Онлаин акәу лабҿабоу: акарантин аан аҵаратә процесс аҭагылазаашьазы агәаанагара

© Sputnik / Томас ТхайцукПервый звонок в Сухумских школах
Первый звонок в Сухумских школах - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ишьақәгылаз аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахҟьаны еиуеиԥшым аԥкрақәа алагалоуп, урҭ инарықәыршәаны ашколқәа русура аанкылоуп ажьырныҳәа 12 рҟынӡа. Иахьатәи аамҭазы аҵаратә процесс аҭагылазаашьазы лгәаанагара ҳадылгалоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Онлаин акәу лабҿабоу: акарантин аан аҵаратә процесс аҭагылазаашьазы агәаанагара

Апандемиа иахҟьаны Аԥсны ашколқәа русура аанкылара ицәырнагоит еиуеиԥшым азҵаатәқәа. Макьаназы аӡәгьы издыруам COVID-19 ахы шымҩаԥнаго, убри аҟынтә, иахьа аҳәара уадаҩуп ажьырныҳәа 12 рнаҩсан аҵаҩцәа аҵара иазыхынҳәыр рылшоит ҳәа. Иазыхынҳәыргьы, ибжьажьу ахарҭәаара акыр иуадаҩхашт.

Ҳаамҭазтәи атехнологиақәа рхархәарала онлаин урокқәа рымҩаԥгара зҽазызшәо ашколқәа шыҟоугьы, аҳәара уадаҩуп Аԥсны ахи аҵыхәеи уи асистема ишақәнагоу аус ауеит ҳәа, атехникатә мыругақәа (акомпиутерқәа, амобилтә ҭелқәа, аинтернет) инеибеиԥшны зегьы изларымам адагьы, ҳтәылаҿы имҩаԥысуа аенергетикатә кризис онлаин ҵарагьы еиԥнарҟьоит.

Аҵара-лашароуп, аҵарадара –лашьцароуп - Sputnik Аҧсны
Аҵара-лашароуп, аҵарадара –лашьцароуп

Иҳаҩсыз аҩымш Аҟәа абжакы лашарада итәан, афымца узҭо астанциа амца ахьакыз иахҟьаны, убри аҟынтә, адистанциатә ҵара аиҿкаарагьы мариам, зегь техникала еиқәышәшәа иҟазаргьы.

Аҵара апроцесс аиԥҟьара иобиективтәу мзызуп, даҽа ганкахьала, арҵара аанкылара ашколхәыҷқәа реиҵахара иахаҿырбагоуп. Аԥсшьара мшазы слацәажәон зыхьӡ зҳәарц зҭахым, аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩыс ақыҭа школ аҿы аус зуа аԥҳәыс. Лара лажәақәа рыла, онлаин процесс рқыҭаҿы аиҿкаара залыршахом, wi-fi захьӡу ахьыҟам азы, амобилтә интернет захьӡу ахә мариам.

"Ҭаацәак рҿы ҩыџьа-хҩы ахәыҷқәа ахьыҟоу амобилтә интернет ахарџь рацәа агоит, усҟак аҭелқәа рхыԥхьаӡарагьы абаҟоу".

Лара лажәақәа рыла, ақыҭаҿы инеивыганы ашколхәыҷқәа аҵара ддырҵалар ауан.

"Абжьааԥынгьы ашәҟәы акра рцәыуадаҩын уажәтәи ахәыҷқәа, уажәы зынӡа игәыгәҭажьхеит ахатәы бызшәа арҵара. Лабҿабатәи ашколи онлаин школи еидкылашьа рымам, хәыки-шьхаки рыбжьоуп", - иазгәалҭеит арҵаҩы, иахьа иҿио онлаин процесс ахҳәаа аҭо.

Ԥхынҷкәынымза алагамҭазы Аԥсны аҵара аминистр Инал Габлиа имҩаԥигаз ипресс-конференциаҿы иҳәеит, ишыҟоу Аԥсны ахада иқәҵара, убри аҟынтә ашколқәа русура ԥкуп. Ииашоуп. Иара убри адагьы аминистр еиҭеиҳәеит уаанӡа иҳадигалахьаз ахырхарҭақәа рыла аҵара аситема аус адырурц ргәы ишҭоу.

"Арҵаҩы илшоит ишиашоу ицо аурок изымҩаԥымгаргьы, авидеоурок аҭаҩра. Абарҭқәагьы залыршамхар, аинтернет аҿы иҟоуп ихиоу авидеоурокқәа, иаҳҳәап, Яндекс-школ, уи урыстәылатәи ҳколлегацәа иаҳзаарҭит", - иҳәеит аминистр Габлиа.

Хшыҩзышьҭра ауҭаратәы иҟоуп, аха Аԥсны изхысуа амаҭәарқәа зегьы Яндекс иунаҭома ҟасҵан, даара сеимдеит, аха аԥсуа бызшәеи алитературеи, аԥсабараҵара иазку "Ҳазну адунеи", ԥсышәала аматематика уҳәа рзы акымзарак сԥымлаӡеит. Аиаша ҳҳәозар, еиҳаракгьы ақалақь школқәа рҿы, аԥсуа литература уамак хра злоу, ихадоу маҭәарны иршьомызт.

Ученики в классе - Sputnik Аҧсны
Асистема ҿыц: Аԥсны аҵара аминистр арҵаратә процесс далацәажәеит

"Егьырахь дыбзиазар, абри азы дызҿаҳҟәозеи" ҟаҵаны, ахәшьара бзиа асахьа нҭыхны аҵаҩы ԥырхага ирҭомызт уаанӡагьы. Ари исҳәо шаҳаҭра ауеит уаанӡа министрс иҟаз Адгәыр Какоба ихаан, Аҟәатәи 10-тәи абжьаратә школ аҿы иҟалаз аҭыӡшәа. Аминистр Какоба усҟан ихирбагалеит акыр ихьысҳаны, аха ахәшьара шьахәқәа зҭаны иоурыжьуаз аҵаҩцәа рызҵаатәы. Ишысгәалашәо ала, ахәыҷқәа ҿыц аԥышәара еиҭадырҭиин.

Ари зхысҳәаауа, "аӡә лыҵкы арахәыц ацәылӡон" шырҳәо еиԥш, еснагь ҳбызшәа аизҳара ҳаҵаӷьычуан, иара маҭәарны ишақәнагоу иҟамларц азы, аԥсуа бызшәазы ахәшьара "5" аиура баргәымкәа иҟаҳҵеит, убри аан, аматематика, ахимиа уҳәа реиԥш иҟоу рзы ус ахәшьара бзиа џьаргьы унапы иадыркӡом.

Ажәакала, аԥсуа бызшәеи алитературеи рзы авидеоурокқәа срышьҭан, аха уаҳа умԥсит, Яндекс акгьы снамҭеит. Уаанӡатәи аминистр идҳәалаз ахҭыс анысгәалашәа, иахьатәи аҭагылазаашьазы ҭелла игәаанагара аилкаара сҽазысшәеит.

Аҭел шьҭихит данминистрыз ишышьҭихуаз еиԥш Агәыр Какоба.

Аҵара апроцесс азы иҟоу аҭагылазаашьазы уаанӡатәи аминистр абас иҳәеит:

"Са сгәаанагарала, аепидемиа ахьынӡаҟоу зынӡа аҵара ыҟаӡам ҳәа аркра иашам. Иуӡбар ауеит апрограмма еилацаланы, еиҳа ихадарақәоу асааҭқәа азааныжьны, ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара рмаҷны. Уажәы араионқәа рҿы иҟаӡам џьаргьы 25-ҩык класск аҿы иахьтәоу".

Ақалақь школқәа рҿы сменала, асабшагьы ухы иархәаны аҵара ароцесс мҩаԥыслар ауеит ҳәа агәаанагра имоуп Какоба. Араионтә школқәа ртәы дазааҭгыло, иара иазгәеиҭеит аӡәырҩы иаадырԥшхьоу агәаанагара: "аепидемиатә усбарҭа иҟанаҵо ақәҵарақәа унарықәныҟәаны, арзҩыдара ҟаҵо, ианнеиуа ахәыҷқәа гәаҭо апроцесс мҩаԥгамзар, ари шықәсык, ҩышықәса ицар ауеит, ус иҟалар аҵара зынӡа ихьысҳахоит".

Иазгәасҭарц сҭахуп, аиҳабыратәи аклассқәа рҵаҩцәа онлаин-ҵара еиҳа ирзымариазар, сынтәа актәи акласс ахь ицаз рзы, аҩреи аԥхьареи ашьҭкаара интернетла ишымариам. Имариам онлаинла аусура ақәра змоу арҵаҩцәа рзы.

Люди в масках  - Sputnik Аҧсны
Аԥҟарақәа зну ақьаад зегь ачҳауеит, аус злоу аԥкрақәа рықәныҟәашьа ахылаԥшроуп

"Ҟалашьа амаӡам зынӡагьы", - иҳәеит Какоба ари азҵаатәазы.

Сынтәатәи аҵарашықәс зламаншәаламхаз ала, актәи аклассқәа рҵаҩцәа аҩбатәи ахь рыиагара аус уадаҩхоит, баша ҳала хҩаны ҳамныҟәозар. Ҳгәылацәа урыстәылаа ракәзар, даҽа знык аҵаҩцәа класск аҿы иааныжьтәуп ҳәа агәаанагарақәа рҳәоит.

"Аҵаҩы аҵара изышьҭымкаазар, аҩбатәи ашықәс азы дааныжьтәуп. Ус иҟан еснагь", - иҳәеит Урыстәылатәи аҵара аминистр Валери Фальков.

Шықәсык аҩнуҵҟа аҭагылазаашьа еицәахар, аҵаҩцәа зынӡа ашкол ахь изымцар, "аҩбатәи ашықәс азы рааныжьра ада ԥсыхәа ҟалом, аха ҩышықәсагьы убас иҟалар, хышықәсагьы убас иҟалар, хышықәса ахәыҷқәа класск аҿы иаанужьуама?" - азҵаара ыкәиргылт ари аверсиазы уаанӡатәи ҳминистр. Какоба еиҳа изааигәоуп асабша ахархәара наҭаны, аҵара апроцесс аус арура.

Яндекс урокқәа рзы Адгәыр Какоба абас дхәыцуеит:

Абхазская свадьба - Sputnik Аҧсны
Ацәгьеи абзиеи, ма ачымазара ҿки уи иҟанаҵо анырреи

"Иҭаҩу аурокқәа рахьтә иахьа биологиа ауама, химиа аума, Урыстәыла аҭоурых аума уԥшаауеит, аха убригьы ахәыҷқәа ирҵоу ирымҵоу ахылаԥшра уадаҩхоит. Еиҳа ианыӷәӷәоу (аепидемиатә ҭагылазаашьа - Е.К.) мчыбжьык, ҩымчыбжьа ахәыҷқәа ауужьыргьы убри хадырҭәаартә нас еизганы лабҿаба арҵаҩы дрыдгыланы аҵара дирҵо иҟаумҵакәаны, онлаин ала, ҳхәыҷқәа усгьы рҵара хьысҳан, зынӡаск акгьы рзымдыруа  иалагоит".

Ажәакала, иахьа ҳҵара асистема акыр зыӡбара уадаҩу азҵаатәқәа азцәырҵит, ганкахьала агәабзиара аҳаҭыраз апрезидент иқәҵара, егьи аганахьала - аҵара ахьысҳара. Яндекс атәы ҳәозар, ҳҳәынҭқарра ахаҿра аазырԥшуа амаҭәарқәа рзы иахьа иҵакыданы иҟоуп, химиеи физикеи унарҵозаргьы.

Аепидемиатә ҭагылазаашьа атәы ҳҳәозар, ашколқәа роуп акәымзар, аиныхра, аԥсхәра, ачара маҷқәа ишцац ицоит. Аиаша ҳҳәозар, убарҭ реиԥш иҟоу аизарҭақәа роуп ачымазара ҿкы аҿиара еиҳа иахьазыманшәалоу.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0