Уажәтәиала аекспедициа мҩаԥызгеит Аԥсны мраҭашәаратәи ахәҭахьы. Ақыҭақәа жәпакы рҿы нап зыдкылоу реиԥш иқьаԥҭахаз анхамҩақәагьы ыҟоуп. Уажәааигәа Гәдоуҭа араион қыҭак аҟны сылаԥш ақәшәеит ашҭаҟны шәышықәса иреиҳау акәасқьеи, архитектурала иахьатәи ҳаамҭа иақәшәо аҩни шҭагылаз. Араҟа уаҩ дышнымхоз аҟара снырит санынаԥшааԥш, аха уеизгьы агәылацәа сразҵааит аԥшәма дыҟоума ҳәа.

Аԥҳәыс лыпатуи ахаҵа ицәгьахәыцреи: иҟалахьоу ахҭыс - Sputnik Аҧсны
Аԥҳәыс лыпатуи ахаҵа ицәгьахәыцреи: иҟалахьоу ахҭыс

"Мап, схәыҷы, ара уаҩ дахымижьҭеи акыр ҵуеит, аԥшәма дыԥсхьеит. Агәара шәиуп, ибымбои аҳаскьын ахысны ишыҟоу, ҳшәаны арахәгьы ҭаҳҵом", - ҳәа сызҵаара аҭак ҟаҵо, 70-ҟа шықәса зысҭаз ԥҳәыс быргк саԥхьа даагылеит.

"Сыпроект ианаало акәасқьа ҭагылоуп, афото ҭысхыр сҭахын", - ҳәа сыгәҭакы анласҳәа, исабжьалымгеит уахь анеира.

"Еҳ, ара шаҟа лаӷырӡы каҭәахьоу бдыруандаз, агәынқьбжьы иахьагьы слымҳа иҭыҩуеит", - ҳәа лажәабжь дналагеит абырг.

И. (ус лыхьӡыз) лыԥшра, лсахьа уаҩ деилаҳаратәы иҟан. Ақалақь ҭыԥҳа хҩеишьцәа раҳәшьазаҵә лакәын. Хымԥада, лҭаацәа иреиӷьу анасыԥ рҭахын рыхазына лзы. Изныкымкәа Аҟәатәи арԥарацәра ажәа лнырҵарц иалагахьан, аха лара дхыихит зоура-зыҭбаара наӡаз, ԥшралагьы узыгәҭамсуаз, "абз зҿаз" ақыҭа ҷкәын. Азныказы иара лҭаацәа маҳәыс дырҭахымхеит, дара рыдагьы ауа, аҭынха уамашәа избаз рацәаҩхеит "ақалақь ныжьны дабацеи" ҳәа. Арԥыс итәқәа ракәзар "дхысит, аха ишԥа" ҳәа рҭаца илеигәырӷьон. И. ақыҭа дамарахеит: аҩны, адәны цқьаӡа илыман, дчеиџьыкауаҩын. Ажәгьы ахьашьа лҵазаап.

Осколки стакана  - Sputnik Аҧсны
Аҭыԥҳа аҵәца даҩызоуп: зыԥшӡара злахьынҵа ареиқәаҵәаз аԥҳәыс лызхәыцра

Ачара ашьҭахь шықәсыбжак ааҵуаны, лара усҟан хымз ҵуан лцәалтәымкәа дыҟеижьҭеи, лхаҵа ашәҟәы изааит: "Уҩны иҩнаҵаны иумоу деилкааны дааугазар аума угәаӷьит, иузымдыруазар иуасҳәоит ухы умфарц, уара дуццаанӡа аӡәымкәа, ҩыџьамкәа ахацәа дышрыдырбалахьаз" ҳәа зныз.

"Арҵәааҳәа дшыҳәҳәоз лыхцәы данкны, адәы дықәыжьны, лымгәа шьапыла дҭасуа, дылҿажьцәо, "бара ацәыбза" ҳәа дҟаауа, ааигәа-сигәа инхоз агәылацәа еизигеит. Ажәлар идирҳаит иҟалаз. Лара ахәаша лакәзар, адгьыл лнацәақәа аларԥсны анышә кны, ажәҩан ахь лхы рханы "акагьы шысхарам" ҳәа дқәит. Аха уи заҳауадаз", - дқәыԥсычҳауеит агәалашәара иамҽханакыз аԥҳәыс.

И. лабхәараа ашьыжь ауп лабраа рахь "шәыԥҳа ддәылганы дыжәга" ҳәа аацҳамҭа анырышьҭ. Ауха ари сзабадырыз аԥҳәыс бырг (усҟан еиқәлацәаз ракәын) лыҩныҟа дылгазаап.

"Зылацәа еихьызшьда ауха… Санхәеи сареи лхы аԥырылхыр ҳәа ҳшәаны даҳҷаԥшьон.

Ахаан сгәы иҭыҵуам лан длыҵагыланы данылгоз, лыԥшәма игәараҭахь лхы рханы "имиц асаби шьапыла дисуан, аха иара ианажьра имоукәа дыбзамкәа, дыԥсымкәа адунеи дықәхааит" ҳәа илҳәаз ажәақәа", - лылабжыш аахыҳәҳәаалеит ажәабжьҳәаҩ.

Исаҳаз сгәы ԥнаҽын аҳауа сзымхо салагеит. Анцәа иџьшьаны ааигәа иҵыҵуаз аӡыхь сыԥсы еиқәнархеит.

"И. лгәабзиара ашәарҭара иҭагылан азы Москваҟа дыргоит, уатәи аҳақьымцәа рыбзоурала деибганы аԥа длыхшоит", - ҳәа ахҭыс аиҭаҳәара иацылҵоит абырг.

Взятка. - Sputnik Аҧсны
"Аԥҳәыс лхаҵа дшылҭииз": иҟалаз лаф хҭыск

И. лашьцәа алеишәа џьбара рыман, аха раҳәшьа дшыцқьаз агәра ргон азы лгәы дадмыргеит, раҳәшьаԥагьы рыжәла ирҭеит, "рнапы дықәыргыланы" дырбон. Руаӡәы, И. лшьа иурц рымаҳә иԥынҵа ахьҭаԥиҵәаз азы ҩышықәса аҭакрагьы ихигеит.

Аамҭа ықәҳа ицеит "ашәҟәы еиқәаҵәа" ахыҵхырҭа еилкаамкәа… "Уи илышьҭақәаз рахьтә мап зцәылкыз аӡәы иҩызар ҟалап", - рҳәалон акәымзар.

Хәышықәса рашьҭахь И. лхаҵа ҽаӡәы дааигазаап. Уигьы дқалақьҭыԥҳан, аха лара ақыҭаҿы дшаанымгылоз лҳәахьан. Убри шеимаркуаз, аӡӷаб хәыҷы ирыхшаз жәашықәса анылхыҵ, еилыҵит. Аҵыхәтәаны иқәра неихьаны, хәык изыҟазҵаша иқәлаз аӡәы дааигоит. Ҩбаҟа шықәса ааҵуаны ахԥатәи иԥҳәыс лыԥсҭазаара далҵуеит.

Аԥеи аԥҳаи змаз ахаҵа ихала аҩны даанхеит. Ила ҭраа агәылацәа рахь дымҩахыҵлон игәы ихашҭырц, аха уаҟагьы изыразӡамызт. Ақыҭаҿы ауаа ргәы дацәымӷын.

"Ус ауп ишыҟоу, ихала данаанха дычмазаҩхеит. Дыбзамкәа, дыԥсымкәа аиарҭа дылахеит. Ҳаҭыр зманы иҟаз иуа-иҭынха иԥа иахь ишьҭит иҿаԥхьа аҭамзаара шьҭаиҵарц шиҭаху иарҳәарц. Уи аамҭазы 40 шықәса ирҭагылаз, хҩык ахшара ирабхахьаз ахаҵа, иан лгәаанагара дазҵааны дааит ахаан злакҭа дҭамԥшыцыз иаб иахь. Иҿы зымцәажәо иҷкәын инапы агәыдкылара даҿын ишьамхы арсны. Аԥа, атәым быргк дышрыцҳаишьара еиԥш дизныҟәеит. "Уҽырӷәӷәа" ҳәа наиаҳәаны ашҭа дҭыҵны дцеит", - еиҭалҳәоит агәыла.

Аԥҳәыс лҳақ ззымгаз ахаҵа уи ашьҭахь хара дымнеит. Ари аҩны акәзар, иԥагьы иԥҳагьы ирҭахымхеит. Ранацәа рылаӷырӡ ахькарҭәаз аҭыӡқәа мап рцәыркит.

Еицәаз алахьынҵа иқәнасыргон ари агәаҵәажәпа. Аха сара уи иеиҳа амца сыцразҵо ашәҟәы зҩыз иоуп. Иҟазар адунеи аҿы аиашара, аԥсҭазаара дахьнархәызар ахәҭоуп.

Егьа маӡа ргәылаҵәахуп зфото ҭыхны исымоу аҩнқәа. Аха урҭ ртәы анаҩс…

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0