Вороноваа р-"Ясочка": аҭоурых ду змоу аҩнра

© Sputnik / Томас ТхайцукУсадьба "Ясочка"
Усадьба Ясочка - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Ясочка" — ҳәа иашьҭоуп Вороноваа рџьынџь-ҩны. Иара абольшевикцәа иртәарҭа-ргыларҭаны ишьан. Иахьа анхарҭа аиҭашьақәыргылара аҭахны иҟоуп.

Вороноваа рџьынџь-ҩны - "Ясочка" ахь уназго амҩа акыр еималахьеит, аҭыԥаҿ убла иаахгылоит аамҭа зышьҭа анызҵаз аҭыԥ. Иара абольшевикцәа иртәарҭа-ргыларҭаны ишьан. Абраҟа аполициаа рҽырцәырҵәахуан, Герцен иҳамҭа ҵәахны ирыман.

Оумашәа иубаша аԥенџьырқәа шҿыҟьҟьахьоугьы, ахыб ақәа шкылсуагьы, изныкымкәа-иҩынтәымкәа ишдырҳәқәахьоугьы ахыбра ахаҭа ӷәӷәаӡа игылоуп.

© Sputnik / Томас ТхайцукВороноваа рџьынџь-ҩны - "Ясочка"
Вороноваа р-Ясочка: аҭоурых ду змоу аҩнра - Sputnik Аҧсны
Вороноваа рџьынџь-ҩны - "Ясочка"

Агәрахаҵара уадаҩуп, ари аҭыԥ ҩеижәижәаба шықәса раԥхьа музеик аҳасабала ауаа аҭаауан ҳәа. Ашҭаҟны ахаҳә ду иалху нышәынҭрак ыҟоуп. Уи зтәу аҳәара уадаҩуп.

© Sputnik / Томас ТхайцукАшҭаҟны ахаҳә ду зыхчнызоу нышәынҭрак ыҟоуп
Вороноваа р-Ясочка: аҭоурых ду змоу аҩнра - Sputnik Аҧсны
Ашҭаҟны ахаҳә ду зыхчнызоу нышәынҭрак ыҟоуп

"Ясочка" изныкымкәа идырҳәхьеит. Уи аҵыхәтәантәи аԥшәма, Иури Воронов, абарҭ арыцхәқәа иҳәоит: 1877, 1918, 1931, 1949, 1989, 1992 шықәсқәа.

"Ясочка" XIX ашәышықәса анҵәамҭазы Николаи Воронов иргылеит. Вороноваа шьҭрала афранцуз крал Генриху IV иҵанакуеит ҳәа ажәабыжьқәа ыҟан. Николаи Илиа-иԥа Воронов ареволиуциатә еиҿкаара "Земля и воля" дахьалахәыз азы аԥхьа акаторӷа иқәырҵеит, нас уи иԥсахьынӡаҭо Кавказ анхара иқәырҵеит. Воронов Чернышевскии Достоевскии идыруан, "Колокол" аҟны иҩымҭақәа икьыԥхьуан. Герцен ҳамҭаны ииҭахьан алабашьа-аҳәаԥса (шпага-аред.). Воронов Кавказ данааи инапы еиқәыԥсаны дымтәеит. Услар аԥсуа алфавит ахьеиқәиршәоз дицхраауан, ирацәаны аетнографиа иазкны аусумҭақәа иҩит. Иусумҭа "Сборник статистических сведений о Кавказе".Урыстәылатәи агеографиатә еилазаара Араӡны медал ананашьеит.

1874 шықәса рзы илшамҭақәа рзы Ҵабал ақыҭан 450 гектар адгьыл ирҭоит. Николаи Воронов инхарҭа "Ясочка" ҳәа дашьҭын, ус акәын дышлышьҭаз иԥшәмаԥҳәыс– Александра Прогульбицкаиа.

XX ашәышықәса алагамҭазы "Ясочка" кавказтәи ареволюциатә центрқәа ируакхеит, "абольшевикцәа рыԥсшьарҭа ҩны" ҳәа иашьҭан. Усҟантәи аамҭазы иара иаԥшәыман иҟаз Николаи Воронов иԥа Иури иакәын.

© Sputnik / Томас Тхайцук"Ясочка" -ажәытә уаџьаҟ
Вороноваа р-Ясочка: аҭоурых ду змоу аҩнра - Sputnik Аҧсны
"Ясочка" -ажәытә уаџьаҟ

Иури Воронов дагрономын, аԥсабаратә баҟақәа рыхьчараз акомиссиа далан, асовет аамҭазы Америкаҟа ицаз асоветтә ҵарауаа рботаникатә експедициа далахәын, 230 рҟынӡа аҵиаақәа рзы усумҭа иман. Иури Воронов Николаи Вавилов аус ициуан Ленинградтәи аботаникатә баҳчаҟны.

Иури Воронов имоҭа, ихьӡыла Иуригьы диит "Ясочка".

Иури Николаи-иԥа Воронов археологиа алихит занааҭс. Иара имшалоуп адунеи ишахыҵәаз аԥсилаа рыхьӡ-рыԥша. Араҟа дынхон Иури иашьа, асахьаҭыхыҩ Всеволод Воронов, Варвара Бубнова лҵаҩы.

© Foto / из архива семьи Юрия ВороноваИури Воронови Евгени Евтушенкеи - "Ясочка"
Вороноваа р-Ясочка: аҭоурых ду змоу аҩнра - Sputnik Аҧсны
Иури Воронови Евгени Евтушенкеи - "Ясочка"

Октиабртәи ареволиуциа хынҩажәижәаба шықәса анахыҵ ашьҭахь музеины иҟалаз аҩны ҩышықәса рышьҭахь амца ацраҵан, 1990 шықәса рзы еиҭашьақәыргылан. Аԥсуа-ақырҭуа еибашьраан – еимҵәан.

"Ясочка" зны иҳәырԥсарран, аха аибашьра ашьҭахь аиҭашьақәыргылара ҳзалмыршеит", - рҳәеит аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы Адепартамент аҿы.

Иахьазы аԥсҭазаараҟны изықәшәақәаз амыҟәмабарақәа ириааирц агәҭакны, ԥхьаҟатәи аԥеиԥш иазыԥшуп аҭоурых ду змоу аҩнра.

Ажәабжьқәа зегьы
0