Акадр анҭыҵтәи азанааҭ: арежиссиор Заира Бигәааԥҳа лҭоурых

© Foto / предоставила Елеонора КогониаЗаира Бигуаа
Заира Бигуаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абҵара 6, 1978 шықәсазы Аԥсуа телехәаԥшра аефир ахь аҭыҵра иалагеит, уи ахҭыс аахижьҭеи иҵуеит 42 шықәса. Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа 41 шықәса Аԥсуа телехәаԥшраҟны режиссиорс аус зуа Заира Бигәааԥҳа лҭоурыхи дара русеицуреи ртәы дазааҭгылоит.

Аԥсуа телехәаԥшра аефир ахь иҭыҵижьҭеи абар 42 шықәса ҵит. Ахәаԥшцәа аекран аҿы ирбо адырраҭарақәа зегьы коллективтә усумҭақәоуп, убри аамҭазы зегь ирбарҭоу, игәныркыло амҩаԥгаҩцәа роуп, аха акадр анҭыҵтәи аҟазауаа рыда ателехәаԥшра ҟалашьа амам.

Арежиссиор изанааҭ ателехәаԥшра зда ихәарҭам акоуп, избанзар адырраҭарақәа реиҿкаашьа, рырхиашьа, рформа зхәыцуа, знапы иҵызхуа иара иоуп.

Шықәсык ахыҵуан Аԥсуа телехәаԥшра, ҿыц ААУ афилологиатә факультет аушьҭымҭа Заира Бигәаа аусура ҳәа уахь даннанагаз. Лара ишеиҭалҳәо ала, уи машәыршәа иҟалеит. Усҟан асахьаҭыхҩы иаҳасабала уа аус зуаз Пальмиро Амҷба илеиҳәеит ателехәаԥшраҿы арежиссиор ицхырааҩ иҭыԥ шыҟоу.

"Уамакгьы исҭахымызт, аиашазы, уи аус ахы ахьцогьы сыздыруамызт, аха Пальмиро симаны дцеит сыдирбарц", - лҳәоит уажәшьҭа 41 шықәса ателехәаԥшраҿы аус зухьоу аԥҳәыс.

© Foto / предоставила Елеонора КогониаАнатоли Шьониа, Заира Бигәаа, Анзор Кәарҷелиа, Алеқсандр Кочура.
Акадр анҭыҵтәи азанааҭ: арежиссиор Заира Бигәааԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Анатоли Шьониа, Заира Бигәаа, Анзор Кәарҷелиа, Алеқсандр Кочура.

Заира Бигәаа лзанааҭ аҿы рҵаҩыс длыԥхьаӡоит арежиссиор Гәырам Амқәаб.

"Даара сшәеит аиашазы аусура закәыз анызба, - илгәалалыршәалоит Заира ҳанеицәажәо раԥхьатәи лшьаҿақәа. - Гәырам Артиом-иԥа акомпозициа, амонтаж уҳәа, акадр иадҳәалоу зегьы сзеиҭаҳәара далагеит, аха, аиаша сҳәозар, ахаангьы исмаҳацызт ииҳәоз, избанзар сара афилологиа акәын ҵарас исымаз", - лҳәоит лара.

© Foto / из архива АТ и личных архивов сотрудниковАԥсуа телехәаԥшра аусзуаҩцәа: Анатоли Маланиа, Заира Бигәааԥҳа, Ҭина Қорсаиаԥҳа.
Акадр анҭыҵтәи азанааҭ: арежиссиор Заира Бигәааԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа телехәаԥшра аусзуаҩцәа: Анатоли Маланиа, Заира Бигәааԥҳа, Ҭина Қорсаиаԥҳа.

Арҭқәа анылба, Заира, азнык азы уахь дназгаз Пальмиро "мап, сцаӡом" ҳәа иалҳәеит, аха иара дааиргәыбзыӷын, аусура далагартәы дныҟәеит.

"Гәырам Амқәаб даара иџьабаақәа сыдуп, снапы санкны исирҵеит зегьы, сзыԥхьашаз алитературагьы сиҭон, иара исеиҳәон срежиссиорхар шиҭахыз", - лажәа иацылҵоит арежиссиор Бигәаа, анкьатәи аамҭақәа дырзааҭгыло.

© Foto / из архива АТ и личных архивов сотрудниковАԥсуа телехәаԥшра аусзуҩцәа: Амиран Гамгьиа, Заира Бигәааԥҳа, Емма Адлеиԥҳа, Лиудмила Ҳагԥҳа.
Акадр анҭыҵтәи азанааҭ: арежиссиор Заира Бигәааԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа телехәаԥшра аусзуҩцәа: Амиран Гамгьиа, Заира Бигәааԥҳа, Емма Адлеиԥҳа, Лиудмила Ҳагԥҳа.

Ателехәаԥшра аусураҿы раԥхьатәи ашықәсқәа раан ажәабжьқәа ракәын аус здырулоз, Заира убраҟа арежиссиор ицхырааҩс акырааамҭа аус луан. Заира лқәыԥшра згәалашәо зегьы иазгәарҭоит, иара лфотоқәа урыхәаԥшыргьы иубоит, ԥшреи-сахьалеи деҩцаны дшыҟаз, илеиҽырбозгьы рацәаҩын, аха ҳлаҭәалшьом ҳәа илыцәшәаны лааигәара имнеиуазгьы дубарын.

© Foto / из архива АТ и личных архивов сотрудниковАрежиссиор Заира Бигәааԥҳа аԥсуа телехәаԥшра астудиаҿы
Акадр анҭыҵтәи азанааҭ: арежиссиор Заира Бигәааԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Арежиссиор Заира Бигәааԥҳа аԥсуа телехәаԥшра астудиаҿы

26 шықәса дшырҭагылаз, "уажәшьҭа сцароуп" лгәахәызар акәхап, иацәымшәакәа ажәа лнызҵаз, аҵара зцылҵоз диццеит, ажәакала, Нанаа дырҭацахоит, аха лразҟы лыцымныҟәакәа, лыҷқәын хәыҷы длыманы дхынҳәуеит лыҩныҟа. Абраҟагьы ацхыраара лиҭеит Гәырам Артиом-иԥа, уи лусура лцәымӡырц азы, иара убас, лҭаацәа ахәыҷы иааӡараҿы адгылара лырҭеит. Лара д-Аҭаратәиуп, лан дырҵаҩын, лаб дынхаҩын.

Ажәакала, машәыршәа ателехәаԥшраҿы инанагаз афилолог иахьа уажәраанӡа аус луеит. Лҟазшьала длафҳәаҩуп, амала лԥан бааԥсуп сҳәар ауеит, "сара сиашоуп" анылҳәа, лымакра иаԥсам. Лҟазшьаҿы сара исгәаԥхо - акыраамҭа агәаара згәаҿы изызнымкыло ԥҳәысуп, зны-зынла дышиашамгьы лзымдыркәа дауҟаху аҟынтә, иахьа акы еимаҳкыргьы, уаҵәы аԥсшәа уамҳәакәа дувсӡом.

© Foto / предоставила Елеонора КогониаПальмиро Амыҷба, Заира Бигәаа, Анатоли Маланиа.
Акадр анҭыҵтәи азанааҭ: арежиссиор Заира Бигәааԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Пальмиро Амыҷба, Заира Бигәаа, Анатоли Маланиа.

Ԥыҭраамҭак ажәабжьқәа рҿы арежиссиор ицхырааҩс аус анылу ашьҭахь, ажурналист Ҭина Қорсаиа лара илыдылгалеит дызлаго алитературатә дырраҭара аҿы режиссиорс аус лыцылурц. Заира уи дақәшаҳаҭхеит. Раԥхьатәи рдырраҭа изкын Таиф Аџьба, уи дҭырхуан астудиаҿы. Убри инаркны арежиссиор лаҳасабала атематикатә дырраҭарақәа дрызхьаԥшуа далагеит. Асовет аамҭазы аԥҟарақәа џьбаран, иаразнак арежиссиор истатус аиурагьы мариамызт.

© Foto / из архива АТ и личных архивов сотрудниковАжурналист Ҭина Қорсаиаԥҳа, арежиссиор Заира Бигәааԥҳа.
Акадр анҭыҵтәи азанааҭ: арежиссиор Заира Бигәааԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Ажурналист Ҭина Қорсаиаԥҳа, арежиссиор Заира Бигәааԥҳа.

Шамиль Ԥлиа ателехәаԥшра данахагылаз аамҭазы, "уи икабинет ус аламала аҩналарагьы гәаӷьыуацәан" лҳәоит лара ирлас-ырлас. Абри зхысҳәаауа, акыр аамҭа аус анылу ашьҭахьоуп, атитрқәа рҿы арежиссиор З. Бигәаа ҳәа анырҵо ианалагаз.

Усҟантәи аамҭазы ателехәаԥшраҿы иахьеиԥш атематикатә дырраҭарақәа рацәамызт, иналаршә-ҩаларшәны акәын урҭ аекран аҿы ишцәырҵуаз. Аибашьра иалагаанӡа алитературатә проектқәа рыдагьы, аҳәса ирызкыз "Мрамза" захьӡыз Фатима Қәҭелиа лавтортә дырраҭара режиссиорс даман Заира Михаил-иԥҳа. Абарҭқәа рыдагьы, Заира дрылахәын еиуеиԥшымыз аныҳәақәа ирызкыз ахәылԥазқәа рҭыхра, ажәабжьқәа аефир ахь рышьҭра уҳәа ателехәаԥшраҿы иҭыҵуаз адырраҭарақәа рӷьырак.

© Foto / из архива АТ и личных архивов сотрудниковАшәҟәыҩҩы Фазиль Искандер аԥсуа телехәаԥшра аусзуҩцәа рыгәҭа.
Акадр анҭыҵтәи азанааҭ: арежиссиор Заира Бигәааԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Ашәҟәыҩҩы Фазиль Искандер аԥсуа телехәаԥшра аусзуҩцәа рыгәҭа.

Хымԥада, исыҩуа алафгьы ацуп, аха усҟан ателехәаԥшра еиҳабыс иамаз иаҵкысгьы, Заира илҳәарызеи рҳәон уахь ҿыц аусура инеиуаз, еиҳаракгьы аҭыԥҳацәа. Сара саннеи, лареи сареи ирлас ҳааибагеит, амала сылгәаԥхоу сылгәамԥхоу иахьагьы исыздыруам, лара лаҟара сшыԥшӡамыз лдырзар акәхап, ирлас слыдылкылеит. Исгәалашәоит ҿыцк данааилак дынкылыԥшны, "уи ҳара ҳазҵазырӡуа лакәым" ҳәа алаф шылҳәоз.

Абас ҳшыҟаз аибашьра иалагеит. Аԥсуа телехәаԥшра Гәдоуҭатәи ахәыҷбаҳчақәа рук аҿы иҟан. Уа аус зуаз рӷьырак реиԥш, Заира уа дынхон, аус луан иахьеи уахеи дмыцәакәа. Ателехәаԥшра аибашьра аидеологиа иашьагәыҭын, убри аҟынтә, еиԥҟьарада аус ауан. Заира дреиуоуп аџьабаа ду збаз аусуҩцәа, афронт аҟынтә иаауаз анҵамҭақәа, егьырҭ аполитикатә қәгыларақәа уҳәа еиҿкааны аефир иаззырхиоз дреиуан. Аибашьра анеилга, Заира дырҩегьых атематикатә дырраҭарақәа дырзыгьежьит.

© Foto / предоставила Елеонора КогониаАԥсуа телехәаԥшра аусузаҩцәа аибашьра ашықәсқәа рзы. Гәдоуҭа.
Акадр анҭыҵтәи азанааҭ: арежиссиор Заира Бигәааԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа телехәаԥшра аусузаҩцәа аибашьра ашықәсқәа рзы. Гәдоуҭа.

Иахьа ателехәаԥшра архив аҿы иҟоу атематикатә дырраҭарақәа рӷьырак режиссиорс дрымоуп Заира Бигәаа: "Гәаартыла" (автор Ҭина Қорсаиа) "Ус иҟан уи аамҭа" (автор Светлана Қорсаиа), "Аргама", "Аибашьра анцоз" (автор Ирина Агрба). Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Заира режиссиорс дрыман адырраҭара "Иалкаау" (автор А. Чагәаа), "Иаартым Аҟәа", "Анарха", "Аамҭа зтәу" (автор Арифа Қапба).

Тематикала еиуеиԥшым арежиссиор лусумҭақәа, акультуратә, аполитикатә, аҭоурыхтә хырхарҭақәа уԥылоит лрежиссиортә усумҭақәа урызхьаԥшуазр. "Зегь реиҳа бзиа избоит алитература иазку адырраҭарақәа", - лҳәоит Заира, илзааигәоу атематика далацәажәо.

Алитературатә темала ҳусура хацҳаркит лареи сареи аибашьра ашьҭахьҵәҟьа. Усҟан сара атематикаҿы аԥышәа сымамызт, ажәабжьқәа рҿы корреспондентс аус зуан, убри аҟынтә, аибашьраҿы хабарда ибжьаӡыз апоет Таиф Аџьба изкыз адырраҭара "Ашьац иаӷрамгылоз ауаҩы" анагӡаразы дсыдгыларц слыҳәеит. Заира мап лымкит, иагьынаҳагӡеит уи адырраҭара. Убри инаркны арежиссиори сареи ҳаиқәшәон еиуеиԥшымыз анҵамҭақәа рынагӡараан, иара убас, аибашьра ашьҭахь "Аамҭа" захьӡыз ишиашоу ицоз аефирқәа рымҩаԥгара ансыдырҵа, арежиссиортә пульт Заира Бигәаа аԥшәымас данамаз рацәан.

© Foto / предоставила Елеонора КогониаАжурналист Елеонора Коӷониаԥҳаи, арежиссиор Заира Бигәааԥҳаи.
Акадр анҭыҵтәи азанааҭ: арежиссиор Заира Бигәааԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳаи, арежиссиор Заира Бигәааԥҳаи.

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Заира бзиа илбо ахырхарҭаҿы дырҩегьых аус еицаҳуит алитературатә проектқәа "Ажәа", "Абырҵкал" рҿы. Лара дахьфилологу иабзоураны, атекстқәа кыр хшыҩзышьҭра рылҭоит, насгьы, апоезиа бзиа излалбо ала, рацәак дымгәамҵкәа аус луеит. Ус акәзаргьы, алеишәаҿы саргьы сызлаҵамхо ала, иҟан арҿиаратә, атехникатә, аиҿкааратә усқәа рҵыхәала ҳгәы аанибархоз, ҳабжьы андухоз. Лара сара саԥхьа илхыԥсаауан, нас дырҩегьых ҳусура иацаҳҵон.

© Foto / предоставила Елеонора КогониаАжурналист Елеонора Коӷониаԥҳаи, арежиссиор Заира Бигәааԥҳаи адырраҭара "Ажәа" аҭыхрақәа раан. Риҵа.
Акадр анҭыҵтәи азанааҭ: арежиссиор Заира Бигәааԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳаи, арежиссиор Заира Бигәааԥҳаи адырраҭара "Ажәа" аҭыхрақәа раан. Риҵа.

Иахьа ателехәаԥшра 42 шықәса анахыҵуа, арежиссиор дырҩегьых иҿыцу алитературатә дырраҭара "Уарада" (автор Инна Ҳаџьымба ) режиссиорс дамоуп. Аабыкьа аефир ахь ицеит уи ацикл аҟынтә Гьаргь Чачба изкыз адырраҭара. Архивтә видео аныҟам, адырраҭара аиҿкаара уадаҩзаргьы, арежиссиори автори ирылшеит Чачба ипоезиеи ихаҭареи рцәыргара ианаалаша асахьаныҟәа азыԥшаара. Уажәы лареи сареи аус еицаҳауӡом, саргьы акадр анҭыҵ сыҟоуп, аха џьара акы сазхәыцыр, лара лҿы сышнанаго дырны, лыгәшәымшә ҳәо акаҳуа лыцызжәуеит.

Иахьа ателехәаԥшратә ҟазараҿы ицәырҵыз атехнологиақәа шыссиру азгәалҭозаргьы, Заира илҳәоит ииасхьоу аамҭа еиҳа ишыгәхьаалго, "ателехәаԥшра ҳаҩнеиԥш ҳазыҟан" лҳәоит Заира, гәхьаагаратә мотивла уи аамҭа дазхьуа. Иахьа апандемиа анҳалаҳәоу аамҭазы, лхы ԥхьалкыр ауазаргьы, аус луеит, лнапы иану апроектқәа дрызхәыцуеит, арепатриантцәа ирызку адырраҭара "Аԥырсал" (автор Нонна Ҭхәазба) аформа ҿыц азыԥшаара дашьҭоуп.

© Foto / предоставила Елеонора КогониаАжурналист Елеонора Коӷониаԥҳаи, арежиссиор Заира Бигәааԥҳаи, аредактор Емма Адлеиԥҳаи.
Акадр анҭыҵтәи азанааҭ: арежиссиор Заира Бигәааԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳаи, арежиссиор Заира Бигәааԥҳаи, аредактор Емма Адлеиԥҳаи.

Заира Бигәаа лрежиссиортә стиль сазааҭгылозар, аклассикатә-очерктә стильуп дзыцныҟәо. Лара илыцәтәымуп иахьа имодоу, икреативтәуп ззырҳәо ахырхарҭа. Заира Бигәаа аԥсҭазаартә ԥышәа илнарҵаз алоуп аус шылуа, ҷыдала ателехәаԥшратә режиссиорразы Аԥсны анҭыҵ аҵара лҵартә аҭагылазаашьа абаҟахыз данқәыԥшыз. Лусуреи лыҷкәын заҵә иааӡареи иахҭнылҵар акәын лаамҭа. Абри азгьы лхы дахлафаауа илҳәоит "Феллини шсакәым сзымдыруа џьышәшьома" ҳәа.

Араҟа зыӡбахә сҳәаз автортә проектқәа режиссиорс дахьрымоу инаҷыданы, аԥсуа телехәаԥшцәа акыр бзиа ирбо аполитикатә дырраҭарақәа, еиҳаракгьы ишиашоу ицо аефирқәа рӷьырак мҩақәызҵо дреиуоуп Заира Бигәаа. Даара илахҿыхуп алхрақәа раамҭазы аполитикцәа, ачынуаа аефирқәа рахь иқәгыларц ианнеилакгьы, аефир иалагаанӡа Заира урҭ кҿацаланы "ирҳәо абжак шымцу" анралҳәо ацклаԥшра. Ишиашоу ицо аефирқәа рымҩаԥгараан Заира апульт ҳәа изышьҭоу данаҿатәо, сара амҩаԥгара суалзар, акыр сгәы рҭынчны астудиа сыҩналоит, избанзар лара аԥышәа ду лымоуп, еиԥҟьарак ҟаларгьы, дшаиааиуа здыруеит.

Имариам усуп, инеиԥынкыланы 41 шықәса ҭыԥк аҿы аусура, аха зҟазшьа џьбароу, зны-зынлагьы иҟәымшәышәу ҳәа ззаҳҳәо, зус бзиа избо Заира илылшеит лыԥсҭазаара зегь ателехәаԥшратә ус азкра. Арсҟатәи аамҭа ателехәаԥшраҿы аус ахьылуазы лхы дахлафаауа илҳәоит: "Уажәшьҭа ицатәуп, аха ацашьа сақәымшәеит", - ҳәа.

Сзыхцәажәо арежиссиор кыраамҭа ҵуеит дыздыруеижьҭеи, аха амаҭацәа анлоу, иџьасшьо салагеит уи заҟа данду бзиоу. Лара ҩыџьа амаҭацәа лымоуп, лусура иахаршәаланы, урҭ рааӡара иазылкуеит лаамҭа. Лмаҭацәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа раан, Заира Михаил-иԥҳа ллеишәа џьбара нкаԥсаны, дыхәшаха дааҟалоит.

Ари анҵамҭа раԥхьаӡакәны изызку иламҳәакәа иҟасҵеит, избанзар уамак бзиа илбаӡом ахӡыргара, лус иазкны ацәажәара. Аколонка ҭыҵыр, илҳәашагьы сеидроу, аха исаналыжьып сгәахәуеит.

© Foto / предоставила Елеонора КогониаАжурналист Елеонора Коӷониаԥҳаи, арежиссиор Заира Бигәааԥҳаи.
Акадр анҭыҵтәи азанааҭ: арежиссиор Заира Бигәааԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳаи, арежиссиор Заира Бигәааԥҳаи.

Ателехәаԥшраҿы илбахьоу аџьабаазы Заира Бигәаа "Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист" ҳәа ахьӡ лыхҵоуп, иара убас, "Ахьӡ-аԥша" аорден 3-тәи аҩаӡара ланашьоуп. Амала, уи аорден ателехәаԥшра аусуҩцәа официалла ианранаршьоз Заира Михаил–иԥҳа дымцаӡеит, еиҳау сыхәҭоуп лгәахәу, ма исықәнагам ҳәа лгәы иаангоу здырхуада, аха аорден лгәы икыдлымҵеит зҟазшьа мараҳәыз арежиссиор. Абас дыҟоуп зегьы иреиԥшым Заира Бигәаа.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар алшоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0