"Амца аҿҿаҳәа изкыз": зыламыс заԥхьа изыргылоз Радион Ҵәыџьба игәаларшәаразы

© Foto / предоставил Анатоли ЛагулааШьамтәыа инхо Амаршьанқәа рԥылараан Акәын Ҵәыџь игәараҭаҿы
Шьамтәыа инхо Амаршьанқәа рԥылараан Акәын Ҵәыџь игәараҭаҿы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект "Алашара ҳзырбо ауаа" аҳәаақәа ирҭагӡаны ашәҟәыҩҩы Анатоли Лагәлаа иахьатәи ианҵамҭа апоет, ауаажәларратә усзуҩ Радион Ҵәыџьба игәаларшәара иазкуп.

Аԥсуара зхы ақәызҵоз, аԥсуара иашьҭаз рыхьӡқәа анаҳгәалаҳаршәо, зегь раԥхьаӡа иргыланы ихьӡ ҳхаҿы иааиуеит уахгьы-ҽынгьы уи аус иашьҭаз, гәык-ԥсыкала зыжәлар абзиарахь икылсындаз ҳәа рымаҵ зуаз Радион (Кәыри) Акәын-иԥа Ҵәыџьба. Уи данҩыҵшәаз инаркны дкәалкәало дзышьҭаз ҳаԥсуареи, ҳбызшәеи, ҳдоуҳатә культура ашьҭыхреи ракәын. Иџьоушьаша, иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи амшқәа рҟынӡагьы зынзаҵәык убри амҩа дацәхьамҵит, имҩа иагьа ауадаҩрақәа ацзаргьы, иара дхьамҵӡакәа еиҳагьы дадхьымӡӷкыланы ижәлар рымаҵура аус ԥшьа мҩаԥигон.

© Foto / предоставил Анатоли ЛагулааРадион (Кәыри) Акәын- иԥа Ҵәыџьба
Амца аҿҿаҳәа изкыз: зыламыс заԥхьа изыргылоз Радион Ҵәыџьба игәаларшәаразы - Sputnik Аҧсны
Радион (Кәыри) Акәын- иԥа Ҵәыџьба

Радион, реиҳа аамҭақәа аныцәгьаз, зқьи жәшәи ԥшьынҩажәижәабатәи ашықәсқәа рзы, аԥсуа жәлари ақырҭуа жәлари цәгьала ианеиҿагылаз, уи ашьҭахьгьы, аибашьра иалагаанӡатәи ашықәсқәа рзы, ақырҭуа жәлар ирҿаԥыххааны иреиҳәон дара Аԥсны ишсасцәоу, ишаԥшәымацәам, ара ахаангьы аԥсуа дшаԥшәымаз, ус дагьшаанхо!.. Уи дара рхы еиланагон, иадхьымӡӷкылон, аха иареи иара иҩызцәа "Аидгылара" Очамчыратәи аҟәша иалахәызи ирҳәозгьы, ируазгьы узавалаӡомызт, ҵарадырралагьы, аԥсыуалагьы!

© Foto / предоставил Анатоли ЛагулааРадион (Кәыри) Акәын- иԥа Ҵәыџьба Волгоград  акалақь аҟны
Амца аҿҿаҳәа изкыз: зыламыс заԥхьа изыргылоз Радион Ҵәыџьба игәаларшәаразы - Sputnik Аҧсны
Радион (Кәыри) Акәын- иԥа Ҵәыџьба Волгоград  акалақь аҟны

Радион дыззымдыруа рзы иавтобиографиа абас иҟоуп. Ҵәыџь Акәын иԥа Радион (Кәыри) диит 1941 шықәса, апрель 13  рзы, Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭа, Ақыдра аҳаблан. Ҷлоутәи абжьаратәи ашкол даналга, дҭалоит Аҟәатәи арҵаҩратә институт. Уи ашьҭахь аамҭала Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә ашәаҳәареи акәашареи рансамбль аҟны кәашаҩыс дыҟан, аус иуан иара убас атуризми аекскурсиақәеи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы анапхгаҩыс, Аҳәынҭқарратә еилакы аҟәша аиҳабыс, апартиа Очамчыратәи араионтә еилакы аҟәша анапхгаҩыс, араинагӡком акультура аҟәша аиҳабыс, Аԥсны жәлар Рфорум Аидгылара Очамчыратәи аҟәша дахагылан. Акьыԥхь аҟны дцәырҵит иажәеинраалақәеи истатиақәеи рыла. Иҭыҵхьеит урҭ еидызкыло ишәҟәқәа "Агәы ахьааи" "Аҵәыџь мцеи".

© Foto / предоставил Анатоли ЛагулааРадион Ҵәыџьба иажәеинраалақәеи истатиақәеи еидызкыло ишәҟәқәа "Аҵәыџь мца"
Амца аҿҿаҳәа изкыз: зыламыс заԥхьа изыргылоз Радион Ҵәыџьба игәаларшәаразы - Sputnik Аҧсны
Радион Ҵәыџьба иажәеинраалақәеи истатиақәеи еидызкыло ишәҟәқәа "Аҵәыџь мца"

Иаалырҟьаны иԥсҭазаара далҵит 1995 шықәса, цәыббра 19 рзы. Анышә дамадоуп иқыҭа гәакьа Ҷлоу, иабацәа рыԥсыжырҭақәа рыҟны…

Радион имоуп иԥсҭазааратә мҩа зегьы ккаӡа уанзырԥшыло ҿыгҳарыла имаҷу, аха ҵакыла идуу ажәеинраалак, убри абра иаазгар сҭахуп:

Сӡыхь

Сажәымҭыҽха ӡыхьк еиҵысхит,

Аҵа срыцқьеит, абна ахысит…

Раԥхьа ҵәыцак азна хызгеит,

Адунеи ду азна сгәырӷьеит!..

Сагьашьцылеит нас уи ажәра-

Исханаршҭит, нас, уи сажәра!..

Радион дшыхәыҷӡаз аҩра далагеит, аха иара акыраамҭа иҩымҭақәа џьаргьы ицәыригаӡомызт, ус зны-зынла иара дшыҩуаз здыруаз иҩызцәа даныхҭаркӡалак дырзаԥхьалон акәымзар… Сара ахаан исхашҭуам, ҳара ҳанхәыҷқәаз, Ҷлоутәи абжьаратәи ашкол аҿы аҵара анаҳҵоз, Очамчыра ақалақь аҿы еиҿкааны ишыҟаз ҿыц аҩра иалагаз рзыҳәан акружокқәа. Урҭ аиԥыларақәа, аиҿкаарақәа напхгара риҭон ажурналист Нугзар Салаҟаиа. Аха еиҳарак аӷьырак зегь иадгылоз, араиони ақыҭақәеи реимадара аус иаҿыз, Аҟәантәи ашәҟәыҩҩцәеи алекциақәа иҳазрыԥхьоз алекторцәеи ҳазназгоз, урҭ ирыцыз акәамаҵамақәа зегьы ҳзеиҿызкаауаз, уаҟа усҟан Очамчыратәи Акультуратә хан аҿы аус зуаз Кәыри Ҵәыџь иакәын. Уи есымша амца икын, есымша дбылуан, ҳара иаҳамбоз рацәаны ибон, дызӡааԥшылоз рацәан… Уи аибашьра иалагараны ишыҟаз, ахықә ҳашхықәгылахьаз зегьы ицәа ианыруан, хәыҷы-хәыҷла ҳара ҳахьгьы аиагара даҿын, алитература "иалаҵаны" ицәыригон уи "амца".

© Foto / предоставил Анатоли ЛагулааА.М. Горки ихьӡ зху Аԥснытәи апедагогикатә институт, афилологиатә факультет аҟны аҵара еицызҵоз
Амца аҿҿаҳәа изкыз: зыламыс заԥхьа изыргылоз Радион Ҵәыџьба игәаларшәаразы - Sputnik Аҧсны
А.М. Горки ихьӡ зху Аԥснытәи апедагогикатә институт, афилологиатә факультет аҟны аҵара еицызҵоз

Урҭқәа зегьы аибашьра ҟалаанӡа Радион ииҩуаз ажәеинраалақәа ибзианы ирныԥшуеит, аха урҭ руак даара угәы ҿкааны иакуеит, убри азыҳәан абраҟа ишеибгоу иаазгар сҭахуп сара… Ажәеинраала иахьӡуп "Қәлацәақәак рахь".

Уааи ҳхәыцып аҩыза, гәаҵәа ҳаӷроума,

Ма рахәҵас сеидрума, уаҟа ҳаӷроума?!

Хаҵара ҳалоума, ламысла ҳахиоума,

Ма ҳаграқәа зегь гызмалрыла ихҩоума?

Ҳбызшәеи ҳаԥсадгьыли рҿаԥхьа ҳацқьоума,

Хаҵала уаҟа ҳҿахәқәа ҳазҳәома?!

Гьамала иахьа ма ҳхәыҷқәа ҳааӡома?

Урҭ ҳа ҳагәҭыхақәа ртәы ҳаздырҵома?

Уааи ҳхәыцып аҩыза, гәаҵәа ҳаӷроума?

Ма ҳаԥсы ҿызкааз малрҳароума,

Ҳахьынаԥш-ааԥшуа ҳала акрабома?

Ҳала иабо зегь ҳгәы еилнаргома?

Рыцҳарак иақәшәаз, аӡәыр ибжьы гома?

Ӡибнаҟа ма аӡәыр иҿы хоума?!

Уааи ҳхәыцып аҩыза, ҳаҩнуҵҟа ҳаибгоума?

Чымазара ҳалоума, зҩа ҿкы ҳагома?

Ҳрызхәыцып, ҳажәақәеи ҳуси еиқәшәома?

Ҳамҩақәа ҭшәоума, акыр ма ҳацәшәома?

Уааи ҳхәыцып аҩыза, гәаҵәа ҳаӷроума?!

Радион иаб Акәын Ҵәыџь иашҭа аҩыза ашҭа ԥшӡа Ҷлоу ақыҭа акәым, Очамчыра араионгьы иҟамзар ҟалап!.. Убри азоуп Баграт Шьынқәба ироман "Ахрашәа" иалхны афильм "Хҭырԥа шкәакәа" анҭырхуаз, аишьцәа аҭауадцәа Марыҭхәеи Омари раҳҭынра Радионраа рыҩны ԥшӡа изақәдыршәаз!.. Уи иқәыҷҷаауа игылаз  ахьатә кәаскьа ҩныԥшӡеи, амаҵурҭеи, ашҭеи, мфа-мжәы сахәаԥшландаз уҳәарын, убас аԥшӡара икны иагон!

Хҭырԥа шкәакәа афильм ахьҭырхуаз аҭыԥ. - Sputnik Аҧсны
"Хҭырԥа шкәакәа": афильм амаӡақәеи уи ахьҭырхуаз аҭыԥқәеи

Абасеиԥш иҟаз аҭыԥ ԥшӡа иааӡаз ауаҩы, абаҩхатәреи, аԥсуареи, аламыси иламлашьа ыҟамызт, анцәа ду дамеигӡакәа илеиҵон! Иара ихала иакәӡам, иашьа гәакьагьы, Сергеи Ҵәыџь иахьа даара ҳзықәгәыӷуа, абаҩхатәра бзиаӡа змоу, ҳсахьаҭыхыҩцәа бзиаӡақәа рыгәҭа дгылоуп, урҭ раҳәшьа хазына Ламара Ҵәыџьԥҳагьы лхы-лыԥсы зегьы Иван Папасқьыр ихьӡ зху абиблиотека, ашәҟәқәа раҳҭынра иалҭеит, уаҟа аус луеит.

Радион Ҵәыџь ихаҿсахьа, дызлагылаз иԥсҭазаара зегьы ааизакны статиа хәыҷык аҿы аҳәара цәгьоуп, уи дызҿыз зегьы ижәлари урҭ рыԥсҭазаареи ирызкын азы, дахьуԥшаауагьы дара рҿоуп!.. Иҟалап, уи изку ажәа зҳәахьоу макьана ирацәаҩымзар, аха згәы амра ашәахәеиԥш дхаакәакәараӡа дҭоу даара ирацәаҩуп, уи еиҳау насыԥгьы ыҟамзар ҟалап. Ҳаԥхьап академик, апоет Валентин Кәаӷәаниа Радион дшигәалаиршәо атәы зҳәо, апоет ишәҟәы иара даныԥсы ашьҭахь 2016 шықәса рзы иҭыҵыз "Аҵәыџь мца" иану, даара гәыкала иҩу астатиа аҟынтәи хәҭа хәыҷык:

© Foto / предоставил Анатоли Лагулаа Радион Ҵәыџьба Аԥснытәи аҳәынҭқарратә ашәаҳәареи акәашареи рансамбль акәашацәа гәыԥҩык рыгәҭаны
Амца аҿҿаҳәа изкыз: зыламыс заԥхьа изыргылоз Радион Ҵәыџьба игәаларшәаразы - Sputnik Аҧсны
Радион Ҵәыџьба Аԥснытәи аҳәынҭқарратә ашәаҳәареи акәашареи рансамбль акәашацәа гәыԥҩык рыгәҭаны

"Радион Ҵәыџьба дреиуан аԥсуаа ахьыԥшымраз рықәԥара ажәалагь услагь иазааԥсоз аҵеицәа хьӡырҳәагақәа, шәарак, гәыҭрысрак изымдырӡо, Аԥсны жәлар Рфорум "Аидгылара" Очымчыратәи аҟәша напхгара азиуан. Хаха дырҿагылан Аԥсынра ақьафаз мацара бзиа избоз, Аԥсынра шьагьырҭас измаз ақырҭуа милаҭеилыхыҩцәа. Убри аамҭазгьы, иҳәатәуп, иара ҽырбашақә, ма аҭыԥ ԥхаз шакәмыз Қырҭтәыла ампыҵахаларатә политика дзаҿагылоз. Уи уалԥшьан иԥхьаӡон, ҩнуҵҟала деилашуан, игәҭыха лассы-лассы ақьаад ахь ииаигон, убри ала игәы иҟачуазар акәхарын. Убри аҟынтә, еилкаау усуп, иполитикатә жәеинраалақәа цәгьа иҵаруп, "ицхлымуеит"!

Ҳшәашьцәоуп, иҳаиӷьу уаҩ дшәымам ҳәа иҳашьҭаз,

Ҳчеиџьыка иааины еиҭанаӷрагылеит.

Иаҳхашҭхьаз, ҭоурыхла иҳашьцәаз, иҳашьҭраз,

Рыда нцәа дҳамамкәа ҿыц ҳааҭагылеит!..

Абас ҳаргь иаҳхараз акрыҟоуп,

Иаҳзымдыруагь ыҟоуп…"

Радион Ҵәыџьба ҳаԥсуа доуҳатә культураҿы, ҳлитератураҿы, ҳаԥсуа жәлар рыԥсҭазаараҿы даанхоит амца аҿҿаҳәа изкыз, есымша ибылуаз, ипатриотыз, зыжәлар рлахьынҵа есымша иазхәыцуаз, акультура ду злаз, ԥсыуа ҵасла иааӡаз, ахараӡа ихәыцуаз, зыхьыӡ камшәо интеллигент дуны.

© Foto / предоставил Анатоли ЛагулааРадион Ҵәыџьба иаб иашьа Џьамали иареи
Амца аҿҿаҳәа изкыз: зыламыс заԥхьа изыргылоз Радион Ҵәыџьба игәаларшәаразы - Sputnik Аҧсны
Радион Ҵәыџьба иаб иашьа Џьамали иареи

Иахьа ҳара зегьы ҳзы игәадуроуп, уи ихьӡ Очамчыра араион Акультуратә хан ԥшӡаҟәаҟәара иахьаху! Арахь инеиуа абаҩхатәра злоу аҿар есымша рқьышә иқәкызаауеит, ргәы иҭазаауеит иара ихьӡ! Уи даԥсоуп Радион, избанзар иара ииҭахыз, иара дзызгәаҟуаз аус ду наӡеит - Аԥсны ахақәиҭра аиуит, ихьыԥшым ҳәынҭқаррахеит, иреиӷьу араион аҵеицәа зегьы, анцәа ду абаҩхатәра ссир злеиҵаз, иара ихьӡ зху ахан хьыцәцараҿы аҵара рҵоит, икәашоит, ишәаҳәоит, аныҳәа дуқәа мҩаԥыргоит, уи иаргьы иԥсы иабоит, деигәырӷьоит.

© Foto / Радион Ҵәыџьба иҭаацәа рархивРадион Ҵәыџьба иҭаацәеи иареи
Амца аҿҿаҳәа изкыз: зыламыс заԥхьа изыргылоз Радион Ҵәыџьба игәаларшәаразы - Sputnik Аҧсны
Радион Ҵәыџьба иҭаацәеи иареи

Абраҟа иажәақәа аазымгар сгәы иауам Аԥсны Жәлар рартист Рушьни Џьапуа, даара дақәшәаны, даара ииашаны Радион Ҵәыџь изы ииҳәахьаз:

"Кәыри аԥсадгьыл дажьыхәҭаны далан. Иуаажәлар рҿаԥхьа дхатәран, дагьхаҵан. Дхаҵан, избанзар анхаҩыжәлар ршьауҩы Ҵәыџь Ҭакәи диашьан. Кәыри Аԥсны аӷацәа дырҿагылан. Аԥсны ахақәиҭраз иқәԥоз аҵеира дрылагылан, хьаҵра ҟамҵакәа амаҵ азиуан. Абжьыуаа рымчра дагәыцәын. Уи иахырҟьаны лахь анирҭозгьы ыҟан, аха убасҟангьы игәы каҳан дубомызт. Ҩнуҵҟала ихы даиааины, ианагь игәалаҟазаара шьҭихуан. Ҩнуҵҟала ибеиоу ауаҩы адәахьалагьы дбеиоуп. Агәра игон Аԥсны ахақәиҭра шагоз. Избанзар ибон иара иуаажәлар шиашаз!"

Ҳажәлар иахьа цәала-жьыла дрылагылаӡам Радион Ҵәыџьба. Аха ҳара иҳацуп уи иуаҩра, иламыс, иаԥсуара, ибаҩхатәра, иара дызҿыз, дзышьҭаз аус ԥшьа кармыжьит, ишьҭыркәыцәааит, адунеи зегьы иадырбеит Аԥсны аԥсуа ишитәу, ус иагьшаанхо!

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0