Аҵара-лашароуп, аҵарадара –лашьцароуп

© AFP 2023 / ISHARA S. KODIKARAАҵара-лашароуп, аҵарадара –лашьцароуп
Аҵара-лашароуп, аҵарадара –лашьцароуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 12 рҟынӡа Аԥсны аҵаратә усҳәарҭақәа рҿы аҵаратә процесс аанкыларазы знапы аҵаҩу аусԥҟа азы лгәаанагара лҳәеит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Аҵара-лашароуп, аҵарадара – лашьцароуп

Иаахҵәаны, иаҳхысыз аӡын аахыс ҳтәылаҿы аҵара-ааӡаратә процесс аанкылоуп, иҳалаҳәоу апандемиа иахҟьаны. Аамҭа-аамҭала ашколхәыҷқәа ашкол иаҭаауан, аԥхын аԥышәарақәа ҭины иалгаз аушьҭны, егьырҭ класск аҟынтә даҽа класск ахь ииагазаргьы, ҳхы ҳамжьозар, иара усгьы ихьысҳаз аԥсуа ҵара зынӡа аҩаӡара лаҟәит.

В школах Забайкалья прекращены занятия после выявления в регионе коронавируса - Sputnik Аҧсны
Аканикулқәа ирылагеит: Аԥсны аҵарашықәс заанаҵ ихыркәшахоит

Ачымазара чмазароуп, агәабзиара хадоуп, аха иҟоуп изызхәыцтәу азҵаатәқәа. Аабыкьа проектк инадҳәаланы Арасаӡыхь ақыҭаҿы сыҟан, уаҟа дызбеит хҩык ахшара ирану ԥҳәыск. Лара лажәақәа рыла "ахәыҷқәа зынӡа ашкол ахь иныҟәом, онлаин захьӡу аурокқәагьы ақыҭаҿы еиҿкаашьа амам". Ан лгәы иаланы илҳәеит актәи акласс ахь ицаз лыҷкәын макьаназы аԥхьареи аҩреи шьҭкааны ишимам, лара ишылцәыуадаҩу уи изы арҵаҩра аныҟәгара.

"Аиҳабыратәи аклассқәа рҿы итәу егьырҭ ҩыџьа схәыҷқәа рхала иадтәалоит ашәҟәы, аха зегь акоуп, амаҭәарқәа зегьы рхала аҵара рцәыуадаҩуп. Аиҵбы итәы даара сгәы снархьуеит, уи ирҵара сҽазысшәоит, аха сыҩнусқәа сырхашәаланы ишақәнагоу исызирҵом, насгьы, арҵаҩы лзанааҭ сара исымам". Ан ишылҳәаз ала, акласс аҿы ахәыҷқәа маҷҩуп, лара лгәаанагарала, ақыҭаҿы аҵара рҵалар ауан, уи ачымазара дара рҿы иҿианы излаҟам ала.

Анкьа асовет аамҭазы ҳашкол аҿы икыдын Александр Суворов иҳәамҭа: "Аҵара-лашароуп, аҵарадара-лашьцароуп". Иазгәасҭарц сҭахуп асовет аамҭазы, ашколхәыҷқәа асабшагьы аҵара шаҳҵоз, иахьынӡасгәалашәо, нас аибашьра ашьҭахь, амҽышеиԥш асабшагьы ԥсшьарамшхеит аҵаҩцәа рзы.

Сынтәа, аҵарашықәс ҿыц ианалага ашколқәа аадыртызаргьы, зегь акоуп COVID-19 аҽанарӷәӷәа дырҩагьых акарантинтә аамҭа ҳаларҳәеит абҵара 24-нӡа, аха Аԥсны ахада иусԥҟала, аԥкрақәа ирыцҵоуп иааиуа ашықәс ажьырныҳәа 12 рҟынӡа, аепидемиатә ҭагылазаашьа ҭышәынтәалахаанӡа.

В школах Забайкалья прекращены занятия после выявления в регионе коронавируса - Sputnik Аҧсны
Аҵара аминистрра ажьырныҳәа 12 рҟынӡа аҵаратә процесс аанкыларазы адҵа ҭнажьит

Агәабзиара хадоуп, аха аҭаацәа рахьтә имаҷҩым аҵаратә процесс аиԥҟьара иаргәамҵуа. Слацәажәеит зыхьӡ зырзар зҭахым ан зыхшара а-7-тәи акласс рҿы дтәоу. Уи аԥҳәыс илҳәеит "аматематикеи англыз бызшәеи рзы азыҟаҵаҩ (репетитор) лахь схәыҷы дсышьҭуеит ахә ахшәааны. Мчыбжьык аҩ-маҭәарк рзы 1400 мааҭ сшәоит. Сааҭк маҭәарк 350 мааҭ иаԥсоуп" ҳәа. Зыхьӡ зымҳәо ан лгәаанагарала, еиӷьуп ҽааны, ахәыҷқәа иахьтәаз акласс аҿы иртәаны апрограмма иахрыжьыр. "Егьаурым шықәсык рцәыӡыр, аибашьра анцоз саргьы шықәсык сцәыӡит, аха акымзарак смыхьит. Онлаин ҳәа изҿу асистема маншәалам, зны атехника еихәлашәоит, зны алашара ыҟам. Сара аус зуеит, убри аҟынтә, схәыҷы аҵараҿы даҵахоит, маҭәарцыԥхьаӡа арепетитор игара сылшом", - лажәа хлыркәшеит ан.

Абар, иҭыҵит Аԥсны аҵарадырра аминистр Инал Габлиа идҵа "иаанкылазааит аҵаратә процесс ажьырныҳәа 12, 2021 шықәсанӡа, Аԥсны ахада иҟаиҵаз ақәҵара инақәыршәаны" ҳәа. Иахьа ахәыҷқәа ибжьарыжьуа аҵара ахарҭәаара иадҳәаланы азҵаарақәа исҭарц сҽазысшәеит аминистр Габлиа аҭел изасра, аха абонент аҭак ҟаимҵеит, анаҩс, уи ипресс-маӡаныҟәгаҩ Аслан Қәҭелиа сыҽимаздеит, уи исиҭаз аҭак абас иҟоуп "Аминистр адҵа ҟаиҵеит аҵара апроцесс х-хырхараҭак рыла иацҵахарҵ, ишиашоу ицо, иҭаҩтәу аефир (онлаин), нас, заа ианҵо авидеоурокқәа, иара убас, латәарадатәи аформа (заочная)".

Аслан Қәҭелиа иажәақәа рыла аспециалистцәа ҭелла рыҽрымардоит араионқәа рыҟәшақәа реиҳабацәа, арҭ адҵақәа аелектронтә почтала ирзырышьҭуеит. "Ари асиcтема макьана иалагалам, иаларгалараны иҟоуп" иҳәеит аминистр ипресс-маӡаныҟәгаҩ.

Астанда Таркил - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҭаркьылԥҳа еиҭалҳәеит апандемиа аамҭаз аҵаратә процесс ацҵаразы иҟоу аҭагылазаашьақәа ртәы

Иаҳҳәап, ашьха қыҭақәа рҿы абри онлаин система аус арушьас иамоу азы, амаӡаныҟәгаҩ исҭаз азҵааразы абас иҳәеит "иахьатәи аамҭазы Аԥсны ахада иқәҵара ыҟоуп, ақәҵара иқәныҟәатәуп, убри инамаданы ашколқәа зегьы аркуп ҳәа ауп ишаҳәо ақәҵара".  Иҷыдоу ашколқәа, ақыҭа школқәа рзы макьана лкаак ҟаҵаны иҟам ишеилыскааз ала, аҵара ибжьажьу ахарҭәаарзы. "Ҳара зегь раԥхьа иахьатәи аамҭазы ихадараны иҳаԥхьаӡо аҵаҩи арҵаҩи ргәабзиара ахьчароуп", иазгәеиҭеит Қәҭелиа.

Ажәакала, ақалақь школқәа рҿы ицәгьамкәа ибзиамкәа онлаин, ма арепетиторцәа рсистема аус ауазар, ақыҭа школқәа адабла рысны иҟоушәа иаанханы иҟоуп схатә гәаанагара сҳәозар.

Абри азҵаара ҭҵаауа сыҽимаздеит Гәылрыԥшь араион аҵараҟәша аиҳабы Дмитри Габлиа. Сара аҵара ачынуаҩ исҭеит егьырҭ ирысҭаз азҵаарақәа, насгьы, иара иакәзар ақыҭа школқәа рызҵаара шԥаиӡбрыз ҳәа инаҵшьны игәаанагара ҭысҵааит. "Ақыҭа школқәа рҿы аҵаҩцәа рхыԥхьаӡа шырацәам ижәдыруа ауп. Аклассқәа рҿы, жәаҩык, ма быжьҩык ахьыҟоу ыҟоуп. Ақалақь школқәа рҿы ишыҟоу иҟаӡам, ҩажәаҩык аҵаҩцәа класск аҿы иахьтәоу шамаха иуԥылом. Сгәанагарала, имаҷу акомплеттә школқәа рҿы, анапрыцқьагақәа, антисептикқәа, ашоурашәагақәа злаҳамоу ала, хәҷы- хәҷы иоужьзар ҟалон", - иҳәеит Габлиа.

Ақалақь школқәа рахь ҳгьежьуазар, ара иқәынхогьы зегьы рматериалтә лшара еиԥшым, сзацәажәоз аҭаацәа рахьтә агәынамӡара змоу рацәаҩуп "иҟоуп арепетиторра аҳасабала, ахәыҷқәа ргәыԥ еизганы маӡала аԥара зырҳауа ауаа. Уи сара исылшом, амаҭәарқәа зегьы онлаинла иузҵом", - лгәы каҳаны аҭак сылҭеит, дырҩагьых зыхьӡ зымҳәо ан.

Московские школьники продолжают факультативные онлайн-занятия - Sputnik Аҧсны
"Еиҭах ҩба": Аԥсны адистанциатә ҵара шымҩаԥысуа

"Амшә иакыз, дад, имҳәеи". Аамҭа уадаҩуп, аҭаацәа зегьы ирылшом, иаахтны ргәаанагара аҳәара, иҟалоит, нас рыхшара ирԥырхагахар ҳәа ишәозар, мамзар, изыуадаҩхазеи иааҭкааны аҭаацәа зыргәамҵуа арзара?! Ишԥаныԥшри ҳҵара асистема сынтәа ибжьажьу аҵарашықәс, ҳәа сзазҵааз ан исалҳәеит "ҿыц дахьтәаз акласс аҿы дыртәаны дахрыжьыр еиҳа еиӷьуп, ҳхы ҳжьар аасҭа" ҳәа.

Гәылрыԥшь араион аҵараҟәша аиҳабы Дмитри Габлиа иакәзар, ари азгьы агәаанагара имоуп "Ажьырныҳәа 12 рнаҩсан асабшагьы ахархәара аманы, насгьы аԥхын аҵара ашықәс ахыркәшара маҷк инаханы иҟалар, ибжьажьу ахарҭәаара алшоит. Ҳгәабзиара ҟалар, зегьы ҳрыхьӡоит", иҳәеит Дмитри Габлиа позитивла дхәыцуа.

Сызҵаарақәа шьҭыхны аҭел сылзасит, Қь. Агрба ихьӡ зхыу Џьырхәатәи абжьаратә школ адиректор Дифа Габниаԥҳа. Иахьа аҵара аминистрра ирыднагало ах-системак рахьтә, лара лгәаанагарала дара ирзыманшәалоу латәарадатәи ауп, ақыҭаҿы аинтернети, акомпиутерқәеи, аҭелқәеи рыла излеиқәшәам ала. Габниаԥҳа лгәаангарала, ари апандемиа ҳалаҳәоижьҭеи, рышкол аҿы аҵара аанкылара аҭахымызт, ашкол иҭоу аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара амаҷра азы. Џьырхәатәи ашкол аҿы арҵаҩцәагьы, аҵаҩцәагьы еилаҵаны рхыԥхьаӡара 80-ҩык иреиҳам. Аҵаҩцәа 56-ҩык ыҟоуп, зегь иреиҳау акласс аҿы 10-ҩык тәоуп, зегь иреиҵоу акласс аҿы ҩыџьа.

Мадина Жиба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ажьиԥҳа еиҭалҳәеит Гагра араион ашколқәа рҟны адистанциатә ҵара шеиҿкаау

Нас ҳазхәыцып, иаԥсазма ахәыҷқәа аҩныҟа рышьҭра, иахьатәи атехнологиақәа ақыҭаҿы иахьыҟам азгәаҭаны? "Ҳара иҳаман аминистрреи, араион аҵара ҟәшеи аҟынтәи иҳарҭаз арзҩыдатәқәа, амедиеҳәшьа дҳамоуп ахәыҷқәа ашоура рымоу рымаму гәазҭо. Еиԥҟьарада аҵара ҳҵар ҳалшоит, избанзар, Анцәа иџьшьаны, ачымазара зынӡа иҟаӡам Џьырхәа ақыҭан", лҳәеит ашкол адиректор. Габниаԥҳа исалҳәеит, иахьа ирыдгалоу латәарадатәи асистема дара рышкол аҿы рацәак мҵуазаргьы ишалагалоу. Мчыбжьык ахь знык, ҩашала арҵаҩцәа еизаны, ахәыҷқәа дҵас ирырҭо хәшьадны, аҭаацәа ҭелла ирзырыцҳауеит, анаҩс, инагӡоу адҵақәа аҭаацәа арҵаҩцәа ирзааргоит.

Иахьатәи санҵамҭа ҭҵаауа еилыскааз атәы сҳәозар, иара усгьы ихьысҳаз ҳҵара асистема, аҩаӡара албаара иаҿуп аҿкчымазара анцәырҵ нахыс.

Ақалақьи ақыҭеи рылшарақәа злеиԥшым ала, ҳбызшәа ахьеиқәдырхо ҳәа ҳзызхәыцуа ақыҭа школқәа апандемиа акыр шьҭахьҟа иаршәит, иҷыдоу азнеишьа азыԥшааны иахьыҟамлаз иахҟьаны.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар алшоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0