Апсихолог ицәыԥхашьара аҭахӡам: Ельза Мамацԥҳа лзанааҭ атәы дазааҭгылеит

© Foto / из личного архива Эльзы Мамацевой Эльза Мамацева
 Эльза Мамацева - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 10 рзы иазгәарҭоит апсихолог имш. Иахьа аԥсуа еилазаараҿы ари азанааҭ ишазыҟоу еиҭалҳәеит Гагратәи абжьаратә школ №4 аҟны психологси аиҵбыратәи акласс арҵаҩыси аус зуа Ельза Мамацԥҳа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Ҳаилазаараҟны ирацәаҩуп апсихолог ицхыраара зҭахны, аха иԥхашьаны идымҵаало. Уи зыхҟьо амзызқәа иреиуоуп апсихиатр дахьиладырҩашьо. Хаҭала издыруеит "ари ихы еилагеит ҳәа сзырҳәоит" ҳәа изԥхьаӡо ауаа.

Инга Шармаҭп,ҳа арҵаҩцәа рыгәҭа - Sputnik Аҧсны
"Ахәыҷқәа бзиа иумбар, ашкол аҿы аус узуӡом": арҵаҩы Инга Шармаҭԥҳа лҭоурых

Анкьа, ҳандуцәа рхаан, аԥсҭазаара иамаз аҵакы ҽакала иҟан. Еиҳа еизыразын, еилибакаауан. Аиҳабы аиҵбы дилабжьон. Иахьа атехнолиа ҿыцқәа рдунеи ианаамҭоу ауаа рцәаныррақәа ҭышәынтәалаӡам, уи апроблема ыҟоуп ахәыҷқәа рыбжьарагьы.

Ельза Мамацԥҳа ԥшьышықәса ҵуеит лзанааҭ ахырхарҭала Гагратәи абжьаратә школ №4 аҟны аус луеижьҭеи. Лара ахәыҷқәа реиԥш арҵаҩцәагьы анлыдҵаало ыҟоуп.

"Ауаа ԥшрала ишеиԥшым еиԥш ҟазшьалеи дунеихәаԥшышьалеи еиқәшәом. Аӡәы еиҳа иахьатәи аԥсҭазаареи иацу ауадаҩрақәеи иҽрынраалоит, егьи ихәыцрақәа дышрылоу инапқәа иваиԥсоит. Ахәыҷқәа ртәы ҳҳәозар, рҭаацәа есыҽны рхымҩаԥгашьеи ргәалаҟазаареи иацклаԥшлароуп. Ҽнактәи ахымҩаԥгашьаҿы аҽеиҭакра, ашәарҭара цәырнагом, аха даазқәыло аҟазшьаҷыдарақәа ҵигозар, хымԥада аиацәажәара аҭаххоит, раԥхьа иргыланы ан, ма аб ицхыраара идигалароуп, нас апсихолог", - лҳәоит Ельза Мамацԥҳа.

Апсихолог-арҵаҩы лажәақәа рыла, ахәыҷы ашкол дҭанаҵы, шаҟа шықәса ихыҵуазаалакгьы аҩны даннеилак, иҭаацәа "умш шԥаҟаз", "угәалаҟазаара зеиԥшреи", "иуадаҩзи, мамзаргьы иуқәҿиеи" ҳәа азҵаарақәа ииҭароуп. Аҭакқәа ирыцу ацәаныррала алкаақәа ҟаҵатәуп. Аҭаацәеи ахәыҷқәеи рыбжьара агәреибагара ҟалар, наҟ-наҟтәи реизыҟазаашьақәа рышьаҭа ӷәӷәахоит. Ани аби ароль ду нарыгӡоит ахәыҷы идунеихәаԥшышьа ашьақәгылараҿы, убри азы аҭаацәа рхәыҷқәа рзы ҩызарагьы руроуп.

"Актәи акласс ахь иааиуа ахәыҷқәа рахьтә иҟоуп иаразнак ашколтә ԥсҭазаара ашьцылара зцәыуадаҩу, уи азы адаптациа мызкы, зны-зынла шықәсык аҟынӡа аамҭа аҭаххоит. Абжьаратә класс ахь ииасуа ракәзаргьы, аҵаратә процесс иадҳәалоу аиҭакрақәа рцәаныррақәа ирныԥшуеит. Аиҳабыратәиқәа рҿы аԥышәарақәа ирыдҳәалоу агәҭынчымра ҟалоит. Убарҭқәа риааиразы, дареи сареи хаҭалатәи ҳаиқәшәарақәа раан хәмаррак аҳасабала атестқәа мҩаԥаагоит, ихадырҭәаауеит анкетақәа. Ус иалыскаауеит доусы иарбан знеишьоу ииҭаху", - еиҭалҳәоит Ельза.

© Foto / из личного архива Эльзы МамацевойЕльза Мамацԥҳаи лҵаҩцәеи
Апсихолог ицәыԥхашьара аҭахӡам: Ельза Мамацԥҳа лзанааҭ атәы дазааҭгылеит - Sputnik Аҧсны
Ельза Мамацԥҳаи лҵаҩцәеи

Апсихолог лажәақәа рыла, асахьаҭыхралагьы ахәыҷы ипсихикатә ҭагылазаашьа убоит.

Аиҳабыратәи аклассқәа рҵаҩцәа рыбжьара иҟалалоит ԥхьаҟатәи азанааҭ алхра ауадаҩрақәа зызцәырнаго. Усҟангьы, анкетақәа харҭәаауа, еиуеиԥшым азҵаарақәа рҭак шыҟарҵо еиԥш ирыҵалҳәоит еиҳа рдунеихәаԥшышьа ианаало.

апсихолог Алиса Хорааԥҳа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Хорааԥҳа: апсихолог ахәыҷыи аҭаацәеи рыбжьара дымҩақәҵаҩуп

"Сара сахь иааиуа ахәыҷқәа ашколтә ԥсҭазаара анаҩсгьы, рҭаацәаратәии адәахьтәии реизыҟазаашьақәа агәҭынчымра анрызцәырнаго ыҟоуп. Дысзааит раԥхьатәи абзиабара иацыз ахьаа знырыз аиҳабыратәи акласс аҿы итәаз аҷкәынгьы. Иара аӡӷаб ицәаныррақәа лырдырра акәу, мамзаргьы игәы иҭаҵәахызару, еиҳа еиӷьи ҳәа дсазҵааит. Сара апсихолог лаҳасабала зегьы ирабжьызгоит ргәы иҭоу рҳәарц. Ирықәҿиар, ишьахәуп, мап анакәхагьы, ԥхьаҟа иҟаиҵаша дақәиршәоит апсихолог, мамзаргьы зыгәра иго аиҳабы, ан, аб, арҵаҩы. Аҭагылазаашьа зеиԥшразаалакгьы, аҿымҭра зынӡа иҟалаӡом. Ахәыҷқәеи сареи еибаҳҳәо ҳабжьара инхоит", - инаҵылшьит аԥсихолог.

Ельза Мамацԥҳа лажәақәа рыла, аҵаҩы ипроблема баны хаҭала диацәажәар анылҭахха, "сан илуӡом шәара шәахь сныҟәалар" ҳәа лаҭаикхьеит. Уи иаанаго, апсихолог дзызку нҭкааны илыздыруам ауп.

"Аҭаацәа ргәы иаанамгааит рхәыҷы игәабзиара аганахьала апроблемақәа аасырԥшуеит ҳәа. Сара исуалу, аилазаара иаршьцылара ауп. Имаҷҩым ахәыҷқәа аҟазара злоу, аха амцхә иԥхашьаны зҟыбаҩ ҷыда зызцәырымго. Убарҭгьы рхы иаԥшәманы иҟаларц азы апсихолог имҩақәҵага рҭахуп", - лҳәоит лара.

Девушка с телефоном - Sputnik Аҧсны
"Like абиԥара": изеиԥшроузеи иахьатәи "ҳҭоурых"

Ельза Мамацԥҳа иазгәалҭоит, зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа ҷыдала азнеишьа шырҭаху. Гагра араион аҟны дара ирзынархоу аҵараиурҭа ыҟам азы, аԥҟарақәа зегьы ирзеиԥшуп. Аҵараҿы ианахьымӡо хымԥада зылшарақәа ԥку игәныргоит, нас рцәаныррақәа ирнубаалоит. Убри инамаданы, еиҳа имариоу апрограмма рзышьақәыргылазар еиӷьуп лҳәоит.

Гагратәи абжьаратә школ №4 аҟны азеиԥш ҭагылазаашьа далацәажәо, апсихолог Ельза Мамацԥҳа зырҽеира ҟамло апроблемақәа лбаӡом. Аха аҭаацәара рахь абжьгара ҟалҵоит рхәыҷқәеи дареи еизааигәахарц азы еицәажәаларц. Насгьы зыхә ҳараку амаҭәеи амобилтә ҭелқәеи рыла ибжьарымхарц. Иаҳҳәап, иахьа ирзаархәартә еиԥш алшара рымоуп, уаҵәы аҭагылазаашьа аҽаԥсахыр, рыбжьара аимак-аиҿак цәырҵуеит. Излауала убри аганахьала аҽынкылара аарԥшны, аҵараҵара рхы азыршьҭырц дрыҳәоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0