Иҿымцәааз аԥсуа хәышҭаара: Тамшь аӷа ииблыз агәараҭа ҩаԥхьа агәашәқәа шаатыз

© Foto / Сырма АшубаИҿымцәааз аԥсуаа хәышҭаара: Тамшь аӷа ииблыз агәараҭа ҩаԥхьа агәашәқәа шаатыз
Иҿымцәааз аԥсуаа хәышҭаара: Тамшь аӷа ииблыз агәараҭа ҩаԥхьа агәашәқәа шаатыз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik аколумнист Сырма Ашәԥҳа Тамшь ақыҭан ландуи лабдуи рҿы лхәыҷра ахьылхылгоз, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан аӷацәа иццышәыртәыз Ҷанаа ргәараҭа иахьа ҩаԥхьа агәашәқәа шаанартыз атәы ҳзеиҭалҳәоит.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Тамшь ақыҭа - схәыҷра адунеи амҵәыжәҩақәа

Ауаҩытәыҩса дызнысуа аԥсҭазааратә мҩа гәалашәаратә хҭысла ихаҭәаауп. Аамҭа цацыԥхьаӡа узызгәышьуа, игәхьаауго ахәыцрақәа уҽрылаугалоит. Убарҭ рахьтә сара сзы зегь реиҳа агьама змоу акакәны иаанхоит схәыҷра адунеи иагәылаҵәахны иамаз, шәыга рацәала еиларсыз асахьақәа.

Ирҳәоит, аншьҭра агәыбылра амоуп ҳәа. Хымԥада, иагьиашоуп. Ҳаидтәаланы ҳхәыҷра ашықәсқәа ҳанрызхьаԥшуа зыӡбахә сымоу дунеихаан хашҭра змам Тамшь ақыҭа сандуи сабдуи ргәараҭа ауп, уаҟоуп ахы ахьакыз сара аԥсҭазаарахь скылызгаз амҩадугьы, уи акыр ԥхарралеи игәкыз бзиабаралеи иқәҵан, уи зхылҵаз сандуи сабдуи рыԥхарра акәын. Иҭбааҭыцәӡа иҟаз ашҭа ду, аҩнду иавагылаз еснагь ахәышҭаараҿы амца ахьеиқәыз аԥсуа ԥацха, згьама уамакала ихааз алҩаҿы икнаҳаз ашәха ҟаԥшьқәа, санду есышықәса ирыԥхны илырҩоз аџьанџьыхәақәа, сасык дааир ҳәа илымаз аҭаҵәахқәа, абарҭқәа зегьы ргьама хазын, уамакала ихаан.

Саншьцәа рынхарҭаҩны аихамҩатә вокзал зынӡа иазааигәан ганкахьала, егьи аганахьала амшын агаҿа шьҭан. Агәылацәа хәыҷқәеи аҩны иҟаз амаҭацәеи ҳанааизалак, иҟан маӡала амшын ахь ҳарцәыбналаны ҳанцалоз, саншьа иԥшәмеи иареи ашкол аҟны рҵаҩцәас аус руан, сабду џьара дышцаз аҟара агәра анаҳгалак, сандугьы уск даҿызшәа анаҳбалак, ҳшьамхы ҳҽаҳаргон, ус ахәыҷра анаҳиааиуазгьы ыҟан. Нас санду ллаба аакыдԥааны днаҳашьҭалон, азныказы днаҳақәмақарыргьы, нас ҳлыжьжьон, ус уаҳа ҟаҳамҵарц ҳабжьылгон, мамзар ҳҭаацәа ааир ҳацәгьа шылҳәоз ала ҳлыршәон. Ҳарҭгьы аахәлаанӡа ҳанду ҳлыдгьежьылон, лҿы иҭшәоз зегьы ҟаҳҵон, дҳаргәыбзыӷуан ҳацәгьа лымҳәарц азы.

© Foto / Сырма АшубаҶанаа ргәараҭаҿы игылоу аҵеџь
Иҿымцәааз аԥсуа хәышҭаара: Тамшь аӷа ииблыз агәараҭа ҩаԥхьа агәашәқәа шаатыз - Sputnik Аҧсны
Ҷанаа ргәараҭаҿы игылоу аҵеџь

Сабду аҽыуардын ҳнақәыртәаны амшын ахь ҳаигалон, шамахамзар мышкгьы бжьаижьуамызт. Исгәалашәоит, ҳахьнеишаз аҭыԥ аҟны ҳнаӡаанӡа ибжьы ныҵакны ашәақәа иҳәон, еиҳарак слымҳаҿы иаанхаз "Катиуша" ауп. Ҳанеизҳа еилкаахеит сабду ииҳәоз ашәақәа ҵакыс ирымаз, иара Аџьынџьтәылатә еибашьра ду дызлалахәыз ала.

Сыбла ихгылоуп бабыцк рықәшәар ҳәа дрыхӡыӡааны уажәы-уажәы ицәырганы иирыцқьалоз иорденқәеи имедалқәеи. Икәалыкәаџьо убас иԥшӡан, ҳара ҳнеины ҳидгьежьылон, ҳалахәмарырц ҳиҳәон, аха имукәа ҩаԥхьа иԥхьаикуан. Санду лакәзар, лыӡахыга машьына хәыҷы дадтәаланы амаҭәа ԥшӡақәа ҳзылӡахуан, иаҳшәыз ашәҵатәымаҭәа зегьы иреиӷьызшәа ҳзааиуан, ҳанду лыбзиабара убраҟагьы ианыԥшуан.

© Foto / Сырма АшубаСырма Ашәԥҳа лхәыҷра ахьылхылгоз Тамшь ақыҭа иалсны ицо аихамҩа
Иҿымцәааз аԥсуа хәышҭаара: Тамшь аӷа ииблыз агәараҭа ҩаԥхьа агәашәқәа шаатыз - Sputnik Аҧсны
Сырма Ашәԥҳа лхәыҷра ахьылхылгоз Тамшь ақыҭа иалсны ицо аихамҩа

Аҩнынтә ҳнаԥшны иаҳбон аихамҩа аанҿасырҭаҿы игылалоз, мамзаргьы имҩасуаз адәыӷбақәа. Зегь злаҳагӡоз ҳандуи ҳабдуи ҳрыҳәон адәыӷба ҳақәыртәаны ҳдырныҟәарц, мап ҳцәыркуамызт. Иҟан ҳамч зықәхоз адҵақәа анҳарҭозгьы.

День памяти жертв Кавказской войны - Sputnik Аҧсны
Аибашьреи ахәыҷреи - Аиааиреи агәырӷьареи

"Шәанду шәара дшәыкәыхшоуп, аус ԥсуп, ауаҩы дыбзоуп, шәнышьҭалар, ишәхашҭуеит", - ҳәа наҳаҳәаны, иҟаҳҵашақәаз ҳлырбон. Ҳус аҵыхәтәанӡа инагӡаны ҳаналгалак, ҳзыргәырӷьашаз ахҭысқәеи ахаамыхақәеи ҳзыԥшын. Ҳарҭгьы ҳнапхәыҷкәа аларԥаны иҳамаз ҳадҵа наҳагӡон, аҳәаса ҳаҟәшәон, аҵла абыӷьқәа ҳаҟәшәон, санду ашҭа быбыцк ықәыршәны илуазма, ашара илымнахыргьы, ахәлара лҽалакны акы даҿызар акәын.

Ахьҭақәа аныҟалалак, аԥацхаҿы еиқәыз амца ҳадтәаланы ҳаҽҳарԥхон, шаҟа лакәажәабжь ҳзеиҭарҳәоз сандуи сабдуи. Исгәалашәоит, санду амцаҿы ачуан ала ахш аршра даҿын, агәылацәа хәыҷқәеи ҳареи ҳшыхәмаруаз, санду ахш ршны ианыкнылхуаз аамҭазы снапқәа лыкәыршаны искит, иҭҟьаз ахш саблит, чабракаршә ҳахәмаруан… Аласра ус аныҟанаҵалозгьы ыҟан, избанзар хәыҷран, убригь дунеин.

Саншьа дҽыбӷаҟазан, изакәытә ҽқәааз ашҭа иҭаз, шаҟа ихацыркны иныҟәигоз. Аҽқәа ҳрықәыртәаны аӷәра кны ашҭа ахы-аҵыхәа ҳакәиршон, ахәыҷқәа зегьы агәаран ҳақәгылан ҳазыԥшын ҳаамҭа ааины ҳанбақәтәо ҳәа, бзиа иаҳбон, ҳгәазхара ҟаломызт. "Ахәыҷкәа аҽы иканамыжьааит…" - харантә ҳанду лҿыҭыбжьгьы ааиуан.

Матери абхазских солдат - Sputnik Аҧсны
"Агәалашәароуп ҵа змаӡам" – ӷьашьак змам анацәа рыхәрақәа

Аамҭа кьаҿк иалагӡаны акәзаргьы, андуи абдуи рыԥхарра зкьысыз, уԥсҭазаара иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп, рыхаара уахьцалакгьы иуцуп. Ахәыҷра ашықәсқәа инрыжьуа ашьҭа даҽакы иеиԥшым, уи акырӡа ицқьоуп, иԥшьоуп. Урҭқәа зегьы бӷьыцк ианӡалом, избанзар ҵыхәаԥҵәара змам, доуҳа ԥшӡала еибарку ԥсҭазаароуп.

Ҩаԥхьа злакҭа ччаз агәараҭа

Абарҭқәа зегьы сгәалазыршәаз акоуп, аԥсуа-ақырҭуа еибашьраҿы ҳаӷацәа ирблыз, ирыццышәыз сандуи сабдуи ргәараҭа иаҿаз агәашәқәа ҩаԥхьа иҟьаҟьаӡа иахьаатыз, ҩаԥхьа ҳашҭаҿы агәырӷьаччабжьы ахьықәҩыз, усҟан имицыз ахәыҷқәа рџьынџь дгьылҵәҟьа ршьапы ахьықәдыргылаз, саншьа зеиҭашьақәыргылара даҿу ҳаԥсуа ԥацхаҿы ҩаԥхьа ҳхәышҭаара иахылҵуаз аԥхарра ҳахьеиднакылаз, ҳаикәшаны ҳахьадтәалаз, ажәытә-аҿатә ахьаҳгәалаҳаршәаз ауп.

© Foto / Сырма АшубаТамшь ақыҭан ҳаӷа ииблыз Ҷанаа ргәараҭа ҩаԥхьа гәырӷьароуп
Иҿымцәааз аԥсуа хәышҭаара: Тамшь аӷа ииблыз агәараҭа ҩаԥхьа агәашәқәа шаатыз - Sputnik Аҧсны
Тамшь ақыҭан ҳаӷа ииблыз Ҷанаа ргәараҭа ҩаԥхьа гәырӷьароуп

Акыршықәса зылахь еиқәыз агәараҭа алакҭа ччеит, иблыз аҩны иацәынхаз амардуан шьаҭамырӡганы, ҭоурыхҳәаганы инхеит. Иҟалап уи аҽны сара аҩынтә раан сеиҭеизар, сгәазхара исызбомызт сзааӡаз саншьцәа ргәараҭа, гәынхәҵысҭала сырнысуан амҩахәасҭақәа, амҩадуқәа, сандуи сабдуи рхаҿсахьақәа сыбла уажәы-уажәы ихгылон, ҳанхәыҷқәаз еиԥш санду лҿыҭбжьы саҳауан, усҟан еиԥш лнапқәа ыргьежьны, "ишәыхьша шәанду илыхьааит" ҳәа ҳалгәыдлыҳәҳәалозшәа збон, аха ари лабҿабамызт, ари сгәаҳәарақәа ирхылҵуаз ԥхыӡҵас исзааиуаз цәырҵрақәан.

© Foto / Сырма АшубаСырма Ашәԥҳаи ланшьцәеи Тамшь ақыҭан
Сырма Ашәԥҳаи ланшьцәеи Тамшь ақыҭан - Sputnik Аҧсны
1/2
Сырма Ашәԥҳаи ланшьцәеи Тамшь ақыҭан
© Foto / Сырма АшубаЗгәараҭаҟны 70-шықәсахыҵра азгәазҭаз Сырма Ашәԥҳа ланшьа Валери Ҷанбеи уи имаҭацәеи
Згәараҭаҟны 70-шықәсахыҵра азгәазҭаз Сырма Ашәԥҳа ланшьа Валери Ҷанбеи уи имаҭацәеи - Sputnik Аҧсны
2/2
Згәараҭаҟны 70-шықәсахыҵра азгәазҭаз Сырма Ашәԥҳа ланшьа Валери Ҷанбеи уи имаҭацәеи
1/2
Сырма Ашәԥҳаи ланшьцәеи Тамшь ақыҭан
2/2
Згәараҭаҟны 70-шықәсахыҵра азгәазҭаз Сырма Ашәԥҳа ланшьа Валери Ҷанбеи уи имаҭацәеи

Лыԥхала аибашьра иалҵыз саншьа Валери Ҷанба ихылҵ ыҟоуп, имаҭацәа игәы рыладууп. Машәыршақә иҟамлаӡеит 70 шықәса иазкыз имшира аҽны иблыз иаб игәараҭа иҵеира иманы дахьаҭааз. Уи хықәкызаҵәык ауп иамоу - аизҳара, аԥсуа хәышҭаара аҿымцәаара, аиқәырхара! Наӡаӡа кьыс рмоуааит ҳзааӡаз ҳаԥсуа хәышҭаарақәа!

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0