Абахҭаҿы аҭыԥ ыҟаӡам, мамзаргьы хыда-гәыда азаҭҭара

© Sputnik / Томас ТхайцукАрхивное фото СИЗО "Дранда"
Архивное фото СИЗО Дранда - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апарламент аҟны ирыдыркылеит ақәҵара "Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымреи Аиааира Амши – цәыббра 30 – 27 шықәса ахыҵра инадҳәаланы амнистиа рылаҳәаразы". Уи азы лгәаанагара лҳәоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Абахҭаҿы аҭыԥ ыҟаӡам, мамзаргьы хыда-гәыда азаҭҭара

Жәлар Реизара ҽаҩраҭагалантәи аизара асду еиԥш ҳаззыԥшымыз азаҭ (амнистиа) ааҳаланаҳәеит. Амнистиа, мамзаргьы азаҭ - анажьроуп иаанаго, аха ацәгьоурақәа назыгӡо рганахь уи еснагь ахархәара иҵоурам ахәыцрақәа аанагоит. Ҩышықәса раԥхьа, Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьраҿы Аиаара 25 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз ирылаҳәан анажьра. Абар ҩышықәса анҵы, Жәлар Реизара "аҳәынҭқарратә зинтә политиказы аилак" аиҳабы Валери Агрба аизараҿы иаацәыригеит, "хышықәсеи, хәышықәсеи рҟынӡа зқәу роужьразы" алшара ҟазҵо апроект.

Архивное фото СИЗО Дранда - Sputnik Аҧсны
Ҳҳәынҭқарразар, абахҭа ҳамазароуп

Даҽакала иаҳҳәозар, ари иџьбарам ҳәа иԥхьаӡоу - амҩатә машәырқәа, аӷьычра, анаркотик ахархәара уҳәа, ҳаԥсҭазаараҿы лассы-лассы иаҳԥыло ацәгьоурақәа равторцәа ахақәиҭра рызҭо зинуп. Адепутат Агрба иҟаиҵаз аилыркааҿы иазгәеиҭеит аибашьра аветеранцәа, хаҭала аиҿкаарақәа "Аруаа", "Амцахара" рхаҭарнакцәа иҟарҵаз ааԥхьара уи ҵаҵӷәыс ишаҵоу. Абарҭқәа рыдагьы, адепутат иазгәеиҭеит азаҭ аԥшьгараҿы ишазхәыцу "абахҭаҿы аҭыԥ аҟамзаара, абаандаҩцәа рҭагылазаашьа ахьыбааԥсу".

Ажәакала, ҳара ҳзинхьчаратә система аусуҩцәа аԥхӡаша баша икарҭәоит, есышықәса еиқәаҳаԥхьаӡаз акатегориа иаҵанакуа ацәгьоуцәа амнистиа иақәшәалозар. Абжьааԥны ауаажәларра азинхьчаратә усбарҭақәа русура авба арҭозар, араҟа рџьабаа аӡы иҭаԥсоуп сҳәарц сылшоит. 50-ҩык рҟынӡа ацәгьоуцәа дук мырҵыкәа иԥшахьарсуа аҟәара иқәлашт. Апарламент ақәҵара атекст аҿы иаҳәоит азаҭ ишаҵанакуа "аибашьра аветеранацәа, ахшара змоу, зыбаҩ зтәым аҳәса, насгьы Кәыдрытәи аҩхаа аҭарцәра иалахәыз арезервистцәа". Адепутат Баҭал Табаӷәуа ӷәӷәала даҿагылеит ари аус.

Ҭелла саниацәажәоз исеиҳәеит иара ибжьы шимҭииз: "актәи - амнистиа ҟаҳҵеижьҭеи макьана ҩышықәса роуп иҵуа. Амнистиа ухы иҭашәацыԥхьаӡа иҟауҵар ҟалаӡом. Амнистиа ҟауҵарц азыҳәан, уҵаароуп, апрокуратура, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусуцәа ргәаанагра ҭуҵаароуп". Сынтәатәи анажьра иазку ақәҵараҿы ҳдепутатцәа иаԥыршьыз "Кәыдрытәи аҩхаа иалахәыз" захьӡу акатегориазы гәҩарас имоу атәы иҳәеит адепутат Табаӷәуа: "Араҟа иубоит хаҭала шьоук рзыҳәан абри амнистиа шаԥшьгоу, избанзар, абри Кәыдры иҟаз аӡә убрахь далашәоит. 1992-1993 шықәса рзы аибашьра далахәӡамызт, абрахь далашәоит азоуп изаԥыршьыз сгәаангарала. Ари ҟаҵоуп хаҭала џьоук рзыҳәа, егьырҭ ус баша иацраҳәоуп".

архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Абахҭа ҩ-шәык анҿоу…

Ииашаҵәҟьаны, аибашьра ашьҭахь ҳтәылаҿы имҩаԥсыуан еиуеиԥшымыз арратә операциақәа, галтәи аиԥш иҟоу, аха уажәы ихадахеит Кәыдрытәи атема. Агәҩара гәҩароуп, ақәҵара Апарламент аҿы ичаԥаны ишьҭырхит адепутатцәа реиҳараҩык иҟарҵаз абжьыҭарала.

Ииасхьоу аамҭақәа рҭоурых ҳагәылаԥшуазар, амнистиа аиубилеитә ныҳәа дуқәа раамҭазы ауп ианрыларҳәоз. Уажәы излаҳбо ала, есышықәса, абахҭаҟынтәи рхы иақәиҭыртәлар алшоит иџьбарам ацәгьоурақәа ҟазҵо абаандаҩцәа. Ицәырҵуеит азҵаара, издыруада азинхьчаратә система аусуҩцәа урҭ зынӡа раанкылара рзаԥсамзар? Изҳаргәамҵуазеи амилициа аусуҩцәа, ауадақәа ирыҩналаны иӷьычуа, мамзаргьы, "заӷәра зҿыҵны" амҩадуқәа рҿы ахеиԥш иҳавҟьо, нас хара змам ауаа ирысны аахақәа рызҭо амашьынарныҟәцаҩцәа раанкылара уалс ирыдҵаны?

Азиндырҩы Рамина Пасаниа абри азы абас ахҳәаа сылҭеит: "Амнистиа гәыҳалалроуп, аха ас ирлас-ырласны адкылара асистема ахьысҳароуп" иаанаго ҳәа. Азиндырҩы иара убас иазгәалҭеит, амнистиа ҟауҵар анауа ҳәа иҷыдоу закәанк шыҟам, аха "еиҳаракгьы, аиубилеитә рыцхәқәа раан ауп рхы иахьадырхәо" ҳәа. Акарантин аамҭазы, ахархьуаа аџьахаџьафара иҭагылазаргьы, абаандаҩцәа рзы ари амнистиа уаҳа назҭахым ҳамҭоуп.

Ауаа абахҭа рҭарбаара иазгәышьуа сакәымзаргьы, сазхәыцуа салагеит "аӡәы итәы шәымӷьычын, аиакәым ҟашәымҵан" ҳәа схәыҷқәа ирасҳәалоз ҵак дук шамам. Аҿар ирбоит, ари акатегориа рганахь, есышықәса адепутатцәа анажьра иаадырԥшуа абахҭа аҭыҵра шармарио.

Иуанарыжьуазар, уамхаӷьычлар иамоузеи нас? Апарламент аизараҿы иқәгылаз апрезидент ихаҭарнак Саида Быҭәԥҳа лакәзар илҳәеит: "ари ашәҟәы аус адулара аҭахуп", убри адагьы, лара иазгәалҭеит агәыҩбарақәа шырнаҭаз "Кәыдрытәи аҩхаа иалахәыз арезервистцәа" захьӡу аилкаара ацәырҵра. Ари аҩыза макьана азакәан аҿы џьаргьы иарбам лҳәеит лара, уи иалахәыз рсиақәагьы шышьақәыргылам аарԥшуа. Аԥсны Апрокурор хада Адгәыр Агрба адепутатцәа ирчаԥаз амнистиа адгылара аимҭеит, "апрокуратура ари иақәшҳаҭым" ҳәа аҳәамҭагьы ҟаиҵеит. Кәыдрытәи аҩхаа иалахәыз захьӡу аилкааразы изҭаху "асправкақәа рыԥшаашт" иҳәеит, аха 19-ҩык адепутатцәа, иҟаҵаз азгәаҭақәа хырҩа нарзырун, рыбжьы арҭеит азаҭ азы апроект.

СИЗО Дранда. - Sputnik Аҧсны
Ажәлар агәрагара анырцәыӡ, ма ҳбаандаҩцәа абахҭаҿы рҭакра азҵаарақәа

Ҳара иҳаздыруам Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа апарламентуаа ирыдыркылаз амнистиазы ақәҵара иахиҳәааша, амчрахь днеиаанӡа ииҳәоз "ацәгьоуцәа рахьырхәра" дадгылоу, 19-ҩык адепутатцәа "рашәа иҳәоу" уажәазы иҳаздыруам, аха ари азаҭ иаанарԥшуеит амилициа аусуҩцәа рџьабаа шылҵшәадахаз. Ганкахьала аиакәым ҟазҵаз абахҭа дҭашәк ҳҳәоит, егьи ҳнапала иҭаркыз ауҳажьуеит агәыҭбаара аԥшра аҭаны.

Зегь реиҳа сзырхәыц зҵаароуп, абжьааԥны имааибуа "Аруааи" "Амцахареи" рхаҭарнакцәа, азаҭ азҵаараҿы иахьеидгылаз. Хра злоу усуп, араҟа еимаркуазеи, дасу иара ибаандаҩы данимоу аамҭазы. Есышықәса ас еидгыланы апараламент ахь азаҭҭара хацдыркуа иалагар, Драндатәи абахҭа аркра ақәшәаргьы ауеит...

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0