Досу иара ииаша ныҟәигоит: аԥсуареи азакәани реиҿагылара

© Sputnik / Томас ТхайцукПостановка "Махаджиры" по одноименной пьесе С.Чанба
Постановка Махаджиры по одноименной пьесе С.Чанба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik Аԥсны аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа иахьатәи ланҵамҭаҿы дазааҭгылоит аԥсуара аԥҟарақәа азакәан ианаҿагыло шыҟало, уи зырҵабыргуа иҟалахьоу хҭыскгьы ҳзеиҭалҳәоит.

Абрагь дабрагьуп, уаҩшьрак ҟаиҵеит азы акәын дзабрагьуаз. Абрагь ахаан дшысымбацызгьы сицәшәон, абна илоу уаҩны ихаҿсахьа шысзаадыртхьаз ала. Ус акәзаргьы, иҟан ахьӡи ахьымӡӷи раҳаҭыраз ауаҩы ауаҩшьра анимпыҵҟьоз.

Абхазская АССР. 100-летние жители села Лыхны Гудаутского района - Sputnik Аҧсны
Ишьаарҵәырахаз аизара, ма аԥсуа нхаҩы ихьыӡ шихьчаз

20–тәи ашәышықәса азбжа инахылахьан ари ажәабжь аныҟалаз иҳәон ахҭыс сара сҟынӡа иаазгаз. Абрагь ауаҩшьра зынӡагьы игәы иҭамызт, аха уахынла чарак аҿы, ивараҿы итәаз ацәынха иџьыба иҭеиҵазаап. Ачара дахыҵны иҩныҟа амҩа данықәла, иарма џьыбаҿы кәац жьыхәҭак шҭаз ибеит Абрагь. Ихьымӡӷишьеит ари, ас дышԥасызныҟәоз иҳәан, акәац зҭигаз иџьыба аганахь итәаз ахаҵа имҩа кны дааихаҩеит. Ирҳәоит ацәынха ауаҩы иџьыба аҭаҵара даара ихьымӡӷны иршьон ҳәа. Абрагьцәа раамҭа аниас ашьҭахьгьы, абри аҩыза иахҟьаны ауаҩы даныршьхьазгьы ыҟан. Абрагь иқьафгьы ҟаҵаны дыҟан, агәаӷьрагьы еиҳа иман. Дыԥшын аиакәым изызуз дызлаашаз амҩа кны. Ус, абар архәара днавҵны, уигьы иқьаф шҭаз мҩашьо Абрагь дахьыԥшыз дазааигәахеит. Дцәырҵит Абрагь, игәынамӡарагьы аацәыригеит. Ацәгьа зузгьы иҽирӷәӷәеит, ажәакала бӷарҵахьы аиқәԥара иналагеит. Абрагь ашәымҭаказ ишьапы длықәҟьан, ҿыцха дкаҳаит, уи акәхеит, имариа зауз, уи ахаҵа ихәламшәы ҵыркаа ихәаҽра далагеит. Абрагь иҽааирманшәалан, иџьыба иҭаз аҳәызба амариа аниоу, игәы иқәжьыз ауаҩы иԥсырҭа инарбаны аҿынаирхеит. Абрагь ашьа зыҵкьаса ицоз дааиқәикын, иҭынхацәа адырра шриҭаша дазхәыцуа, ацара ицәыуадаҩымхарц азы, иҟәых нкаршәны иҿынеихеит иҩныҟа.

Абасала, Абрагь дабрагьхеит. Амчра ахаҭарнакцәа иҽриҭар дыбжьадырӡуан, даҽа ганкахьала иаӷацәа рыла дшызхымгылоз дырны, уаҩы иахьиҿахарсҭамыз ашьха шлақәа рзааигәара иԥшааит аҽыҵәахырҭа. Абрагь диман аҩыза бзиа. Дыбрагьуан ҳҳәеит, аха зегь акоуп маӡала, лбаатәи адунеи дазаалон зны-зынла иара. Иҩыза игәра игон, иара аҩызагьы, сумырзан ҳәа игәра ганы уахынла иашҭа иааҭалоз динаԥхар ауазма.

Апҟара - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа мораль акаҳара, мамзаргьы ҳхыхьчара акультура аҽшаԥсахыз

Ирҳәоит уи аҩыза, абри аныҟала нахыс, шәарыцара ҳәа ашьхаҟа дцалон ҳәа. Ҩаха-ҩымш бжьан уи ашьханӡа анаӡаразы. Соуиԥсара шьха ԥшӡоуп, уахь ашьха нхыҵ ашәанцәа нхон, Абрагьгьы ҽыҵәахырҭас иахьимаз урҭ ашьха нхыҵ инхоз ашәанцәа рҿы акәын рҳәеит. Абрагь абас иԥсы ҭины адунеи дықәын.

Абрагь иҩыза диман абхәында. Абхәында НКВД далан, азакәан аус азызуаз дырхаҭарнакын. Абнагьы алымҳа амоуп рымҳәои, абхәында иҟынӡа инаӡеит, имаҳә абрагь дшиҭаауаз, иара убас, абрагь иганахь шәарыцара ҳәа ихҭакны ацара шҵигаз.

Уахык зны, Абрагь иҩыза иашҭаҿы алашбыжь аагеит. Аԥшәмацәа анындәылҵ, абар НКВД ахаҭарнак, аԥшәма иԥҳәыс лашьа иакәзаап. Уаанӡагьы дмаалоз, аха Абрагь иҩыза, иабхәында иҿаԥшылара игәамԥхеит, иаара џьара акы иазкуп ҳәа агәҩара шьҭихит. Иааиз асас ихәы дырхиан уаххьа инахатәеит. Ҵәыцақәак анныркыла ашьҭахь, иааиз асас имаҳә иахь ихы наирхан "уаҳәатәык сымоуп, ҳаадәылҵып" иҳәеит. Аԥшәма гәаныла иҽазыҟаиҵахьан ацәажәара, аха агәҩара шизцәырҵыз азы ихы имырзеит. НКВД ахаҭарнак иаацәыригеит иара дзышьҭоу абрагь имаҳә иҩны даалоит ҳәа алымҳаҭас азакәан ахаҭарнакцәа ишрымоу.

"Уара уаҳарбом, данаауа адырра суҭар, ишахәҭоу еиҿыскаауеит иаанкылара, мамзаргьы, амҩа сықәҵа иахьҽиҵәахуа", - иҳәеит азакәан ахаҭарнак, рацәак дахыкәымшакәа.

"Иуаҳаз мцуп, иара ииашазаргьы, сара сҩыза дыснаԥхомызт", - иааҿахиҵәеит аԥшәма. Уаҳа акгьы еибымҳәакәа иааиԥырҵит маҳәи бхәындеи. Аиаҳәшьагьы лцәа ианырит лашьа иааира зызҳәаз, аха ақәҿылымҭит. Досу иара ииаша имоуп. Азакәан ахаҭарнак ауаҩы дызшьыз ирбаандаҩра дашьҭан, аҩыза иакәзар, зымаӡа имаздаз Абрагь диҭиуамызт.

амхы - Sputnik Аҧсны
Аӷьычреи ақәычреи, мамзаргьы чеиџьыкала ахьырхәра

Еиҿагылеит ҩ-мчык. Аамҭак бжьысит Абрагь иҩыза иабхәында иеиҳәаз ашьҭахь, уаҳа уи аҵыхәала сашҭа дҭаларым, уаҳа ари азҵаара дашьҭаҵаауам ҟаҵаны аамҭа-аамҭала шәарыцара дцон дышцац. Ӡынран, аҵхгьы такәы инеихьан, Абрагь иԥсы ӡаны, амаҵурҭа аҿаԥара ашьҭахьтәи ашә даалагылт. Нааран иара иҩыза иҿаԥарахь дызлааиуаз амҩа. Ала ирымаз игәыбзыӷуа иааиԥылеит, аҵх зҽалакны аамҭа-аамҭала анаара иаҿысны ирзаауаз Абрагь данаба. Аԥшәма уи аҿапараҿы икҿаҟаҵаны имаз ацәардаӷәы иеиԥшыз ииара даалҵын, иҩыза днеиԥылеит. Асы шьҭан, иҵаауан. Акыр аҵх неигәеит, аиҩызцәа аҿаԥараҿы аишәа иахатәаны ичон, аԥшәма ԥҳәыс лакәзар, акәасқьахь дхалахьан диарц азы.

Ус иаалырҟьаны, аҩны ашьапышьҭыбжьқәа шахаҩаз ааудырратәы аҵаа еиҟәыҷҷа абжьқәа аахылҵт. Аԥшәма идырит иҟалаз. Аҿаԥара ашьҭахьтәи ашә аартны, Абрагь дындәылиган, икьарахә ааҭирҟьеит иҩыза дхиҩарц азы. Хланҵы инеиуаз маҭәеиқәарала еибыҭаз Абрагьгьы арахь иарбаны дхысуан, уахь ихы шхазгьы. Ахқәа неиуан анаара аганахьгьы. Анаара иҭаланы ицоз Абрагь дааизҟәыҿит. Акәасқьаҟынтә аԥхәыс лыҵәаабжь геит. Аԥшәма мариала иҽриҭар иҭахымкәа икьарахә ихысуаз рганахь ирханы иааҭирҟьеит, рацәак аԥшра аҭахымхеит, аҭак ҟарҵеит азакәан ахаҭарнакцәагьы. Ала аҵәаабжь геит дырҩегьых. Абрагь иҩыза, аҩны аԥшәма ахы дшаԥыхьашәаз убаратәы даахьыдышьшьит. Ақыҭаҿы ари ажәабжь анеибырҳәоз, лахь ирҭон абхәында "иаԥсыуарам иҟаиҵаз" ҳәа. Иҟан уи агәаанагара иаҿагылозгьы "ауаҩы дишьызар, иҽриҭар акәын Абрагь, иара иҵыхәала иҩызагьы дҭахеит" рҳәон.

Осколки стакана  - Sputnik Аҧсны
Аҭыԥҳа аҵәца даҩызоуп: зыԥшӡара злахьынҵа ареиқәаҵәаз аԥҳәыс лызхәыцра

Ақыҭауаа гәҩарас дышьҭырхит азакәан ахаҭарнак иаҳәшьа. "Лара лоуп зашьа адырра изҭаз "Абрагь абригь, абригь аамҭазы даар алшоит" ҳәа еиҭарҳәон дара. Даҽа џьоукы, "уи мцуп, дгәылоуп ацәгьа зҳәаз" рҳәон. Ари ахҭыс ашьҭахь НКВД ахаҭаранак иаҳәшьеи иареи аиҭанеиааира иаҟәыҵит рҳәеит. Уаҳа уаҩы имбацызт уи имаҳә иашҭа дҭало.

Абрагь иҩыза рацәа аиҩызара ныҟәызгоз уаҩын сгәахәуеит ари ахҭыс саназхәыцуа. НКВД иалаз иакәзаргьы, инапы ианыз аус наигӡон. Азакәан ахаҭарнак дқәыԥшын, аҭаацәарагьы даламлацызт. Рацәакгьы мҵыкәа арыԥҳа чымазара ихьт рҳәеит. Ахәышәтәырҭаҿы дышьҭан, ишоура рызмыртәо акыраамҭа. Ачымазаҩ апалатаҿ ихала даанхеит амедиаҳәшьа ихәшә иҭаны данаадәылҵ. Ачымазаҩ инапы ихчы иаҵаз абџьар ахь ирхеит, дызлымгара ачымазара изцәырҵыз адунеи дшықәнамыргыло бзиаӡаны еилкааны. Ахысбыжь геит. Ачымазаҩ иԥсырҭа кылблааны ишьҭан, ахчы иахҟьаз ахчыхьҟа шкәакәа ҟаԥшьԥшшәыла аҽаԥсахит. "Агәнаҳа ҟаиҵан изхымгеит азоуп", - рҳәон ари ажәабжь сара сабиԥара рҟынӡа еибыҳәо иаазгоз.

Аԥсуа ҵасқәеи амчреи ахҟа рыбжьами еснагь. Аӡәы инамыс ихьчон, даҽаӡәы азакәан… Досу иара ииаша ныҟәигоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0