Ахәырмабӷьы саламшәҟәыс: жәларбжьаратәи аԥошьҭа амш азы гәалашәарак

© Foto / Лесик АйбаХурма "Красный бриллиант"
Хурма Красный бриллиант    - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атехнологиа ҿыцқәа ирыҵадырӡит ауаа рахәыцҵас ирыбжьаз напылаҩыратәи асалам шәҟәқәа, ирхәаҽит уи иаҵаз агьамеи ацәаныррақәеи. Жьҭаара 9, жәларбжьаратәи аԥошьҭа амш аҽны Саида Жьиԥҳа лаб Владимир иҟнытә илаҳаз, аԥошьҭамҩангара иазку 60 шықәса зхыҵуа ҭоурыхк ҳамалдоит.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Ашәышықәсқәа ҵуеит ауаа асалам шәҟәқәа рыбжьарҵеижьҭеи. Урҭ рҵакқәа еиуеиԥшымызт. Аҳәынҭқарратә зҵаарақәеи, абзиабареи, ашәаџьҳәареи уҳәа изызкыз рацәан. Асалам шәҟәы ззырнахоу иҟынӡа иназгозгьы игәрагаз ауаҩы иакәын, анаҩс уи азанааҭ аԥошьҭамҩангаҩ ахьӡхеит.

Женский силуэт на фоне заката - Sputnik Аҧсны
"Аԥшӡа" насыԥда дшаанхаз: арԥыс изку ажәабжьк

Мгәыӡырхәа ақыҭан, аҳәынҭқарра ахылаԥшрала аԥошьҭа аусура иалагаанӡагьы, ажәытәуаа рыбжьара аҩышьеи аԥхьашьеи ззымдыруаз шыҟазгьы, асалам шәҟәқәа аҭыԥ роухьан.

Миха - ус ихьӡын згәылаӡӷаб лахь згәаҵа ацәаныррақәа ҭалаз аҷкәын. Лара ҭеиҭԥшла данаалон иныҟәылгоз ахьӡ Амза. Рҩыџьегьы анхацәа ирхылҵыз, аҵара змамыз, аха ԥсабарала иҟәышыз ауаа ракәын. Бзиа еибабоз аҿар ацәгьеи абзиеи рҿы амаҵ аныруази зны-зынла машәыршақә аӡха ианеиқәшәози рыда макьаназы иаартны изеибабаӡомызт. Аха дара ирыӡбеит рынасыԥқәа еиларҵаанӡа реимадаразы асалам шәҟәқәа рыбжьарҵарц. Аҩышьеи аԥхьашьеи зларзымдыруаз ала, ҿахәырҳәаганы аҵла абыӷьқәа рзыҟалеит.

"Ҳгәарабжьараҿы аӡыхь ахәырмаҵла хықәгылан. Миха ӡаагара данааилоз, усҟан сара жәабаҟа шықәса схыҵуан, ашҭаҟны сыхәмаруашәа анибалак, исызҿыҭны, бӷьыцк ҿыхны Амза илызга ҳәа исиҭон. Лара ҟазшьала ахәыҷқәа дырнаалон, есқьынагьы ахаақәа сҿалҵалон азы, мап скуазма, исыманы сшыҩуаз слызцон. Аамҭак ашьҭахь, Амза дсышьҭархх ӡаагара даауан. Иабаздыруаз усҟан "ари абӷьыц аӡыхь аҿы сыҟоуп" ҳәа шаанагоз", – ажәабжь еиҭеиҳәоит саб.

Миха, ҽнак абжьара, ахәыҷы Амза лахь ахәырмабӷьыц иҭаны дшишьҭуаз ааигәа ауҭра змаз агәылаԥҳәыс игәалҭазаап. Лара уи аԥҳәызба лыҷкәын изы дылгәаԥхон.

"Нан, ара уааскьеи ҳәа лҽыргызмалны ҿаҵак ашьақар аасыдылгалан, сыхәҷымзи, Миха ибӷьыцқәа рҭоурых аҷҷаҳәа иаасымхаҳәеит. Уи акәхеит, арԥыси аԥҳәызбеи абызқәа рыбжьалеит. Миха нхарала Амза лаасҭа дӷарын азы, лҭаацәа ианраҳа, ҿы ӷәӷәала изынарыцҳаит дылҟәаҵырц азы", - игха дахьхәуа иажәа иациҵоит саб.

Атәанчаҩы  - Sputnik Аҧсны
Саб аҳәса дшыржьаз: амассажҟаҵаҩы-тәанчаҩы дзықәшәаз хҭыск

Ақыҭаҿы уҳәансҳәан иаразнак ажәлар иаарылаҵәан, сабгьы ихәҭа иаҳазаап иҭаацәа рҟынтә. Аха гәыбӷанс имазеи жәашықәса зхыҵуаз ахәыҷы…

Мызқәак рышьҭахь, саб адуцәа ахьеицәажәоз иаҳаит Амза ани агәылаԥҳәыс лԥа ажәа шылниҵаз. Убасҟан ахәыҷы инырит Михеи Амзеи раԥхьа дшыԥхашьаз.

"Сани саби Михеи Амзеи рыцҳаршьон. Ахҭыс анааргәалашәалак исацәҳауан. Саргьы убри гәнызган, уинахыс зразҟы саԥырхагахаз ауаа рыла сҭамԥшит", - иҳәоит саб.

Амза рыцҳа абжьы лызҭодаз, лҭаацәа ражәа ҳәан, ҭагалан ани агәылаԥҳәыс лыҷкәын диццон, абар лхаҵацара аҿҳәарагьы ааигәахон. Адуцәа изларҳәоз ала, ачаранӡа дыбжьигараны дыҟан ианшьцәа рахь.

"Аӡыхь ихықәгылаз ахәырма уамашәа ибзианы иит. Аҩнуҵҟа еиқәаҵәаӡа, излаӡа иуҿаӡҭон. Аҵла уи аҟара иҳаракӡамызт азы амахә сықәтәаны ашәыр афара сгәаԥхон. Зегь раасҭа иуаркалеиуаз ааҿысхын, қьафла афара сҽазыскуан еиԥш, Миха аӡазы дааит. Абар аԥсра… Сыхәҷын, аха иахьеиԥш исгәалашәоит шаҟа сыԥхашьаз. Иара симбошәа ҟаҵаны, иԥҳал азна аӡа ааҭиган, Амзеи иареи ахьеицәажәалоз аҭыԥ аҟны днатәеит. Убасҟан амацәыс сысызшәа сынкаԥан, сшыҩуаз, схәырма уаркалеи сыманы Амза лашҭа сынҭалеит. Аԥҳәызба аӡәӡәатә ацәҵара даҿын. "Бысҭ, ари Миха иааишьҭит сҳәан", - лаԥхьа инкаршәны, сышьхәа сҽасыргеит", - ахҭыс игәалашәоит саб.

Общественный транспорт в городе Гудаута - Sputnik Аҧсны
Ҳҭаацәа ҳшырцәыӡыз: ахәыҷрантәи гәалашәарак

Адырҩаҽны, ақыҭа иаалыҩҩит Михеи Амзеи шыбналаз. Азнык азы еицәҳарахеит, иаҳшьуеит ҳәа рыԥшаара иалагеит. Аха аамҭа иаратәы ҟанаҵоит. Миха иҭаацәа ашьха қыҭаҿы рыуацәа рҿы шықәсыбжак иҵәахны ирыман. Унеишь-уааишь ҳәа ззырҳәоз абырг ҟәышцәа ах-ганк ирыбжьацәажәаны ианеиндырнраала, хаҵеи ԥҳәыси рыҩныҟа иааит.

Михеи Амзеи хәҩык ахшара рааӡеит. Иахьагьы ирхылҵшьҭроу анцәа ишиҳәара иҟоуп.

"Саб, ҿаҵак ашьақар азы ауаа рынасыԥ еиԥурҟьон, убаашәит", - анысҳәа, схәыҷратә гаӡара иснарҟаҵеит ҳәа саҭеикит.

Михеи Амзеи рыхҭыс, жәашықәса схыҵуаз саб Владимир Жьиба дааӡеит, иеилнаркааит ауаа рымаӡақәа рыҭиира шыҟамло.

Азнык азы еиԥирҟьаз, аха нас зынасыԥ дацхрааз ауааи иареи аӡӡаахра рыбжьалеит. Иахьагьы аибабара ҳабжьоуп...

Михеи Амзеи ари ихыҭҳәаау хьӡқәоуп. Исҭахымхеит исыраргамар...

Ажәабжьқәа зегьы
0