Ҳшыхәыҷызнатә ҳаӷацәа рхаҿқәа ҳбахьан: арҵаҩы Фатима Лыхәԥҳа лҭоурых

© Foto / фото из архива Фатимы ЛухбаФатима Лыхәԥҳа аурок аҿы
Фатима Лыхәԥҳа аурок аҿы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны амилаҭ-хақәиҭратә ҵысра зышколтәи, зыстуденттәи, зусуратә шьаҿақәеи ирныԥшыз, 31 шықәса Гагратәи абжьаратә аԥсуа школ №1 аҟны аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аԥсуареи рырҵаҩы Фатима Лыхәԥҳа еиҭалҳәеит урҭ аамҭақәа раан иҟаз аԥынгылақәеи иахьатәи лусуреи ртәы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Фатима Заур-иԥҳа Лыхәԥҳа аҵара лҵон О. Демерџьиԥа ихьӡ зху лқыҭа Оҭҳаратәи абжьаратә школ аҟны. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра алагаанӡа, Оҭҳара ақыҭан ашәанцәа рацәаҩны инхон. Убри азы ари ашкол ҩ-секторкны - аԥсуеи, ақырҭуеи ҳәа еихшан. Аҩ-милаҭк рхәыҷқәа аилибамкаарақәа рыбжьалахьан, ақырҭцәа ҵҟа-ҵҟала имҩаԥыргоз аполитика хәашь иахырҟьаны.

"Сара ашкол санҭаз 80 ашықәсқәа ралагамҭазы Оҭҳаратәи ашкол аҿы аҵара рҵон хәышәҩык иреиҵамкәа аҵаҩцәа. Ашәанцәеи ҳареи есқьынагьы ацтәқәа ҳаман. Зны-зынла убас сгәы иаанагоит аԥсуаа рахь ацәымыӷра мгәарҭа ишыҟаз ршьа иалалахьан ҳәа. Еихагылак аҿы аҵара шеицаҳҵозгьы, аҳәаа ҳабжьан, иахысыр ҳуамызт, ҳаргьы уахь ҳнеиуамызт. Усҟан афбатәи акласс аҿы итәаз, 12 шықәса зхыҵуаз ҳаҷкәынцәа ахацәа нагацәа реиԥш рхы аадырԥшуан. Аԥсуаа рзы ажәа хәахәак ашәанцәа рхы иаҭәаршьар иаразнак ирҿагылон", - ақырҭцәа Аԥсны хаԥышәала ианныҟәоз аамҭақәа лгәалашәоит Фатима Лыхәԥҳа.

Наҭела Иуан-иԥҳа Смыр - Sputnik Аҧсны
Наҭела Смырԥҳа: ҩнуҵҟала ҳбылуан, аха ҳҵаҩцәа идҳарбомызт

Фатима Лыхәԥҳа лышколтә аамҭақәа раан директорс дрыман Рикәа Кәакәасқьыр. Лыкласстә напхгаҩы иакәын Заканбеи Патхвариа. Аус зуаз арҵаҩцәа реиҳараҩыкгьы ахацәа ракәын азы, алеишәеи, аихьӡарақәеи рганахьала ашкол аԥхьагылара аман. Аҩ-милаҭк реизыҟазаашьақәа ртәы умҳәозар.

"Ақырҭуа политика асекта иаҩызан. Аҵара ҳацызҵоз ашәанцәа ргәы ацԥыҳәаны аԥсуа бызшәеи, Аԥсны аҭоурыхи, агеографиеи зҿлымҳара арҭон. Иабардыруаз ахәыҷқәа лымкаала арҭ амаҭәарқәа шҵатәу рҭаацәара ирыҵарымҳәозҭгьы, аҩны апропаганда мҩаԥырамгозҭгьы. Абарҭ адыррақәеи, насгьы рхыԥхьаӡара арацәареи аибашьраан рхы иадырхәеит Оҭҳаратәи ашәанцәа", - инаҵылшьит арҵаҩы.

Фатима Лыхәԥҳа илгәалашәоит, ашәан хәыҷык егьа диашамзаргьы ԥсыуа рҵаҩык ма ҵаҩыки иареи аимак рыбжьалар ақыҭа иаланхоз имилаҭ зегьы адгылара ширҭоз. Уи збоз аԥсуаа рхәыцрақәа рҿы ицәырҵхьан аӷа иҿаԥшылара.

Фатима Лыхәԥҳа ашкол даналга дҭалоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, афилологиатә факультет, аԥсуа бызшәеи алитературеи рыҟәша. Иара убарҭ аамҭақәа раан аԥсуа-ақырҭуа еиҿыхарақәа рхы еиҳагьы иҵырхуа ианалага.

"Раԥхьаӡа сара аекономикатә факультет алсхит, аха уи ашықәсан ақырҭуа сектор акәын иҟаз аҟнытә, афилологиатә факультет, аԥсуа бызшәеи алитературеи рыҟәша сҭалеит. Ари амаҭәар ахьсықәҿиоз сышколтә рҵаҩцәа Валери Қардиеи Белла Кәакәасқьырԥҳаи ирыбзоуроуп. Аиаша шәасҳәап, знызаҵәыкгьы сахьымхәит. Владимир Анқәаб, Анатоли Зыхәба, Шоҭа Арсҭаа, Гьаргь Гәыблиа уҳәа реиԥш иҟаз алекторцәа хазынақәа рнапы ҳахьаныз насыԥ дуун", - лажәа иацылҵоит Фатима Заур-иԥҳа.

Саида Делба - Sputnik Аҧсны
Ԥааимбарҵас ҳара ҳтынчраз дҭахеит...

Фатима Лыхәԥҳа курск аҿы аҵара лыцылҵон апоетесса Саида Делԥҳа. Аԥҳәызба лыӡбахә ҳәауа, Фатима инаҵылшьит дышқәыԥшызгьы лыхшыҩ шшәхьаз, лдунеихәаԥшышьа шыҳаракыз.

"Саида ауниверситет аҿы алитературатә кружок еиҿкааны илыман. Ҳкурс азы лара дҿырԥшыган. Дҳаракны даҳԥхьаӡон. Уамашәа иубаша, Аԥсны уаҵәтәи аԥеиԥш лдыруан. Даара ҳажәлар рзы ицәыӡ дууп лара леиԥш иҟаз ауаҩ ҟәыш аибашьраан лҭахара", - илгәалашәоит ажәабжьҳәаҩ.

1989 шықәсазы Фатима Лыхәԥҳа ауниверситет даналгоз аан, аҩ-милаҭк рыбжьара еиҭа аиҿыхара ӷәӷәақәа ҟалеит. Ақырҭуа студентцәа аԥсуа ҿар ауниверситет ахь иаармышьҭуа аҿагыларатә акциақәа мҩаԥырго иалагеит.

© Foto / фото из архива Фатимы ЛухбаФатима Лыхәԥҳа лыстудентра ашықәсқәа раан
Ҳшыхәыҷызнатә ҳаӷацәа рхаҿқәа ҳбахьан: арҵаҩы Фатима Лыхәԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Фатима Лыхәԥҳа лыстудентра ашықәсқәа раан

"Ҳара аҩбатәи асмена аан ҳаԥхьон. Ашьыжь инеиз ақырҭуа студентцәа ҳаамҭазы идәылымҵӡеит. Убасҟан ауниверситеттә комҿар еидгыла ахантәаҩы Закан Маршьан ҟәышрыла ихы ааирԥшит. Аҩ-ганк аҿар еиламларц, насгьы аҵараиурҭа аԥхасҭа арымҭарц азы, афилармониаҿы аизара ҟалоит ҳәа ихҭҳәааз алаҳәара ҟаиҵеит. Ақырҭцәа ииашоу џьшьа, аԥсуаа ҳаԥхьа инеины итәарц, нас ҳнармышьҭарц еибарыҩны уахь ицеит. Аудиториа анҭадарцәы ҳҭыԥқәа аанаҳкылеит. Уи ашьҭахь ҳара иааҳмышьҭуа ҳалагеит. Ажәакала аҩ-милаҭк иҳабжьаз ацәымыӷра убраҟа еиҳагьы иааԥшит", - еиҭалҳәоит арҵаҩы.

Уахи-ҽни ҳаишьцәоуп, ҳаиҩызцәоуп ҳәа зҽыргызмалны аԥсуа ҿар ирацәажәоз ақырҭцәа, убасҟан аурыс театр аԥхьа амлашьра итәеит.

"Есқьынагьы аԥсуа иаҳаҭыр аларҟәра акәын изышьҭаз. Ҳацкыс еиӷьызшәа рхы рбон. Аҵараҵараҿгьы ԥсыуак аԥхьагылара имазар, аԥынгылақәа ирҭон. Аха зегь акоуп, усҟантәи аидеологиа ҽакын. Аԥсуа ҿар раӷацәа ирцасны аҵарагьы рҵон, рхгьы бзианы имҩаԥыргон. Зегь рыла раԥсуара аԥхьа идыргылон", - иацылҵоит лара.

Фатима Лыхәԥҳа, Баграт Шьынқәба иҩымҭа "Ахаҳә еиҩса" ала лнапхгаҩы Џьулетта Адлеиԥҳа лҟны адипломтә усумҭа хьчаны, аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩыс раԥхьатәи лшьаҿақәа ҟалҵоит амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара иалиааз Гагратәи абжьаратә аԥсуа школ №1 ахь. Усҟан ара директорс дыҟан аҵараиурҭа ашьаҭаркыҩцәа иреиуаз Ҳараз Ҳаџьараҭ-иԥа Чамагәуа.

Хараз Чамагуа - Sputnik Аҧсны
Гагратәи аԥсуа школ агәы зыреисыз Ҳараз Чамагәуа диижьҭеи 90 шықәса ҵит

"Сара арҵаҩы изанааҭ сгәазырԥхаз, Аҟәа апрактика санахысуаз зурокқәа срылатәаз Ирина Лакәарԥҳа лоуп. Убраҟоуп арҵаҩи аҵаҩи ицқьоу реизыҟазаашьақәа ахьызбаз. Гаграҟа санаа, исылҭаз аԥышәа схы иархәаны раԥхьатәи ашьаҿақәа ҟасҵеит. Рыӡбахә сымҳәар ҟалом абраҟа иарӷьажәҩаны исывагылаз, аусура саазыԥхьаз ашкол адиректор Ҳараз Чамагәуа, арҵаҩцәа Лиусиа Агрԥҳа, Лили Гәынԥҳа, Венера Ҳагԥҳа, Анна Аргәынԥҳа, Ҭамара Анқәабԥҳа, Ҷыҷка Барцыцԥҳа", - илгәалашәоит Фатима Заур-иԥҳа.

Гагратәи абжьаратә школ №1 ԥсыуа школ заҵәуп ақалақь аҿы. Арҭ аҭыӡқәа рҟны аҵаратә процесс амҩаԥгара инаваргыланы, наџьнатәгьы ҳмилаҭтә хеиқәырхагатә зҵаарақәагьы рыӡбон. Фатима Лыхәԥҳа шаҳаҭра луоит, аурокқәа рышьҭахь амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара активистцәа ажәлар рызҵаарақәа рыӡбаразы ишеизалоз. Урҭ еибырҳәозгьы еилыркаарц маӡала ақырҭцәа ааны икылԥшлон. Аха Ҳараз Чамагәуеи Борис Кьахьыриԥеи апартизанцәа реиԥш акәын аус шыруаз.

Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра аналага, изныкымкәа аӷацәа аԥсуа школ рблырц аҽазышәарақәа мҩаԥыргахьан. Аха нас ирыӡбазаап, дара аиааир аҩыра амхны, "ақырҭуа школ" ҳәа анҵара. Анцәа иџьшьаны ргәахәтәы иахьымӡеит, аха рыгәҭакы еиқәнархеит ашкол ахыбра.

Инга Шармаҭп,ҳа арҵаҩцәа рыгәҭа - Sputnik Аҧсны
"Ахәыҷқәа бзиа иумбар, ашкол аҿы аус узуӡом": арҵаҩы Инга Шармаҭԥҳа лҭоурых

"Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра аналага, Ҳараз Чамагәуа Нхыҵ-Кавказ ицаны ахатәгәаԥхаҩцәа абрахь ихьазырԥшыз дреиуан. Даара илагала ӷәӷәоуп иара убри аус аҿы. Иазгәасҭарц сҭахуп 1992 шықәсазтәи ҳаушьҭымҭацәагьы аӡәырҩы, рықәра шмаҷызгьы, аҩны рыҽԥхьамккәа аԥсадгьыл ахьчара ишазгылаз. Даҽакалагьы рхы аадырԥшрымызт Ҳараз Чамагәуа ииааӡаз абиԥара ҿа. Еиуеиԥшым аамҭақәа раан Гагратәи аԥсуа школ иалгаз 17-ҩык ари аибашьра рыԥсы ахҭнуп", - лажәа иацылҵоит арҵаҩы.

Гагратәи аԥсуа школ шьаҟаны иаҵагылаз Ҳараз Чамагәуа аибашьра аналага мызқәак рышьҭахь машәырла иԥсҭазаара ҿахҵәоит. Иара иҟамзаара ииаҭымхаз ахәыҷқәа реиԥш ирныԥшуан аколлективи аҵаҩцәеи. Анаҩс, аԥсуа школ дахагылеит адырра ҳараки, ауаҩреи злаз Илиа Канџьариа.

"Ашкол ԥсыс иахаз Ҳараз Чамагәуа иҭахара шҵабыргыз ҳадаҳкылар ҳҭахӡамызт. Абык, мҩақәҵаҩык иаҳасабала ҳазҿаԥшуаз ауаҩы даныҟамла илашьцеит зегьы ҳзы. Аха, иҟаҳҵарызеи, ҳгәы ҿаҳҳәеит. Илиа Канџьариа инапхгарала ҩаԥхьа ашкол аԥсҭазаара амҩа ианылеит. Усҟан даара ирацәаҩны ашкол иаднакылеит аибашьра иалҵыз ахҵәацәа. Аҵаҩцәа рнаҩс, арҵаҩцәагьы аусура иааит. Аштатқәа шыҟамызгьы, даргьы чак ахә роурц азы ирыцеиҩаҳшеит, ҳрыцхраауан фатәыла, шәҵатәыла. Уи аԥхьаҟа уалафахәыда акраамҭа ҳаҟан, аха аӡәгьы аҽԥныҳәа ҟаҳамҵеит, Аԥсны зҭагылаз агәаҟра еилаҳкаауан", - ҳәа азгәалҭоит арҵаҩы.

© Foto / фото из архива Фатимы ЛухбаФатима Лыхәԥҳа лоушьҭымҭацәеи лареи
Ҳшыхәыҷызнатә ҳаӷацәа рхаҿқәа ҳбахьан: арҵаҩы Фатима Лыхәԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Фатима Лыхәԥҳа лоушьҭымҭацәеи лареи

Фатима Лыхәԥҳа аибашьра ашьҭахь ашкол аҿы ахәыҷқәа ирызналго далагеит аԥсуара маҭәарк аҳасабала. Хәыҷи дуи рымчала еизган шәкы рҿынӡа аекспонатқәа, иаартын уи иазалхыз акласс-музеи. Аԥсуа шәақь, апатефон, шәышықәса иреиҳау ауарҳал, аҳаҟьа, амҿы, аиха, анышәаԥшь, аба уҳәа ирылху аԥсуа ибзазара иузаҟәымҭхо иадҳәалаз амаҭәарқәа иахьагьы еиқәырханы ирымоуп.

© Foto / фото из архива Фатимы ЛухбаФатима Лыхәԥҳа аԥсуара аурок аҿы
Ҳшыхәыҷызнатә ҳаӷацәа рхаҿқәа ҳбахьан: арҵаҩы Фатима Лыхәԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Фатима Лыхәԥҳа аԥсуара аурок аҿы

Гагратәи аԥсуа школ №1 аинвестпрограмма инақәыршәаны ҿыц иргылан. Сынтәа раԥхьаӡакәны, акапиталтә усурақәа рышьҭахь арҭ аҭыӡқәа рҿы игеит раԥхьатәи аҵәҵәабжьы. Арҵаҩы лгәы лнархьуеит рызхара ашкол иҩнаԥшаанӡа акарантин ахьрыларҳәаз, аха ауаа ргәабзиара аԥхьа игылоуп азы, азеиԥш ԥҟарақәа ирықәныҟәоит.

Раԥхьатәи аҵәҵәабжьы: гагратәи ашкол аргыларақәа рышьҭахь ашәқәа аанартит>>

"Ҳашкол аргылара ахьынӡацоз ҳгәы хыҭхыҭуан, знык ҳаклассқәа рахь ҳазнеинда ҳәа ҳаҟан. Адунеи иалаҵәаз ачымазара ҳагәҭакқәа ирԥырхагахеит, аха зегь акоуп, ҳус ҳазымхынҳәыр ҟалаӡом", - лҳәоит арҵаҩы.

© Foto / фото из архива Фатимы ЛухбаАшкол адиректор Хана Гәынԥҳа, арҵаҩцәа Фатима Лыхәԥҳа, Инга Шармаҭԥҳа, Флора Быџьԥҳа, Ларина Гәымԥҳа
Ҳшыхәыҷызнатә ҳаӷацәа рхаҿқәа ҳбахьан: арҵаҩы Фатима Лыхәԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Ашкол адиректор Хана Гәынԥҳа, арҵаҩцәа Фатима Лыхәԥҳа, Инга Шармаҭԥҳа, Флора Быџьԥҳа, Ларина Гәымԥҳа

Фатима Лыхәԥҳа аџьшьара лылҭоит Гагратәи аԥсуа школ №1 иахьатәи адиректор Хана Гәынԥҳа. Ҟазшьала, хәыцшьала Ҳараз Чамагәуа даниеиԥшнылшьылогьы ыҟоуп.

Фатима Заур-иԥҳа ари аколлектив лҭаацәара реиԥш илзааигәоуп. Лара акыр шықәса аус лухьан Татиана Мықәԥҳагьы лнапхгарала. Арҵаҩы лажәақәа рыла, аԥсуа школ аҿы иҷыдоу аҳауа ыҟоуп. Дарбанзаалак ари ахыбра иадҳәалоу ааӡара ҳаракы змоу, зыԥсадгьыл, зыжәлар, зхатәы бызшәа иазхәыцуа, иаҭаххар, зхы иамеигӡо иоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0