Аиааира амш – ҳабла ҭраа ҳаззыԥшыз аамҭан: аветеран Руфбеи Гәымба иеибашьратә мҩа

© Foto / Наала ГумбаРуфбеи Гумба
Руфбеи Гумба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәымшәаразы амедал занашьоу аибашьҩы Гәымба Руфбеи иеибашьратә мҩеи, игәалашәарақәеи лзеиҭеиҳәеит иашьа иԥҳа Наала Гәымԥҳа.

27 шықәса раҧхьа ҳаззыҧшымыз арыцҳара ҳаниеит аҧсуа жәлар: иҧшьоу ҳаҧсадгьыл бџьаршьҭыхла иақәлеит ҳҭоурых адунеи ианызхырц зҭахыз аӷацәа. Урҭ рышьҭа иахьа уажәраанӡа ихьааны, илаӷырӡышны ҳҭоурыхтә даҟьақәа ирнылеит. Уи имӷьаӡо хәроуп, имбаӡо лаӷырӡуп.

"Аӡәы сибандаз, сиаҳандаз ҳәа акәӡамызт абџьар зыскыз", - ҳәа ҳаиҿцәажәара хациркуеит Агәымшәаразы амедал занашьоу аибашьҩы Гәымба Руфбеи.

Гәымба Руфбеи Ражден-иҧа диит Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан. Аибашьра актәи амшқәа инадыркны, егьырҭ иҩызцәа аибашьцәа реиҧш, аҵыхәтәанынӡа деибашьуан, аҧсреи абзареи дрыбжьагылан. Руфбеи аибашьра алацәажәара бзиа ибаӡом, ихазы акы аиҭаҳәара иҭахӡам, ихы ӡыригом. Аха усгьы гәалашәарақәак ҳзеиҭеиҳәеит.

Гәагә Аиба - Sputnik Аҧсны
Гәагә Аиба: исывыршьааз сҩызцәа иахьагьы среиԥхыӡуеит

"Аибашьра ианалагаз амш аҽны аҩны сыҟан, ҭынч ақыҭанхамҩатә усқәа сырҿын. Ус быжьқәак слымҳа иааҭасит, ицо-иаауа амашьынақәа рыбжьы цәгьахеит. Ахацәа зегьы ҳҽеидаҳкылеит иҟалаз арыцҳара атәы анеилаҳкаа. Абџьар ҳәа акгьы ҳамамызт, иҟаҳҵахуаз, иҳаулак ҳҽеиқәыршәаны ҳдәықәлеит. Абџьар змамыз Афон ҳааныркылеит. Сышьҭахьҟа иаанхеит сан, саб, сыҧшәма ҧҳәыс асаби дыкны. Сашьа еиҵыбгьы дгылт еибашьра, аха еиҳабык иаҳасабала иабжьызгеит, зеиҧш ҟамло егьыҟам, аҩны даанхарц. Ҭаацәарак рхала рааныжьра ҟаломызт, уимоу, аҩны иҳаман ахҵәацәа, урҭгьы хьчалатәын, ирхылаҧштәын," - ҳәа игәалаиршәоит Руфбеи.

Ҳәарада, аӡәгьы издыруамызт раҧхьаҟа изыниараны иҟаз. Еибашьуан уахи-ҽни, ирацәан ацәыӡқәа, рҩызцәа рываршьаауан. Уи еиҳау арыцҳара арбан, аха еснагь иаарҧшлатәын агәымшәара, агәкажьра зынӡа иҟаломызт.

Гагра аныргоз, Руфбеи дызлаз абаталион резерв ҳасабла уахь идәықәырҵеит. Гагра анҭадырцәы аӷацәа ирцәыргаз атехника рыманы ииасит Ешыраҟа. Еиҳабыс дрыман Гыцба Лаврент. Анаҩс иҵегь иӷәӷәаз аибашьыгатә техника "агаубицақәа" зыхьӡыз рзааргеит. Уи ала ахысшьа рыздыруамызт. Ҩымш-хымш рыла уи атәы рҵеит. Аӡәы имацара имч ақәхартә иҟамызт азы, ҩыџьа-ҩыџьала абри абџьар хкқәа ирыддыргылеит. Сангәылиа Асҭамыри Руфбеи еицын. Имҩаҧысуаз ажәыларақәа зегьы ирылахәын.

© Foto / из архива семьи ГумбаАгәымшәаразы амедал занашьоу аибашьҩы Гәымба Руфбеи.
Аиааира амш – ҳабла ҭраа ҳаззыԥшыз аамҭан: аветеран Руфбеи Гәымба иеибашьратә мҩа - Sputnik Аҧсны
Агәымшәаразы амедал занашьоу аибашьҩы Гәымба Руфбеи.

"Усҟан Кәтышьха ҳәа иахьашьҭоу аҭыҧ аҟны ҳаҟан. Сара агаубица аҟны абџьар еиҳабыс сыҟан. Асҭамыр зынӡа дқәыҧшын, 21 шықәса ракәын ихыҵуаз. Аха ифырхаҵареи игәымшәареи еснагь иџьасшьон, ахаан шәарак инубааломызт, игәы ӷәӷәан. Ҳабџьар ахьгылаз аӷацәа ирызгәамҭартә еиҧш ҳахылаҧшуан. Лассы-лассы рҭыҧқәа ҧсахны иҳаргылон. Аҭабиақәа ҳжыр акәын, уи даара ицәгьан, махәҿа мацарала ҳашәара иаҳжит. Ешыра аҭабиақәа анаҳажуаз ауха ақәа ӷәӷәаны иауит, аҳәынҵәа ҳалагыланы ҳаибашьуан. Аха уҧсадгьыл алахьынҵа унапы ианану иҟоумҵара иҟоузеи?", - ҳәа игәалаиршәоит Руфбеи.

Али Ашәба - Sputnik Аҧсны
Иԥсадгьыл ала игәы ирҭәырц: Аԥсны зынасыԥ зыԥшааз ҳџьынџьуаҩ Али Ашәба иҭоурых

Ешыра ишыҟаз ауп аибашьҩы қәыҧш Сангәылиа Асҭамыр дышҭахаз. Уи хьаа дуны, ахаан ихамышҭуа, Руфбеи игәалашәараҟны иаанхеит.

"Асҭамыр рыцҳа дҭахеит Шроматәи ажәылараан. Уи дызлеиҵбыз ала, еиҳа иахьшәарҭаз сара сцалон, аха уеизгьы, даангыломызт. Данҭахоз ауха аиҿахысрақәа рацәахеит, меихсыӷьрада ана-ара иҧжәон арҭҟәацгақәа. Ихы аагәеиҭарц иабжьызгеит, аха улахьынҵа узацәымцозаап. Ахы ихабжа амнахит. Иуаӷоу уи аҩыза дақәшәааит. Иҧсаҭа бзиахааит афырхаҵа," - ҳәа даақәыҧсычҳауеит Руфбеи.

Гәалашәарак иузҭагӡом аибашьҩы дызлагылаз, иибаз-иаҳаз зегьы аиҭаҳәара залшом. Аибашьра еибашьроуп, ацәыӡқәа аҧсыҭбарақәа ублала ианубо, ухдыррагьы аҽеиҭанакуазар акәхап. Аха урҭ арыцҳарақәа зегьы уҽруҭар, аиааира узымгеит ауп. Агәкаҳара – аҩбатәи уаӷоуп.

Маҷк иадымхаргьы аибашьра атмосфера рҽалырхуан Руфбеи дызлаз абаталион. Ишәаҳәон, икәашон, алаф еибырҳәон, ахәра змаз ахәрашәа изырҳәон, уи игәы арӷәӷәон, дахәышәтәуан. Руфбеи ирцәажәара цәгьоуп, ихы ӡыригом. Иҩызцәа рҟынтәи иҳаҳахьеит иара иҳаимҳәацыз хҭыск.

Кьалашәыр ақырҭуа бџьарҵәахырҭа иеихстәын, иагьақәшәеит, иҧыххааса иқәҵан. Уи афырхаҵаразы ианашьоуп Агәымшәаразы амедал. Ари ахҭыс анцәырызга, еиҭеиҳәар акәхеит.

"Ахысразы адҵа ҟаиҵеит Аслан Кәабахьиа. Даара исшәеит, иззеит. Гаубицала ахысра мариам, уанхыс – иақәшәароуп. Анцәа имчала иақәшәеит. Уи абжьы иахьа уажәраанӡагьы слымҳа иҭаҩуеит. Ҳаздгылаз абџьар абжьы улымҳа ҵнахуан, ухшыҩи угәи арҵысуан, убри аҟара абжьы бааҧсын, ачҳара уадаҩын, удагәахар алшон", - иҳәоит аибашьҩы.

Ҭемыр Ажьиба - Sputnik Аҧсны
Аибашьра иаӡрыжәаз ақәыԥшра

Абџьар анага-аагара цәгьан, амашьына иацраҳәаны акәын ишеиҭаргоз. Аха амашьына аҟамзаара еиҵанархон.

"Ажәылара ҟалацыҧхьаӡа ҳабџьар ҳаманы ҳнаскьар акәын. Ҽнак адҵа ҟарҵеит Гал араион Сванетиа ахаларазы. Убраҟа даара ишәарҭан, аӷа дахьцәыҵатәаз уздыруамызт, иахьабалак хаҳәран. Аха Анцәа ҳихьчеит, ҧсҭбара ҳамамкәа ҳлыбааит", - ҳәа игәалашәоит аветеран.

Абас ирацәоуп аибашьҩы игәалашәарақәа. Урҭ реиҭаҳәара мариам, ргәаларшәара хьаауп. Урҭ зегьы рылацәажәара уахьӡом, иагьзалшом.

Афырхацәа рыбзоурала иааигәахеит Аиааира амш - рыбла ҭраа, ргәы хыҭ-хыҭуа зегь ззыҧшыз аамҭа. Уи амш иацын агәырӷьареи агәырҩеи, аӷа наӡаӡа дықәцан ҳаҧсадгьыл.

Аиааира амш Руфбеи даҧылеит Гал. Уи еиҳаз гәырӷьара ыҟазма зегь рзы! Аха араҟа, ахацәа зегь рзеиҧш, инымҵәаӡеит Гәымба Руфбеи изы аибашьра. Уи ашьҭахьгьы резервист ҳасабла, Аҧсны ахы-аҵыхәа ампыҵахалаҩцәа рықәцаразы арыцқьарақәа зегьы дрылахәын.

Ажәабжьқәа зегьы
0